Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 март ад. 20—25
  • Ҳара иаҳбо ала акәымкәа, хаҵарала ауп ҳшынхо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҳара иаҳбо ала акәымкәа, хаҵарала ауп ҳшынхо
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АУСУРА ҲАНАШЬҬОУ
  • АХАТӘ ҨЫЗА ДАНАЛАҲХУА
  • ҲОРГАНИЗАЦИА АҞЫНТӘ АНАПХГАРА АНҲАУА
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Алакҩакра ҳаиааир шҳалшо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ишәыдышәкыло аӡбарақәа Иегова ддыргәырӷьалааит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 март ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 12

АШӘА 119 Ҳара ахаҵара ҳамазароуп

Ҳара иаҳбо ала акәымкәа, хаҵарала ауп ҳшынхо

«Ҳара иаҳбо ала акәымкәа, хаҵарала ауп ҳшынхо» (2 КОР. 5:7).

ЕИЛАҲКААУА

Аӡбарақәа анҳадаҳкыло ҳхы акәымкәа, Иегова ҳашиқәгәыӷуа ааҳарԥшыр шҳалшо.

1. Избан апостол Павел иԥсҭазаара даназхәыцуаз, акгьы дзахьымхәуаз?

АПОСТОЛ Павел идыруан иаарласны дшыршьуаз. Аха иԥсҭазаара даназхәыцуаз, акгьы дахьхәӡомызт. Иара иҳәеит: «Сара... сызныланы сыҩуаз амҩа аҵыхәанӡа снеит, схаҵара сыхьчеит» (2 Тим. 4:6—8). Павел иԥсҭазаара Иегова имаҵ аура иазикит. Уи даара иҟәыӷаран. Иара идыруан Анцәа дшизыразыз. Ҳаргьы Иегова дҳаргәырӷьаларц азы иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ҳҭахуп. Иҳацҳраауазеи уи аҿы?

2. Иаанагозеи хаҵарала анхара?

2 Павел ихазы, насгьы Анцәа изиашаз ақьырсианцәа рзы абас иҳәеит: «Ҳара иаҳбо ала акәымкәа, хаҵарала ауп ҳшынхо» (2 Кор. 5:7). Ииҳәарц ииҭахызи уи ала? Ахаҵара змам ауаа ирбои, ираҳауеи, рцәаныррақәа ирыҵанаҳәои рыла ауп аӡбарақәа шрыдыркыло. Иегова дхазҵо ракәзар, игәаанагара иазхәыцны аӡбарақәа рыдыркылоит. Убас Анцәеи илабжьарақәеи рыгәра шырго аадырԥшуеит (Аԥсал. 119:66; Аур. 11:6).

3. Иарбан ҳамҭоу ирзыԥшу хаҵарала инхо ауаа? (2 Коринфаа 4:18).

3 Ҳәара аҭахума, ӡбарақәак анҳадаҳкыло иаҳбои, иҳаҳауеи, ҳцәаныррақәеи ҳрызхәыцлар ауп. Аха ихадоу азҵаарақәа анаҳаӡбо ҳцәаныррақәа мацара ҳрызхәыцлар, уи ауадаҩрақәа цәырнагар алшоит, избанзар ҳцәаныррақәа ҳаржьар ауеит. Уи адагьы, иаҳбо мацарала ҳанхалар, иахьа акәымзаргьы уаҵәы Иегова игәы иҳархьуеит (Еккл. 11:9; Матф. 24:37—39). Аха хаҵарала ҳанхалар, «Иҳақәиҭу игәы иақәшәо» ҟаҳҵалоит (Еф. 5:10). Анцәа ҳаизыӡырҩлар, анасыԥи агәҭынчреи ҳауеит (Аԥсал. 16:8, 9; Ис. 48:17, 18). Уи адагьы, хаҵарала ҳанхалар, аԥхьаҟа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауеит. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 4:18.)

4. Иҳацхраауазеи хаҵарала акәу, мамзаргьы иаҳбо ала акәу ҳшынхо аилкаара?

4 Дасу ҳхы ҳазҵаар ауп: «Ишԥасыдыскыло аӡбарақәа? Сзықәгәыӷуа избо акәу, мамзаргьы Иегова сиқәгәыӷны илабжьарақәа срықәныҟәоу?» Шәааи еилаҳкаап абарҭ х-ҭагылазаашьак рҿы хаҵарала ҳшынхо ааҳарԥшыр шҳалшо: аусура ҳанашьҭоу, ахатә ҩыза даналаҳхуа, иара убас ҳорганизациа аҟынтә анапхгара анҳауа. Ҳара ҳалацәажәоит иҟәыӷоу аӡбара ҳадаҳкыларц азы изызхәыцтәу.

АУСУРА ҲАНАШЬҬОУ

5. Ҳзызхәыцыр акәзеи, аусура аналаҳхуа?

5 Зегьы иаҳҭахуп ҳахгьы ҳҭаацәарагьы ныҟәаҳгаларц азы иаҭаху зегь ҳамазарц (Еккл. 7:12; 1 Тим. 5:8). Усурҭақәак рҿы ибзианы аԥара ршәоит. Ус еиԥш иҟоу аусура ҳамазар, ԥарақәакгьы ҳҵәахлар ҳалшоит. Аха џьара-џьара иузыршәо аԥара зда ԥсыхәа ыҟам мацара ауп изызхо. Ҳәара аҭахума, аусура аналаҳхуа, шаҟа ҳзыршәало ҳазхәыцуеит. Аха уи мацара ҳазхәыцуазар, иаҳбо ала ҳанхоит ауп иаанаго.

6. Излоубарҭахозеи аусура аналаҳхуа хаҵарала ҳшынхо? (Ауриацәа 13:5).

6 Хаҵарала ҳанхозар, ҳусура Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ишаныԥшуа ҳазхәыцлоит. Ҳхы абарҭ азҵаарақәа аҳҭар бзиоуп: «Иҟаҳҵалар акәхома уи аусураҿы Иегова ицәымӷу акы?» (Ажәам. 6:16—19); «Аизарақәа бжьасыжьлар акәхома, еиҳа имаҷны ажәабжь сҳәалома?»; «Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҭҵаара исԥырхагахома?»; «Сҭаацәа еиҳа имаҷны аамҭа рзысклома?» (Флп. 1:10). Зҵаарак иадамзаргьы аҭак ааи акәхар, уи аусура шәаламгар еиҳа иҟәыӷарахоит, даҽа усурҭак аԥшаара егьа ицәгьазаргьы. Ҳара хаҵарала ҳанхоит. Убри аҟынтә иҳадаҳкыло аӡбарақәа рыла иубарҭазароуп Иегова дышҳаиҷаҳауа агәра шаҳго (Матф. 6:33; шәаԥхьа Ауриацәа 13:5).

7, 8. Ишԥашьақәирӷәӷәеи Аладатәи Америка инхо иашьак хаҵарала дшынхо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Аладатәи Америка инхо Хавье́рa зыхьӡу ҳашьа хаҵарала дшынхо шьақәирӷәӷәеит. Иара еиҭеиҳәоит: «Аусураҿы еиҳау аҭыԥ сыдыргалеит. Уа ҩынтә еиҳаны исзыршәалон, насгьы даараӡа исгәаԥхо аус насыгӡалон». Аха Хавьер апионертә маҵзура далагарцгьы иҭахын. Иара игәалашәоит: «Еиҳабыс исоураны иҟази сареи ҳаицәажәарц азы снарыԥхьеит. Аицәажәара ҳалагаанӡа Анцәа сиҳәеит. Агәра ганы сыҟан Иегова сара сзы еиӷьу еиҳа ишидыруа. Ҳәарада, аусураҿы сҟазара еиӷьыстәырц сҭахын. Аха аусура сдоуҳатә хықәкқәа ирԥырхагахар сҭахӡамызт».

8 Хавьер иациҵоит: «Аиҳаби сареи ҳанеицәажәоз, иара иҳәеит аусура ашьҭахьгьы иаангыланы аус шулатәхо. Сара иасҳәеит Анцәа имаҵ шызуа, убри аҟынтә хәылбыҽхала сшеилахоу». Хавьер уи аусура мап ацәикит. Ҩымчыбжь рышьҭахь иара пионерс амаҵ аура далагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь, уи ашықәс азы, еиҳа имаҷны аамҭа зго аусура иԥшааит. Иара иҳәоит: «Иегова сыҳәарақәа иаҳаит, пионерс амаҵ зуларц азы иснаало аусура аԥшаара дсыцхрааит. Сара сгәырӷьоит Иеговеи аизареи рзы еиҳаны иҟасҵалар ахьсылшо».

Аусурамаҭәа зшәу аиашьа акаска иҩыҵрышьны иусура аиҳаби иареи аофис агәҭа игылоуп. Иеиҳабы еиҳау аҭыԥ идигалоит.

Еиҳа ибзиоу аусура аншәыдыргало Иегова шәиҳәа ииашоу аӡбара адкылара дшәыцхраарц — иара идыруеит шәара шәзы еиҳа еиӷьу. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)


9. Иаҳнарҵозеи Тео ихҭыс?

9 Иҟашәҵар шәылшозеи шәусура Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа ирԥырхагазар? Абар Конго инхо Те́о ихҭыс. Иара иҳәоит: «Сара даараӡа исҭахыз аусура соуит. Уаанӡа исырҳауаз аасҭа хынтә еиҳаны исырҳауа салагеит, зегьы пату сықәырҵон». Аха иара аусура ашьҭахьгьы даангыланы аус иулар ахьакәхоз азы лассы-лассы аизарақәа бжьаижьуан. Уи адагьы, аус ицызуаз мцҳәарыла иҟарҵоз аусқәа иҵәахларц иарҳәон. Тео уи аусура аанижьыр иҭахын, аха усурада даанхар ҳәагьы дшәон. Ицхраазеи иара? Тео иҳәоит: «Аввакум 3:17—19 иану ажәақәа сгәы дырӷәӷәеит. Сара еилыскааит усурада саанхаргьы Иегова дышсыцхраауа. Убри аҟынтә уи аусура аансыжьит». Тео иҳәоит: «Аусура аиҳабацәа аӡәырҩы ргәы иаанагоит ауаҩы аулафахәы бзиа азы акгьы деигӡаӡом ҳәа, иҭаацәареи Анцәа имаҵ ауреи уахь иналаҵаны. Сара сеигәырӷьоит Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәеи сҭаацәеи сареи ҳаизыҟазаашьақәеи бжьызхыр алшоз аӡбара ахьсыдсымкылаз. Шықәсык аҟара ашьҭахь аусура бзиа сыԥшааит. Уи схы аныҟәгареи Иегова имаҵ ауреи исыцхраауеит. Уԥсҭазаараҿы Иегова раԥхьатәи аҭыԥ аҿы дгылазар, уи иаанагаӡом аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ахаан урықәшәаӡом ҳәа. Аха цхыраарада ушаанимыжьуа агәра ганы уҟазар улшоит». Шәааи аӡбарақәа анҳадаҳкыло Иегова илабжьарақәеи иқәыргәыӷрақәеи рыгәра шаҳго иҳарбалап. Ус ҟаҳҵалар, иара даҳзылԥхоит.

АХАТӘ ҨЫЗА ДАНАЛАҲХУА

10. Изызхәыцтәузеи ахатә ҩыза даналухуа? Избан уи уаназхәыцуа угәуҽанызар зухәҭоу?

10 Аҭаацәара алазаара Иегова иҟынтә ҳамҭоуп. Аҭаацәара уалалар уҭахызар, уи цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам. Аиаҳәшьаb ахатә ҩыза даналылхуа, иҟазшьеи, иҭеиҭыԥши, ауаа рҿаԥхьа имоу ахьӡи дахәаԥшуеит. Иара убас аԥара ихы ишаирхәо, насгьы иҭаацәара иатәу дреиҷаҳауоу-дырмеиҷаҳауоу дахәаԥшуеит. Уи адагьы, дазхәыцуеит иааигәара даныҟоу лхы шылбо. Ҳәарада, ари зегьы хадоуп. Аха аиаҳәшьа убри заҵәык дахәаԥшуазар, лыла иабо ала дынхозар ҟалап.

11. Ишԥаҳалшо ахатә ҩыза даналаҳхуа хаҵарала ҳшынхо ааҳарԥшыр? (1 Коринфаа 7:39).

11 Иегова рыхә ҳаракны ишьоит ахатә ҩыза даналырхуа илабжьарақәа ирзыӡырҩуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Иаҳҳәап, Абиблиа ишҳабжьнаго еиԥш, дара аҭаацәара алалара иахыццакӡом (1 Кор. 7:36). Ахатә ҩыза даналырхуа, дара ракәымкәа, Иегова ихадоуп ҳәа ииԥхьаӡо аҟазшьақәа ирыхәаԥшуеит (Ажәам. 31:10—13, 26—28; Еф. 5:33; 1 Тим. 5:8). Дара Иегова ишаҳаҭым аӡәы ианигәаԥхо мап ркуеит. Урҭ иргәалашәоит, 1 Коринфаа 7:39 аҿы ишану еиԥш, аҭаацәара изцалало «Иҳақәиҭу Иисус Христос иҵаҩ [иакәзар]» шахәҭоу (шәаԥхьа). Арҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳаҵарала инхоит. Дара еилыркаауеит Иегова иаасҭа еиӷьны ремоциатә ҭахрақәа иреиҷаҳауа аӡәгьы дшыҟам (Аԥсал. 55:22).

12. Ишәнарҵозеи Роза лыхҭыс?

12 Ҳахәаԥшып Колумбиа пионерс амаҵ зуаз Роза лыхҭыс. Лара онлаин-аурокқәа лҭиуан. Лыкласс аҿы иҟаз Иегова ишаҳаҭмыз хаҵак дигәаԥхеит. Ларгьы уи ахаҵа дылгәаԥхеит. Роза илҳәоит: «Иара уахьихәаԥшуаз дыцәгьаӡамызт: ауаа дрыцхраауан, насгьы иҽеим ашьцыларақәа имаӡамызт — аҭаҭын дахомызт, анаркотикқәа ҟаиҵаӡомызт, арыжәтәгьы амцхә ижәӡомызт. Дшысзыҟазгьы сгәаԥхон. Абас еиԥш иҟаз ауаҩ иакәын исҭахыз. Аха сгәы еихьызшьуаз ак ыҟан — иара Иегова ишаҳаҭ иакәӡамызт». Роза иацылҵоит: «Уи мап ицәкра сцәыуадаҩын, избанзар даара дысгәаԥхон. Усҟан схы заҵәны избон. Схатә ҩыза дсыԥшаар сҭахын, аха аизараҿы иснаало аиашьа дыҟаӡамызт». Роза илбоз мацара дазымхәыцӡеит. Лара дазхәыцит илыдылкыло аӡбара Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа ишырныԥшуа. Убри аҟынтә уи ахаҵа иацәажәара даҟәыҵын, Анцәа имаҵ аура лхы азылышьҭит. Ԥыҭрак ашьҭахь Роза Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол ахь ааԥхьара лоуит. Уажәы лара иҷыдоу пионерс амаҵ луеит. Роза илҳәоит: «Иегова аҳамҭақәа рацәаны исзыҟаиҵеит, сыгәгьы гәырӷьарала ирҭәит». Зны-зынла ииашоу аӡбара адкылара ҳцәыцәгьоуп. Иаҳгәаԥхо ма иаҳҭаху акы мап ацәкра еиҳараӡак ицәгьоуп. Аха хаҵарала ҳанхалар, уи ахаан ҳахьхәӡом!

ҲОРГАНИЗАЦИА АҞЫНТӘ АНАПХГАРА АНҲАУА

13. Иарбан хәыцрақәоу иҳазцәырҵлар алшо ҳорганизациа аҟынтә анапхгара анҳауа?

13 Аизара ахылаԥшыҩцәа, араион ахылаԥшыҩцәа, афилиал, иара убас Анапхгаратә хеилак Иегова имаҵ аура иадҳәалоу анапхгара лассы-лассы иҳарҭоит. Аха зны-зынла ӡбарак зрыдыркылаз ҳзеилымкаауазар ауеит. Уи инадҳәаланы ҳаԥсҭазаараҿы ԥсахрақәак ҟаҵатәхар, уи ҳгәамԥхар алшоит. Мамзаргьы амҩақәҵарақәа ҳазҭаз аишьцәа рынамӡара мыцхәы ҳхы азаҳашьҭыр ҳалшоит. Ус еиԥш иҟоу ахәыцрақәа шәарҭоуп.

14. Иҳацхраауазеи Иегова иорганизациа аҟынтә иҳауа анапхгара азыӡырҩра? (Ауриацәа 13:17).

14 Агәра ганы ҳаҟоуп Иегова иорганизациа анапхгара шаиҭо, насгьы ҳҭагылазаашьа ибзианы ишидыруа. Убри аҟынтә анапхгара анҳауа, иаразнак ҳгәырӷьаҵәа уи ҳақәныҟәоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:17.) Ҳара еилаҳкаауеит анапхгара ҳазыӡырҩлар, аизараҿы аӡәкра шыҟало (Еф. 4:2, 3). Ҳәарада, анапхгара ҳазҭо аишьцәа наӡаӡам, аха урҭ ҳарзыӡырҩлар, Иегова даҳзылԥхоит (1 Сам. 15:22). Иара убас агәра ганы ҳаҟоуп ԥсахрақәак аҭахыҵәҟьазар, Иегова уи шгәеиҭо, насгьы ианаамҭо ишиԥсахуа (Мих. 7:7).

15, 16. Ицхраазеи иашьак анапхгара азыӡырҩра, азныказы уи иашоу-иашаму ҳәа дышхәыцуазгьы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Ҳахәаԥшып Перу иҟалаз хҭыск. Уи иаҳнарбоит хаҵарала ҳанхалар, насгьы ҳорганизациа иаҳнаҭо анапхгара ҳазыӡырҩлар, ахәарҭа ду шҳауа. Уи атәылаҿы ауаа аиспан бызшәала адагьы, егьырҭ абызшәақәа рылагьы ицәажәоит, иаҳҳәап, кечуа бызшәала. Акыршықәса аишьцәеи аиҳәшьцәеи реизара атерриториаҿы кечуа бызшәала ицәажәо ауаа рыԥшаауан. Аха уи атәыла азакәан аҿы иҟалаз аԥсахрақәа инарықәыршәаны рызнеишьа рыԥсахыр акәхеит (Рим. 13:1). Шьоукы ргәы иаанагон иҟалаз аԥсахрақәа ажәабжьҳәаратә ус иаԥырхагахоит ҳәа. Аха ироуз анапхгара ианазыӡырҩ, Иегова дшырзылԥхоз рбеит.

16 Кечуа бызшәала имҩаԥысуа аизарақәа руак аҿы аизара ахылаԥшҩыс амаҵ зуа Ке́вин ироуз анапхгара иашоу-иашаму ҳәа ихәыцуаз дыруаӡәкын. Иара еиҭеиҳәоит: «Сара схәыцуан: „Ишԥаҟаҳҵо шьҭа, ишԥаҳаԥшаало кечуа бызшәала ицәажәо ауаа?“». Иҟаиҵазеи Кевин? Иара иҳәоит: «Сара исгәалашәеит Ажәамаанақәа 3:5 аҿы иану ажәақәа, Моисеигьы сизхәыцит. Иегова Моисеи иеиҳәеит израильаа Египет иалганы Амшын ҟаԥшь ахь инеигарц. Азныказы угәы иаанагар ауан ажәлар рзы уи ишәарҭаз ҭыԥын ҳәа, насгьы уантәи египтаа изрыцәцаӡомызт ҳәа. Аха Моисеи уеизгьы Иегова дизыӡырҩит. Анцәа израильаа аџьашьахәы дирбеит, уи алагьы Моисеи дизылԥхеит» (Ақәҵ. 14:1, 2, 9—11, 21, 22). Кевин иҿыцу анапхгара иҽақәыршәаны ажәабжьҳәараҿы изнеишьа иԥсахит. Лҵшәас иаанагазеи уи? Иара иациҵоит: «Иегова дшаҳзылԥхаз џьоумшьар залшом. Уаанӡа ҳара ирацәаны ҳныҟәон, аха иаҳԥылоз аӡәык-ҩыџьак ракәын. Уажәы еиҳарак ажәабжь ахьаҳҳәо кечуа бызшәала иахьцәажәо араионқәа рҿы ауп. Ҳара еиҳа ирацәаҩны ауаа ҳрацәажәоит, аиҭанеирақәеи Абиблиа аҵарақәеи еиҳахеит, аизарақәа рахьгьы еиҳаны ауаа аауа иалагеит». Хаҵарала ҳанхозар, Иегова ҳамҭада ҳаанижьӡом.

Аиашьеи аиаҳәшьеи ажәабжь рҳәоит, дара кечуа бызшәала ицәажәо ауаҩы иацәажәоит. Уи шьоукы рыҩны дирбоит.

Аӡәырҩы ауаа аишьцәеи аиҳәшьцәеи кечуа бызшәала ицәажәо рыԥшаара ирыцхраауан. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)


17. Ишәнарҵазеи ари астатиа?

17 Ҳара еилҳаргеит аусура аналаҳхуа, ахатә ҩыза даналаҳхуа, насгьы ҳорганизациа аҟынтә анапхгара анҳауа хаҵарала анхара иаанаго. Аха Иегова игәаанагара егьырҭ аҭагылазаашьақәа рҿгьы ҳазхәыцлароуп. Иаҳҳәап, иарбан фильму ҳазхәаԥшыша, аамҭа шаҳхаҳгаша, ҳаԥсы шаҳшьаша, иарбан ҵароу иалаҳхыша, мамзаргьы ахәыҷқәа шаҳааӡалаша анаҳаӡбо. Аҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, иаҳбо мацарала аӡбара ҳадҳамкылалароуп. Иаҳхаҳмыршҭлароуп Иеговеи ҳареи ҳшеиҩызцәоу, насгьы иҳаиҭо алабжьарақәеи дышҳаиҷаҳало ала иҳаиҭаз ажәеи ҳазхәыцлароуп. Убас ҟаҳҵалар, Ҳанцәа Иегова наӡаӡа имаҵ аура ҳалшоит! (Мих. 4:5).

ИШԤАҲАЛШО ХАҴАРАЛА АНХАРА...

  • аусура аналаҳхуа?

  • ахатә ҩыза даналаҳхуа?

  • ҳорганизациа аҟынтә анапхгара анҳауа?

АШӘА 156 Хаҵара блала

a Хьыӡқәак ԥсахуп.

b Ари абзац аҿы аиаҳәшьа лыӡбахә ауп иҳәоу, аха иаагоу аинформациа аишьцәагьы ирыҵанакуеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра