Марселои, Иомареи, Ивери (армарантә арӷьарахь). Дара рнапаҿы иркуп аиспан бызшәала иҟоу Браиль ишрифт ала иҭыжьу Абиблиа «Новый мир» атом
Дара бзиа ишырбо рбеит
ИОМАРЕИ ҩыџьа лашьцәа Марселои Ивери Гватемала қыҭа хәыҷык аҿы инхоит. Аԥхьа Абиблиа аҵара иалагаз Иомара лоуп, аамҭак ашьҭахь лашьцәагьы алагеит. Аха уадаҩрак ыҟан. Рыхҩыкгьы рыла иабаӡом, Браиль ишрифт алагьы аԥхьашьа рыздырӡомызт. Убри аҟынтә Абиблиа дзырҵоз аиашьа изхысуаз аматериали абиблиатә жәеинраалақәеи дырзаԥхьон.
Иҟан даҽа уадаҩракгьы, уи аизарақәа рахь аныҟәара иадҳәалан. Зегь раасҭа ирзааигәаз Аҳратә зал аҟынӡа 40 минуҭ амҩа уқәхон. Аха аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирылшоз зегь ҟарҵеит, Иомара лашьцәеи лареи аизарақәа бжьармыжьларц. Аизараҿы арҵаратә дҵақәа рыҭара ианалага, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраауан ражәақәа ҿырҳәала аҵара.
2019 шықәса, маи мзазы дара рқыҭаҿы аизарақәа рымҩаԥгара иалагеит. Уи аамҭазы уахь пионерс амаҵ зуаз хаҵеи-ԥҳәыси ииасит. Дара хықәкыс иқәдыргылеит Иомареи, Марселои, Ивери Браиль ишрифт ала аԥхьашьеи аҩышьеи ддырҵарц, дара рхаҭақәа уи шырзымдыруазгьы. Убри аҟынтә дара Браиль исистема рҵарц, насгьы уи асистемала даҽаӡәы аԥхьашьеи аҩышьеи ширҵатәу еилыркаарц азы абиблиотекахь ицеит.
Марсело аизараҿы аҭак ҟаиҵоит
Мызқәак рышьҭахь рыхҩыкгьы Браиль ишрифт ала аԥхьара рылшон. Уи Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ирыцхрааитa. Уажәы Иомареи, Марселои, Ивери пионерс амаҵ руеит. Марсело — аизара ацхырааҩыс дыҟоуп. Дара Иегова имаҵ аураҿы ирацәаны аџьабаа рбоит. Уи егьырҭгьы гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ аура ргәазҭанаҵоит.
Иомареи, Марселои, Ивери аизара ахьрыцхраауа ахә ҳаракны иршьоит. Иомара илҳәоит: «Иегова ишаҳаҭцәа раԥхьаӡа ҳанрабадыр инаркны ҳара ҳахь ақьырсиантә бзиабара аадырԥшуан». Марселогьы иҳәоит: «Ҳара аизараҿы аҩызцәа бзиақәа ҳамоуп. Абзиабара зыбжьоу адунеизегьтәи аиашьара ҳахәҭакуп». Иомара лашьцәеи лареи даара иазыԥшуп Иегова адгьыл џьанаҭны ишыҟаиҵо анырбо амш (Аԥсал. 37:10, 11; Ис. 35:5).
a Зыла иамбо, насгьы цқьа зыла иамбо рзы ҷыдала иҭыжьуп аброшиура «Учимся читать по Брайлю». Уи аброшиура хықәкыс иамоуп зыла иамбо ауаа Браиль исистема ала аԥхьашьеи аҩышьеи дырҵара.