Ишәгәалашәома шәара?
Шәыхшыҩ азышьҭны шәрыԥхьозма ари ашықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҭыжьымҭақәа? Игәашәҭ анаҩстәи азҵаарақәа рҭак шыҟашәҵо:
Иарбан ҿырԥшу Иегова иҳаиҭо, аҳәса ҳарзыҟазар шҳахәҭоу аганахьала?
Иара урҭ тәамбашақә дырзыҟаӡам, насгьы ахацәа аҳәса раасҭа еиӷьуп ҳәа иԥхьаӡаӡом. Анцәа аҳәса рыҳәарақәа дырзыӡырҩуеит, урҭ рцәаныррақәеи рыгәҭыхақәеи хьаас имоуп. Иара убас рыгәра игоит, еиуеиԥшым адҵақәагьы риҭоит (w24.01, адаҟьақәа 15—16).
Ишԥаҳалшо «Урҭ рымԥан шәықәымлан» ҳәа Ефесаа 5:7 аҿы иану апринцип ҳхы иаҳархәар?
Апостол Павел ақьырсианцәа ргәырҽаниҵон Иегова бзиа дзымбо аамҭа рацәаны ирыцырхыргалар, уи ашәарҭара шаҵоу, избанзар усҟан ақьырсиан абиблиатә нормақәа рыла анхара еиҳагьы ицәыцәгьахоит. Иахьа уи аҩыза ашәарҭара асоциалтә каҭақәа рҿгьы ҳақәшәар алшоит (w24.03, адаҟьақәа 22—23).
Ҳхы ҳахьчар шԥаҳалшо ииашам аинформациа аҟынтә?
Ҳара ҳәгәаҳҽанызароуп. Ииашам аинформациа ҳаҳар ахьалшо рацәоуп. Иаҳҳәап, аишьцәеи аиҳәшьцәеи информациак ииашоу-ииашаму еилымкааӡакәа иаҳзеиҭарҳәар ауеит. Иара убас аелектронтә ԥошьҭала асаламшәҟәы ҳаур алшоит, мамзаргьы ажәабжьҳәараҿы иҳақәшәар ауеит аҵабырг ахь аинтерес рымоушәа зхы аазырԥшуа, аха уи иацәхьаҵыз ауаа (w24.04, адаҟьа 12).
Иаҳдыруеи, насгьы иаҳзымдыруеи Соломони, аӡхыҵра аан иԥсызи, Содоми Гоморреи иԥсызи рганахь ала Иегова ииӡбо иазкны?
Иегова урҭ рыԥсы ҭеиҵаӡом ҳәа ишьақәырӷәӷәаны иҳазҳәаӡом. Иаҳдыруа акоуп: арыцҳашьара злоу Ҳанцәа урҭ рус аниӡбало афактқәа зегь дрызхәыцуеит (w24.05, адаҟьақәа 3—4).
Избан Иегова ацаҟьа дзаҿырԥшу? (Ҩынтә. 32:4).
Ҳара Иегова иҿы ахыҵакырҭа ҳаԥшаалар ҳалшоит. Иара узықәгәыӷыртә иҟоу, еснагь зажәа назыгӡо Анцәа иоуп. Иегова иажәа жәоуп, иҽиԥсахӡом, иажәақәа дрыцәхьаҵӡом. Иара ихаҭагьы иҽиԥсахӡом, игәҭакгьы иԥсахӡом (w24.06, адаҟьақәа 26—28).
Иҳацхраауазеи ҳаизара ҿыц ашьцылара?
Иегова шәиқәгәыӷла. Иара ажәытәан имаҵзуҩцәа дрыцхраауан, шәаргьы дшәыцхраауеит. Аизара ҿыц уаанӡатәи шәеизара иаҿшәмырԥшлан. Аизара ҿыц аҿы аинициатива аашәырԥшла, насгьы аҩызцәа шәыԥшаала (w24.07, адаҟьақәа 26—28).
Иаҳдырҵозеи Матфеи 25-тәи ахаҿы иану х-жәамаанак?
Ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана иаҳнарбоит Анцәа ҳизиашазар шҳахәҭоу. Иҟәышызи иҟәышымзи аҭыԥҳацәа ирызку ажәамаанаҿы иазгәаҭоуп Иисус иаара ҳазхиазар, насгьы ҳгәаҳҽанызар шаҟа ихадоу. Аталантқәа ирызку ажәамаана аџьабаа абара ҳгәазҭанаҵоит (w24.09, адаҟьақәа 20—24).
Шаҟа иҟази Соломон иныҳәарҭа аҩналарҭа аҳаракыра?
Ажәытә манускриптқәак рҿы 2 Ашықәсынҵа 3:4 аҿы «120 мышьхәылҵ» (мамзаргьы 53 метра) ҳәа ануп. Егьырҭ узықәгәыӷыртә иҟоу анапылаҩырақәа рҿы ари ажәеинраалаҿы «20 мышьхәылҵ», даҽакала иуҳәозар 9 метрак, ҳәа ануп. Аныҳәарҭа аҭӡамцқәа рыҭбаара зеиԥшроу ала аҩбатәи авариант еиҳа ииашазар ҟалап (w24.10, адаҟьа 31).
Ҵакыс ирымоузеи ажәақәа «аизара ацхырааҩ ԥҳәыс заҵәык димазароуп»? (1 Тим. 3:12).
Иара ԥҳәыск лоуп имазар ихәҭоу, насгьы асексуалтә ламысдара иҽацәихьчалароуп. Иара убас егьырҭ аҳәса рахь аромантикатә интерес ааимырԥшлароуп (w24.11, адаҟьа 19).
Избан иаҳҳәар зҳалшо Иоанн 6:53 иану ажәақәа Иҳақәиҭу иуаххьа иаҵанакӡом ҳәа?
Иоанн 6:53 аҿы иануп ауаа Иисус ицәеижь рфалароуп, насгьы ишьа ржәлароуп ҳәа. Иисус арҭ ажәақәа иҳәеит 32 шықәсазы ҳ. ҳ. аан Галилеиа даныҟаз. Урҭ ажәақәа ауриацәа рахь ирхан, дара Иисус игәра ргалар рыхәҭан. Иҳақәиҭу иуаххьа акәзар, шықәсык аҟара ашьҭахь Иерусалим иаԥиҵеит. Уи аиԥылараҿы Иисус ицыз ажәҩан аҿы аҳра ицзураны иҟаз ракәын (w24.12, адаҟьақәа 10—11).