Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 ииуль ад. 2—7
  • Аӡәы алабжьара анҳаиҭо...

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аӡәы алабжьара анҳаиҭо...
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАРБАН ҞАЗШЬОУ АЛАБЖЬАРА АДКЫЛАРА ИҲАЦХРААУА?
  • ИСЫЗҬАР ЗЫЛШОДА АЛАБЖЬАРА БЗИА?
  • ИААСЫРԤШЫР ШԤАСЫЛШО АЛАБЖЬАРАҚӘА РЫДКЫЛАРА СШАЗХИОУ?
  • ИРЫҲӘАЛАТӘУМА ЕГЬЫРҬ САРА СЗЫ АӠБАРА РЫДЫРКЫЛАЛАРЦ?
  • АЛАБЖЬАРАҚӘА РЫҲӘАРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН
  • Аӡәы алабжьара аниаҳҭо...
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа аҵыхәтәантәи ражәақәа иаҳдырҵо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 ииуль ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 28

АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт

Аӡәы алабжьара анҳаиҭо...

«Алабжьара иа́ҳәо дҟәыӷоуп» (АЖӘАМ. 13:10).

ЕИЛАҲКААУА

Алабжьара адкылара иҳацхраауа.

1. Иҳацхраауазеи ақәҿиара зауа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара? (Ажәамаанақәа 13:10; 15:22).

ҲАРА зегьы иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ҳҭахуп. Ҳгәы ак анҭаҳкуа, уи аҿы ақәҿиара ҳаур ҳҭахуп. Убри аҟынтә, Абиблиа ишаҳәо еиԥш, ҳара зегьы алабжьара бзиақәа ҳҭахуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 13:10; 15:22.)

2. Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова?

2 Ҳәара аҭахума, зегь иреиӷьу алабжьара ҳазҭар зылшо аҟәыӷара злоу жәҩантәи Ҳаб, Иегова, иоуп. Иара абас ажәа ҳаиҭеит: «Сылаԥш ухызаалоит, насгьы сулабжьалоит» (Аԥсал. 32:8). Арҭ ажәақәа иаҳдырбоит Иегова дасу дышҳазхәыцуа: иара алабжьара бзиа ҳаиҭоит, уи ахархәарагьы дҳацхраауеит.

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ари астатиа абиблиатә принципқәа рызхәыцреи ԥшь-зҵаарак рҭак аҟаҵареи иҳацхраауеит: 1) Иарбан ҟазшьоу исыцхраауа алабжьара бзиа ансырҭо, уи адкылара? 2) Исызҭар зылшода алабжьара бзиа? 3) Излоубарҭахозеи алабжьара бзиақәа рыдкылара сшазхиоу? 4) Избан егьырҭ сара сзы аӡбарақәа рыдыркылаларц срыҳәалар зсыхәҭам?

ИАРБАН ҞАЗШЬОУ АЛАБЖЬАРА АДКЫЛАРА ИҲАЦХРААУА?

4. Иарбан ҟазшьоу иҳалазар ҳахәҭоу, иҳауа алабжьара ахәарҭа ҳзаанагарц азы?

4 Алабжьара иагьа ибзиазаргьы, уи ҳхы иаҳмырхәар, ахәарҭа ҳзаанагаӡом. Убри аҟынтә ахынраалара ҳалазароуп. Зны-зынла адырреи аԥышәеи ҳазхаӡом, убри аҟынтә ацхыраара шаҳҭаху еилаҳкаауазароуп. Дызлаҳацхраауеи Иегова, ахынраалара ҳаламзар?! Иажәаҿы ҳзыԥхьо зегьы лымҳак иҭаланы егьи алымҳа иҭыҵлоит (Мих. 6:8; 1 Пиотр 5:5). Ахынраалара ҳалазар, Иегова иҳаиҳәо ҳлымҳа кыдҵаны ҳазыӡырҩлоит, насгьы иаразнак ҳхы иаҳархәалоит.

5. Дзырԥагьар алшози Давид?

5 Ҳазхәыцып аҳ Давид иҿырԥшы иаҳнарҵо. Иара ақәҿиара иман, аха дԥагьамхаӡеит. Аҳас дҟалаанӡа иара амузыка бзианы иазырҳәоз иеиԥш деицырдыруан, аҳ изы амузыка аирҳәаларц азгьы иҳәеит (1 Сам. 16:18, 19). Уи адагьы, Анцәа Давид аԥхьаҟа аҳас иҟалараны иҟаз иаҳасабала даналих, идоуҳа амч инаҭон (1 Сам. 16:11—13). Ажәларгьы Давид даара бзиа дырбон, избанзар иара Анцәа ижәлар раӷацәа дыриааиуан, филистимтәи адау Голиафҵәҟьагьы дишьит (1 Сам. 17:37, 50; 18:7). Давид иԥагьаз аӡә иакәызҭгьы, иеихьӡарақәа дырхыҽхәо далагар илшон, алабжьарақәа сҭахӡам ҳәагьы дхәыцлар ауан. Аха Давид ахынраалара илан.

6. Иабантәиҳдыруеи Давид алабжьарақәа рыхә шишьоз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

6 Давид аҳас даныҟала, иҟәыӷоу алабжьарақәа изҭар зылшоз ауаа ҩызцәас ишьҭихит (1 Аш. 27:32—34). Уи џьашьатәӡам, избанзар Давид иԥсҭазаара иунарбоит алабжьара бзиақәа рыхә ҳаракны ишишьоз. Иара ахацәа рыдагьы, аҳәсагьы ирҳәоз дазыӡырҩуан, иаҳҳәап, Авигеиа. Авигеиа ихжәаз, ҭабуп аҳәашьа ззымдыруаз, зхы бзиа избацәоз Навал ԥҳәысс диман. Давид ахынраалара аарԥшны Авигеиа илҭаз алабжьара дықәныҟәеит. Уи абзоурала ихьыр алшоз агха ӷәӷәа дацәцеит (1 Сам. 25:2, 3, 21—25, 32—34).

Аҳ Давид зҿлымҳарала Авигеиа дылзыӡырҩуеит. Лара патуқәҵарала аказы диҳәоит.

Аҳ Давид ахынраалара аарԥшны Авигеиа илҭаз алабжьара дықәныҟәеит. (Шәахәаԥш абзац 6.)


7. Иаҳнарҵозеи Давид иҿырԥшы? (Екклезиаст 4:13). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

7 Иаҳнарҵозеи Давид иҿырԥшы? Иҟалап уск бзианы иаҳдыруазар, ма ахьӡ бзиа ҳамазар, егьырҭгьы ҳзыӡырҩуазар. Ус акәзаргьы, зегь ҳдыруеит, насгьы алабжьара ҳҭахӡам ҳәа ҳамхәыцлароуп. Уи адагьы, алабжьара ҳазҭо дызусҭазаалакгьы, алабжьара бзиазар, ҳхы иаҳархәар бзиоуп. (Шәаԥхьа Екклезиаст 4:13.) Убасҟан ҳхаҭа ма егьырҭ ауаа аԥырхага рзаазгар алшо агхақәа ҳҽырцәыҳахьчар ҳалшоит.

Асахьақәа реизга: 1) ԥшьҩык аишьцәа аизара ахылаԥшыҩцәа реиқәшәараҿы акы иалацәажәоит; руаӡәк ихжәаны дцәажәоит; 2) ԥыҭрак ашьҭахь уи аиԥылараҿы иҟаз иқәыԥшу аизара ахылаԥшҩы ихжәаны ицәажәоз аиашьа диацәажәоит; дара амашьына иҭатәаны аӡәгьы иахьимаҳауа еицәажәоит.

Алабжьара узҭо дызусҭазаалакгьы, алабжьара ахаҭа бзиазар, уи уазыӡырҩыр бзиахоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)c


ИСЫЗҬАР ЗЫЛШОДА АЛАБЖЬАРА БЗИА?

8. Избан Ионафан Давид алабжьара бзиа ииҭар зилшоз?

8 Иаҳнарҵозеи иҵегьы Давид иҿырԥшы? Иара Иегова иҩызцәаз, насгьы дзықәшәоз ауадаҩра ибзианы еилызкаауаз ауаа ирҭоз алабжьарақәа дырзыӡырҩуан. Иаҳҳәап, Давид Саул динышәарц аниҭахыз, Саул иԥа Ионафан ацхырааразы диҳәеит. Избан Ионафан дызиҳәаз? Избанзар Ионафан Иегова дизааигәан, Саулгьы ибзианы дидыруан (1 Сам. 20:9—13). Иаҳнарҵозеи уи ҳара?

9. Иҳазҭар зылшода алабжьара бзиа? Иаажәга аҿырԥштәы (Ажәамаанақәа 13:20).

9 Алабжьара ҳаҳәарц ҳҭахызар, ибзиахоит ҳзыҳәо Иегова иҩыза бзиа иакәзар. Ҳгәы иҵхо азҵаараҿы аԥышәа имазар, зынӡа ибзиахоитa. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 13:20.) Иаҳҳәап, аԥҳәыс даазгар зҭаху иқәыԥшу иашьак инаало аиаҳәшьа лыԥшаара дашьҭоуп. Изылшода уи алабжьара бзиа иҭара? Уи аҭаацәара иалам иҩыза иакәзаргьы алшоит, ииҭо алабжьара Абиблиа шьаҭас иамазар. Аха еиҳа еиӷьхоит ибзианы дыздыруа, Иегова гәыкала имаҵ зуа, зҳәоу еиқәшәо хаҵеи-ԥҳәыси алабжьара ирҭарц дрыҳәар, избанзар дара абиблиатә принципқәа ихы ишаирхәалаша адагьы, рхатә ԥышәагьы изеиҭарҳәар рылшоит.

10. Еилҳаргозеи анаҩс?

10 Ҳара еилаҳкааит алабжьара ҳадаҳкыларц азы иарбан ҟазшьоу иҳалазар ҳахәҭоу. Иара убас еилаҳкааит алабжьара бзиа ҳазҭар зылшо дызусҭоу. Уажәшьҭа еилаҳкаап алабжьара ақәныҟәара ҳазхиазар зҳахәҭоу, насгьы егьырҭ ҳара ҳзы аӡбарақәа рыдыркылаларц ҳрыҳәалар ҳахәҭоу-иҳахәҭаму.

ИААСЫРԤШЫР ШԤАСЫЛШО АЛАБЖЬАРАҚӘА РЫДКЫЛАРА СШАЗХИОУ?

11, 12. а) Ҳҽызцәаҳахьчалар акәзеи ҳара? б) Иҟаиҵеи Ровоам, ихадоу аӡбара идикылар анихәҭаз?

11 Зны-зынла аӡәы егьырҭ алабжьара ирҭарц дрыҳәар ауеит, аха иҟаиҵаша заа иӡбахьеит. Ус ҟазҵо ауаҩы иара дышиашоу иаҳарц ауп ииҭаху, ирҭо алабжьара адкыларагьы дазхиаӡам. Уи шәарҭоуп, избанзар уи ауаҩы аҳ Ровоам ихьыз аҩыза ихьыр алшоит.

12 Аҳ Соломон данԥсы ашьҭахь, иԥа Ровоам аҳас дҟалеит. Соломон аҳра аниуаз, ажәлар бзианы инхон, аха дара ргәы иаанагон аҳ ԥсеивгак рымҭаӡакәа мыцхәы аџьабаа дирбон ҳәа. Дара Ровоам иахь инеин, рџьабаа ирмариарц иҳәеит. Иара зны схәыцуеит, нас аҭак шәысҭоит ҳәа реиҳәеит. Раԥхьа Ровоам иаб иԥсы анҭаз алабжьаразы дзыҳәоз ахацәа ргәаанагара дазҵааит. Уи бзианы иҟаиҵеит (1 Аҳ. 12:2—7). Аха ирҭаз алабжьара дықәымныҟәаӡеит. Избан ус зыҟаиҵаз? Иҟалап дара рахь дцаанӡа аӡбара идикылахьазҭгьы, насгьы урҭ ахацәа иқәшаҳаҭхоит ҳәа дгәыӷуазҭгьы. Аха ианиқәшаҳаҭымха, иқәлацәаз иҩызцәа ргәаанагарагьы дазҵаарц дцеит. Иҩызцәа ирҭаз алабжьареи игәаанагареи еиқәшәеит (1 Аҳ. 12:8—14). Ровоам ажәлар данрацәажәоз, иҩызцәа иарҳәаз реиҳәеит. Уи ажәлар еиҩнашеит, Ровоамгьы ауадаҩрақәа изцәырнагеит (1 Аҳ. 12:16—19).

13. Еилаҳкаар шԥаҳалшо иҳауа алабжьарақәа рықәныҟәара ҳазхиоу-ҳазхиаму?

13 Иаҳнарҵозеи Ровоам иҿырԥшы? Аӡәы алабжьара ҳаиҭарц азы ҳаниҳәо, иҟаҳҵо заа иӡбаны иҳамамзароуп. Ҳара иҳауа алабжьарақәа рықәныҟәара ҳазхиазароуп. Еилаҳкаар шԥаҳалшо уи ҳазхиоу-ҳазхиаму? Ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Аӡәы алабжьара сиҭарц саниҳәо, исеиҳәо сгәы иаҭаху акәымзар, уи сыдыскылома?»

14. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, алабжьара анҳарҭо? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Иааҳгап ҿырԥштәык. Иашьак аусура бзиа идыргалоит. Аӡбара идикылаанӡа, аизара ахылаԥшҩы диацәажәоит. Аиашьа иҳәоит иусура ҿыц аҿы иҭаацәара ааныжьны ԥыҭраамҭак ҳәа даҽаџьара дцалар шакәхо. Аизара ахылаԥшҩы аиашьа игәалаиршәоит Абиблиа инақәыршәаны иҭаацәа рдоуҳатә гәабзиара дахылаԥшлар шихәҭоу (Еф. 6:4; 1 Тим. 5:8). Аиашьа аизара ахылаԥшҩы иеиҳәаз игәаԥхаӡом, убри аҟынтә ииҭаху иаҳаанӡа егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәаанагара дазҵаауа далагоит. Гәыкала дашьҭаҵәҟьоума уи аиашьа алабжьара бзиа, мамзаргьы иҟаиҵаша заа иӡбаны, исықәшаҳаҭхарыда ҳәа егьырҭ ргәаанагара дазҵаауоу? Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳгәы шгьангьашу (Иер. 17:9). Иаҳгәамԥхо алабжьара иаҳҭахыҵәҟьоу ак акәзар ауеит.

Аиаҳәшьа ԥыҭҩык аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьара лырҭарц дрыҳәоит. Илырҭо алабжьарақәа лгәаԥхаӡом, убри аҟынтә аӡәы иҟынтә даҽаӡә иахь диасуеит.

Ҳзышьҭои ҳара? Алабжьара акәу иҳаҳарц иаҳҭаху ҳазҳәо ауаҩ иакәу? (Шәахәаԥш абзац 14.)


ИРЫҲӘАЛАТӘУМА ЕГЬЫРҬ САРА СЗЫ АӠБАРА РЫДЫРКЫЛАЛАРЦ?

15. Иҟаҳамҵалар акәзеи ҳара, насгьы избан ус ҟаҳамҵалар зҳахәҭоу?

15 Иегова иҭахуп зегьы ҳхатә ӡбарақәа ҳадаҳкылаларц. Уи азы аҭакԥхықәра зду ҳара ҳауп (Гал. 6:4, 5). Зҵаарак анҳазцәырҵуа, ибзиахоит уи аганахь ала Абиблиа иаҳәо ҭаҳҵаар, насгьы доуҳала ишәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьара ҳарҭарц ҳрыҳәар. Аха аӡбара здызкыло ҳара ҳауп — уи аӡәгьы идҳамҵалароуп. Шьоукы аишьцәеи аиҳәшьцәеи абас иразҵаауеит: «Иҟауҵарыз, сҭыԥ аҿы уҟазҭгьы?» Даҽа шьоукы иҟаҵатәу иазымхәыцӡакәа, егьырҭ иҟарҵо ҟарҵоит.

16. Иарбан зҵаароу Коринф инхоз ақьырсианцәа анцәахәқәа ирызнаргоз акәац иадҳәаланы ирызцәырҵыз? Изыӡбодаз уи акәац уфар ҟалоу-иҟамлоу? (1 Коринфаа 8:7; 10:25, 26).

16 Иаҳгәалаҳаршәап I ашәышықәса ҳ. ҳ. азы Коринф иҟаз ҭагылазаашьак. Уа инхоз ақьырсианцәа абри аҩыза азҵаара рызцәырҵит: иуфар ҟалома анцәахәқәа ирызнарго акәац? Павел урҭ ақьырсианцәа ирзиҩит: «Ҳара иаҳдыруеит анцәахәқәа акгьы ишаԥсам. Нцәас иҟоу аӡә иоуп» (1 Кор. 8:4). Шьоукы анцәахәқәа ирызнаргоз акәац аџьармыкьаҿы иаахәаны ирфон, рыламысгьы иаргәаҟӡомызт. Даҽа шьоукы уи аҩыза акәац афара рыламыс иаҵанакӡомызт. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 8:7; 10:25, 26.) Дасу ихы шымҩаԥигаша ихала иӡбон. Павел иҳәеит дасу иҟаиҵаша ихала иӡбар шакәу, насгьы егьырҭ иҟарҵо ҟаимҵалар шихәҭоу, избанзар «дасу Анцәа иҿаԥхьа ихазы аҭак ҟаиҵоит» (Рим. 14:10—12).

17. Избан иҟаҳҵаша ҳазымхәыцӡакәа аӡәы иҟаиҵо ҟаҳҵалар зыбзиам? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

17 Иҟалар алшома иахьа уи аҩыза? Ааи. Иаҳҳәап, ақьырсиан ихаҭа иӡбароуп аҽыхәышәтәразы ашьа афракциақәа ихы иаирхәалоу-иаимырхәалоуb. Уи атема аҭҵаареи аилкаареи цәгьоушәа угәы иабозаргьы, уи ҭҵаатәуп, избанзар ҳаҽшаҳхәышәтәло зыӡбаша ҳара ҳауп (Рим. 14:4). Иҟаҳҵаша ҳазымхәыцӡакәа егьырҭ иҟарҵо ҟаҳҵозар, ахаан аҟәыӷара ҳауӡом. Абиблиа иаҳнаҭо анапхгара ҳхы иархәаны ҳхатә ӡбара ҳадаҳкылозар, ҳахшыҩ аус аҳаруеит, аҟәыӷарагьы ҳауеит (Аур. 5:14). Иҟаиҵар илшозеи ақьырсиан ибзианы аҭҵаара мҩаԥигазар, аха иҭагылазаашьаҿы абиблиатә принципқәа ихы ишаирхәаша уеизгьы изеилымкаазар? Доуҳала ишәу аиашьа ма аиаҳәшьа ацхырааразы дрыҳәар илшоит.

Асахьақәа реизга: 1) аиашьа аҭҵаара мҩаԥигоит, «Волеизъявление» хаирҭәаарц азы; иара ихы иаирхәоит Абиблиа, ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аурок 39, иара убас авидеонҵамҭа «Ашьа ахархәарала имҩаԥырго амедицинатә процедурақәа рганахь ала аӡбара ҳадаҳкылар шҳалшо»; 2) ԥыҭрак ашьҭахь доуҳала ишәу аиашьеи иареи Абиблиа рхы иархәаны уи азҵаара иалацәажәоит.

Аӡәы алабжьаразы ҳиҳәаанӡа, зны ҳхаҭа аҭҵаара мҩаԥаҳгароуп. (Шәахәаԥш абзац 17.)


АЛАБЖЬАРАҚӘА РЫҲӘАРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН

18. Дышԥаҳхылаԥшуеи Иегова?

18 Иегова дасу ҳхатә ӡбарақәа ҳадаҳкылалартә алшара ҳаиҭеит. Убасала ҳагәра шиго ҳирбоит. Иара Иажәа Абиблиа ҳамҭас иҳаиҭеит. Уи адагьы, абиблиатә принципқәа еиҳа еиӷьны аилкаара иҳацхраауа иҟәыӷоу аҩызцәа ҳаиҭоит. Иубаратәы иҟоуп Ҳаб Иегова бзиа ҳбаны дшаҳхылаԥшуа (Ажәам. 3:21—23). Ишԥаҳалшо уи ахә шаҳшьо иҳарбар?

19. Дҳаргәырӷьалар шԥаҳалшо Иегова?

19 Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҿырԥштәы: аҭаацәа ргәы ҟанаҵоит рхәыҷқәа андухалак, ауаа рыцхраара згәаԥхо, аҟәыӷара злоу Анцәа имаҵзуҩцәаны ишыҟало анырбо. Убас еиԥш Иеговагьы, доуҳала ҳшеизҳауа анибо, дҳаигәырӷьоит. Иара игәы ҟанаҵоит алабжьара ҳаҳәаны иара иахь иҳамоу абзиабара зныԥшуа аӡбарақәа анҳадаҳкыло.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ахынраалара ааҳарԥшлар зхадоу?

  • Избан алабжьарақәа рыдкылара ҳазхиазар зхадоу?

  • Избан егьырҭ шәара шәзы аӡбарақәа рыдыркылаларц изрыҳәалатәым?

АШӘА 127 Закәытә уаҩны сыҟазарц сыхәҭоу

a Зны-зынла аԥара, амедицина ма даҽа уск аганахь ала зҵаарак анҳазцәырҵуа, уи атәы здыруа аспециалист ҳиацәажәар ҟәыӷарахоит, уи Иегова ишаҳаҭ иакәымзаргьы.

b Шәахәаԥш ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы, наӡаӡагьы!», аурок 39, апункт 5, иара убас арамка «Иҵегь шәахәаԥш».

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа даҽа иашьак иеиҳәоит аизара ахылаԥшыҩцәа аҵыхәтәантәи реиқәшәараан ииашаӡамкәа ихы шымҩаԥигоз, алабжьарагьы ииҭоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра