Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 сентиабр ад. 14—19
  • Ианума шәыхьӡ «аԥсҭазааратә шәҟәы» аҿы?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ианума шәыхьӡ «аԥсҭазааратә шәҟәы» аҿы?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЗЫХЬӠҚӘА АНЫДА АԤСҬАЗААРАТӘ ШӘҞӘАҾЫ?
  • ЗЫԤСЫ ҬАҴАХО
  • ШЬОУКЫ НАӠАӠАТӘИ АԤСҬАЗААРА РОУРЦ АЗЫ РЫԤСЫ ҬАЛОИТ, ЕГЬЫРҬ — АӠБАРҬА АҾАԤХЬА ИГЫЛАРЦ АЗЫ
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ишԥаҟало аӡәырҩы уаа иашақәаны?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 сентиабр ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 39

Ианума шәыхьӡ «аԥсҭазааратә шәҟәы» аҿы?

«Иҿаԥхьа ирыҩуан Иегова ицәшәо... ирызкыз агәаларшәаратә шәҟәы» (МАЛ. 3:16).

АШӘА 61 Ԥхьаҟа, Ашаҳаҭцәа!

АХҲӘААa

Иегова ауаа рыхьӡқәа «аԥсҭазааратә шәҟәы» анҵара даҿуижьҭеи зқьышықәсақәа ҵуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 1, 2.)

1. Иарбан шәҟәу, Малахиа 3:16 иану инақәыршәаны, Иегова зыҩра даҿу, насгьы ианузеи уи?

АБАР зқьышықәсақәа ҵуеит Иегова иҷыдоу ашәҟәы аҩра даҿуижьҭеи. Уи ашәҟәаҿы иану ахьӡқәа Анцәа гәыкала имаҵ зуаз раԥхьатәи ауаҩы, Авель, ихьӡ ала иалагоит (Лука 11:50, 51)b. Зқьышықәсақәа рыҩныҵҟа Иегова уи ашәҟәы ахьӡ ҿыцқәа аниҵон, иахьа уа миллионла ахьӡқәа ануп. Абиблиаҿы уи ашәҟәы «агәаларшәаратә шәҟәы», насгьы «аԥсҭазааратә шәҟәы» ҳәа азҳәоуп. Ари астатиаҿы ҳара уи «аԥсҭазааратә шәҟәы» ҳәа азаҳҳәалоит (шәаԥхьа Малахиа 3:16; Аат. 3:5; 17:8).

2. Зыхьӡқәа аныда аԥсҭазааратә шәҟәаҿы, насгьы иҟаҵалатәузеи ҳахьӡгьы уи ашәҟәы ианырҵарц?

2 Ари ашәҟәаҿы иануп Иегова бзиа дбаны имаҵ зуа, насгьы ихьӡ ахә ҳаракны изшьо ауаа рыхьӡқәа. Урҭ наӡаӡа анхара алшара рымазаауеит. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара ҳахьӡгьы уи ашәҟәы ианырҵарц ҳҭахызар? Ҳара еиҳа-еиҳа Иегова ҳаизааигәахалароуп, Иԥа, Иисус Христос, иҿыхратә ԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны (Иоанн 3:16, 36). Иарбан гәыӷроу иҳамазаалакгьы — ажәҩан аҿы анхара акәзаргьы, адгьыл аҿы анхара акәзаргьы — ҳара зегьы иаҳҭахуп уи ашәҟәы ҳахьӡ анырҵарц.

3, 4. а) Ҳахьӡ уажәы аԥсҭазааратә шәҟәаҿы ианызар, иаанагома уи наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауеит ҳәа? Иҳаилшәыркаа. б) Еилҳаргозеи ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҿы?

3 Аха иаҳҳәар ҳалшома, уи ашәҟәаҿы зыхьӡқәа ану ауаа хымԥада наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит ҳәа? Уи азҵаара аҭак Иегова Моисеи иеиҳәаз ажәақәа рҿы иҳаԥшаауеит: «Сара сҿаԥхьа агәнаҳа ҟазҵаз ихьӡ ауп сышәҟәы ианысхуа» (Ақәҵ. 32:33). Ус анакәха, уажәы уи ашәҟәаҿы иану ахьӡқәа Иегова ианихыр илшоит, карандашьла иҩу ак еиԥш (Аат. 3:5). Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп, уи ашәҟәаҿы ҳахьӡ шану иаанхаларц азы, Иегова уахь наӡаӡа, инықәырԥшны иуҳәозар, ҩыгала ианиҵаанӡа.

4 Ҳәарада, ицәырҵуеит зҵаарақәак. Иаҳҳәап, иаҳәозеи Абиблиа, аԥсҭазааратә шәҟәаҿы зыхьӡқәа ануи зыхьӡқәа аными ирызкны? Ианбароуеи наӡаӡатәи аԥсҭазаара уи ашәҟәаҿы зыхьӡқәа ану ауаа? Ирыхьуазеи Иегова иеилкаара алшара рымамкәа иԥсыз ауаа? Ирымоума урҭ алшара уи ашәҟәы анылара? Арҭ азҵаарақәа рҭак ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҿы иҳауеит.

ЗЫХЬӠҚӘА АНЫДА АԤСҬАЗААРАТӘ ШӘҞӘАҾЫ?

5, 6. а) Зыхьӡқәа аныда аԥсҭазааратә шәҟәаҿы, Филиппаа рахь 4:3 иану инақәыршәаны? б) Ианбаниҵо Иегова урҭ ахьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәаҿы наӡаӡа?

5 Зыхьӡқәа аныда аԥсҭазааратә шәҟәаҿы? Ари азҵаара аҭак ҳаурц азы хә-гәыԥк ауаа ҳрыхцәажәап. Урҭ агәыԥқәа рҟынтә хьыӡқәак уи ашәҟәы иануп, хьыӡқәак анӡам.

6 Актәи агәыԥ Христос ажәҩан аҿы аҳра ицруларц азы иалхыз рыла ишьақәгылоуп. Ианума уажәы урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәаҿы? Ааи. Апостол Павел Филиппқәа рҿы иҟаз аизара асаламшәҟәы анырзиҩуаз, иҳәеит, доуҳала иалху ақьырсианцәа рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәаҿы ишану. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:3.) Аха урҭ рыхьӡқәа асимволтә ҵакы змоу уи ашәҟәаҿы иаанхарц азы, дара анаҩсгьы Анцәа гәыкала имаҵ рулароуп. Убасҟан урҭ ԥсаанӡа, ма арыцҳара ду алагаанӡа аҵыхәтәантәи амҳәыр анраархахо, рыхьӡқәа наӡаӡа уи ашәҟәы ианҵахоит (Аат. 7:3).

7. Ианбанҵахо ҵҩа змам ажәлар рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәаҿы наӡаӡа, Аатра 7:16, 17 излаҳаилнаркаауа ала?

7 Аҩбатәи агәыԥ, уи ҵҩа змам егьырҭ ауасақәа роуп. Ианума уажәы урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәаҿы? Ааи. Иаанхома урҭ рыхьӡқәа уи ашәҟәаҿы Армагеддон ашьҭахь? Ааи (Аат. 7:14). Иисус иҳәеит ауасақәа иреиԥшу урҭ ауаа наӡаӡатәи аԥсҭазаара шроуа (Матф. 25:46). Аха Армагеддон зхызго уи аҳамҭа иаразнак ироуӡом. Урҭ рыхьӡқәа усҟангьы, инықәырԥшны иуҳәозар, аԥсҭазааратә шәҟәаҿы карандашьла ианызаауеит. Зқьышықәсатәи анапхгара аан Иисус «урҭ хьчаҩыс-хылаԥшҩыс [ды]рзыҟалоит, ахьхьа-хьхьаҳәа иааиуа аԥсҭазааратә ӡыхь, аӡыбза ахьыҵыҵуа ин[еи]гоит». Иегова гәыкала изыҟоуп ҳәа ииԥхьаӡо, насгьы Христос изыӡырҩло ауаа рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы наӡаӡа ианҵахоит. (Шәаԥхьа Аатра 7:16, 17.)

8. Зыхьӡқәа анымда аԥсҭазааратә шәҟәаҿы, насгьы ирзыԥшузеи урҭ?

8 Ахԥатәи агәыԥ ахь иаҵанакуеит Армагеддон аҿы иқәгахо ауаа. Урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ианӡам. Иисус урҭ ауаа аџьмақәа ирыҿирԥшит, насгьы урҭ наӡаӡа ишықәгахо иҳәеит (Матф. 25:46). Апостол Павелгьы урҭ ирызкны абас иҩит: «Урҭ зегьы ахьырхәхоит, наӡаӡатәи аҭахара рзыԥҵәахоит» (2 Фес. 1:9; 2 Пиотр 2:9). Убас ҳҳәар ҳалшоит иԥшьоу адоуҳа иаҿагыланы, ишырдыруаз агәнаҳа ҟазҵоз аҭоурых аҿы иҟаз ауаа рзгьы. Урҭ наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуӡом, аха наӡаӡа иқәгахоит. Еилкаауп, урҭ рыԥсы ҭаҵахаӡом (Матф. 12:32; Марк 3:28, 29; Аур. 6:4—6). Уажәшьҭа шәааи адгьыл аҿы зыԥсы ҭаҵахо ҩ-гәыԥк ауаа ҳрыхцәажәап.

ЗЫԤСЫ ҬАҴАХО

9. Изусҭцәада адгьыл аҿы зыԥсы ҭаҵахо ҩ-гәыԥк, насгьы излеиԥшымзеи урҭ? (Аусқәа 24:15, АдҾ).

9 Абиблиаҿы иануп «ауаа иашақәагьы, ииашақәамгьы» рыԥсы шҭало, насгьы арҭ аҩ-гәыԥк адгьыл аҿы наӡаӡа анхара алшара шроуа. (Шәаԥхьа Аусқәа 24:15, АдҾ.) «Ауаа иашақәа» — урҭ рыԥсы ҭанаҵы Иегова гәыкала имаҵ зуаз роуп. «Ииашақәам ауаа» Иегова имаҵ руӡомызт, насгьы рхымҩаԥгашьа аиашара акырӡа иацәыхаран. Аха арҭ аҩ-гәыԥк рыԥсы ҭаҵахозар, иаҳҳәар ҳалшома рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы иануп ҳәа? Ари азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы, шәааи арҭ аҩ-гәыԥк хазы-хазы ҳрыхцәажәап.

10. Избан «ауаа иашақәа» рыԥсы зҭаҵахо, насгьы иарбан ҳаҭыру урҭ рҟынтә шьоукы ираҭәашьахо? (Адгьыл аҿы иҟало аԥсҭалара иазкны ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» рҿы шәаԥхьар шәылшоит.)

10 «Ауаа иашақәа» аԥшьбатәи агәыԥ ахь иаҵанакуеит. Урҭ ԥсаанӡа рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ианҵан. Ианихма Иегова урҭ рыхьӡқәа ашәҟәы аҟынтә, дара анԥсы? Мап, избанзар иара урҭ игәалашәоит. Иисус излеиҳәаз ала, Иегова — «Нцәас дызмоу аԥсцәа ракәым, абзацәа роуп» (Лука 20:38). Ус анакәха, ауаа иашақәа адгьыл аҿы рыԥсы анҭаҵахо, рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ишаныц ианызаауеит, «карандашьла» акәзаргьы (Лука 14:14). Ауаа иашақәа рҟынтә шьоукы «адгьыл зегь аҿы ҭауадцәас» аҟалара раҭәашьахоит (Аԥсал. 45:16).

11. Еилыркаар акәхозеи «ииашақәам» ауаа, Иегова рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ианиҵаанӡа?

11 Уажәшьҭа ахәбатәи агәыԥ ҳахцәажәап — уахь «ииашақәам» ауаа аҵанакуеит. Урҭ ииашаны рхы мҩаԥыргаӡомызт (иҟалап Иегова инормақәа ахьырзымдыруаз азы акәызҭгьы). Убри аҟынтә урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ианӡам. Аха Анцәа урҭ рыԥсы ҭеиҵоит, убас ала уи ашәҟәы рыхьӡқәа аныларц алшара роуеит. Ҳәарада, «ииашақәам» ауаа ацхыраара ду рҭаххоит. Уаанӡа урҭ рҟынтә шьоукы аус бааԥсқәа ҟарҵон, убри аҟынтә дара ииашоу Иегова ипринципқәа рыла анхашьа дырҵатәхоит. Уи азы Анцәа Иаҳра аҭоурых аҿы ахаан иҟамлац арҵаратә программа еиҿнакаауеит.

Зыхьӡқәа аныда «аԥсҭазааратә шәҟәы» аҿы?

Ашәҟәаҿы иануп

Доуҳала иалху. Иисус ажәҩан аҿы напхгара ицруларц азы иалху.

«Ауаа иашақәа». Иԥсаанӡа Иегова гәыкала изыҟаз Анцәа имаҵзуҩцәа. Урҭ адгьыл аҿы рыԥсы ҭаҵахоит.

Ҵҩа змам егьырҭ ауасақәа. Иахьа Иегова имаҵ зуа, наӡаӡа адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу ауаа.

Ашәҟәаҿы ианӡам

«Аџьмақәа». Иегова дызҭахым, насгьы иԥшьоу адоуҳа иаҿагыланы, ишырдыруа агәнаҳа ҟазҵо ауаа цәгьақәа. Урҭ Армагеддон аҿы иқәгахоит.

«Ииашақәам» ауаа. Иегова имаҵ зымуаз, аха адгьыл аҿы зыԥсы ҭаҵахо ауаа. Урҭ аԥсҭазааратә шәҟәы анылара алшара роуеит.

12. а) Аҵара дзырҵалода ииашақәам ауаа? б) Ирыхьуазеи аҽыԥсахра зҭахымхо?

12 Аҵара дзырҵалода ииашақәам ауаа? Ҵҩа змам ажәлари зыԥсы ҭало ауаа иашақәеи. Ииашақәам ауаа рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ианыларц азы, урҭ Иегова иҩызцәахароуп, рыԥсҭазаарагьы изыркроуп. Ииашақәам ауаа зегьы доуҳала ишеизҳало жәҩантәи аӡбаҩцәа — Иисус Христоси доуҳала иалху ақьырсианцәеи — ацклаԥшлоит (Аат. 20:4). Аҽыԥсахра зҭахымхо, 100 шықәса рхыҵларгьы, анхара азин роуӡом (Ис. 65:20). Иеговеи Иисуси ауаа рыгәқәа рбоит, убри аҟынтә адунеи ҿыц аҿы аӡәы ауаа дырԥырхагахар руӡом (Ис. 11:9; 60:18; 65:25; Иоанн 2:25).

ШЬОУКЫ НАӠАӠАТӘИ АԤСҬАЗААРА РОУРЦ АЗЫ РЫԤСЫ ҬАЛОИТ, ЕГЬЫРҬ — АӠБАРҬА АҾАԤХЬА ИГЫЛАРЦ АЗЫ

13, 14. а) Ишԥеилаҳкаауаз уаанӡа Иоанн 5:29 иану Иисус иажәақәа? б) Ҳзызхәыцыр акәзеи, арҭ ажәақәа ииашаны еилаҳкаарц азы?

13 Иисусгьы адгьыл аҿы зыԥсы ҭаҵахо ауаа рыӡбахә иҳәон: «Уи џьашәымшьан, избанзар иааигәахоит аамҭа адамрақәа ирҭоу зегьы ибжьы анраҳауа, насгьы рыԥсы анҭало. Абзиара ҟазҵоз наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит, ацәгьара ҟазҵоз аӡбарҭа аҿаԥхьа игылоит» (Иоанн 5:28, 29, АдҾ). Ииҳәарц ииҭахызи Иисус?

14 Уаанӡа ҳгәы иаанагон, Иисус зыӡбахә имаз зыԥсы ҭало ауаа иҟарҵало аусқәа роуп ҳәа: даҽакала иуҳәозар, шьоукы абзиара ҟарҵалоит ҳәа, шьоукы — ацәгьара. Аха иазгәашәҭ Иисус имҳәаӡеит зыԥсы ҭало ауаа абзиара ҟарҵалоит, ма ацәгьара ҟарҵалоит ҳәа. Иисус иаҳхысхьоу аамҭа ауп ихы иаирхәаз. Иара рыӡбахә иман «абзиара ҟазҵоз», насгьы «ацәгьара ҟазҵоз». Ус анакәха, ауаа ԥсаанӡа иҟарҵоз аусқәа роуп зыӡбахә иҳәаз. Уи уақәшаҳаҭымхар ауӡом, избанзар адунеи ҿыц аҿы ацәгьара аҟаҵара аӡәгьы азин иоуӡом. Ус анакәха, ииашақәам ауаа ԥсаанӡа ауп ацәгьара аныҟарҵоз. Ишԥеилкаатәу, нас, Иисус иажәақәа? Ииҳәарц ииҭахызи арҭ аҩ-гәыԥк ауаа рыԥсы шҭаҵахо атәы аниҳәоз?

15. Зыԥсы ҭаҵахода наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиуразы, насгьы избан?

15 Абзиара ҟазҵоз ауаа иашақәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы рыԥсы ҭалоит, избанзар урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы иануп. Ус анакәха, Иоанн 5:29 аҿы зыӡбахә ану «абзиара ҟазҵоз» рыԥсҭалареи Аусқәа 24:15 аҿы зыӡбахә ҳәоу «ауаа иашақәа» рыԥсҭалареи акоуп. Избан ауаа иашақәа рыхьӡ аԥсҭазааратә шәҟәы иануп ҳәа заҳҳәо, урҭ ԥсхьазар? Римаа рахь 6:7 иану инақәыршәаны, иԥсыз ауаҩы игәнаҳақәа ианажьуп, даҽакала иуҳәозар, ауаа иашақәа анԥсуа Иегова рыгәнаҳақәа ранаижьуеит, аха рус бзиақәа ихашҭӡом (Аур. 6:10). Убри аҟынтә урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәаҿы иаанхоит. Ҳәарада, ауаа иашақәа рыԥсы анҭалалак ашьҭахьгьы Анцәа гәыкала имаҵ рулароуп, рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ианимхырц азы.

16. Изусҭцәада аӡбарҭа аҿаԥхьа игылоит ҳәа зыӡбахә ҳәоу?

16 Иаҳҳәар ҳалшозеи ацәгьара ҟазҵоз ауаа рзы? Урҭ анԥсы ашьҭахь, рыгәнаҳақәа шранажьызгьы, рыԥсы анҭаз, Иегова имаҵ руӡомызт. Урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ианӡам. Ус анакәха, «ацәгьара ҟазҵоз» — урҭ «ииашақәам» ауаа ҳәа Аусқәа 24:15 аҿы зыӡбахә ҳәоу роуп. Рыԥсы анҭалалак ашьҭахь дара аӡбарҭа аҿаԥхьа игылоитc. Иаанагозеи уи? Уи иаанагоит, Иисус урҭ русқәа ахәшьара шриҭало (Лука 22:30). Дара рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы анҵара иаԥсоу-иаԥсаму аилкааразы аамҭа аҭаххоит. Ииашақәам ауаа рус цәгьақәа ааныжьны рыԥсҭазаара Иегова изыркыр, рыхьӡқәа ишәҟәы ианиҵоит.

17, 18. Иҟарҵалар акәхозеи адгьыл аҿы анхаразы зыԥсы ҭало ауаа зегьы, насгьы иарбан «усқәоу» Аат. 20:12, АдҾ 13 аҿы зыӡбахә ҳәоу?

17 Зыԥсы ҭало зегьы — ауаа иашақәагьы, ииашақәамгьы — аикәарҳә ҿыцқәа ирнызаауа азакәанқәа рыла инхалар акәхоит. Урҭ аикәарҳәқәа Зқьышықәсатәи анапхгара аан иаартхоит. Апостол Иоанн иҩит: «Сара избеит иԥсхьоу, ауаа дуқәа, насгьы еиҳа еиҵаз — урҭ атәарҭа аҿаԥхьа игылан. Аикәарҳәқәа аартын. Иаартын даҽа еикәарҳәыкгьы — аԥсҭазааратә еикәарҳә. Иԥсхьоу рус рыӡбон аикәарҳәқәа ирну ала, русқәа инарықәыршәаны» (Аат. 20:12, АдҾ 13).

18 Иарбан «усқәоу» изхәаԥшло зыԥсы ҭало рус анырыӡбало? Урҭ ԥсаанӡа иҟарҵоз аусқәа роума? Мап! Ишәхашәмыршҭлан, дара анԥсы рыгәнаҳақәа ранажьын. Ус анакәха, иԥсаанӡа иҟарҵоз аусқәа ракәӡам зыӡбахә ҳәоу. Урҭ рус злаӡбахо адунеи ҿыц аҿы иҟало арҵаратә программа ишазыҟазаало ала акәзар ҟалап. Ноии, Самуили, Давиди, Даниили реиԥш иҟаз гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаагьы, Иисус Христос деилкааны иԥсхҭынҵарахьы агәрахаҵара аадырԥшыр акәхоит. Урҭ ауаа ирҵаша ыҟазар, ииашақәам ауаа ирҵаша еиҳагьы еиҳахоит!

19. Ирзыԥшузеи аԥсҭазааратә шәҟәаҿы наӡаӡа зыхьӡқәа анызарц зҭахымхо ауаа?

19 Ирзыԥшузеи аԥсҭазааратә шәҟәаҿы наӡаӡа зыхьӡқәа анызарц зҭахымхо ауаа? Аатра 20:15 аҿы иануп: «Аԥсҭазааратә шәҟәы аҿы зыхьӡ арбамыз дарбанзаалакь днаганы абри амца зҭагьежьуаз аӡиа даларыжьуан». Урҭ наӡаӡа иқәгазаауеит. Убри аҟынтә шаҟа ихадоузеи аԥсҭазааратә шәҟәаҿы ҳахьӡ аныларц, насгьы ахаан ианымҵырц азы иҳалшо зегь аҟаҵара!

Аиашьа Зқьышықәсатәи анапхгара аан имҩаԥысло арҵаратә программа ду иҽалаирхәуеит. (Шәахәаԥш абзац 20.)

20. Иарбан иџьоушьаша усу Зқьышықәсатәи анапхгара аан имҩаԥысло? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

20 Зқьышықәсатәи анапхгара аан ҳара иџьоушьаша ахҭысқәа ҳаблала иаҳбоит! Урҭ иреиуахоит аҭоурых аҿы ахаан иҟамлац арҵаратә программа. Уи адагьы, усҟан жәҩантәи аӡбаҩцәа ауаа иашақәеи ииашақәами рхымҩаԥгашьа ахәшьара арҭалоит (Ис. 26:9; Аус. 17:31). Ишԥамҩаԥысло 1 000 шықәса рыҩныҵҟа арҵаратә программа? Анаҩстәи астатиа уи ҳаилнаркаауеит, насгьы иџьоушьаша уи апрограмма еиҳа ахә ашьара иҳацхраауеит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Зыхьӡқәа аныда «аԥсҭазааратә шәҟәы» аҿы?

  • Зыԥсы ҭалода, наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы?

  • Зыԥсы ҭалода, аӡбарҭа аҿаԥхьа игыларц азы?

АШӘА 147 Анцәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳақәиргәыӷуеит

a Иоанн 5:28, 29 аҿы Иисус аԥсҭалара иазкны ииҳәаз ажәақәа ануп. Иара рыӡбахә иҳәон наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы зыԥсы ҭало, насгьы аӡбарҭа аҿаԥхьа игыларц азы зыԥсы ҭало ауаа. Шәааи еилаҳкаап арҭ ажәеинраалақәа ирызкны иҳамаз аилкаара аҽшаԥсахыз.

b Иегова ари ашәҟәы аҩра далагеит аханатә аахыс — Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара хәарҭа алызхыр зылшо ауаа адәы ианықәла инаркны (Матф. 25:34; Аат. 17:8). Убри аҟынтә иҟалап Анцәа гәыкала изыҟаз Авель ихьӡ акәзар ари аԥсҭазааратә шәҟәаҿы раԥхьаӡа ианҵаз.

c Уаанӡа ҳгәы иаанагон ари ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу «аӡбара» иаанаго «ақәыӡбара», ма «ахара адҵара» ауп ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, ари ажәа уи аҩыза аҵакы амазар алшоит. Аха Иисус дызлацәажәоз еиҳа инарҭбаау аҵакы змоу «аӡбара» акәзар ҟаларын. Ажәарқәа изларҳәо ала, ари атермин «аусеилыргара», ма «аӡәы ихымҩаԥгашьа ибзианы аҭҵаара» аанагар алшоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра