АҴАРАЗЫ АСТАТИА 9
Иисус иеиԥш, шәхы аасҭа егьырҭ еиҳа шәрызхәыцла
«Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп» (АУС. 20:35).
АШӘА 17 «Исҭахуп»
АХҲӘААa
1. Иарбан еизыҟазаашьақәоу ирыбжьоу Иегова имаҵзуҩцәа?
ЗҚЬЫШЫҚӘСАҚӘА раԥхьа Абиблиаҿы иҳәан, Иисус Христос инапхгара аҵаҟа Анцәа ижәлар рхы иамеигӡакәа Иегова имаҵ шыруло (Аԥсал. 110:3, албаага). Иахьа уи аԥааимбаражәа шынаӡо ҳбоит. Есышықәса Анцәа имаҵзуҩцәа рхы иамеигӡакәа миллион сааҭла ажәабжь рҳәоит. Уи азы дара аԥара роуӡом. Иара убас, дара рхы иамеигӡакәа рашьцәеи раҳәшьцәеи ԥарала ирыцхраауеит, ргәы шьҭырхуеит, насгьы доуҳала иӷәӷәаны аанхара ирыцхраауеит. Уи адагьы аҭакԥхықәра зду аишьцәа аизарақәа рҽырзыҟаҵаразы, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы раамҭа еигӡаӡом. Избан дара уи зегь зыҟарҵо? Избанзар Иегова бзиа дырбоит, ауаагьы бзиа ирбоит (Матф. 22:37—39).
2. Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Иисус? (Римаа рахь 15:1—3).
2 Иисус ҳхы акәымкәа егьырҭ ишрызхәыцлатәу аганахьала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Ҳара излаҳалшо ала уи ҳаиҿыԥшуеит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 15:1—3.) Уи аҩыза аԥсҭазаашьа алҵшәа бзиақәа аанагоит. Иисус ихаҭа иҳәеит: «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп» (Аус. 20:35).
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ари астатиаҿы ҳрылацәажәоит Иисус егьырҭ рзы ихы дшамеигӡоз узырбо хҭысқәак, насгьы ҳаиҿыԥшлар шҳалшо ҳазааҭгылоит. Иара убас еилаҳкаауеит егьырҭ рыцхраара ҳгәазырԥхар алшо.
ИИСУС ШӘИҾЫԤШЛА
Ихы шԥамҩаԥигеи Иисус дааԥсаны дшыҟазгьы, ауаарацәа иара иахь ианнеи? (Шәахәаԥш абзац 4.)
4. Еиҭашәҳәа Иисус егьырҭ рзы ихы дшамеигӡоз узырбо ахҭыс.
4 Иисус дааԥсаны даныҟазгьы ихы деигӡомызт. Зны иара изыӡырҩырц азы ирацәаҩны ауаа еизеит. Иҟалап уи Капернаум азааигәара иҟаз ахәаҿы акәзар иахьыҟалаз. Иисус аухантәарак Анцәа диҳәон. Шәхаҿы иаажәг шаҟа дааԥсаны дыҟаз. Аха иара еизаз ауаа рыцҳаишьеит. Ичмазаҩцәаз ихәышәтәит, насгьы уажәы Ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә ҳәа еицырдыруа ажәахә иҳәеит. Уи иахьа уажәраанӡагьы угәаҵанӡа инеиуа ажәахәқәа ируакуп (Лука 6:12—20).
Ишԥаҳалшо Иисус иеиԥш ҳхы ҳамеигӡалар? (Шәахәаԥш абзац 5.)
5. Ишԥаиҿыԥшуеи аҭаацәара ахадацәа Иисус, иааԥсаны ианыҟоугьы?
5 Аҭаацәара ахадацәа Иисус ишиҿыԥшуа. Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: аҭаацәара ахада аусура аҟынтә дкараха дааит. Аха иара аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥигароуп. Иара уи ахигарц иҭахуп, аха нас Анцәа амч ииҭарц диҳәоит. Иегова иҳәара аҭак ҟаиҵоит, убри аҟынтә рҭаацәаратә мҵахырхәара еснагь еиԥш имҩаԥысуеит. Уи ахәыҷқәа иреилнаркаауеит рҭаацәа рзы адоуҳатә усқәа зегь раасҭа ишхадоу.
6. Иаҳзеиҭашәҳәа Иисус ихазы иалихыз аамҭа егьырҭ рзы дшамеигӡаз узырбо ахҭыс.
6 Иисус егьырҭ рзы иаамҭа деигӡомызт. Ҳалацәажәап дзықәшәаз даҽа хҭыск. Иара Иоанн Аӡӡаахҩы дшыршьыз иаҳаит. Шәхаҿы иаажәг уи шаҟа игәы инархьыз. Иҩыза дшыршьыз аниаҳа, иара аӡәгьы дахьыҟамыз иахьҭынчраз аҭыԥ ахь дцарц иӡбеит (Матф. 14:10—13). Уи џьашьатәӡам, ҳаргьы ус ҟаҳҵарын. Аха ауаа дахьцаз еилыркаан, иаԥхьа уахь инеит. Ихы шԥамҩаԥигеи Иисус урҭ аниба? Иара еснагь ихы аасҭа егьырҭ дрызхәыцуан, убри аҟынтә урҭ гәыкала идикылеит. Иисус ибон дара ргәы каҳаны ишыҟаз, ацхыраарагьы шырҭахыз. Убри аҟынтә урҭ рыцҳаишьан «акыр дырҵара... далагеит». Иазгәашәҭ, иара зхәыцрак ҩ-зхәыцрак акәӡам иреиҳәаз, аха идирҵаз рацәан (Марк 6:31—34; Лука 9:10, 11).
7, 8. Иаҳзеиҭашәҳәа аизараҿы аӡәы ацхыраара аниҭаху, аизара аиҳабацәа Иисус ишиҿыԥшуа.
7 Аизара аиҳабацәа Иисус ишиҿыԥшуа. Акыр иаҳзаԥсоу аизара аиҳабацәа, ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аџьабаа ахьҳадыжәбало азы! Шәара шаҟа аџьабаа жәбо зегьы ирбарҭамзар ауеит. Иаҳҳәап, аизара аҟынтә аӡәы иаалырҟьаны аҳақьымцәа рыцхыраара иҭаххазар, ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитет аҿы амаҵ зуа аишьцәа русқәа зегь ааныжьны ауаҩы ицхраауеит. Зны-зынла урҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа ҵхабжьонла иҟалалоит, аха аизара аиҳабацәеи урҭ рҭаацәарақәеи рхы мацара иазымхәыцӡакәа урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирывагылоит.
8 Иара убас аизара аиҳабацәа ҳорганизациаҿы иҟоу аргыларатә проектқәа рыҽрыладырхәуеит, насгьы аԥсабаратә рыцҳарақәа ирықәшәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраауеит. Шәазхәыц шәеизараҿы иҟоу аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҵара дырҵареи, ргәы ашьҭыхреи, рыцхраареи шаҟа аамҭа азыркуа. Аизара аиҳабацәеи рҭаацәеи ирбо аџьабаазы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп. Иегова ижәбо аџьабаазы дшәықәныҳәааит! Аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи реиԥш аизара аиҳабацәагьы ирыду аҭакԥхықәрақәа рынагӡаразы ҟәыӷарала аамҭа рхы иадырхәалароуп. Дара аизара аусқәа рынагӡаразы рхатә ҩызеи рхәыҷқәеи аамҭа рыгдмырхалароуп.
ЕГЬЫРҬ РЫЦХРААРА ҲГӘАЗЫРԤХАР АЛШО
9. Иҟарҵалар рыхәҭоузеи ақьырсианцәа зегьы, Филиппаа рахь 2:4, 5 иану инақәыршәаны?
9 Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:4, 5. Ҳара зегьы аизара аиҳабацәас амаҵ ҳауӡом. Аха ақьырсианцәа зегьы ирыхәҭоуп, Иисус иеиԥш, егьырҭ рзы рхы иамеигӡаларц. Абиблиаҿы иануп Иисус «тәыс иҟоу аӡә иҟынӡа ихы неигеит» ҳәа (Флп. 2:7). Ҵакыс ирымоузеи арҭ ажәақәа? Гәыкала амаҵ зуа атәы, ма амаҵуҩы иԥшәма игәы аҟаҵара дашьҭоуп. Ҳара Иегова итәцәа ҳауп, насгьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рымаҵ ҳуеит. Ҳара урҭ ргәы ҟаҳҵалар ҳҭахуп. Ишԥаҳалшо уи?
10. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу?
10 Шәхы азҵаарақәа ашәҭ: «Сазхиоума сара саамҭеи сымчқәеи сырмеигӡакәа егьырҭ рыцхраара? Иаҳҳәап, зықәрахь инеихьоу аиашьа ибара, мамзаргьы зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа аизарахь машьынала лгара исыҳәазар. Аконгресс ахьымҩаԥысуа аҭыԥ еилыргатәызар, ма Аҳратә зал аҿы ак ҟаҵатәызар, уи сгәырӷьаҵәа иҟасҵома, мамзаргьы исыҳәаанӡа сыԥшуоу?» Иегова иҭахуп ҳаамҭеи ҳамчқәеи ҳармеигӡакәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхрааларц. Ҳара иара ҳҽизаҳкит, убри аҟынтә ҳаамҭеи ҳамчқәеи изаҳклароуп. Ак ҳауеит ҳәа ҳазымԥшӡакәа егьырҭ ҳанрыцхраауа, Иегова даара дҳаргәырӷьоит. Аха иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи ҳҽахьеиӷьаҳтәыша гәаҳҭазар?
11. Избан егьырҭ рзы ак аҟаҵара ҳазхиазарц азы Анцәа ҳиҳәалар зҳахәҭоу?
11 Иегова шәӷьаҵәы-ӷьаҵәуа шәиҳәа. Иаҳҳәап, иԥсахтәу жәдыруеит, аха аҽыԥсахра шәҭахӡам. Усҟан Иегова шәӷьаҵәы-ӷьаҵәуа шәиҳәа. Шәгәы иҭоу зегьы аартны изеиҭашәҳәа. Изеиҭашәҳәа аҽыԥсахразы агәаҳәара шшәымам, насгьы уи аҟаҵаразы агәаҳәареи амчи шәиҭарц шәиҳәа (Флп. 2:13).
12. Иҟарҵалар рылшозеи зыҽӡаазххьоу ақәыԥшу аишьцәа?
12 Уара уҽӡаауххьазар, насгьы уқәыԥшзар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара агәаҳәара уоурц азы Иегова уиҳәала. Тәылақәак рҿы аизара аиҳабацәа раасҭа амаҵзуратә цхырааҩцәа еиҳа имаҷуп, насгьы урҭ реиҳараҩык рықәрахь инеихьеит. Уи адагьы Иегова иорганизациахь иаауа ауаа еиҳа-еиҳа ирацәаҩхоит. Убри аҟынтә урҭ иреиҷаҳало иқәыԥшу аишьцәа аҭахуп. Аизараҿы иудырҵо адҵақәа зегь рынагӡара уазхиазар, насыԥ умазаауеит. Избан? Избанзар убас Иегова дургәырӷьалоит, ахьӡ бзиа урҳауеит, насгьы егьырҭ уахьрыцхраауа азы агәахәара ду уоуеит.
Ақьырсианцәа Иудеиантәи Иордан, ақалақь Пеллаҟа ицеит. Заа уахь ицахьаз дара рышьҭахь инеиз афатә рыцеиҩыршон. (Шәахәаԥш абзац 13.)
13, 14. Ҳрыцхраалар шԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)
13 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәызларыцхрааша шәазхәыцла. 61 шықәса ҳ. ҳ. азы апостол Павел Иудеиа инхоз ақьырсианцәа абас рзиҩит: «Ауаа ацхыраара шрыҭалатәу, урҭ рышҟа агәыҳалалра шаарԥшлатәу шәхашәмыршҭлан, ус иҟоу амҭақәа Анцәа изыҳәан игәахәоуп» (Аур. 13:16). Павел илабжьара ақьырсианцәа ахәарҭа ду рзаанагеит! Шықәсқәак рышьҭахь уи асаламшәҟәы зауз ақьырсианцәа рыҩнқәеи, русуреи, Иегова имаҵ зымуаз рҭынхацәеи ааныжьны ашьхарахь ицар акәхеит (Матф. 24:16). Иҿыцу аҭыԥ аҿы анхара иалагаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи меицхыраар ада ԥсыхәа рымамызт. Иуадаҩыз аамҭақәа ирзымԥшӡакәа, Павел илабжьара иқәныҟәаны ирымаз егьырҭ ирыцеиҩызшоз ақьырсианцәа, иҿыцыз аҭыԥ аҿы анхара еиҳа ирзымариахеит.
14 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ацхыраара анырҭаху уи аҳәара иацәыԥхашьалар алшоит. Иаҳҳәап, иашьак деибахеит. Иҟалап ихәы ҟаҵатәызар, машьынала џьара дгатәызар, ма даҽа цхыраарак иҭатәызар. Аџьабаа ҳирбар ҳәа дшәаны уи ҳаимҳәаргьы ҟалоит. Аха ҳара ҳхаҭа ацхыраара идаҳгалар, уи деигәырӷьар алшоит. Ҳара ҳамхәыцлароуп даҽаӡәы дицхраап, ма даҳзасны ацхыраара шиҭаху иҳәап ҳәа. Ҳхы ҳазҵаар ауп: «Сара иҭыԥ аҿы сыҟазҭгьы, иарбан цхыраароу исҭаххарыз?»
15. Дзеиԥшразар акәзеи зхы иамеигӡо ауаҩы?
15 Ацхырааразы зыҳәара мариоу уаҩны шәыҟаз. Шәеизараҿгьы иҟазар ҟалап еснагь иувагыло аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Дара уи иаҭахуп ҳәа акәӡам изыҟарҵо. Урҭ еснагь урықәгәыӷыртә иҟоуп. Ҳаргьы иаҳҭахуп уи аҩыза ахьӡ ҳамазарц. Алан зыхьӡу 40 шықәса ирҭысхьоу аизара аиҳабы ацхырааразы зыҳәара мариоу уаҩны дыҟазарц иҭахуп. Иисус иҿырԥшы даназхәыцуаз иара абри аҩыза алкаа ҟаиҵеит: «Иисус даара деилахан, аха зегьы, ахәыҷқәагьы, зықәрахь инеихьоугьы, иааигәара иҟазарц рҭахын, ацхырааразы иҳәарагьы иацәыԥхашьаӡомызт. Урҭ ацхыраара иазхиоу аҩыза иеиԥш ауп ишихәаԥшуаз. Саргьы исҭахуп ацхырааразы зыҳәара мариоу уаҩны сыҟазарц, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызас сырзыҟазарц».
16. Ишԥаҳацхраауеи Аԥсалом 119:59, 60 аҿы иану апринцип, Иисус ибзианы иҿыԥшра?
16 Ҳәарада, ҳара макьана Иисус инагӡаны ҳзиҿыԥшӡом. Аха ҳгәы каҳмыжьлароуп (Иак. 3:2). Асахьаҭыхшьа аҵара иалагаз ауаҩы иаразнак асахьа бзиа изҭыхӡом. Аха игхақәа ириашалар, еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа дырҿыԥшлар, хәыҷы-хәыҷла иҟазара еиӷьитәлоит. Убас еиԥш ҳаргьы. Абиблиа анҭаҳҵаауа еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәалар, насгьы ҳагхақәа ҳариашалар, Иисус ибзианы ҳаиҿыԥшлоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:59, 60.)
АХАМЕИГӠАРА ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО
Аизара аиҳабацәа Иисус иеиԥш ахамеигӡара ахьаадырԥшуа иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҿырԥш бзиа рырҭоит. (Шәахәаԥш абзац 17.)b
17, 18. Избан Иисус иеиԥш егьырҭ рзы ҳхы ҳамеигӡалар зыбзиоу?
17 Ҳара ҳхы ҳамеигӡозар, егьырҭгьы ҳҿыԥшларц рҭаххоит. Абар Тим зыхьӡу аизара аиҳабы еиҭеиҳәаз: «Ҳаизараҿы иҟоуп аҵыхәтәантәи аамҭазы доуҳала изызҳаз, насгьы маҵзуратә цхырааҩцәаны иҟалаз иқәыԥшу аишьцәа. Урҭ рҟынтә шьоукы зынӡа иқәыԥшцәоуп. Дара ирыцхрааит зхы иамеигӡо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿырԥшы. Иқәыԥшу урҭ аишьцәа аизара азы гәыкала аџьабаа рбоит. Аизара аиҳабацәагьы урҭ рыхә ҳаракны иршьоит».
18 Ари адунеи аҿы ауаа рхы мацара иазхәыцуеит, аха Иегова имаҵзуҩцәа урҭ иреиԥшӡам. Иисус ихы дахьамеигӡоз ҳгәы ҟанаҵоит, убри аҟынтә ҳаиҿыԥшлар ҳҭахуп. Ҳәарада, ҳара инагӡаны Иисус ҳзиҿыԥшӡом, аха уи иахьынӡаҳалшо еиӷьны иҟаҳҵалар ҳҭахуп (1 Пиотр 2:21). Иисус ҳаиҿыԥшны егьырҭ рзы ҳхы ҳамеигӡалар, Иегова игәы ҟаҳҵалоит, ҳхаҭагьы насыԥ ҳамазаауеит.
АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы
a Иисус ихы акәымкәа есымша егьырҭ дрызхәыцуан. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иисус ҳаиҿыԥшлар шҳалшо, насгьы уи хәарҭас иаҳзаанаго.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аиашьа Џьим иаб ахәышәтәырҭа данҭашәа, ҩыџьа аизара аиҳабацәа ибара иахьааз игәы ҟанаҵеит. Иаргьы иҭаххеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳа дрыцхрааларц. Иқәыԥшу егьи аиашьа, Бен, Џьим иҿырԥшы игәаҵанӡа инеит. Убри аҟынтә иара Аҳратә зал аилыргараҿы дрыцхраарц иӡбеит.