Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 сентиабр ад. 26
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ианума шәыхьӡ «аԥсҭазааратә шәҟәы» аҿы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ишԥаҟало аӡәырҩы уаа иашақәаны?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ҳара аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгоит!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Иҟоума иԥсхьоу рзы агәыӷра?
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 сентиабр ад. 26

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Зыԥсы ҭаҵахода адгьыл аҿы, насгьы ирзыԥшузеи урҭ?

Шәааи, Абиблиа арҭ азҵаарақәа рҭак шыҟанаҵо еилаҳкаап.

Аусқәа 24:15 (АдҾ) аҿы иануп, «Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо, ауаа иашақәагьы, ииашақәамгьы». Аиашақәа — урҭ иԥсаанӡа Анцәа изыӡырҩуаз ауаа роуп. Убри аҟынтә урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәаҿы иануп (Мал. 3:16). Ииашақәам рахь иаҵанакуеит Иегова иеилкаара алшара змамкәа иԥсыз ауаа. Убри аҟынтә урҭ рыхьӡқәа агәаларшәаратә шәҟәаҿы ианӡам.

Иоанн 5:28, 29 аҿы рыӡбахә ҳәоуп, Аусқәа 24:15 аҿгьы зыӡбахә ҳәоу зыԥсы ҭалаз ҩ-гәыԥк ауаа. Иисус иҳәеит, «абзиара ҟазҵоз наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит, ацәгьара ҟазҵоз аӡбарҭа аҿаԥхьа игылоит» ҳәа. Ауаа иашақәа иԥсаанӡа абзиара ҟарҵон. Урҭ рыԥсы ҭалоит наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы, избанзар рыхьӡқәа агәаларшәаратә шәҟәаҿы ианызаауеит. Аха ииашақәам ракәзар, урҭ ԥсаанӡа ацәгьара ҟарҵон. Урҭ рыԥсы ҭалоит аӡбарҭа аҿаԥхьа игыларц азы. Урҭ рыхьӡқәа макьана агәаларшәаратә шәҟәаҿы ианӡам. Убри аҟынтә урҭ рхымҩаԥгашьа жәҩантәи аӡбаҩцәа ацклаԥшлоит. Ииашақәам ауаа Иегова иеилкаара алшара рымазаауеит, рыхьӡқәа агәаларшәаратә шәҟәы ианыларц азы.

Аатра 20:12, 13 аҿы иануп, зыԥсы ҭало зегьы аикәарҳәқәа ирну иқәныҟәалар акәхоит ҳәа. Даҽакала иуҳәозар, адунеи ҿыц аҿы Анцәа иҳаиҭо азакәан ҿыцқәа ирықәныҟәалар акәхоит. Иегова урҭ азакәанқәа ирықәымныҟәало ықәигоит (Ис. 65:20).

Даниил 12:2 аҿы заа иҳәан, «иԥсхьоу рҟынтә аӡәырҩы гылоит — шьоукы наӡаӡа инхаларц азы, даҽа шьоукы наӡаӡа ахьымӡӷ ргарц азы» ҳәа. Ари ажәеинраалаҿы иҳәоуп, зыԥсы ҭало аҵыхәтәаны ирзыԥшу — «наӡаӡа инхалоит», мамзаргьы «наӡаӡа ахьымӡӷ ргоит». Даҽакала иаҳҳәозар, 1 000 шықәса анынҵәалак ашьҭахь, шьоукы наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит, даҽа шьоукы наӡаӡа иқәгазаауеит (Аат. 20:15; 21:3, 4).

Шәааи ҿырԥштәык ҳахәаԥшып. Зыԥсы ҭалаз ҩ-гәыԥк ауаа даҽа тәылак аҿы анхара зҭаху атәымтәылауаа ирыҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ауаа иашақәа акыраамҭатәи авиза зауз иреиԥшуп: урҭ аусура азини егьырҭ азинқәеи рымоуп. Ииашақәам ауаа ракәзар, урҭ аамҭалатәи авиза зауз атәымтәылауаа иреиԥшуп. Дара атәылаҿы акыраамҭа иаанхарц азы, аҳәынҭқарцәа рҿаԥхьа ахьӡ бзиа дырҳароуп. Убас еиԥшҵәҟьа зыԥсы ҭало ииашақәам ауаа џьанаҭ дгьыл аҿы иаанхарц азы, Иегова изакәанқәа ирықәныҟәалароуп, насгьы ишуаа иашақәоу шьақәдырӷәӷәароуп. Атәымтәылауаа атәыла излалалаз изеиԥшра визазаалакгьы, аҵыхәтәаны шьоукы атәылауаҩра роур рылшоит, даҽа шьоукы ықәырцар ауеит. Уи злеилкаахо иахьааз атәылаҿы рхы шымҩаԥыргало ала ауп. Убас еиԥшҵәҟьа зыԥсы ҭало ауаа аҵыхәтәаны рус ӡбахоит, урҭ Анцәа гәыкала изыҟоу-изыҟаму, насгьы адунеи ҿыц аҿы рхымҩаԥгашьа зеиԥшрахо ала.

Иегова арыцҳашьара адагьы, аиашара злоу Нцәоуп (Ҩынтә. 32:4; Аԥсал. 33:5). Иара абзиабара аарԥшны, ауаа иашақәа реиԥш, ииашақәамгьы рыԥсы ҭеиҵоит. Аха иара дазыԥшызаауеит зегьы иҳараку инормақәа ирықәныҟәалоит ҳәа. Иегова бзиа дызбало, насгьы изакәанқәа ирықәныҟәало заҵәык роуп адунеи ҿыц аҿы наӡаӡа анхара алшара зауа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра