Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 февраль ад. 8—13
  • «Ауаа ҟәыӷақәа ирҳәо... уазыӡырҩла»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Ауаа ҟәыӷақәа ирҳәо... уазыӡырҩла»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АЛАБЖЬАРАҚӘА ЗДЫЗЫМКЫЛОЗ
  • АЛАБЖЬАРАҚӘА ЗДЫЗКЫЛОЗ
  • ИҲАЦХРААР АЛШОЗЕИ ҲАРА АЛАБЖЬАРАҚӘА РЫДКЫЛАРА?
  • АӠӘЫ АЛАБЖЬАРА АНШӘИҬО ҲӘА ШӘАЗЫМԤШЫН — ШӘХАҬА УИ ШӘАҲӘАЛА
  • Ирзымариоума аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирышәҭо алабжьарақәа рыдкылара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Аӡәы алабжьара аниаҳҭо...
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Шәазхиоума шәара анаҩсгьы аҽыԥсахра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 февраль ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 7

«Ауаа ҟәыӷақәа ирҳәо... уазыӡырҩла»

«Ауаа ҟәыӷақәа ирҳәо улымҳа кыдҵаны уазыӡырҩла» (АЖӘАМ. 22:17).

АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит

АХҲӘААa

1. Ианбаҳарҭалар алшо алабжьарақәа, насгьы избан уи ҳадаҳкылар зхадоу?

ААМҬА-ААМҬАЛА ҳара зегьы алабжьарақәа ҳҭахуп. Зны-зынла ҳхаҭа пату зқәаҳҵо аӡәы алабжьара ҳаиҭарц ҳиҳәар ауеит. Иҟоуп иашьак, ма иаҳәшьак хьаас ҳахьрымоу азы алабжьара анҳарҭо, нас ҳзыхьхәыр алшо гхак ҳмыхьырц азы (Гал. 6:1). Уи адагьы, агха ӷәӷәа аныҟаҳҵо аӡәы ҳириашароуп. Алабжьара зҳарҭазаалакгьы, уи ҳадаҳкылароуп, избанзар уи ахәарҭа ҳзаанагоит. Иҟалап ҳаԥсҭазаарагьы еиқәнархар! (Ажәам. 6:23).

2. Избан алабжьарақәа ҳадаҳкылалар зхадоу, Ажәамаанақәа 12:15 иану инақәыршәаны?

2 Ари астатиа иазалху ихадоу ажәеинраалаҿы иануп: «Ауаа ҟәыӷақәа ирҳәо улымҳа кыдҵаны уазыӡырҩла» (Ажәам. 22:17). Зегь здыруа аӡәгьы дыҟаӡам. Уск аҿы ҳара ҳаасҭа еиҳаны издыруа, насгьы еилызкаауа еснагь дыҟазаауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 12:15.) Ус анакәха, алабжьара анҳадаҳкыло аԥагьара шҳалам ааҳарԥшуеит. Даҽакала иуҳәозар, зегь шаҳзымдыруа, зегь шҳалымшо, насгьы ацхыраара шаҳҭаху еилаҳкаауеит. Анцәа идоуҳа ацхыраарала аҳ Соломон абарҭ ажәа ҟәыӷақәа иҩит: «Абжьагаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара ҟалоит» (Ажәам. 15:22).

Иарбан лабжьароу зыдкылара еиҳа исцәыцәгьоу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3, 4.)

3. Ишԥаҳаиҭо Иегова алабжьарақәа?

3 Иегова алабжьарақәа ҳаиҭарц азы ҩ-знеишьак ихы иаирхәоит. Лабжьарақәак ижәлар зегь иааизакны ириҭоит, даҽа лабжьарақәак хаҭала ҳара иҳаиҭоит. Ишԥариҭо Иегова ақьырсианцәа зегьы алабжьарақәа? Иаҳҳәап, Абиблиеи апубликациақәеи рыла. Урҭ ҳанрыԥхьо хаҭала ҳара иҳаҵанакуа, насгьы ҳҽыҳаԥсахыр ахьҳахәҭоу ҳбар ауеит (Аур. 4:12). Аха даҽакала иҟаларгьы алшоит. Иаҳҳәап, аизара аиҳабы, ма доуҳала иӷәӷәоу аӡәы ҳаҽҳариашар ахьҳахәҭоу ҳаиҳәеит. Убас Иегова хаҭала ҳара алабжьара ҳаиҭоит. Ауаҩы дҳазхәыцны, ианаало абиблиатә принцип ԥшааны алабжьара ҳаҭара игәаӷьызар, бзиа ҳаибоит. Уи ахә шьаны иҳадаҳкылар, насгьы ҳхы иаҳархәар бзиахон.

4. Иҟаҳамҵалар акәзеи алабжьара анҳарҭо, Екклезиаст 7:9 иану инақәыршәаны?

4 Еилкаауп, аӡәы алабжьара анҳаиҭо зны-зынла уи адкылара мариаӡам, уи ҳгәы ҳнархьыргьы ауеит. Ҳара зегьы ҳшынаӡам шеилаҳкаауагьы, аӡәы иҳагу атәы анҳаиҳәо уи ҳаргәаар ауеит. (Шәаԥхьа Екклезиаст 7:9.) Усҟан ҳхы ариашара ҳалагар алшоит. Алабжьара ҳазҭаз иахь, насгьы уи шҳаиҭаз азы агәынамӡара ааҳарԥшыргьы ауеит. Иҟалап абас ҳхәыцларгьы: «Дызусҭада иара алабжьара сиҭартә еиԥш? Уи аасҭа ихы дахәаԥшлааит». Ҳара убас ҳхәыцлар алабжьара ҳадаҳкылаӡом, мамзаргьы ҳгәы иахәо ҳазҳәо мацара ҳарзыӡырҩлоит.

5. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

5 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит алабжьарақәа здызкылози издызымкылози Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу аӡәык-ҩыџьак рҿырԥштәқәа. Иара убас еилаҳкаауеит ҳара алабжьарақәа ҳарзыҟазар шҳахәҭоу.

АЛАБЖЬАРАҚӘА ЗДЫЗЫМКЫЛОЗ

6. Иаҳнарҵозеи Ровоам алабжьара ахьидимкылаз?

6 Даҳгәалаҳаршәап аҳ Ровоам. Иара аҳас даныҟала ажәлар и́ҳәеит иаб Соломон иеиԥш аџьабаа иаҵаимҵарц. Раԥхьа Ровоам аԥышәа змаз аиҳабацәа ргәаанагара дазҵааит. Урҭ иарҳәеит ажәлар ирҳәо ҟаиҵар, гәыкала имаҵ шыруло (1 Аҳ. 12:3—7). Ровоам уи рацәак игәамԥхазар ҟалап, убри аҟынтә дхәыҷаахыс ҩызцәас имаз иқәлацәагьы дразҵаарц иӡбеит. Урҭ 40 шықәса раҟара рхыҵуан, убри аҟынтә зынӡа аԥышәа рымаӡамызт ҳәа узҳәаӡом (2 Аш. 12:13). Аха ари аҭагылазаашьаҿы иҽеимыз алабжьара ирҭеит: ажәлар еиҳагьы аџьабаа дирбаларц иарҳәеит (1 Аҳ. 12:8—11). Зынӡа еиԥшымыз агәаанагарақәа аниаҳа Ровоам иҟаиҵаша Иегова диазҵаар илшон. Аха иара ус ҟаимҵаӡеит, иқәлацәа иарҳәаз дақәшаҳаҭхеит. Уи акәын иара ииҭахызгьы. Ровоам идикылаз аӡбара иаргьы ажәларгьы ирԥырхагахеит. Иаҳнарҵозеи уи? Иҳарҭо алабжьара ҳгәамԥхозаргьы, уи Абиблиа шьаҭас иамазар, иҳадаҳкылароуп.

7. Иаҳнарҵозеи аҳ Уззиа иҭоурых?

7 Аҳ Уззиа ирҭаз алабжьара идимкылаӡеит. Аԥшьаҩцәа мацара анеира азин ахьрымаз аҭыԥ ахь дыҩналан, афимиам иблырц далагеит. Аԥшьаҩцәа Уззиа дааныркыларц азы ус иарҳәеит: «Уззиа, уара Иегова изы афимиам абылра азин умаӡам! Аԥшьаҩцәа роуп афимиам абылра зыхәҭоу». Уззиа аԥагьара аамырԥшӡакәа, дышиашамыз еилкааны уантәи иаразнак ддәылҵызҭгьы, Иегова ианаижьыр ҟаларын. Аха уи аҭыԥан иара аԥшьаҩцәа игәы рзыԥжәеит. Избан Уззиа иарҳәаз зимаҳаз? Иҟалап иара аҳас дахьыҟаз азы иааиҭаху зегь ҟаиҵалар илшоит ҳәа игәы иаанагозҭгьы. Аха Иегова игәаанагарала Уззиа аԥагьара аарԥшны ихәҭамыз аус аҟаҵара далагеит. Убри аҟынтә иара иԥсы ахьынӡаҭаз ацәеилабаара иман (2 Аш. 26:16—21). Иаҳнарҵозеи Уззиа иҭоурых? Абиблиа ала ҳагха ҳдырбозар, ҳаҽҳариашароуп. Ус ҟаҳамҵалар, егьа ҟаҳҵаргьы, Иегова ҳзиҩызахаӡом.

АЛАБЖЬАРАҚӘА ЗДЫЗКЫЛОЗ

8. Ихы шԥамҩаԥигеи Иов алабжьара анирҭа?

8 Абиблиаҿы алабжьарақәа здызымкылоз ауаа рыӡбахә адагьы, урҭ здызкылоз рыӡбахәгьы ануп. Иегова урҭ рыхә ишьон. Даҳгәалаҳаршәап Иов. Иара Иегова бзиа дшибозгьы, насгьы ииашаны ахымҩаԥгара дшашьҭазгьы, агхақәа аныҟаиҵоз ыҟан. Аԥсҭазаараҿы дзықәшәаз ауадаҩрақәа убраанӡа днаргеит, ииашамкәа Анцәа дихцәажәо далагеит. Аха Елиуи Иеговеи Иов дышиашамыз иарҳәеит. Ихы шԥамҩаԥигеи Иов? Иара аԥагьара ааимырԥшӡеит, насгьы дышиашамыз еиликааит. Иара иҳәеит: «Сара исзеилымкаауаз акәын исҳәоз. [...] Шьҭа исҳәаз сахьхәит, убри азоуп ахәеи аццышәи сзылатәоу». Иов ихымҩаԥгашьа Иегова даара даргәырӷьеит, насгьы диқәныҳәеит (Иов 42:3—6, 12—17).

9. Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Моисеи?

9 Шәааи уажәшьҭа Моисеи иҿырԥшы ҳгәалаҳаршәап. Зны иара агха ӷәӷәа ҟаиҵеит, уи азы Иегова ӷәӷәала дахьирхәит. Ишаҳдыруа еиԥш, Моисеи игәы аныԥжәа Иегова дзыԥсаз ахьӡ-аԥша имҭаӡакәа ихы ҳареикит. Уи иахҟьаны израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл ахь анеира алшара ицәыӡит (Ахыԥхь. 20:1—13). Моисеи уи игәы инархьит, насгьы Иегова иӡбара иԥсахырц диҳәеит, аха Анцәа ус иеиҳәеит: «Уи аӡбахә уаҳа исоумҳәан» (Ҩынтә. 3:23—27). Аха Моисеи дымгәааӡеит, иара итәы иаиргарцгьы даламгаӡеит, убри азы Иегова анаҩсгьы ижәлар дырхагылазарц азин ииҭеит (Ҩынтә. 4:1). Иови Моисеии аҿырԥш бзиақәа ҳарҭеит. Иов игха анидырба ихы ариашара даламгаӡакәа иҽиԥсахит. Моисеи иакәзар, Иегова ӷәӷәала дшахьирхәызгьы, даараӡа дыззыԥшыз шимоузгьы, уи гәыкала имаҵ аура даҟәымҵӡеит.

10. а) Избан, Ажәамаанақәа 4:10—13 иану инақәыршәаны, алабжьарақәа анҳарҭо ҳарзыӡырҩлар зҳахәҭоу? б) Ишәгәаԥхазеи Еммануели, Мегани, Маркои ражәақәа рҟынтә?

10 Иови Моисеи ҳарҿыԥшуазар, уи ҳара ахәарҭа ҳзаанагоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 4:10—13.) Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы уи ус шакәу агәра ргеит. Конго инхо Еммануельb агха ҟаимҵарц азы аизара аиҳабацәа ицхрааит. Уи ашьҭахь иара иҳәеит: «Аишьцәа игәарҭеит сыгәрахаҵара шыԥсыҽхаз, убри аҟынтә исыцхрааит. Сара урҭ исырҭаз алабжьара сыдыскылеит, убри аҟынтә сзықәшәар алшоз ауадаҩрақәа сҽырцәысыхьчеит». Канада инхо пионерс амаҵ зуа Меган илҳәоит: «Уандыриашо — уи угәы иахәо ак акәым, аха сара еилыскаауеит уи ҳара ишаҳзеиӷьу». Хорватиа инхо Марко иажәақәагьы аинтерес рыҵоуп: «Сара исыдыз аҭакԥхықәрақәа сцәыӡит, аха уажәшьҭа еилыскаауеит аишьцәа сыдмыриашазҭгьы, Иегова сицәыхарахар шсылшоз».

11. Еиҭеиҳәазеи аиашьа Карл Клеин алабжьарақәа рыдкылара зыбзиоу иазкны?

11 Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуаз аиашьа Карл Клеин уандыриашо уи ахәарҭа шузаанаго еиҭеиҳәеит. Иара данқәыԥшыз Џьозеф Рутерфорди иареи еиҩызцәан. Зны аиашьа Рутерфорд уи дилабжьеит. Аиашьа Клеин иҳәеит раԥхьа уи дшаргәааз, насгьы алабжьара шидимкылаз. Ибиографиаҿы иара иҩит: «Уи ашьҭахь ҳанеиқәшәа аиашьа Рутерфорд дхааӡа аԥсшәа сеиҳәеит: „Бзиара умаз, Карл!“ Аха сара сгәааны сыҟан, убри аҟынтә аарлаҳәа аԥсшәа иасҳәеит. Усҟан иара иҳәеит: „Угәуҽаныз, Карл! Аҩсҭаа душьклаԥшуеит!“ Сгәааны сшыҟаз исмырбарц азы ус иасҳәеит: „Зегь бзиоуп, аиашьа Рутерфорд“. Аха иара еиликаауан сгәааны сшыҟаз, убри аҟынтә еиҭах иҳәеит: „Ибзиоуп, аха уеизгьы угәуҽаныз. Аҩсҭаа душьклаԥшуеит“. Иара диашан. Алабжьара ҳазҭаз аиашьа ҳицәгәаауазар, Аҩсҭаа ишьацҳәа ҳаҿашәар ауеит. Еиҳараӡак уи аиашьа алабжьара ҳаҭара азин имазҭгьы»c (Еф. 4:25—27). Аиашьа Клеин Рутерфорд илабжьара идикылеит, насгьы урҭ еиҩызцәа бзиақәаны иаанхеит.

ИҲАЦХРААР АЛШОЗЕИ ҲАРА АЛАБЖЬАРАҚӘА РЫДКЫЛАРА?

12. Избан алабжьарақәа ҳадаҳкылаларц азы аԥагьара ҳаламзар зҳахәҭоу? (Аԥсалом 141:5).

12 Иҳацхраар алшозеи алабжьарақәа рыдкылара? Раԥхьаӡа иргыланы аԥагьара ҳаламзароуп. Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳанамӡара ҳалаҽны ишыҟоу, зны-зынла аҟәышрагьы шаҳзымхо. Ари астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, зны-зынла Иов агхақәа ихьуан, аха иҽириашеит. Избан? Избанзар иара аԥагьара илаӡамызт. Иаҳҳәап, иара иаасҭа еиҵбыз Елиуи иажәақәа дырзыӡырҩит (Иов 32:6, 7). Иегова уи азы диқәныҳәеит. Ҳаргьы аԥагьара ҳаламзароуп, еиҳараӡак алабжьара ҳазҭо дҳаиҵбызар, ма иҳаиҭо алабжьара ҳақәнагаӡам ҳәа ҳгәы иаанагозар. Канада инхо аизара аиҳабык иҳәоит: «Егьырҭ ирбо ҳара иҳамбозар ауеит, убри аҟынтә аӡәы алабжьара ҳаимҭар, доуҳала аизҳара ҳалшаӡом». Аӡәыр иҳәар илшома ирҵаҩратә ҟазара аиӷьтәреи иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа реизырҳареи уаҳа иҭахӡам ҳәа? (Шәаԥхьа Аԥсалом 141:5.)

13. Ҳашԥарзыҟазар акәу алабжьарақәа?

13 Ишәоуа алабжьарақәа рыла Иегова шәара шәахь абзиабара шааирԥшуа жәдыруаз. Анцәа иаҳзеиӷьу ауп ииҭаху (Ажәам. 4:20—22). Иажәала, Абиблиа шьаҭас измоу апубликациала, мамзаргьы доуҳала иӷәӷәоу ақьырсиан ила ҳаҽҳариашар ахьҳахәҭоу заҳирбо бзиа ҳахьибо азы ауп. Ауриацәа 12:9, 10 аҿы ишану еиԥш, Иегова «ҳиааӡоит иҳахәаша, иаҳԥылаша рыла».

14. Ҳзызхәыцыр акәзеи алабжьара анҳарҭо?

14 Ишәхашәмыршҭлан зегь раасҭа ихадоу алабжьара шшәырҭаз акәымкәа, алабжьара ахаҭа шакәу. Аӡәы ихжәаны алабжьара ҳаиҭар ауеит. Ҳәарада, ақьырсиан аӡәы алабжьара ииҭарц иҭахызар, ииҳәаша заа ибзианы дазхәыцроуп, насгьы уи ирхааны иҟаиҵароуп (Гал. 6:1)d. Аха алабжьара шҳарҭаз ҳгәамԥхазаргьы, ҳзызхәыцша алабжьара ахаҭа ауп. Шәхы шәазҵаа: «Алабжьара шсырҭаз сгәамԥхазаргьы, уи хәарҭа сзаанагар алшома? Исылшома алабжьара сызҭаз игу сазымхәыцкәа, исеиҳәаз сазхәыцыр?» Иҳарҭаз алабжьара ҳгәаԥхозаргьы-иаҳгәамԥхозаргьы уи хәарҭас иаҳзаанагар алшо ҳазхәыцыр бзиоуп (Ажәам. 15:31).

АӠӘЫ АЛАБЖЬАРА АНШӘИҬО ҲӘА ШӘАЗЫМԤШЫН — ШӘХАҬА УИ ШӘАҲӘАЛА

15. Избан алабжьара ҳарҭарц ҳхаҭа ҳаҳәалар зҳахәҭоу?

15 Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит егьырҭ алабжьара ҳарҭарц ҳрыҳәаларц. Ажәамаанақәа 13:10 аҿы иануп: «Алабжьара иа́ҳәо дҟәыӷоуп». Еиӷьны иузҳәом! Аӡәы алабжьара ҳаҭара игәаӷьаанӡа еиҳа еиӷьуп ҳааигәара иҟоу ауаа ҳаҽҳариашар ахьҳахәҭоу ҳхаҭа ҳразҵаар. Уи аҟәыӷара аизырҳареи доуҳала аизҳареи иҳацхраауеит. Убри аҟынтә аӡәы алабжьара аншәиҭо ҳәа шәазымԥшын, — шәхаҭа уи шәаҳәала.

Избан иқәыԥшу аиаҳәшьа илеиҳабу аиаҳәшьа алабжьара лылҭарц дызлыҳәаз? (Шәахәаԥш абзац 16.)

16. Ҳрыҳәалар анбаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьара ҳарҭарц?

16 Ҳрыҳәалар анбаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьара ҳарҭарц? Абар ҿырԥштәқәак: 1) Ажәабжьҳәаҩ аԥышәа змоу ақьырсиан абиблиатә ҵарахьы дааиԥхьоит, анаҩс ирҵаҩратә ҟазара еиӷьитәырц азы иҟаиҵар илшо диазҵаауеит. 2) Аҭаацәара иаламлац аиаҳәшьа амаҭәа ҿыцқәа аалхәарц лҭахуп, убри аҟынтә доуҳала иӷәӷәоу аиаҳәшьа длыҳәоит урҭ амаҭәақәа ирхылҳәаауа лалҳәарц. 3) Аиашьа раԥхьаӡа акәны ажәахә иманы дықәгыларц иарҳәоит, убри аҟынтә аԥышәа змоу аиашьа иажәахә дазыӡырҩырц, насгьы иԥсахтәу иеиҳәарц диҳәоит. Акыршықәса рыҩныҵҟа ажәахәқәа зманы иқәгыло аишьцәагьы убас ҟарҵалар рылшоит.

17. Избан алабжьара ҳазыӡырҩны иҳадаҳкылар зҳахәҭоу?

17 Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит Иегова ижәлар иааизакнгьы алабжьарақәа шриҭо, хаҭа-хаҭалагьы ишҳаиҭо. Иааиуа амчыбжьқәа, ма амзақәа раангьы еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла алабжьарақәа ҳауеит. Шәааи урҭ анҳаулак ари астатиаҿы ҳзыхцәажәаз ихадоу азхәыцрақәа ҳхаҳмыршҭлап: аԥагьара ааҳмырԥшлап, алабжьара шҳарҭаз акәымкәа, уи ахаҭа шакәу еиҳа ихадоу ҳгәалаҳаршәалап, насгьы аҽыриашара ҳҽазаҳшәалап. Аҟәыӷара ҳаурц азы аџьабаа батәуп, убри азоуп Иегова абас зҳаиҳәо: «Уазыӡырҩла алабжьара, иудкылала амҩақәҵара, уаԥхьаҟа уҟәыӷахарц азы» (Ажәам. 19:20).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаҳдырҵозеи Ровоами Уззиеи рҿырԥштәқәа?

  • Иаҳдырҵозеи Иови Моисеии рҿырԥштәқәа?

  • Иҳацхраар алшозеи алабжьарақәа рыдкылара?

АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп

a Абиблиаҿы ирацәаны алабжьара бзиақәа ануп. Иегова ишаҳаҭцәа урҭ рыԥсҭазаараҿы рхы иадырхәоит. Аха зны-зынла алабжьарақәа рыдкылара мариаӡам. Избан? Иҳацхраауазеи алабжьарақәа анҳарҭо урҭ хәарҭа рылгара?

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c Шәахәаԥш 1984 шықәса, октиабр 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 21—28, англыз.

d Анаҩстәи астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит ауаҩы алабжьара идикыларц азы уи шиҭатәу.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра