АҴАРАЗЫ АСТАТИА 8
Ирзымариоума аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирышәҭо алабжьарақәа рыдкылара?
«Ахәшеи афимиами угәы ишахәо еиԥш, гәыкала алабжьара узҭо аҩызагьы угәы ҟаиҵоит» (АЖӘАМ. 27:9).
АШӘА 102 Иԥсыҽу шәрыцхраала
АХҲӘААa
1, 2. Иарбан ҭагылазаашьоу иашьак дзықәшәаз, насгьы инарҵазеи уи?
АКЫР ШЫҚӘСА раԥхьа ҩыџьа аизара аиҳабацәа аизарахь аныҟәара иаҟәыҵыз иаҳәшьак лбара инеит. Аишьцәа руаӡәк аизарахь аныҟәара зхадоу уеилзыркаауа ажәеинраалақәа дрыԥхьеит. Иара игәы иаанагон зегь иашаны иҟаиҵеит ҳәа. Аха ианцоз аиаҳәшьа уи днаихәаԥшын, абас иалҳәеит: «Шәара сышәзеилымкааӡеит». Аизара аиҳабацәа лгәы иҵхоз илмазҵааӡакәа алабжьарақәа лырҭеит. Убри аҟынтә урҭ алабжьарақәа шыбзиазгьы, акгьы лмаҳаӡеит.
2 Уи ахҭыс игәаларшәаны аиашьа иҳәоит: «Усҟан сара сгәы иаанагеит: „Ҳџьабаа ахәгьы лымшьеит!“ Аха нас саназхәыц еилыскааит, ажәеинраалақәа рыԥхьара аҭыԥан еиӷьын дшыҟоу ҳлазҵаазҭгьы. Иаҳҳәап, ҳлазҵаар ауан: „Бышԥаҟоу? Ҳабабыцхраари?“ Уи ахҭыс иснарҵаз рацәоуп». Иахьа уи аизара аиҳабы арыцҳашьара аазырԥшуа еснагь ауаҩы ицхраара иазхиоу аиашьа иеиԥш дырдыруеит.
3. Изылшода алабжьарақәа ҳаҭара?
3 Аизара аиҳабацәа Анцәа ижәлар ирхылаԥшлароуп. Убри аҟынтә ианаҭаху алабжьарақәа ҳарҭалароуп. Аха зны-зынла егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы алабжьарақәа ҳарҭалар ауеит. Ҳара ҳҟынтә дарбанзаалак илшоит Абиблиа ацхыраарала иҩыза дахьиашам иирбар (Аԥсал. 141:5; Ажәам. 25:12). Тит 2:3—5 аҿы иануп зықәрахь инеихьоу аиҳәшьцәа иқәыԥшу аиҳәшьцәа ирабжьалар шрылшо. Ҳәарада, аҭаацәагьы рхәыҷқәа рааӡалароуп, насгьы лассы-лассы ирылабжьалароуп. Ари астатиа раԥхьаӡа иргыланы аизара аиҳабацәа ишрызкугьы, уи ҳара зегьы ахәарҭа алаҳгар ҳалшоит. Ҳара еилаҳкаауеит ауаҩы алабжьара аниҭатәҵәҟьоу, иара убас уи игәы инамырхьыртә, насгьы ихы иаирхәарц иҭаххартә еиԥш ишиҭатәу (Ажәам. 27:9).
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Аӡәы алабжьара иаҳҭаанӡа ԥшь-зҵаарак ҳрызхәыцроуп: 1) Избан ауаҩы алабжьара иаҳҭар заҳҭаху? 2) Иҭатәыҵәҟьоума алабжьара? 3) Изыхәҭада алабжьара иҭара? 4) Иҳацхраауазеи ауаҩы алабжьара бзиа иҭара? Шәааи арҭ азҵаарақәа еилҳаргап.
ИЗБАН АУАҨЫ АЛАБЖЬАРА ИАҲҬАР ЗАҲҬАХУ?
5. Иҟаиҵар ихәҭоузеи аизара аиҳабы аӡәы алабжьара ииҭаанӡа, насгьы избан? (1 Коринфаа рахь 13:4, 7).
5 Аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ирбоит, убри азоуп аӡәы ишәарҭоу амҩа данылаанӡа игәиҽанырҵарц зырҭаху (Гал. 6:1). Аха аизара аиҳабы аӡәы алабжьара ииҭаанӡа ибзиоуп абзиабара закәу дазхәыцыр. Апостол Павел иҩит: «Абзиабара — ахачҳара амоуп, гәыбылрала ихыш-хыҵәоит... зегьы рыхьчара-рҿыхра иазыхиоуп, зегьы рыгәра агоит, зегьы ирықәгәыӷуеит, зегьы ахҭнагоит». (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 13:4, 7.) Аизара аиҳабы арҭ ажәақәа данрыԥхьо аӡәы алабжьара иҭара игәазҭазҵо абзиабара акәу, ма даҽакы акәу азхәыцра ицхраауеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара аиҳабы гәыкала дшырзыҟоу рбозар, алабжьара адкылара еиҳа ирзымариахоит (Рим. 12:10).
6. Иҿыԥшлар шԥарылшо аизара аиҳабацәа апостол Павел?
6 Апостол Павел аизара аиҳабацәа аҿырԥш бзиа риҭеит. Иаҳҳәап, Фессалоника инхоз ақьырсианцәа алабжьара анрыҭатәыз иара уи дыԥхамшьаӡакәа иреиҳәеит. Аха исаламшәҟәқәа рыҩбагьы рырҽхәарала далагеит, нас ауп алабжьарақәа анриҭа. Павел рыгәрахаҵареи, рыбзиабареи, иаадырԥшуаз ахачҳареи рзы ирҽхәеит. Иара урҭ ирыԥсҭазаашьаз бзианы идыруан. Идыруан ашьҭашәарыцара ӷәӷәақәа ишрықәшәоз, насгьы шаҟа ирзымариамыз (1 Фес. 1:3; 2 Фес. 1:4). Уи адагьы, Павел иҳәеит ақьырсианцәа зегьы урҭ рыгәрахаҵара ишаҿыԥшуаз (1 Фес. 1:8, 9). Шәхаҿы иаажәг Павел иажәақәа урҭ шаҟа ргәы шьҭнахыз. Павел Фессалоника инхоз ақьырсианцәа ирзиҩыз исаламшәҟәқәа рыҩбагьы абзиабара рыҵоуп. Убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи Павел иҟынтә ироуз уи аамҭазы ирҭахыз алабжьарақәа рыдкылара рзымариан (1 Фес. 4:1, 3—5, 11; 2 Фес. 3:11, 12).
7. Избан зны-зынла алабжьарақәа рыдкылара заҳзымариам?
7 Иҟалар алшозеи ҳажәақәа ҳарзымхәыцӡакәа, хаарак рыҵамҵакәа аӡәы алабжьара иаҳҭар? Аԥышәа змоу аизара аиҳабык иҳәеит: «Зны-зынла алабжьара адкылара зуҭахым уи ахьыбзиам азы акәӡам, аха бзиа ушырбаҵәҟьо ахьумбо азоуп». Иаҳнарҵозеи уи? Ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Избан аӡәы алабжьара исҭар зысҭаху? Ауаҩы ичҳара ахьысцәыцәгьоу азы акәу, мамзаргьы бзиа дахьызбо, насгьы сицхраарц ахьысҭаху азы акәу?» Бзиабарада иҳәоу алабжьара аԥша иагаз ажәақәа ирҩызоуп.
ИҬАТӘЫҴӘҞЬОУМА АЛАБЖЬАРА?
8. Иарбан зҵаарақәоу аизара аиҳабы ихы иеиҭар ихәҭоу аӡәы алабжьара ииҭаанӡа?
8 Аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьара рыҭара иахымыццаклароуп. Аизара аиҳабы раԥхьа абарҭ азҵаарақәа ихы иеиҭар бзиоуп: «Иҭатәыҵәҟьоума ауаҩы алабжьара? Агәра ганы сыҟоума иҟаиҵаз шиашам? Еилеигаҵәҟьама абиблиатә принцип, мамзаргьы ус баша ҳгәаанагарақәа еиқәымшәоу?» Аҟәыӷара злоу аизара аиҳабацәа имхәыцӡакәа ицәажәо реиԥш ахьӡ рымазарц рҭахӡам (Ажәам. 29:20). Аизара аиҳабы ауаҩы абиблиатә принцип шеилеигаҵәҟьаз агәра ганы дыҟамзар, даҽа аизара аиҳабык диазҵаар илшоит (2 Тим. 3:16, 17).
9. Ишԥарыцхраауеи аизара аиҳабацәа апостол Павел ииҳәаз, аӡәы алабжьара иҭатәу-иҭатәыму аилкаара? (1 Тимофеи иахь 2:9, 10).
9 Ҳхаҿы иааҳгап ҭагылазаашьак. Аизара аиҳабык аӡәы иҭеиҭыԥши иеилаҳәашьеи игәаԥхаӡом. Иара дхәыцуеит: «Еилеигаҵәҟьома ауаҩы абиблиатә принцип?» Ари азҵаараҿы ҳхатә гәаанагара ҳақәгәыӷыр ҟалаӡом. Убри аҟынтә иара иӡбоит даҽа аизара аиҳабык, ма доуҳала иӷәӷәоу қьырсианк уи иахиҳәаауа диазҵаарц. Урҭ еидтәаланы 1 Тимофеи иахь 2:9, 10 (шәаԥхьа) аҿы аҽеилаҳәашьеи аҭеиҭыԥши ирызкны иану ргәаладыршәоит. Апостол Павел аԥҟарақәа шьақәиргылаӡомызт. Иара ииҳәаз ақьырсианцәа «иахмырҟьакәа, иаҩцацәамкәа рҽеиларҳәаларц» ауп. Павел иҟало-иҟамло еиқәимԥхьаӡаӡеит. Иара еиликаауан аишьцәеи аиҳәшьцәеи ақьырсианцәа ишрыхәҭоу еиԥш, аха убри аамҭазгьы рхатә гьамала аҽеилаҳәара азин шрымоу. Убри аҟынтә аизара аиҳабацәа аӡәы алабжьара анирҭаша уи иҭеиҭыԥши иҽеилаҳәашьеи анҽеим, насгьы аизара ахьӡ аныбжьнахуа ауп.
10. Иҳацхраауазеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирыдыркыло аӡбарақәа пату рықәҵара?
10 Ҳара еилаҳкаауазароуп: ҩыџьа доуҳала иӷәӷәоу ақьырсианцәа еиԥшым аӡбарақәа рыдыркылар шрылшо, насгьы рыҩӡбарак иашазар шалшо. Убри аҟынтә, ҳара ииашоуп ҳәа иҳаԥхьаӡо ауп иҟаҵатәу ҳәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ираҳамҳәалароуп (Рим. 14:10).
ИЗЫХӘҬАДА АЛАБЖЬАРА ИҬАРА?
11, 12. Дзызхәыцыр ихәҭоузеи аизара аиҳабы аӡәы алабжьара иҭатәызар, насгьы избан?
11 Ауаҩы алабжьара иҭатәызар, ицәырҵуеит азҵаара — уи ҟазҵар зыхәҭада? Аҭаацәара иалоу аиаҳәшьа, ма ахәыҷы ирацәажәатәызар, аизара аиҳабацәа аҭаацәара ахада иазҵаароупb. Иҟалап аҭаацәара ахада ихаҭа зегь аҭыԥ иқәиҵар иҭаххар, мамзаргьы аизара аиҳабацәа иҭаацәара иатәу аӡәы ианиацәажәало дрыдтәалар иҭаххар. Ҭагылазаашьақәак рҿы, ахԥатәи абзац аҿы ишҳәаз еиԥш, зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа иқәыԥшу аиаҳәшьа алабжьара лылҭар ауеит.
12 Аизара аиҳабы дзызхәыцша даҽакгьы ыҟоуп: «Еиҳа ишԥеиӷьу? Ауаҩы алабжьара схаҭа исҭару, мамзаргьы даҽаӡәы еиҳа данаалару?» Иаҳҳәап, аизара аиҳабы акгьы даԥсамшәа ахаан ихы имбацзар, уи аҩыза ахәыцрақәа зызцәырҵуа аиашьа, ма аиаҳәшьа алабжьара рыҭаразы рацәак данаалом. Аха уи ацәанырра еилызкаауа аизара аиҳабы урҭ алабжьара анриҭо, арыцҳашьара аарԥшра еиҳа изымариахоит, насгьы иреиҳәо еиҳа хәарҭа рзаанагоит. Ус шакәугьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь аилкаара аарԥшреи, рыцхраареи, Иԥшьоу Аҩыра ала рыриашареи аизара аиҳабацәа зегь уалс ирыдуп. Убри аҟынтә, аизара аиҳабы аиашьа, ма аиаҳәшьа рҭагылазаашьа аҩыза ахаан дақәымшәацзаргьы алабжьара риҭароуп.
ИҲАЦХРААУАЗЕИ АУАҨЫ АЛАБЖЬАРА БЗИА ИҬАРА?
Избан аизара аиҳабы дзацәажәо изыӡырҩра дазхиазар зихәҭоу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)
13, 14. Избан аизара аиҳабы аишьцәеи аиҳәшьцәеи дырзыӡырҩлар зихәҭоу?
13 Шәырзыӡырҩла. Аизара аиҳабы аӡәы алабжьара шииҭаша даназхәыцуа ихы дазҵаар бзиоуп: «Изеиԥшроузеи ауаҩы иԥсҭазаашьа? Иарбан уадаҩрақәоу уажәы имоу? Исзымдыруа уадаҩрақәак имоума? Иарбан цхыраароу еиҳарак ииҭаху?»
14 Ара Иаков 1:19 аҿы иану ажәақәа ҳгәалаҳаршәар бзиоуп: «Шәарҭ ацәажәара, ажәаҳәара раасҭа аӡырҩра шәазыхиазааит, агәаара, агәынхара шәырхымыццакын». Аизара аиҳабы игәы иаанагар ауеит алабжьара зиҭарц иҭаху аиашьа, ма аиаҳәшьа рҭагылазаашьа бзианы идыруеит ҳәа. Аха ус акәҵәҟьоума уи? Ажәамаанақәа 18:13 аҿы иануп: «Аӡәы дымӡырҩӡакәа аҭак ҟаиҵозар, уи хшыҩдароуп, насгьы иара дланарҟәуеит». Аха иззыӡырҩтәу даҽаӡә иакәымкәа ауаҩ ихаҭа иоуп, убри ашьҭахь ауп ҳанцәажәаша. Иаҳгәалаҳаршәап, астатиа алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз аизара аиҳабы дзықәшәаз ахҭыс инарҵаз. Иара еиликааит ирхианы имаз азхәыцрақәа иҳәаанӡа аиаҳәшьа длазҵаар шихәҭаз: «Бышԥаҟоу? Ҳазлабыцхраари?» Аизара аиҳабы ауаҩы иҭагылазаашьа аилкаара дашьҭазар, игәы имырхьӡакәа аҽыриашара дицхраауеит.
15. Рхы иадырхәар шԥарылшо аизара аиҳабацәа Ажәамаанақәа 27:23 аҿы иану апринцип?
15 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәырҩызцәаз. Ишаҳҳәахьоу еиԥш аӡәы алабжьара бзиа иҭаразы абиблиатә жәеинраалақәа рыԥхьареи урҭ рхы ишадырхәаша аҳәареи мацара азхаӡом. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳашреиҷаҳауа, ишеилаҳкаауа, насгьы ҳрыцхраар шаҳҭаху рбозароуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:23.) Аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҩызахара иашьҭазароуп.
Избан аизара аиҳабы аишьцәеи аиҳәшьцәеи дырҩызазар зихәҭоу? (Шәахәаԥш абзац 16.)
16. Ицхраауазеи аизара аиҳабы аӡәы алабжьара бзиа иҭара?
16 Аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьара анрырҭо адагьы, рацәажәаразы аамҭа рзалырхлароуп. Урҭ есымша аишьцәеи аиҳәшьцәеи рааигәа иҟазарц рҭахуп, ауадаҩрақәа ианрықәшәо иаразнак ирыцхраарц азы. Акыршықәса аизара аиҳабыс амаҵ зуа иашьак иҳәоит: «Убас ауп ауаа аиҩызара шрыбжьало. Аҩыза алабжьара иҭара еиҳа имариоуп». Уимоу, аҩыза иҟынтә алабжьара адкыларагьы еиҳа имариоуп.
Избан аизара аиҳабы аӡәы алабжьара анииҭо ачҳареи ақьиареи ааирԥшлар зихәҭоу? (Шәахәаԥш абзац 17.)
17. Ианбааирԥшлар ихәҭоу еиҳараӡак аизара аиҳабы ачҳареи ақьиареи?
17 Ачҳареи ақьиареи аашәырԥшла. Уи еиҳараӡак ихадоуп ауаҩы Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара иаразнак ианидимкыло. Аха аизара аиҳабы уи игәы ԥнамжәароуп. Абар Иисус изкны иҳәаз аԥааимбаражәа: «Иара аиашара шьақәиргылаанӡа ихжәаны иҟоу акалам ԥиҵәаӡом, аҿыцәаара иаҿу афҭилгьы ирцәаӡом» (Матф. 12:20, АдҾ). Аизара аиҳабацәа зегьы арыцҳашьара аарԥшраҿы Иисус иҿыԥшуеит. Убри аҟынтә дара Иегова иҳәоит аиашьа, ма аиаҳәшьа алабжьара зрырҭаз еилыркаарц, насгьы уи рхы иадырхәарц. Алабжьара зырҭаз аиашьа уи азы аамҭа иҭаххар ауеит. Алабжьара адкылара еиҳа имариахоит уи ирхааны иҳәазар. Убри аҟынтә аизара аиҳабацәа ачҳареи ақьиареи аадырԥшлароуп. Иара убас ирҳәо Анцәа Иажәа шьаҭас иамазароуп.
18. а) Ирхадмыршҭлар рыхәҭоузеи егьырҭ алабжьара рызҭо? б) Излацәажәозеи аҭаацәа арамкаҿы иаагоу асахьаҿы?
18 Шәыгхақәа ахәарҭа рылыжәгала. Ҳара макьана ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә ари астатиаҿы еилҳаргаз алабжьарақәа зегьы рықәныҟәара ҳалшаӡом (Иак. 3:2). Агхақәа ҳахьлоит, аха шәааи урҭ хәарҭа рылаҳгалап. Ҳамхәыцӡакәа иаҳҳәо, ма ҳхымҩаԥгашьа иахҟьаны егьарааны аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы дҳархьып. Аха урҭ бзиа ишаҳбо рбозар, ҳанажьра рзымариахоит. (Шәахәаԥш иара убас арамка «Аҭаацәа рзы».)
ЕИЛАҲКААЗЕИ?
19. Иарбан лабжьарақәоу зыдкылара мариоу?
19 Ишеилаҳкааз еиԥш, ауаҩы алабжьара бзиа иҭаразы ирацәаны аџьабаа батәуп. Ҳара ҳнаӡаӡам, алабжьара заҳҭогьы инаӡам ауаа роуп. Убри аҟынтә ари астатиаҿы еилҳаргаз апринципқәа даара ихәарҭоуп. Ауаҩы алабжьара зиаҳҭо ҳазхәыцроуп. Уи шиҭатәыҵәҟьоу, насгьы уи ҟазҵаша ҳара шҳакәу агәра ганы ҳаҟазароуп. Ауаҩы алабжьара иаҳҭаанӡа дшыҟоу ҳиазҵаароуп, насгьы деилаҳкаарц азы ибзианы ҳаизыӡырҩлароуп. Ауаҩы иҭыԥаҿы ҳхы ҳаргылалар бзиоуп. Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы ахаареи ақьиареи аазырԥшуа ҩызцәаны ҳҟалар ҳҭахуп. Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап, алабжьара бзиа — уи иахәҭоу анаҳҳәо мацара акәӡам. Алабжьара бзиа адкылара мариоуп (Ажәам. 27:9).
АШӘА 103 Ахьчацәа — «ауаа аҳамҭақәа»
a Аӡәы алабжьара иҭара мариаӡам. Ишԥаҳалшо алабжьара ирхааны аҳәара, уи ауаҩы хәарҭа изаанагарц азы? Ари астатиа еиҳараӡак аизара аиҳабацәа роуп изызку. Уи иаҳнарбоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ираҳҭо алабжьарақәа адкылара рҭаххартә еиԥш урҭ шрыҭалатәу.
b Шәахәаԥш 2021 шықәса, февраль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» иану астатиа «Иарбан мчроу аизара аиҳабацәа ирымоу?» захьӡу.