Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 маи ад. 2—7
  • Аатра — ари ашәҟәы шәара шәшаҵанакуа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аатра — ари ашәҟәы шәара шәшаҵанакуа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИШИҬАХУ ЕИԤШ ШӘИМҴАХЫРХӘАЛА
  • АШЬҬАШӘАРЫЦАРАҚӘА ШӘЫРЗЫҞАҴАЗ
  • ИЕГОВА ИМАҴ АУРАҾЫ ШӘХЫ ШӘАМЕИГӠАН
  • ИНАШӘЫГӠАЛА «АРҬ АԤААИМБАР АЖӘАҚӘА»
  • Ашәҟәы Аатра ԥхьаҟатәи ҳаԥсҭазаара иазкны иаҳәо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 маи ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 19

Аатра — ари ашәҟәы шәара шәшаҵанакуа

«Бзазара имоуп арҭ аԥааимбар ажәақәа ирыԥхьауа» (ААТ. 1:3).

АШӘА 15 Иегова Иԥхьахшаа дҳарашәкла!

АХҲӘААa

1, 2. Избан ашәҟәы Аатра ҳара ҳзы аинтерес заҵоу?

ШӘХАҾЫ иаажәг аӡәы ифотоальбом шәахәаԥшуашәа. Адаҟьақәа аарҳәуа асахьақәа шәрыхәаԥшуеит. Уа ишәзымдыруа ауаа рацәаҩны иануп. Аха фотосахьак шәылаԥш адхалеит. Избан? Избанзар уа шәара шәануп. Убасҟан уи ахьҭыхыз, ианҭыхыз, насгьы ишәыдгылоу ауаа зусҭцәоу шәгәаларшәара шәалагоит. Ҳәарада, уи афотоальбом иану асахьақәа зегьы рҟынтә шәара шәызну асахьа еиҳараӡак шәхаҿы иаанхоит.

2 Ашәҟәы Аатра уи афотосахьа иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Избан? Уи азы ҩ-мзызк иадамзаргьы иҳамоуп. Актәи, ари ашәҟәы ҳара ҳзы иҩын. Уи абас иалагоит: «Лассы иҟалараны иҟоу ахҭыс имаҵуцәа заа иалаирԥшразы Иисус Христос Анцәа иахьтә изаатыз» (Аат. 1:1). Ус анакәха, ари ашәҟәы ауаа зегь ракәымкәа, ҳара, Анцәа зҽизызкыз имаҵзуҩцәа ҳауп изызку. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам ҳара ари ашәҟәы иану аԥааимбаражәақәа рынаӡара ҳахьалахәу. Даҽакала иаҳҳәозар, ари «афотосахьаҿы» ҳхы ҳбар ҳалшоит.

3, 4. Ианбанаӡо ашәҟәы Аатра иану аԥааимбаражәақәа, насгьы ҳгәы зызҭанаҵалар акәзеи уи?

3 Аҩбатәи амзыз, уи ашәҟәы Аатра иану аԥааимбаражәақәа анынаӡало аамҭа ауп. Ибыргыз апостол Иоанн иҳәеит уи ашәҟәы иану ахҭысқәа «Иҳақәиҭу имш» аан ишымҩаԥысуа (Аат. 1:10). Иоанн уи ашәҟәы иҩит «Иҳақәиҭу имш» ааиаанӡа акыр шагыз — 96 шықәса, ҳ. ҳ. азы (Матф. 25:14, 19; Лука 19:12). Абиблиатә хронологиа излаҳаилнаркаауа ала, уи амш 1914 шықәсазы иалагеит, Иисус жәҩантәи Аҳра данахагыла. Убасҟан ауп Анцәа ижәлар зҵазкуа ашәҟәы Аатра иану аԥааимбаражәақәа анаӡара ианалага. Ҳара «Иҳақәиҭу имш» аан ҳанхоит!

4 Ҳара аҭоурых аҿы иҷыдоу аамҭазы ҳанхоит. Убри аҟынтә Аатра 1:3 иану зҿлымҳарала ҳазыҟазароуп. Уа иануп: «Бзазара имоуп арҭ аԥааимбар ажәақәа ирыԥхьауа, ирзыӡырҩуа, урҭ заҳауа, ирҳәо иацныҟәауа, избанзар аамҭа ааигәахеит». Иазгәашәҭ: урҭ аԥааимбаражәақәа ирыԥхьалатәуп, ирзыӡырҩлатәуп, насгьы иацныҟәалатәуп. Убри аҟынтә шәааи урҭ еиҳа еиӷьны еилҳаргап.

АНЦӘА ИШИҬАХУ ЕИԤШ ШӘИМҴАХЫРХӘАЛА

5. Ишԥаҳнарбо ашәҟәы Аатра, Иегова изы ҳашимҵахырхәо шхадоу?

5 Ашәҟәы Аатра актәи ахы инаркны иубарҭоуп Иисус Анцәа ижәлар рҭагылазаашьа бзианы ишидыруа (Аат. 1:12—16, 20; 2:1). Уи Азиа маҷ иҟаз быжь-еизарак иреиҳәаз ажәақәа ишьақәдырӷәӷәоит. Иисус урҭ ақьырсианцәа иреиҳәоит Иегова рмаҵзура идикыларц азы иҟарҵалар рыхәҭоу. Урҭ ажәақәа иахьа Анцәа имаҵ зуа рзгьы иҳәоуп. Иаҳнарҵозеи уи? Ҳаԥхьагылаҩ Иисус Христос ҳдоуҳатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ибзианы идыруеит. Иара ишьҭанеира дҳацхраауеит, ҳихьчоит. Уи иимбо акгьы ыҟаӡам. Иисус ибзианы идыруеит Анцәа иразра ҳамазарц азы иҟаҵалатәу. Шәааи ашәҟәы Аатра иану Иисус илабжьарақәак ҳрылацәажәап.

6. а) Иарбан Ефес инхоз ақьырсианцәа ирымаз уадаҩроу Иисус Аатра 2:3, 4 аҿы зыӡбахә иҳәаз? б) Иаҳдырҵозеи Иисус иажәақәа?

6 Шәаԥхьа Аатра 2:3, 4. Ҳара Иегова иахь раԥхьа иҳамаз абзиабара ҳмырӡроуп. Иисус излеиҳәаз ала, Ефес инхоз ақьырсианцәа ауадаҩрақәа ишрықәшәозгьы, ачҳара аарԥшны Анцәа имаҵ руан. Аха дара Анцәа иахь раԥхьа ирымаз абзиабара хьшәашәеит. Урҭ рыбзиабара ҿыц еиздырҳар акәын, Иегова анаҩсгьы имаҵзуҩцәа реиԥш иԥхьаӡаларц азы. Иаҳнарҵозеи уи? Ҳаргьы ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ачҳара ааҳарԥшлароуп. Аха уи мацара азхаӡом. Ачҳара аарԥшра ҳгәазҭазҵо ҳазхәыцроуп. Анцәа ҳусқәа рыдагьы, ҳмотивқәагьы дрыхәаԥшуеит. Иегова иҭахӡам иаҭахуп ҳәа мацара ҳимҵахырхәалар. Иара иҭахуп гәыкала бзиа дахьаҳбо, насгьы иаҳзыҟаиҵо зегь ахә ахьаҳшьо азы имаҵ ҳауларц (Ажәам. 16:2; Марк 12:29, 30).

7. а) Иарбан Сардқәа рҿы иҟаз аизара ирымаз уадаҩроу Иисус Аатра 3:1—3 аҿы зыӡбахә иҳәаз? б) Иҟаҵалатәузеи Сардқәа рҿы инхоз ақьырсианцәа ирыхьыз ҳмыхьырц азы?

7 Шәаԥхьа Аатра 3:1—3. Ҳара агәҽанызаара ҳцәымӡроуп. Сардқәа рҿы инхоз ақьырсианцәа даҽа уадаҩрак рыман: дара Анцәа имаҵ аураҿы ирымаз агәацԥыҳәара рцәыӡит, насгьы доуҳала иԥсыҽхеит. Убри аҟынтә Иисус урҭ ҿыхарц реиҳәеит. Иаҳнарҵозеи уи? Ҳәарада, Анцәа ҳџьабаа «ихашҭны дыҟаӡам» (Аур. 6:10). Аха ҳара амаҵзураҿы иҟаҳҵахьоу ҳзырханы ҳҿи-ҳнапи еиқәыԥсаны ҳамтәароуп. Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа еиҳа-еиҳа ишырацәахогьы, Анцәа иус аҿы ирацәаны аџьабаа ҳбалароуп, аҵыхәтәанынӡа агәҽанызаара ҳамазарц азы (1 Кор. 15:58; Матф. 24:13; Марк 13:33).

8. Иаҳнарҵозеи Иисус Лаодикиа инхоз ақьырсианцәа иреиҳәаз? (Аатра 3:15—17).

8 Шәаԥхьа Аатра 3:15—17. Ҳара амаҵзураҿы ҳҳаҵ-ҳаҵо ҳаҟазароуп. Лаоди́киа инхоз ақьырсианцәагьы уадаҩрак рыман. Иисус иҳәеит урҭ Иегова имҵахырхәараҿы иагьшымызт иагьхьшәашәамызт, аха иҟәандан ҳәа. Убри аҟынтә Иисус урҭ арыцҳацәа ҳәа рзиҳәеит. Дара Иегова имаҵ аураҿы иҳаҵ-ҳаҵо иҟаларц азы рхы аус адырулар рыхәҭан (Аат. 3:19). Иаҳнарҵозеи уи? Ауаҩы амаҵзураҿы маҷк дыхьшәашәазар, уи Иегова иара изы иҟаиҵо азхәыцра дахьаҟәыҵыз азы акәзар ауеит. Убри аҟынтә Иеговеи иара иорганизациеи ҳара ҳзы шаҟа ҟарҵо ҳгәалаҳаршәалар бзиоуп (Аат. 3:18). Ҳара ҳхатә комфорт ҳашьҭамлароуп, уи гәыкала Анцәа имаҵ аура иаҳԥырхагамхарц азы.

9. Иарбан шәарҭароу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу, Иисус Пергами Фиатиреи иҟаз аизарақәа иреиҳәаз инақәыршәаны?

9 Аҵабырг иацәхьаҵыз ирҳәо ҳазымӡырҩлароуп. Иисус Пергам инхоз ақьырсианцәа шьоукы аизараҿы аӡәкра ахьеиларгоз, насгьы аҵабырг иаҿагылоз арҵарақәа иахьрықәныҟәоз азы дрықәыӡбеит (Аат. 2:14—16). Анаҩс иара Фиатира инхоз ақьырсианцәа «аҩысҭаа имаӡақәа рымаӡа ҳәа ззырҳәо» мап ахьырцәыркуаз азы ирҽхәеит, насгьы анаҩсгьы аҵабырг иадгылазарц ргәазҭеиҵеит (Аат. 2:24—26). Аха аҵабырг иацәхьаҵыз ирҳәоз иахҟьаны зыгәрахаҵара ԥсыҽхаз ақьырсианцәа рыҽдыриашарц реиҳәеит. Иаҳнарҵозеи уи? Ҳара Иегова ихәыцшьа иаҿагыло арҵарақәа зегьы мап рцәаҳклароуп. Аҵабырг иацәхьаҵыз ауаа Анцәа гәыкала изыҟоушәа рхы аадырԥшуеит, аха русқәа ирҳәо ҽакуп (2 Тим. 3:5). Иҟаҳҵар ҳалшозеи урҭ ҳрымжьарц азы? Абиблиа бзианы иҭаҳҵаауазар, урҭ рымц ҳаҿашәаӡом (2 Тим. 3:14—17; Иуда 3, 4).

10. Иаҳнарҵозеи иҵегьы Иисус Пергами Фиатиреи иҟаз аизарақәа иреиҳәаз?

10 Аламысдара зеиԥшразаалакгьы, ҳара уи ҳҽацәыҳахьчалароуп. Пергами Фиатиреи даҽа уадаҩракгьы ыҟан. Иисус игәы ԥнажәон уа инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы иламысдароу ахымҩаԥгашьа цәгьарак аҵамшәа ахьырыԥхьаӡоз (Аат. 2:14, 20). Иаҳнарҵозеи уи? Ҳара ламысдарала ҳхы мҩаԥаҳгозар, Иегова уи хырҩа азиуеит ҳәа ҳгәы иаанамгалароуп, имаҵ ҳуеижьҭеи акыршықәса ҵуазаргьы, аизараҿы аҭакԥхықәрақәа ҳадзаргьы (1 Сам. 15:22; 1 Пиотр 2:16). Ари адунеи аҿы иламысдароу ахымҩаԥгашьа цәгьарак аҵамшәа рыԥхьаӡоит. Аха Иегова иҳараку инормақәа рыла ҳанхалоит ҳәа дыԥшуп (Еф. 6:11—13).

11. Еилаҳкаазеи ари астатиа актәи ахәҭа аҟынтә? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Ҳара ҳзы аурокқәа».)

11 Еилаҳкаазеи ари астатиа актәи ахәҭа аҟынтә? Ҳара еилаҳкааит Иегова ишиҭаху еиԥш ҳимҵахырхәалар шҳахәҭоу. Ииашамкәа ак ҟаҳҵозар, аамҭа мгакәа ҳаҽҳариашароуп (Аат. 2:5, 16; 3:3, 16). Аха Иисус Азиа маҷ иҟаз аизарақәа иреиҳәаз иҵегьы иаҳнарҵар алшо рацәоуп.

Ҳара ҳзы аурокқәа

  • Иегова иахь раԥхьа еизшәырҳаз абзиабара шәмырӡын.

  • Анаҩсгьы шәгәышәҽаныз.

  • Ажәабжьҳәара шәҽалашәырхәла.

  • Аҵабырг иацәхьаҵыз ирҳәо шәазымӡырҩлан.

  • Акалҭшьҭаныҟәара ахкқәа зегьы шәҽырцәышәыхьчала.

АШЬҬАШӘАРЫЦАРАҚӘА ШӘЫРЗЫҞАҴАЗ

Дышԥарҿагыло Аҩсҭаа Анцәа имаҵзуҩцәа 1914 шықәса раахыс? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12—16.)

12. Иаҳнарҵозеи Иисус Смирнеи Филадельфиеи иҟаз аизарақәа иреиҳәаз? (Аатра 2:10).

12 Уажәшьҭа ҳалацәажәап Иисус Смирнеи Филадельфиеи иҟаз аизарақәа иреиҳәаз. Иара ақьырсианцәа агәра диргеит гәыкала Анцәа имаҵ руазар, Анцәа урҭ дшырзылԥхо, убри аҟынтә ашьҭашәарыцарақәа ирцәымшәалар шрылшо. (Шәаԥхьа Аатра 2:10; 3:10). Иаҳнарҵозеи уи? Ашьҭашәарыцарақәа ҳармықәшәар ауӡом, урҭ ҳарзыҟаҵазароуп (Матф. 24:9, 13; 2 Кор. 12:10). Ҳаамҭазы уи еиҳагьы ихадоуп.

13, 14. Ишԥарныри Анцәа ижәлар Аатра 12-тәи ахаҿы иану ахҭысқәа?

13 Апостол Иоанн заа иҳәахьан Анцәа ижәлар «Иҳақәиҭу имш» азы, даҽакала иуҳәозар, ҳаамҭақәа рзы ашьҭашәарыцарақәа ишрықәшәало. Аатра 12-тәи ахаҿы иануп Анцәа Иаҳра анапхгара аура ианалага ашьҭахьҵәҟьа ажәҩан аҿы аибашьра шыҟалаз. Михаил (уи Иисус Христос иоуп) ир Аҩсҭааи идемонцәеи ирабашьит (Аат. 12:7, 8). Анцәа иаӷацәа уи аибашьра иаҵахеит, насгьы адгьыл ахь илбаашьҭын (Аат. 12:9). Урҭ ирыхҟьаны адгьыл гәаҟрала иҭәит (Аат. 12:12). Аха ишԥарныри уи Анцәа ижәлар?

14 Ашәҟәы Аатра ари азҵаарагьы аҭак ҟанаҵоит. Аҩсҭаа ажәҩан ахь уаҳа анеира илшомызт. Убри аҟынтә игәыԥжәара адгьыл аҿы иҟоу иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа ирхигарц иӡбеит. Избан урҭ? Избанзар дара Иисус иӡбахә аҳәара зду Анцәа Иаҳра ацҳаражәҳәаҩцәа роуп (2 Кор. 5:20; Аат. 12:17; Еф. 6:19, 20). Иҟаиҵазеи Аҩсҭаа доуҳала иалху ақьырсианцәа дырԥырхагахарц азы?

15. Изусҭцәада Аатра 11-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу «ҩыџьа ашаҳаҭцәа», насгьы ирыхьзеи урҭ?

15 Аҩсҭаа Анцәа иаӷацәа ргәазҭеиҵеит Аҳра иазку ажәабжьҳәаратә ус напхгара азҭоз доуҳала иалхыз ақьырсианцәа ирҿагыларц. 1918 шықәсазы аҭакԥхықәра здыз ааҩык аишьцәа амц рызҳәаны, акыршықәса рықәҵаны абахҭа иҭаркит. Аатра ашәҟәаҿы урҭ аишьцәа иршьыз «ҩыџьа ашаҳаҭцәа» ҳәа рызҳәоуп (Аат. 11:3, 7—11)b. Ииашаҵәҟьаны, Анцәа иаӷацәа урҭ аишьцәа напхгара зырҭоз аус «ршьит» ҳәа угәы иаанагар ауан.

16. Аҽшԥаԥсахи аҭагылазаашьа 1919 шықәсазы, насгьы иҟаиҵозеи Аҩсҭаа уи аахыс?

16 Анаҩс ашәҟәы Аатра 11-тәи ахаҿы иануп иаарласны «ҩыџьа ашаҳаҭцәа» рыԥсы шҭало. Ишԥанаӡеи ари аԥааимбаражәа? Аҭагылазаашьа аӡәгьы дшақәымгәыӷуаз еиԥш аҽаԥсахит. Шықәсык мҵӡацызт еиԥш, 1919 шықәса, март мзазы урҭ аишьцәа аурышьҭит. Ԥыҭрак ашьҭахь ирыдырҵаз ахарагьы рхырхит. Аишьцәа иаразнак аус рнапы адыркит: ажәабжьҳәареи арҵареи аус напхгара азура иалагеит. Аха Аҩсҭаа уи аҿы даанымгылаӡеит. Иара Анцәа ижәлар аӡиас иаҩызоу ашьҭашәарыцарақәа рыжәиҵеит (Аат. 12:15). Убри аҟынтә ҳара зегьы ачҳареи агәрахаҵареи ҳҭахуп (Аат. 13:10).

ИЕГОВА ИМАҴ АУРАҾЫ ШӘХЫ ШӘАМЕИГӠАН

17. Иарбан цхыраароу Анцәа ижәлар шақәымгәыӷуа ироуа, Аҩсҭаа урҭ рышьҭашәарыцара дшаҟәымҵуагьы?

17 Аатра 12-тәи ахы излаҳәо ала, Анцәа ижәлар иахьақәымгәыӷуа рҟынтә ацхыраара роуеит. Уи «адгьыл» «аӡиас» анылбаанадо иаҩызоуп (Аат. 12:16). Ишԥанаӡо ари аԥааимбаражәа? «Адгьыл» ҳәа азаҳҳәар ҳалшоит ари адунеи ихадоу ахәҭақәа, иаҳҳәап, аӡбаратә система. Урҭ аӡбарҭақәа Аҩсҭаа идгылалароуп ҳәа угәы иаанагар шалшогьы, зны-зынла Анцәа ижәлар рзинқәа рыхьчоит. Иегова ишаҳаҭцәа аӡбарҭақәа рҿы ирацәаны аиааирақәа ргахьеит. Уи маҷк ахақәиҭра рнаҭоит. Уи ахақәиҭра Иегова имаҵ ауразы рхы иадырхәоит (1 Кор. 16:9). Иаҵанакуазеи уи аус?

Анцәа ижәлар ауаа ҩ-жәабжьк рыларҳәоит. Иарбанқәоу урҭ? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 18, 19.)

18. Иарбан усу ари аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадоу?

18 Иисус заа иҳәахьан аҵыхәтәа ааиаанӡа иҵаҩцәа «Аҳра иазку ари ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы» ирыларҳәоит ҳәа (Матф. 24:14). Аатра 14:6 аҿы амаалықь иӡбахә ҳәоуп. Уи наӡаӡатәи агәырӷьажәабжь «ауаатәыҩса зегьы — абшьҭрақәас, хылҵшьҭрақәас, бызшәақәас, жәларқәас иҟоу зегьы ирылеиҳә[оит]». Ус анакәха, ажәабжьҳәаратә ус аҿы амаалықьцәа ҳацхраауеит.

19. Иарбан жәабжьу, ажәабжь бзиа ада, Иегова бзиа дызбо ауаа ирҳәалар рыхәҭоу?

19 Аха Анцәа имаҵзуҩцәа ажәабжь бзиа мацара акәӡам ирҳәо. Дара амаалықьцәа даҽа ускгьы анагӡара ирыцхраалароуп. Уи аус аӡбахә Аатра 8-тәи ахы инаркны 10-тәи ахы аҟынӡа иануп. Урҭ амаалықьцәа Анцәа Иаҳра аӷацәа ирзыԥшу рыларҳәоит. Убри аҟынтә Иегова ишаҳаҭцәа Аҩсҭаа идунеи еиуеиԥшым ахәҭақәа ирзыԥшу атәы зҳәо ақәыӡбаратә жәабжь рҳәоит. Уи ажәабжь «акырцхи амцеи» иаҿырԥшуп (Аат. 8:7, 13). Ауаа аҵыхәтәа шааигәоу раҳҳәароуп. Убасҟан ауп дара рыԥсҭазаара шьаҭанкыла иԥсахны, «Иегова игәыԥжәара амш аҽны» рхы еиқәдырхар анрылшо (Соф. 2:2, 3). Аха уи заҳар зҭахым рацәаҩуп. Убри аҟынтә ҳара агәымшәара ҳамазароуп. Арыцҳара ду аан ақәыӡбаратә жәабжь еиҳагьы иаартны иаҳҳәалоит (Аат. 16:21).

ИНАШӘЫГӠАЛА «АРҬ АԤААИМБАР АЖӘАҚӘА»

20. Еилҳаргозеи анаҩстәи ҩ-статиак рҿы?

20 Ашәҟәы Аатра иану арҭ аԥааимбаражәақәа еилаҳкаар хадоуп, избанзар урҭ рынаӡара ҳалахәуп (Аат. 1:3). Аԥышәарақәа рыхгареи Анцәа иҳадиҵаз ажәабжь гәымшәарыла аҳәареи мариаӡам. Аха ашәҟәы Аатра иҵегьы еиӷьны иҭаҳҵаар, еиҳагьы амч ҳауеит. Анаҩстәи ҩ-статиак рҿы ҳара еилаҳкаауеит: 1) Анцәа иаӷацәа ирзыԥшу, насгьы 2) Иегова аҵыхәтәанынӡа гәыкала изыҟоу дшырзылԥхо.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан урокқәоу Иисус быжь-еизарак иреиҳәаз аҟынтә иалҳкаар ҳалшо?

  • Избан ашьҭашәарыцарақәа ҳҽырзыҟаҳҵалар зҳахәҭоу?

  • Иарбан усу Анцәа имаҵзуҩцәа арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы инарыгӡалар акәу?

АШӘА 32 Иегова уидгыл!

a Ҳара иџьоушьаша аамҭазы ҳанхоит! Иахьа ашәҟәы Аатра иану аԥааимбаражәақәа анаӡара иаҿуп. Аха ҳашԥаҵанакуеи уи ҳара? Ҳмаҵзура Иегова идикыларц азы урҭ аԥааимбаражәақәа рынаӡара ҳалахәзароуп. Убри аҟынтә ари, насгьы анаҩстәи ҩ-статиак рҿы ашәҟәы Аатра иааркьаҿны ҳалацәажәоит.

b Шәахәаԥш 2014 шықәса, ноиабр 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьа 30 аҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра