АҴАРАЗЫ АСТАТИА 29
Иисус Христос инапхгара ҳацныҟәаны аџьабаа ҳбоит
«Ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы амчра зегь сыҭоуп» (МАТФ. 28:18, АдҾ).
АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы
АХҲӘААa
1. Ииҭахузеи иахьа Иегова?
ИАХЬА Иегова иҭахуп Аҳра иазку ажәабжь бзиа адунеи зегь иалаҵәарц (Марк 13:10; 1 Тим. 2:3, 4). Уи Иегова иус ауп. Уи аус даараӡа ихадоуп, убри азоуп уи напхгара азура Иегова бзиа иибо Иԥа инапы изаниҵаз. Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иисус напхгара зиҭо ажәабжьҳәаратә ус ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа ишхыркәшахо (Матф. 24:14).
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит адоуҳатә фатә ашаразы Иисус «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» ихы дшаирхәо (Матф. 24:45, АдҾ). Уи адагьы ҳара еилҳаргоит Иисус уи ицхыраарала ишьҭанеицәа шазыҟаиҵо, аҭоурых аҿы зегь иреиҳау ажәабжьҳәаратә кампаниа рҽаладырхәырц азы. Иара убас еилаҳкаауеит хаҭала ҳара зегьы Иисуси узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩи ҳрыцхраалар шҳалшо.
ИИСУС АЖӘАБЖЬҲӘАРАТӘ УС НАПХГАРА АЗИУЕИТ
3. Иарбан мчроу Иисус имоу?
3 Иабантәиҳдыруеи Иисус ажәабжьҳәаратә ус напхгара шазиуа? Ажәҩан ахь дцаанӡа маҷк шагыз гәыкала изыҟаз ишьҭанеицәеи иареи Галилеиа ианеиқәшәа абас реиҳәеит: «Ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы амчра зегь сыҭоуп». Иазгәашәҭ Иисус уи ашьҭахь ииҳәаз ажәақәа: «Убри аҟынтә шәца, ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала» (Матф. 28:18, 19, АдҾ). Ус анакәха Иисус имоу амчрахь ажәабжьҳәаратә ус напхгара азурагьы аҵанакуеит.
4. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иисус иахьагьы ажәабжьҳәаратә ус напхгара шазиуа?
4 Иисус иҳәеит ажәабжьҳәаратә уси аҵаҩцәа разыҟаҵара ауси «ажәларқәа зегьы» рыбжьара имҩаԥыслар шакәу, насгьы ишьҭанеицәа «ари адунеи аҿҳәара нҵәаанӡа» есыҽны дышрыцзаауа (Матф. 28:20). Арҭ ажәақәа ибзианы иҳаилдыркаауеит Иисус иахьагьы ажәабжьҳәаратә ус напхгара шазиуа.
5. Ҳашԥалахәу Аԥсалом 110:3 иану ажәақәа рынаӡара?
5 Иисус агәра ганы дыҟан аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аҭагалара аан аусуҩцәа шазхало. Иара идыруан аԥсаломшәаҳәаҩ ииҳәаз аԥааимбаражәатә ҵакы змаз ажәақәа шынаӡоз: «Уара ур уманы аибашьра уаналаго амш аҽны ужәлар удгылара иазхиазаауеит» (Аԥсал. 110:3). Шәара Аҳра иазку ажәабжь шәҳәозар, Иисуси узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩи шәрыцхраауеит, насгьы ари аԥааимбаражәа анаӡара шәалахәуп. Ари аус аанкылара аӡәгьы илшаӡом, аха уадаҩрадагьы имҩаԥысӡом.
6. Шәахцәажәа Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа зықәшәо уадаҩрак.
6 Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа зықәшәо ауадаҩрақәа руак — уи аҿагыларақәа роуп. Аҵабырг иацәхьаҵыз, адиннапхгаҩцәа, насгьы аполитикцәа ҳара иҳазкны амц рҳәоит. Ҳҭынхацәа, ҳаздыруа ауаа, насгьы аус ҳацызуа уи амц агәра ргар, Иегова даанҳажьырц, насгьы ажәабжьҳәара ҳаҟәыҵырц ҳадырцалалар ауеит. Тәылақәак рҿы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи дыршәоит, ирықәлоит, абахҭагьы иҭаркуеит. Аха уи ҳара иџьаҳшьаӡом. Иисус заа иҳәахьан: «Ажәларқәа зегьы сара сыхьӡ азы шәырцәымӷхоит» (Матф. 24:9, АдҾ). Ҳара ҳахьырцәымӷу ишьақәнарӷәӷәоит Иисус ҳшиҿыԥшуа, Иеговагьы дшаҳзыразу (Матф. 5:11, 12). Ҳара иаҳдыруеит ус еиԥш иҟоу аҿагыларақәа зыхҟьо Аџьныш шиакәу. Аха кыр илшома иара Иисус иҿаԥхьа?! Ҳнапхгаҩы ицхыраара абзоурала ажәабжь бзиа ажәларқәа зегьы рҟынтә ауаа ираҳауеит.
7. Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иҟоу Аатра 14:6, 7 иану ажәақәа анаӡара ишаҿу узырбо?
7 Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа зықәшәо даҽа уадаҩрак — уи ауаа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иахьцәажәо ауп. Иисус Христос Иоанн абараҿы иирбеит, ҳаамҭақәа рзы ауаа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иахьцәажәо ажәабжьҳәаратә ус ишаԥырхагамхо. (Шәаԥхьа Аатра 14:6, 7.) Ишԥанаӡо ари абара? Ҳара Аҳра иазку ажәабжь ауаа зегь ирзеиҭаҳҳәоит. Иахьа адунеи зегь аҿы ауаа ирылшоит ҳсаит аҿы иаагоу Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа ирыԥхьалар, насгьы авидеонҵамҭақәа ирыхәаԥшлар. Избанзар ҳсаит 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла иҟоуп. Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа ақәшаҳаҭхеит Абиблиа аҵаразы ихадоу мыругас иҳамоу ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» 700 бызшәа инареиҳаны рыла еиҭаргарц. Уи адагьы ҳара Браиль ишрифт ала зыла иамбо рзы апубликациақәа ҳкьыԥхьуеит, насгьы злымҳа иамаҳауа рзы авидеонҵамҭақәа ҭҳажьуеит. Ҳара лабҿаба иаҳбоит абиблиатә ԥааимбаражәақәа анаӡара ишаҿу. «Еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо ажәларқәа зегь рҟынтә» ауаа абиблиатә ҵабырг «абызшәа цқьа» аҵара иаҿуп (Зах. 8:23; Соф. 3:9). Ари зегь зыбзоуроу Иисус Христос анапхгара бзиа ахьҳаиҭо ауп.
8. Иарбан лҵшәоу ажәабжьҳәаратә ус иаанагахьо?
8 Иахьа Иегова иорганизациаҿы 8 000 000 инареиҳаны ауаа ыҟоуп. Урҭ 240 тәылеи территориеи рҿы инхоит. Уи адагьы есышықәса жәа-нызқьла ауаа рыҽӡаархуеит. Аха еиҳа ихадоу ахыԥхьаӡара акәым, «иҿыцу ахаҭарала» зҽеилазҳәо урҭ ауаа иаадырԥшуа аҟазшьа бзиақәа роуп (Кәал. 3:8—10, АдҾ). Урҭ рҿы инаӡоит Исаиа 2:4 иану аԥааимбаражәа: «Ажәларқәа... уаҳа аибашьышьа рҵалаӡом». Аӡәырҩы иламысдараз ахымҩаԥгашьеи игәымбылџьбараз аԥсҭазаашьеи аанрыжьит, насгьы ауаа ратәамбареи милаҭла реилыхреи иаҟәыҵит. Ибзиоу ҳхымҩаԥгашьала ауаа Анцәа иорганизациахь ааира ргәаҳарԥхоит, насгьы Ҳнапхгаҩы, Христос Иисус, ишьҭа ҳхыланы ҳашцо шьақәҳарӷәӷәоит (Иоанн 13:35; 1 Пиотр 2:12). Уи зегь зыбзоуроу Иисус дахьҳацхраауа ауп.
ИИСУС УЗЫҚӘГӘЫӶЫРТӘ ИҞОУ АМАҴУҨ ҞӘЫШ ДАЛИХИТ
9. Ииҳәазеи Иисус Матфеи 24:45—47 (АдҾ) аҿы, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҟалараны иҟоу иазкны?
9 Шәаԥхьа Матфеи 24:45—47 (АдҾ). Иисус заа иҳәахьан, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» дшалихуа, ишьҭанеицәа адоуҳатә фатә риҭаларц азы. Иахьа ҳара иаҳбоит уи амаҵуҩы тәамҩахә имамкәа аџьабаа шибо. Анцәа имаҵзуҩцәа, насгьы аҵабырг еилызкаарц зҭаху ауаа «ианаамҭоу» адоуҳатә фатә рымазарц азы, Ҳнапхгаҩы доуҳала иалху ахацәа ргәыԥ ихы иаирхәоит. Доуҳала иалху урҭ ақьырсианцәа ахаҵара азҵаарақәа рҿы аӡәгьы иқәыӷәӷәаӡом (2 Кор. 1:24). Дара еилыркаауеит Анцәа ижәлар ԥхьагылаҩыс, насгьы напхгаҩыс ирымоу Иисус Христос шиакәу (Ис. 55:4).
10. Иарбан шәҟәу шәара ишәыцхрааз, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь ҳназго амҩа анылара? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
10 Узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩы даналхыз, 1919 шықәса раахыс ирацәаны ашәҟәқәа ҭижьит, гәыкала иҟоу ауаа аҵабырг аилкаара дрыцхраарц азы. 1921 шықәсазы уи «Арфа Божия» захьӡу ашәҟәы ҭижьит, ихадоу абиблиатә ҵарақәа реилкаара ауаа дрыцхраарц азы. Аамҭақәа рҽырыԥсахуан, иҿыцу апубликациақәа ҭыҵуан. Иарбан шәҟәу шәара ишәыцхрааз жәҩантәи Ҳаб иеилкаареи бзиа ибареи? «Бог верен», «Истина, ведущая к вечной жизни», «Ты можешь жить вечно в раю на земле», «Познание, ведущее к вечной жизни», «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?», мамзаргьы уажәы иҳамоу амыруга ҿыц «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!»? Арҭ ашәҟәқәа Христос иҵаҩцәа разыҟаҵара иҳацхраарц азы иҭыжьын, насгьы урҭ зегьы иаҳҭахыҵәҟьаз ракәын.
11. Избан адоуҳатә фатә ҳара зегь ҳзы изхадоу?
11 Иҵаулоу аҵабыргқәа реилкаара зыхәҭоу ааигәа аҵабырг ахь аинтерес аазырԥшыз мацара ракәӡам. Уи ҳара зегьы иаҳҭахуп. Апостол Павел иҩит, иҵаулоу аҵабыргқәа доуҳала иӷәӷәоу рзы ауп ҳәа. Уи абзоурала ҳара «ацәгьеи-абзиеи реилкаара-реиҩдыраара» ҳалшоит (Аур. 5:14). Зегь рыла иубарҭоуп иахьа ауаа ахаан ишыҟамлац еиԥш ишыбжьысыз. Убри аҟынтә Иегова инормақәа рыла анхара мариаӡам. Аха Иисус ҳагәрахаҵара зырӷәӷәо ихаау адоуҳатә фатә ҳаиҭоит. Уи Анцәа Иажәа Абиблиа шьаҭас иамоуп. Узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩы Иисус инапхгара дацныҟәаны уи афатә ҳазирхиоит, насгьы иаҳзишоит.
12. Избан иаҳҳәар зҳалшо, ҳаргьы Иисус иеиԥш Анцәа ихьӡ пату ақәаҳҵоит ҳәа?
12 Иисус иеиԥш ҳаргьы Анцәа ихьӡ пату ақәаҳҵоит (Иоанн 17:6, 26). Иаҳҳәап, 1931 шықәсазы, ҳара ахьӡ — Иегова ишаҳаҭцәа ҳадаҳкылеит. Уи Абиблиа шьаҭас иамоуп. Уи жәҩантәи Ҳаби ҳареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа шҳабжьоу аанарԥшуеит (Ис. 43:10—12). Уи ашықәс азы октиабр мза инаркны Анцәа ихьӡ «Ахьчаратә бааш» аҭыжьымҭақәа зегьы рцәаҿы ианыло иалагеит. Уи адагьы, Абиблиа аиҭага «Новый мир» (аурыс) аҿы иахьахәҭоу аҭыԥқәа зегь рҿы Анцәа ихьӡ уԥылоит. Уи ақьырсиантә уахәамақәа зынӡа иреиԥшӡам. Дара еиҭарго Абиблиақәа рацәаны рҿы Иегова ихьӡ анырхуеит.
ИИСУС ИШЬҬАНЕИЦӘА НАПХГАРА РИҬОИТ
13. Избан агәра ганы шәзыҟоу Иисус «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» ихы дшаирхәо? (Иоанн 6:68).
13 «Узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» ихы дархәаны, Иисус ишьҭанеицәа азыҟаиҵеит, ауаа Анцәа иеилкаара ирыцхрааларц азы. Шәышԥазыҟоу шәара Иегова иорганизациа? Иҟалап шәара апостол Пиотр иажәақәа шәрықәшаҳаҭзар. Иара Иисус абас иеиҳәеит: «Зыҟны ҳнеирыда? Уара уажәақәа наӡаӡатәи абзазара иазҳәоуп» (Иоанн 6:68). Ҳабаҟалоз уажәы Иегова ишаҳаҭцәа ҳармабадырызҭгьы? Иисус Иегова иорганизациа ихы иархәаны меигӡарахда адоуҳатә фатә ҳаиҭоит. Иара убас иара ибзианы ажәабжь аҳәашьа ҳирҵоит. Уи адагьы, Иегова дҳаргәырӷьаларц азы иҿыцу хаҭарала аҽеилаҳәара дҳацхраауеит (Еф. 4:24).
14. Иарбан хәарҭоу апандемиа COVID-19 аан ишәзаанагаз Иегова иорганизациа шәахьахәҭаку?
14 Иисус иуадаҩу аамҭақәа рзы узықәгәыӷыртә иҟоу анапхгара ҳаиҭоит. Уи бзианы иубарҭахеит апандемиа COVID-19 аналага. Ари адунеи аҿы аӡәырҩы ауаа иҟарҵо рзымдыруа иқәхеит, аха Иисус ҳихьчарц азы еилыкка иҟаз амҩақәҵарақәа ҳаиҭеит. Ҳара ҳгәазҭарҵеит асабрадақәа ҳҿаҳҵаларц, насгьы ауаа рааигәа ҳамнеиларц. Аизара аиҳабацәа иргәаладыршәеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәабзиара шыҟоу иазҵааларц, насгьы Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ирыцхрааларц (Ис. 32:1, 2). Анапхгаратә хеилак аҟынтә иҳауаз аацҳарақәа рҿы аишьцәа егьырҭ амҩақәҵарақәагьы ҳарҭон, ҳагәгьы шьҭырхуан.
15. Иарбан напхгароу ажәабжьҳәареи аизарақәеи ирызкны апандемиа аан аорганизациа иаҳнаҭаз, насгьы иарбан лҵшәоу уи иаанагаз?
15 Апандемиа аан ҳара аизарақәа ҳшырҭаало, насгьы ажәабжь шаҳҳәало иазкны еилыкка иҟоу анапхгара ҳауит. Ҳара иаразнак аизарақәеи аконгрессқәеи рҭаара авидеоконференциа ала ҳалагеит, ажәабжьҳәара — аҭели асаламшәҟәқәеи рыла. Иегова уи аҿы даҳзылԥхеит. Атәылақәа жәпакы рҿы ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр иазҳаит. Аӡәырҩы ажәабжь анырҳәоз угәы шьҭызхуа ахҭысқәа ирықәшәеит. (Шәахәаԥш арамка «Иегова ажәабжьҳәаратә ус дазылԥхоит».)
16. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара?
16 Шьоукы ргәы иаанагар алшон аишьцәа мыцхәы ргәырҽануп ҳәа. Аха ҳара зныкымкәа иаҳбеит, иҳарҭоз амҩақәҵарақәа аҟәыӷара шрыҵаз (Матф. 11:19). Иисус бзиабарала анапхгара шҳаиҭо ҳаназхәыцуа, еилаҳкаауеит аԥхьаҟа иаҳзыԥшызаалакгьы Иеговеи бзиа иибо Иԥеи ҳшаанырмыжьуа. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:5, 6.)
17. Шәышԥазыҟоу шәара Иисус Ҳнапхгаҩы ахьиакәу?
17 Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Иисус напхгара ахьҳаиҭо. Ҳара культуралеи, милаҭлеи, бызшәалеи ауаа ахьеилырымхуа аорганизациа ҳахәҭакуп. Ҳара меигӡарахда адоуҳатә фатә ҳамоуп. Ҳара зегьы Аҳра иазку ажәабжь аҳәара ибзианы ҳазыҟаҵоуп. Иара убас ҳара зегьы ақьырсиантә ҟазшьақәа реизырҳареи, гәык-ԥсык ала бзиа аибабашьеи ҳҵоит. Иисус Ҳнапхгаҩы ахьиакәу даараӡа ҳаигәырӷьоит!
АШӘА 16 Иаг ихьӡ ҳарашәкла ииԥшьаз Иԥа изы
a Иахьа миллионҩыла ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирыладырҵәоит. Шәаргьы урҭ шәреиуазар, Иҳақәиҭу Иисус Христос инапхгара шәацныҟәаны аџьабаа жәбоит. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иисус ҳаамҭазы ажәабжьҳәаратә ус напхгара шазиуа узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа. Уи ҳазхәыцлар Иисус Христос ҳаизыӡырҩны анаҩсгьы Иегова имаҵ аура иҳацхраауеит.