АҴАРАЗЫ АСТАТИА 47
Шәазхиоума шәара анаҩсгьы аҽыԥсахра?
«Абасала, аишьцәа, еснагь шәгәырӷьала, шәҽышәыԥсахла» (2 КОР. 13:11, АдҾ).
АШӘА 54 «Абар, амҩа»
АХҲӘААa
1. Избан амҩа ҳақәуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо, Матфеи 7:13, 14 иану инақәыршәаны?
ҲАРА зегьы аԥсҭазаарамҩа ҳануп. Хықәкыс иҳамоу бзиа ҳазбо Ҳанцәа напхгара ахьиуло адунеи ҿыц аҟынӡа анеира ауп. Есыҽны ҳара аԥсҭазаарахь ҳназго уи амҩала ацара ҳҽазаҳшәоит. Аха Иисус ишиҳәаз еиԥш уи амҩа ҭшәоуп, убри аҟынтә ацара зны-зынла ицәгьоуп. (Шәаԥхьа Матфеи 7:13, 14.) Ҳанамӡара иахҟьаны уи амҩа ҳацәыхҟьар алшоит (Гал. 6:1).
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Шәахәаԥш арамка «Ахынраалара аҽыԥсахра ишҳацхраауа».)
2 Аԥсҭазаарамҩа ҳацәыхҟьар ҳҭахымзар, ҳара ҳхәыцшьеи, ҳгәазыҟашьеи, ҳхымҩаԥгашьеи рыԥсахра ҳазхиазар ауп. Апостол Павел Коринф инхоз ақьырсианцәа анаҩсгьы рҽырыԥсахларц ргәазҭеиҵон (2 Кор. 13:11). Ари алабжьара ҳаргьы ҳақәныҟәалароуп. Ари астатиаҟынтә еилаҳкаауеит Абиблиа аҽыԥсахра ишҳацхраауа, иара убас доуҳала ишәу ҳҩызцәа аԥсҭазааратә мҩала ацара иҳацхраар шалшо. Уи адагьы, еилҳаргоит Иегова иорганизациа аҟынтә иҳауа анапхгара ақәныҟәара ҳцәыцәгьахар залшо. Ҳара иаҳбоит ахынраалара агәырӷьара мырӡкәа аҽыԥсахра ишҳацхраауа.
АНЦӘА ИАЖӘА ШӘАԤСАХЛАРТӘ АЛШӘЫРШАЛА
3. Иҳацхраар шԥалшо Анцәа Иажәа?
3 Ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи реилкаара ус имариаӡам. Ҳгәы гьангьашуп, убри аҟынтә уи иаҳнарҟаҵо аилкаара ҳцәыцәгьазар ҟалоит (Иер. 17:9). Ҳара ҳхы ҳжьар алшоит (Иак. 1:22). Убри аҟынтә ҳхы гәаҳҭаларц азы Анцәа Иажәа ҳхы иаҳархәалароуп. Анцәа Иажәа «[ҳ]гәы иҭаҵәаху, хәыцырҭас и[ҳа]моу» зегьы аилкаара иҳацхраауеит (Аур. 4:12, 13). Абиблиа арентген иаҿҳарԥшыр ҳалшоит, избанзар уи ҳгәаҵаҿы иҵәаху ҳнарбоит. Аха Анцәа Иажәа аҟынтә ма Анцәа ихаҭарнакцәа рҟынтә иҳауа алабжьара ахәарҭа ҳзаанагарц азы ахынраалара ҳалазароуп.
4. Избан Саул дԥагьахеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
4 Аҳ Саул иҿырԥштәы иаҳнарбоит ахынраалара ҳзымхозар, уи ҳахьнанагар алшо. Саул убриаҟара дԥагьахеит, ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи иԥсахыр шихәҭаз иаҳарцгьы иҭахымхо дҟалеит (Аԥсал. 36:1, 2; Авв. 2:4). Уи убарҭахеит Иегова Саул амаликаа даныриааилак ашьҭахь иҟаиҵар ихәҭаз аниеиҳәа. Саул Иегова дизымӡырҩӡеит. Аԥааимбар Самуил Саул дышиашамыз аниеиҳәа, иара уи дақәшаҳаҭымхеит. Уи адагьы, ихы ириашарц азы иҟаиҵаз усҟак ицәгьаӡам ҳәа иҳәеит, насгьы игха егьырҭ ирхараиҵеит (1 Сам. 15:13—24). Уи аҩыза агәазыҟашьа Саул уаанӡагьы иааирԥшхьан (1 Сам. 13:10—14). Илахьеиқәҵагоуп, аха Саул дԥагьахартә алиршеит. Иара ихәыцшьа аԥсахра иҭахымхеит, убри аҟынтә Иегова уи диқәыӡбеит, насгьы мап ицәикит.
5. Иаҳнарҵозеи Саул иҿырԥштәы?
5 Ҳара Саул ҳиеиԥшхарц ҳҭахӡам, убри аҟынтә абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар ауп: «Схы ариашара салагома Анцәа Иажәаҿы алабжьарақәа анызбо? Схымҩаԥгашьа уиаҟара ицәгьаӡам ҳәа сгәы иаанагома? Егьырҭ ахара рыдысҵома схы сыриашарц азы?» Арҭ азҵаарақәа рҭак руак иадамзаргьы «ааи» ҳәа иҟаҳҵазар, ҳхәыцшьеи ҳгәазыҟашьеи ҳаԥсахыр ауп. Ус ҟаҳамҵар, ҳԥагьахар алшоит. Усҟан Иегова уаҳа ҩызцәас ҳиԥхьаӡалаӡом (Иак. 4:6).
6. Излеиԥшымзи Саули Давиди?
6 Аҳ Давид Саул зынӡа диеиԥшӡамызт. Иара Иегова изакәан бзиа ибон (Аԥсал. 1:1—3). Давид идыруан Иегова ахынраалара злоу зегьы шихьчо, аха иԥагьоу дшырҿагыло (2 Сам. 22:28). Убри аҟынтә Давид Анцәа изакәан ихәыцшьа аԥсахлартә алиршон. Иара иҩит: «Сара алабжьара сызҭо Иегова дсырҽхәоит. Уахынлагьы сыгәҭахәыцрақәа сара сдыриашоит» (Аԥсал. 16:7).
АНЦӘА ИАЖӘА
Амҩа ҳанацәыхҟьо Анцәа Иажәа ҳгәаҳҽаннаҵоит. Ахынраалара ҳалазар, Анцәа Иажәа ҳхәыцшьа аԥсахлартә алҳаршалоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)
7. Иҟаҳҵалозеи ахынраалара ҳалазар?
7 Ҳара ахынраалара ҳалазар, ииашам ахәыцрақәа иҽеим аусқәа рахь ҳнаргаанӡа Анцәа Иажәа ҳаԥсахыртә алҳаршалоит. Усҟан Анцәа Иажәа абас ҳазҳәо абжьы иаҳзаҩызахоит: «Абар амҩа, убри шәаныланы шәцала». Амҩа ҳанацәыхҟьо, иара ҳгәаҳҽаннаҵалоит (Ис. 30:21). Ҳара Иегова ҳаизыӡырҩлар, уи ахәарҭа ду ҳзаанагалоит (Ис. 48:17). Иаҳҳәап, аӡәы алабжьара ҳаиҭартә аҟынӡа ҳхы наҳгаӡом, насгьы уи азы ҳаԥхашьаӡом. Иара убас Иегова ҳаизааигәахалоит, избанзар ихәыҷқәа реиԥш дышҳаиҷаҳауа ҳбалоит (Аур. 12:7).
8. Ишԥаҳалшо Анцәа Иажәа асаркьа еиԥш ҳхы иаҳархәалар, Иаков 1:22—25 иану инақәыршәаны?
8 Анцәа Иажәа асаркьа иаҩызоуп. (Шәаԥхьа Иаков 1:22—25.) Ҳаиҳараҩык аҩны ҳдәылҵаанӡа асаркьа ҳахәаԥшуеит. Убасала ҳҭеиҭыԥш аҿы иԥсахтәу ҳбоит, уи аӡәы ибаанӡа. Убас еиԥш, есыҽны Абиблиа ҳанаԥхьо, ҳара иаҳбоит ҳхәыцшьеи ҳгәазыҟашьеи рҿы иҳаԥсахыр ҳахәҭоу. Аӡәырҩы иргәаԥхоит аҩны идәылҵаанӡа амш иазалху абиблиатә жәеинраала аԥхьара. Дара изыԥхьаз рхәыцшьа ианырлартә алдыршоит. Анаҩс абиблиатә лабжьара амш аҩныҵҟа ахархәара рҽазыршәоит. Иара убас ҳара есыҽны Анцәа Иажәа аԥхьареи азхәыцреи шьцыларас иҳамазароуп. Уи мариазшәа убар алшоит, аха уи ада иҳалшаӡом аԥсҭазаарахь уназго иҭшәоу амҩала ацара.
ДОУҲАЛА ИШӘУ ШӘҨЫЗЦӘА ШӘЫРЗЫӠЫРҨЛА
ДОУҲАЛА ИШӘУ АҨЫЗЦӘА
Доуҳала ишәу ҳҩыза хаала ҳириашар ҟалоит. Ахә ҳшьома иара дҳацәажәарц ахьигәаӷьыз? (Шәахәаԥш абзац 9.)
9. Ианбашәҭаххар алшо шәҩыза иҟынтә ариашара?
9 Иҟашәҵахьома шәара зныкыр Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа бжьызхыз акы? (Аԥсал. 73:2, 3). Доуҳала ишәу шәҩыза шәириашарц игәаӷьызар, шәизыӡырҩыма уи, насгьы ишәыдышәкылама илабжьара? Ааи акәзар, ииашаны иҟашәҵеит. Ҳәара аҭахума, шәҩыза ианаамҭаз шәахьириашаз даараӡа шәеигәырӷьоит (Ажәам. 1:5).
10. Шәхы мҩаԥыжәгар шԥашәыхәҭоу шәҩыза шәириашозар?
10 Анцәа Иажәа иануп: «Аҩыза бзиа дулабжьоит, уи угәы иамыхәар ауеит ҳәа игәы иаанагозаргьы» (Ажәам. 27:6). Иаанагозеи ари? Иааҳгап ҿырԥштәык: шәҩызеи шәареи амҩаду еихышәҵәарц шәҭахуп. Аха убри аамҭазы шәҭел шәахнагоит аҟынтә, наҟ-ааҟ шәымԥшӡакәа амҩа аихҵәара шәалагоит. Шәҩыза иаразнак шәнапы кны шьҭахьҟа дшәыхоит. Шәнапы ашәыта анылоит, аха шәҩыза ибзоурала амашьына шәаҵамҳаӡеит. Шәгәы изыԥжәома шәҩыза, аамҭак аҩныҵҟа шәнапы шәыхьларгьы? Ҳәарада, мап! Ҭабуп ҳәа иашәҳәоит. Убас еиԥшҵәҟьа шәҩыза шәажәақәа ма шәхымҩаԥгашьа Анцәа инормақәа ирықәшәаӡом ҳәа шәеиҳәозар, раԥхьа шәгәы шәыхьыр ҟалоит. Аха шәҩыза ицәгәаара хшыҩдароуп (Еккл. 7:9). Уи аҭыԥан, шәҩыза ҭабуп ҳәа иашәҳәа, агәымшәара аарԥшны уи ахьшәеиҳәаз азы.
11. Иԥырхагахар алшозеи ауаҩы иҩыза иҟынтә иоуа алабжьара бзиа адкылара?
11 Иԥырхагахар алшозеи ауаҩы иҩыза иҟынтә иоуа алабжьара бзиа адкылара? Аԥагьара. Иԥагьоу ауаа «аиаша-ҵабырг аҳара» аҵкыс, иргәаԥхо анрарҳәо ауп бзиа ирбо (2 Тим. 4:3, 4). Дара алабжьара рҭахӡам ҳәа ргәы иаанагоит, избанзар егьырҭ раасҭа иҟәышушәа, насгьы еиӷьушәа рбоит. Аха апостол Павел иҩуан: «Дызлаҟам далаҟоушәа зхы узырбо, ахамаԥагьара иамоу, арахь, ииашаҵәҟьаны, акгьы иалаҟам — амала баша ихы ижьоит» (Гал. 6:3). Аҳ Соломонгьы иҳәеит: «Иӷару, аха иҟәышу арԥыс еиҳа деиӷьуп, зықәрахь инеихьоу, аха агәҽанҵара азыӡырҩра зҭахым, ахшыҩ змам аҳ иаасҭа» (Еккл. 4:13).
12. Иаҳнарҵозеи Галаҭаа рахь 2:11—14 иану Пиотр дзықәшәаз ахҭыс?
12 Иаҳгәалаҳаршәап апостол Пиотр ихы шымҩаԥигаз, Павел зегьы рҿаԥхьа уи данириаша. (Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 2:11—14.) Пиотр игәы ԥнажәар алшон Павел дышириашаз, насгьы уи зегьы ишырбоз иахьыҟаиҵаз. Аха Пиотр дуаҩ ҟәыӷан. Иара Павел дицәымгәааӡеит, насгьы илабжьара идикылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Павел «акыр иаҳзаԥсоу» ҳәа изиҳәеит (2 Пиотр 3:15).
13. Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи аӡәы алабжьара иаҳҭаанӡа?
13 Шзызхәыцыр шәыхәҭоузеи шәҩыза алабжьара ишәҭарц шәҭахызар? Шәҩыза шәиацәажәаанӡа, шәхы шәазҵаа: «Мыцхәы сиашоушәа схы аасмырԥшӡои?» (Еккл. 7:16). Мыцхәы ииашоу ауаҩы Анцәа инормақәа рыла акәымкәа, ихатә гәаанагарала егьырҭ дрықәыӡбоит, насгьы агәшаҭара аарԥшра ицәыцәгьазар алшоит. Аха уеизгьы шәҩыза иацәажәатәуп ҳәа шәыԥхьаӡар, дахьиашам иашәҳәа, насгьы агха шихьыз еиликаарц азы дзырхәыцша азҵаарақәа ишәҭ. Ишәхашәмыршҭлан шәажәақәа Абиблиа шьаҭас ирымазар шахәҭоу, насгьы хықәкыс ишәымоу шәҩыза иқәыӡбара акәымкәа, иҟаиҵо Иегова дшазыҟоу ирбара шакәу (Рим. 14:10). Шәхы акәымкәа, Анцәа Иажәа иану аҟәыӷара шәақәгәыӷла, насгьы Иисус иеиԥш агәрыцҳашьара аашәырԥшла (Ажәам. 3:5; Матф. 12:20). Избан уи зхадоу? Избанзар Иегова ҳара егьырҭ ҳашрызныҟәо еиԥш дҳазныҟәалоит (Иак. 2:13).
АНЦӘА ИОРГАНИЗАЦИА ИАҲНАҬО АНАПХГАРА ШӘАҚӘНЫҞӘАЛА
АНЦӘА ИОРГАНИЗАЦИА
Анцәа иорганизациа Иажәа иану алабжьарақәа рхархәара иҳацхраауа авидеонҵамҭақәеи, апубликациақәеи, аизарақәеи ҳнаҭоит. Аамҭа-аамҭала Анапхгаратә хеилак ԥсахрақәак ҟанаҵоит. (Шәахәаԥш абзац 14.)
14. Дышԥаҳаиҷаҳауеи Иегова иорганизациа ала?
14 Иегова адгьыл аҿы иҟоу иорганизациа ихы иархәаны аԥсҭазаарамҩала ҳаигоит. Уи ала иара иҳаиҭоит Иажәа иану алабжьарақәа рықәныҟәара иҳацхраауа авидеонҵамҭақәа, апубликациақәа, аизарақәа. Иҳауа алабжьарақәа урықәгәыӷыртә иҟоуп, избанзар урҭ шьаҭас ирымоу Анцәа Иажәа ауп. Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа ажәабжьҳәаратә ус иадҳәалоу аӡбарақәа анрыдыркыло, иԥшьоу адоуҳа иақәгәыӷуеит. Аха ԥсахрақәак ҟаҵатәызар, дара урҭ аӡбарақәа еиҭарыхәаԥшуеит. Избан? Избанзар ари адунеи аҽаԥсахуеит, убри аҟынтә Анцәа ижәлар иҿыцу аҭагылазаашьақәа рыҽрықәдыршәалароуп (1 Кор. 7:31).
15. Иарбан уадаҩроу шьоукы зықәшәаз?
15 Анцәа иорганизациа ала иҿыцу еилкаарак, мамзаргьы ҳхымҩаԥгашьа иадҳәалоу напхгарак анҳаиҭо, уи иаразнак иҳадаҳкылоит. Аха ишԥаҳадаҳкыло егьырҭ ҳаԥсҭазааратә ганқәа ирыдҳәалоу аԥсахрақәа? Иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Анцәа ҳахьимҵахырхәо ахыбрақәа рыргылареи рхылаԥшреи иацу ахарџь уаанӡа аасҭа еиҳахеит. Убри аҟынтә Анапхгаратә хеилак иаӡбеит Аҳратә залк аҿы еиҳаны аизарақәа еизаларц. Убри азы еизарақәак еидырҵеит, насгьы Аҳратә залқәак рҭиит. Иахашәалаз аԥара Аҳратә залқәа ахьазымхоз аҭыԥқәа рахь ирышьҭит. Шәара Аҳратә залқәа ахьырҭииз, мамзаргьы аизарақәа ахьеидырҵаз аҭыԥ аҿы шәынхозар, аҭагылазаашьа ҿыцқәа рыҽрықәыршәара шәцәыцәгьазар ауеит. Шьоукы аизара аҟынӡа рымҩа харахеит. Аҳратә зал зыргылоз, ма уи иахылаԥшуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзеилымкаауазар ауеит уи зырҭииз. Дара раамҭеи рымчи аӡы иагазшәа рбозар ҟалоит. Ус шәакәугьы, дара урҭ аӡбарақәа ирыдгылеит, аӡырҩрагьы аадырԥшит. Ҳәарада, уи азы арҽхәара иаԥсоуп.
16. Ишԥаҳацхраауеи агәырӷьара ахьчара Кәаласаа рахь 3:23, 24 иану алабжьара?
16 Ҳара аџьабаа заҳбо Иегова изы шакәу, насгьы иорганизациа напхгара азҭо иара шиакәу ҳхаҳмыршҭуазар, агәырӷьара ҳцәыӡӡом. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:23, 24.) Аҳ Давид аныҳәарҭа аргыларазы хатәгәаԥхарала аԥара алеиҵеит, убри ала аҿырԥш бзиа ҳирбеит. Иара иҳәеит: «Сызусҭада сара, насгьы изусҭцәада сыжәлар — ҳара ҳамч ала аума арҭ хатәгәаԥхаралатәи аҭарақәа злаҟаҳҵо? Зегьы уара уҟынтәи ауп, иҳауҭаз ауп иузҳаргьежьуа» (1 Аш. 29:14). Ҳаргьы хатәгәаԥхарала аԥара аналаҳҵо, Иегова иаҳҭо иара иҳаиҭаз ауп. Ус шакәугьы, иара даараӡа деигәырӷьоит иҳадиҵаз аус анагӡаразы ҳаамҭеи, ҳамчи, ҳԥареи ҳшырмеигӡо анибо (2 Кор. 9:7).
ИҬШӘОУ АМҨА ШӘАНЫМҴЫН
17. Избан ҳгәы каҳмыжьлар закәу, аҽыԥсахра шҳахәҭоу ҳбозар?
17 Аԥсҭазаарахь уназго иҭшәоу амҩа ҳанымҵырц азы, ҳара Христос ишьҭа ҳхыланы ҳцалароуп (1 Пиотр 2:21). Аҽыԥсахра шшәыхәҭоу жәбозар, шәгәы кашәмыжьын. Избанзар уи иаанарԥшуеит шәара Иегова инапхгара шәшазҿлымҳау. Иегова дазыԥшӡам ҳара Иисус инагӡаны ҳаиҿыԥшлоит ҳәа, избанзар идыруеит инаӡам ауаа уи шрылымшо.
18. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара ҳхықәкы наҳагӡарц азы?
18 Ишәхашәмыршҭлан шәызну амҩа адунеи ҿыц ахь шәышнанаго, убри аҟынтә аамҭа-аамҭала шәхәыцшьеи, шәгәазыҟашьеи, шәхымҩаԥгашьеи рыԥсахра шәазхиаз (Ажәам. 4:25; Лука 9:62). Ахынраалара аашәырԥшла, «еснагь шәгәырӷьала, шәҽышәыԥсахла... усҟан абзиабареи аҭынчреи Рынцәа дшәыцзаауеит» (2 Кор. 13:11, АдҾ). Иара ари амҩала гәырӷьарала ацара дҳацхраауеит, ҳаԥхьаҟагьы адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара ҳаиҭоит.
АШӘА 34 Ацқьара хьчала
a Ҳара иаҳцәыцәгьазар алшоит ҳхәыцшьеи, ҳгәазыҟашьеи, ҳхымҩаԥгашьеи рыԥсахра. Ари астатиаҿы еилҳаргоит зегьы ҳҽаҳаԥсахлар зҳахәҭоу, аха убри аамҭазгьы агәырӷьара ҳцәымӡырц азы иҟаҳҵалар ҳалшо.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: иқәыԥшу аиашьа (армарахь ала) ииашам аӡбара ахьидикылаз иахҟьаны дзықәшәаз еиҭеиҳәоит. Еиҳабу аиашьа (арӷьарахь ала) ҭынч дтәаны дизыӡырҩуеит, алабжьара иҭатәу-иҭатәыму еиликаарц азы.