АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Зыла иамбо ажәабжь шырзеиҭаҳәалатәу
УИ ЗХАДОУ Аӡәырҩы зыла иамбо ауаа ирзымдыруа рахь агәҽанызаара аадырԥшуеит. Убри аҟынтә, иҷыдоу азнеишьа аҭахуп, урҭ Абиблиа аӡбахә рзеиҭаҳәаразы. Иегова изакәан ианыԥшуеит зыла иамбо ауаа рахь ибзиабара, насгьы дышреиҷаҳауа (Алев. 19:14). Ҳара Анцәа ҳаиҿыԥшлоит, насгьы ус еиԥш иҟоу ауаа адоуҳатә цхыраара раҳҭалоит.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Иԥшаала зыла иамбо ауаа (Матф. 10:11). Иудыруама уара аҭаацәарақәа зыла иамбо дахьыҟоу? Иҟоума уара уеизара атерриториаҿы зыла иамбо рзы иҟоу организациак (иаҳҳәап, ашкол ма абыргцәа рыҩны), зыла иамбо рзы апубликациақәа роуларц зҭаху?
Ауаа рахь гәыкала аинтерес аарԥшла. Иааурԥшуа ақьиареи, аинтереси зыла иамбо ауаҩы игәазҭанаҵар алшоит уҿцәажәара. Уҽазышәала уахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа зинтерес рымоу атема ала рацәажәара.
Адоуҳатә цхыраара рыҭала. Алашәцәа, насгьы цқьа зыла иамбо рзы ҳорганизациа иҭнажьуеит еиуеиԥшым аформатқәа рыла иҟоу апубликациақәа. Ауаҩы уиазҵаа иара еиҳа изыманшәалоу аформат. Амаҵзуратә хылаԥшҩы агәра ганы дыҟазароуп, апубликациақәа аҿаҵаразы иҟоу абланкқәа рҿы ус еиԥш иҟоу ауаа рзы ианаало аформат шарбоу.