АҴАРАЗЫ АСТАТИА 29
АШӘА 87 Уааи, иагьуоуп агәыраҳаҭра!
Аӡәы алабжьара аниаҳҭо...
«Сылаԥш ухызаалоит, насгьы сулабжьалоит» (АԤСАЛ. 32:8).
ЕИЛАҲКААУА
Ауаҩы хәарҭа изаазго алабжьара иаҳҭар шҳалшо.
1. Изыхәҭада егьырҭ алабжьарақәа рыҭара? Иҳаилшәыркаа.
ИШӘГӘАԤХОМА аӡәы алабжьара иҭара? Шьоукы иргәаԥхоит. Егьырҭ аӡәы алабжьара иҭара иацәыԥхашьоит, мамзаргьы иацәшәоит. Ишыҟазаалакгьы, ҳара зегьы зны-зынла егьырҭ алабжьарақәа раҳҭалароуп — уи уалны иҳадуп. Избан? Иисус иҳәеит иҵаҩцәа бзиа ишеибабало (Иоанн 13:35). Абзиабара шҳалоу аарԥшразы алшарақәа руак — иашьак ма иаҳәшьак ирыхәҭоу алабжьара ианаамҭоу рыҭара ауп. Абиблиаҿы иануп егьырҭ «гәыкала алабжьара» анраҳҭо, дареи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара шҳарӷәӷәо (Ажәам. 27:9).
2. Ирдыруазар рыхәҭоузеи аизара ахылаԥшыҩцәа, насгьы избан? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Аизара „Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи“ аҿы иҳауа алабжьарақәа».)
2 Издыруазар зыхәҭада раԥхьаӡа иргыланы ауаҩы алабжьара бзиа иҭашьа? Аизара ахылаԥшыҩцәа. Избанзар Иеговеи Иисуси аизара ахылаԥшра знапы ианырҵаз дара роуп (1 Пиотр 5:2, 3). Ишԥахылаԥшуеи урҭ аизара? Аизара ахылаԥшыҩцәа Абиблиа аҟынтә амҩақәҵарақәа иахьрыхцәажәо ажәахәқәа рыманы иқәгылоит. Дара аишьцәеи аиҳәшьцәеи хаҭалагьы алабжьарақәа рырҭоит. Аӡәы доуҳала данкәадахо, Иегова иахь ахынҳәра ицхраауеит. Иҳацхраауазеи аизара ахылаԥшыҩцәагьы ҳаргьы егьырҭ ахәарҭа рзаазго алабжьарақәа рыҭара?
3. а) Иаҳҵар шԥаҳалшо егьырҭ алабжьара бзиақәа рыҭашьа? (Исаиа 9:6; шәахәаԥш иара убас арамка «Аӡәы алабжьара анишәҭо, Иисус шәиҿыԥшла»). б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Абиблиаҿы иануп егьырҭ алабжьара бзиақәа рызҭоз ауаа рҿырԥштәқәа. Ҳара урҭ ирҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп. Ауаа зегьы иреиӷьыз алабжьарақәа рызҭоз Иисус иакәын. Иара «Абжьгаҩ ҟәыӷа» ҳәагьы изҳәоуп. (Шәаԥхьа Исаиа 9:6.) Ари астатиаҿы ҳара ҩ-ҭагылазаашьак ҳарзааҭгылоит: аӡәы алабжьаразы данҳаҳәо, насгьы аӡәы алабжьаразы данҳмыҳәо, аха уи шиҭатәу анаҳдыруа. Иара убас ҳара ҳалацәажәоит аӡәы алабжьара иҭаразы ианаало аамҭа залхлатәу, насгьы уи шиаҳҭаша изазхәыцлатәу.
АӠӘЫ АЛАБЖЬАРА ИАҲҬАРЦ ДАНҲАҲӘО
4, 5. Иарбан зҵаароу ҳхы иаҳҭар ҳахәҭоу, аӡәы алабжьара иаҳҭарц данҳаҳәо? Иаажәга аҿырԥштәы.
4 Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи аӡәы алабжьара иаҳҭарц данҳаҳәо? Ҳәара аҭахума, ауаҩы ҳагәра ахьиго ҳгәы иахәоит, иаразнак ҳицхраарцгьы ҳҭаххоит. Аха раԥхьа ҳхы ҳазҵаар ауп: «Исымоума иаҭаху аԥышәеи, адырреи, уи алабжьара бзиа исҭарц азы?» Зны-зынла еиҳа еиӷьхоит ауаҩы алабжьара имҭаӡакәа, изҵаара аганахь ала еиҳа аԥышәа змоу аӡә иахь дҳашьҭыр.
5 Иааҳгап ҿырԥштәык. Иаҳҳәап, шәҩыза гәакьа ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Иара иҳәоит ичымазара хәышәтәышьас иамоу авариантқәа шҭиҵааз, насгьы руак алхра шәицхраарц дшәыҳәоит. Шәара уи аганахь ала ииашоуп ҳәа ишәыԥхьаӡо шәхатә гәаанагара шәымазар ауеит. Аха шәара шәҳақьымӡам. Убри аҟынтә зегьы иреиӷьхоит шәҩыза ичымазара атәы ибзианы издыруа аҳақьым дизышәыԥшаар.
6. Иҟаҵатәузеи ауаҩы алабжьара иаҳҭаанӡа?
6 Аха иҟаҵатәузеи уи азҵаара ибзианы иаҳдыруазар, убри аҟынтә ауаҩы алабжьара бзиа иаҳҭар ҳалшоит ҳәа ҳгәы иаанагозар? Уеизгьы алабжьара иҭара ҳахымыццакырц ҳаӡбар ауеит. Избан? Ажәамаанақәа 15:28 аҿы иануп: «Ауаҩ иаша аҭак ҟаиҵаанӡа дхәыцуеит». Убри аҟынтә иаҳҳәаша ҳдыруазаргьы, зны аҭҵаара мҩаԥаҳгар, Анцәа ҳиҳәар, насгьы зегьы ибзианы ҳазхәыцыр еиӷьуп. Ус ҟаҳҵар, ауаҩы иаҳҭарц иаҳҭаху алабжьара Иегова игәаанагара ишаҿамгыло агәра ганы ҳаҟазаауеит. Уи ус шакәу аԥааимбар Нафан дзықәшәаз ибзианы иаҳнарбоит.
7. Иаҳнарҵозеи Нафан дзықәшәаз ахҭыс?
7 Аҳ Давид аԥааимбар Нафан изеиҭеиҳәеит Иегова изы аныҳәарҭа иргыларц шиҭаху. Нафан иаразнак ус иҳәеит: «Угәы иҭоукыз зегь ҟаҵа». Аха Анцәа Давид аныҳәарҭа иргыларц иҭахӡамызт. Нафан Давид алабжьара ииҭаанӡа Иегова игәаанагара еиликаар акәын (1 Аш. 17:1—4). Ари ахҭыс иаҳнарбоит алабжьаразы ианҳаҳәо ак аҳәара ҳахымыццаклар шҟәыӷарахо (Иак. 1:19).
8. Избан аӡәы алабжьара иҭара ҳахымыццаклар иҵегьы изыбзиоу?
8 Аӡәы алабжьара иаҳҭаанӡа зегьы ибзианы ҳазхәыцыр зыбзиоу даҽа мзызкгьы ыҟоуп. Шәхаҿы иаажәг ауаҩы ишәҭаз алабжьара дазыӡырҩны ишәҳәаз ҟаиҵазшәа, насгьы уи иҽеим алҵшәа аанагазшәа. Ус иҟалар, шәаргьы ахара шәыдлоит. Убри азоуп аӡәы алабжьара иҭара ҳахымыццаклар зыбзиоу.
АЛАБЖЬАРА РАҲҬАРЦ ИАНҲМЫҲӘО
9. Зыгәра ганы иҟазар рыхәҭоузеи аизара ахылаԥшыҩцәа, ауаҩы алабжьара ирҭаанӡа? (Галатаа 6:1).
9 Аизара ахылаԥшыҩцәа «ииашам амҩа» ианылаз аиашьа ма аиаҳәшьа алабжьара рырҭалароуп. (Шәаԥхьа Галатаа 6:1.) Иҟалап ақьырсиан агәнаҳа ӷәӷәа ҟаимҵацзар, аха иҟаиҵо аҟәышра аҵамзар, уи иҽеим акахьы днанагар алшозар. Аизара ахылаԥшыҩцәа хықәкыс ирымоу ауаҩы наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа данымҵырц азы ицхраара ауп (Иак. 5:19, 20). Аха уи алабжьара ирҭаанӡа, ииашам амҩа дшанылаҵәҟьаз агәра ганы иҟазароуп. Дара ирхадмыршҭлароуп ауаҩы идикылаз аӡбара иақәшаҳаҭымзаргьы, уи Иегова игәамԥхо ак ҟаиҵоит ҳәа шаанамго (Рим. 14:1—4). Аха иҟарҵар рыхәҭоузеи аизара ахылаԥшыҩцәа, иашьак ма иаҳәшьак Иеговеи дареи реиҩызара иаԥырхагоу ак ҟарҵаҵәҟьозар?
10—12. Иҟаиҵар ихәҭоузеи аизара ахылаԥшҩы, алабжьара иамыҳәаз ауаҩы алабжьара анииҭо? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
10 Зегь раасҭа имариам — алабжьара иамыҳәаз ауаҩы алабжьара иҭара ауп. Избан? Апостол Павел ишиҳәаз ала, уи ауаҩы ииашам ак шыҟаиҵо изеилымкаауазар ауеит. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы алабжьара адкылара изымариахарц азы уи дазыҟарҵароуп.
11 Алабжьара иазыԥшым ауаҩы алабжьара иҭара икьакьоу адгьыл аҿы ак анааурыхуа иаҩызоуп. Иҟаиҵозеи адгьылқәаарыхҩы? Раԥхьа адгьыл татахарц азы ибаҳауеит. Нас ажәла лаиҵоит. Уи ашьҭахь аӡы аҵеиҭәоит. Аизара ахылаԥшҩыгьы урҭ рҩызцәа ашьаҿақәа ҟаиҵароуп. Раԥхьа иара, инықәырԥшны иуҳәозар, адгьыл ирхиоит. Аизара ахылаԥшҩы ианаало аамҭа алхны аиашьа диацәажәарц шиҭаху иеиҳәоит, хьаас дышимоугьы иирбоит. Аизара ахылаԥшҩы ауаҩы изааигәоу иқьиоу аӡә иеиԥш деицырдыруазар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи иара иҟынтә алабжьарақәа рыдкылара еиҳа ирзымариахоит.
12 Аизара ахылаԥшҩы аиашьа игәалаиршәар илшоит зны-зынла ҳара зегьы агхақәа шыҟаҳҵо, насгьы алабжьарақәа шаҳҭаху. Усҟан аиашьа алабжьара адкылара еиҳа изымариахоит (Рим. 3:23). Аизара ахылаԥшҩы Абиблиа ихы иархәаны ҭынч патуқәҵарала аиашьа ииашамкәа иҟаиҵаз иирбоит. Аиашьа иҟаиҵаз агха анеиликаалак, аизара ахылаԥшҩы «ажәла лаиҵоит», даҽакала иуҳәозар, иҽириашарц азы иҟаҵатәу иеиҳәоит. Анаҩс аизара ахылаԥшҩы «ажәла аӡы аҵеиҭәоит», даҽакала иуҳәозар, аиашьа гәык-ԥсыкала дирҽхәоит, Анцәагьы дициҳәоит (Иак. 5:15).
Алабжьара иазыԥшым ауаҩы алабжьара иуҭарц азы, абзиабара аарԥштәуп, алабжьара шиуҭашагьы иазхәыцтәуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10—12.)
13. Ирыцхраауазеи аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы ирҭаз алабжьара ииашаны еиликаауоу-еилимкаауоу аилкаара?
13 Зны-зынла ауаҩы иоуҳәо акәымкәа даҽакы иаҳауеит. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы ирҭаз алабжьара ииашаны еиликаау-еилимкаау иазхәыцроуп. Уи азы апатуқәҵара аарԥшны азҵаарақәа ирҭар рылшоит (Еккл. 12:11). Ауаҩы иҭакқәа иудырбоит иҽиԥсахыр ахьихәҭоу, насгьы уи зихәҭоу еиликаауоу-еилимкаауоу.
АУАҨЫ АЛАБЖЬАРА ИАНААМҬОУ, НАСГЬЫ ИШАХӘҬОУ ЕИԤШ ИҬАЛАТӘУП
14. Избан ҳгәы ԥжәаны ҳаныҟоу, ауаҩы алабжьара иҭара зҳахәҭам?
14 Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә зны-зынла егьырҭ ргәы дзырхьуа ак ҳҳәоит ма иҟаҳҵоит (Кол. 3:13). Абиблиаҿы иануп зны-зынла аӡәы ҳгәы изыԥжәаларгьы шалшо (Еф. 4:26). Аха ауаҩы ҳгәы изыԥжәаны ҳаныҟоу, алабжьара иаҳҭар ҟалаӡом. Избан? Избанзар «агәыԥжәара ауаҩы иԥырхагоуп Анцәа игәаԥхо аусқәа рыҟаҵара» (Иак. 1:20). Ауаҩы ҳгәы изыԥжәаны ҳаныҟоу алабжьара иаҳҭар, уи хәарҭас ҳәа акгьы аанагаӡом, аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахар ауеит. Иаанагома уи ҳгәы ԥызжәаз ауаҩы ҳгәы иҵхо зынӡа иаҳҳәар ҟалаӡом ҳәа? Мап. Аха ак иаҳҳәаанӡа ҳаҽҳарҭынчроуп. Иов алабжьара изҭаз Елиуи уи аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит.
15. Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Елиуи? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
15 Елиуи мышқәак рыҩныҵҟа дазыӡырҩуан Иов ииашамкәа ихцәажәоз рыриашара дшаҿыз. Иара Иов дрыцҳаишьон, аха убри аамҭазгьы игәы изыԥжәеит. Иара игәамԥхаӡеит Иов акгьы шихарамыз ааирԥшырц азы Анцәа ииашамкәа дахьихцәажәоз. Аха Елиуи иаразнак уи ажәа имакра даламгаӡеит. Иаамҭа анааи хаалеи патуқәҵаралеи Иов иацәажәара далагеит. Убри ауп Елиуи Иов алабжьара бзиа иҭара ицхрааз (Иов 32:2; 33:1—7). Ари ахҭыс ҳара зегьы иаҳнарҵо ак ыҟоуп: аӡәы алабжьара аниаҳҭо, уи ианаамҭоу, насгьы ишахәҭоу еиԥш иаҳҭалароуп, абзиабареи апатуқәҵареи ааҳарԥшлароуп (Еккл. 3:1, 7).
Елиуи Иов игәы изыԥжәеит, аха иаразнак алабжьара иҭара даламгаӡеит. Зны иара иҽирҭынчит, убри азоуп Иов хаала, патуқәҵарала дызиацәажәаз. (Шәахәаԥш абзац 15.)
АЛАБЖЬАРА АҬАРЕИ АДКЫЛАРЕИ ҲҼЫРЗЫҞАҲҴАП
16. Иаҳдырҵозеи Аԥсалом 32:8 иану ажәақәа?
16 Ари астатиа иазалху ажәеинраалаҿы Иегова иқәыргәыӷра ануп: «Сылаԥш ухызаалоит, насгьы сулабжьалоит». (Шәаԥхьа Аԥсалом 32:8.) Арҭ ажәақәа агәра ҳдыргоит Иегова ахаан аҵара ҳарҵара дшаҟәымҵуа. Иара иҟәыӷоу алабжьарақәа ахьҳаиҭо адагьы, урҭ рхархәарагьы дҳацхраауеит. Изакә ҿырԥш бзиоузеи уи ҳара ҳзы! Ҳара ауаҩы алабжьара аниаҳҭо, иҟәыӷоу аӡбара идикыларц азы ицхраара ҳшазхиоу иҳарбароуп.
17. Ҳашԥарзыҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа иҳарҭо Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа? (Исаиа 32:1, 2).
17 Иахьатәи аамҭазы алабжьарақәа рыда ԥсыхәа ҳамаӡам (2 Тим. 3:1). Абиблиаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа «аӡы ахьыҟам ацәҳәыраҿы аӡыхь» иаҿырԥшуп. (Шәаԥхьа Исаиа 32:1, 2.) Избан? Избанзар Абиблиа шьаҭас измоу инҭкааны иҟоу рылабжьарақәа Иегова имаҵ аура иҳацхраауеит. Иҳаҳарц иаҳҭаху здыруа, аха иҳаҳарц ҳахәҭоу ҳазҳәо аҩызцәа Иегова иҟынтә ҳамҭоуп. Урҭ ражәақәа «иҭаԥҟаны иҟоу араӡны маҭәар иҭоу ахьтәы ҵәақәа» иреиԥшуп (Ажәам. 25:11). Ҳара зегь ҳзы даараӡа ихадоуп алабжьара бзиақәа рыҭашьа ҳҵалар, ҳхаҭагьы алабжьарақәа анҳарҭо, иҳадаҳкылалар.
АШӘА 109 «Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала»