Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 декабр ад. 14
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аӡӡаахра — ақьырсианцәа рзы иҟоу ҭахроуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Изакәызеи аӡӡаахра?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Аҽӡаахра — иаԥсоу хықәкуп!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Шәазхиоума шәара аҽӡаахра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 декабр ад. 14

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Иаанагома 1 Коринфаа рахь 15:29 аҿы Павел ииҳәаз актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа шьоукы иԥсхьаз ирыхәарц азы рыҽӡаархуан ҳәа?

Мап, Абиблиаҿы уи аҩыза анӡам, аҭоурых аҿгьы уи шьақәзырӷәӷәо ҳәа акгьы ыҟаӡам.

Еиҭагақәак рҿы ари ажәеинраала шеиҭагоу иахҟьаны шьоукы ргәы иаанаго иалагеит Павел ихаан ақьырсианцәа шьоукы иԥсыз ирыхәарц азы аӡы рыҽӡаархуан ҳәа. Иаҳҳәап, аԥсышәала иҭыжьу «Аҿатә Уасиаҭ» аҿы уи ажәеинраала абас еиҭагоуп: «Мамзар иԥсхьоу раҳаҭыр азы аӡӡаахра зымҩаԥгатәузеи?».

Аха шәааи ҩыџьа аҵарауаа ирҳәо ҳахәаԥшып. Атеолог Грегори Локвуд иҳәеит ақьырсианцәа иԥсхьоу ирыхәарц азы аӡы рыҽӡаархуан ҳәа шьоукы ирымоу агәаанагара шьақәзырӷәӷәо ҳәа Абиблиа аҿгьы аҭоурых аҿгьы акгьы шыҟам. Иара убас апрофессор Гордон Фи иҳәеит уи аҩыза аӡӡаахра аӡбахә Абиблиаҿгьы аҭоурых аҿгьы ианӡам ҳәа. Иара иҳәеит Аусиаҭ Ҿыц аҿы уи иазкны акгьы шаным, насгьы џьаргьы ишаным раԥхьатәи ақьырсианцәа, мамзаргьы апостолцәа аныԥсы ашьҭахь еиҿкааз ауахәамақәа рҿы уи аҩыза ҟарҵон ҳәа.

Абиблиа иануп Иисус ишьҭанеицәа ишрыдиҵаз ажәларқәа зегь рҿы аҵаҩцәа азыҟарҵаларц, иӡаархларц, насгьы ирыдиҵаз аԥҟарақәа зегь рынагӡашьа ддырҵаларц (Матф. 28:19, 20). Аха ауаҩы иҽӡааихаанӡа Иеговеи Иисуси рыӡбахә еиликаар, агәрахаҵара еизирҳар, насгьы рзыӡырҩра далагар акәын. Аха иԥсыз, насгьы анышә иамаз ауаҩы уи аҟаҵара илшомызт. Зыԥсы ҭаз ақьырсиангьы иара изы уи изыҟаҵомызт (Еккл. 9:5, 10; Иоанн 4:1; 1 Кор. 1:14—16).

Нас ииҳәарц ииҭахызи Павел?

Коринф инхоз ақьырсианцәа шьоукы аԥсҭалара агәра ргомызт (1 Кор. 15:12). Павел урҭ рхәыцшьа шиашамыз дирбеит. Ишԥа? Иара иҳәеит есыҽны аԥсра абла дышҭаԥшуаз, ашәарҭарақәа дышрықәшәоз, аха дыԥсыргьы, Иисус иеиԥш жәҩантәи аԥсҭазааразы иԥсы шҭалоз агәра шигоз (1 Кор. 15:30—32, 42—44).

Коринф инхоз ақьырсианцәа идырны ирымазар акәын иԥшьоу адоуҳала иалхыз реиԥш дара ауадаҩрақәа ишрықәшәалоз, насгьы ажәҩан аҿы Анцәа рыԥсы ҭеиҵарц азы рыԥсы ахьынӡаҭо Анцәа изиашазарц шрыхәҭаз. «Христос ила аӡы» иахьӡаахыз иара убас иаанагон «Иара иԥсра[лагьы]» ишӡаахыз (Рим. 6:3). Даҽакала иуҳәозар, дара рыԥсы ҭаларц азы Иисус иеиԥш агәаҟрақәа рхыргар, насгьы иԥсыр акәын.

Иисус аӡы иҽанӡааих ашьҭахь ҩышықәса инареиҳаны анҵы ҩыџьа апостолцәа иреиҳәеит: «Сҽызлаӡаасхуа аӡӡаахралагьы шәыҽӡаашәхышт» (Марк 10:38, 39). Ара Иисус зыӡбахә иҳәоз аӡӡаахраҵәҟьа акәымкәа, иԥсрала аӡӡаахра акәын. Иара иҵаҩцәа идеилиркаар иҭахын Анцәа дахьизиашаз азы дшыршьуаз. Павел иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәа иреиҳәеит: «Иара ҳицгәаҟуазар, Иара ихьӡ-иԥша ицеиҩаҳшоит» (Рим. 8:16, 17; 2 Кор. 4:17). Даҽакала иуҳәозар, даргьы ажәҩан аҿы рыԥсы ҭаларц азы иԥсыр акәын.

Ус анакәха, Павел иажәақәа абас еиҭагатәуп: «Иԥсхьоу мгылозар, нас избан дара ԥсрала рыҽзӡаархыз? Иԥсхьоу мгылозар, нас избан уи аҩыза аӡӡаахра зроуа?»

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра