АҴАРАЗЫ АСТАТИА 20
АШӘА 7 Иегова — ҳара ҳамч
Иегова иҿы агәырҭынчра шәашьҭаз
«Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит... арыцҳашьара Аби агәырҭынчра Анцәеи» (2 КОР. 1:3).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова итҟәаны Вавилон иргаз ауриацәа ргәы ширҭынчуаз, иахьа ҳаргьы ҳгәы ширҭынчуа.
1. Изеиԥшрази Вавилонҟа итҟәаны иргаз ауриацәа рыԥсҭазаара?
АУРИАЦӘА акыршықәса Иегова иҿагыланы агәнаҳақәа ҟарҵон. Убри аҟынтә Иегова иуит вавилонаа ауриацәа рыдгьыл рымпыҵадырхаларц, итҟәангьы иргарц (2 Аш. 36:15, 16, 20, 21). Рхы шԥарбоз дара тәымџьара иахьыҟаз? Ганкахьала, уа ицәгьамкәа инхон (Иер. 29:4—7). Аха даҽа ганкахьала, уи инхалар ахьырҭахыз ҭыԥӡамызт. Итҟәаны иргаз ауриацәа руаӡәк ицәаныррақәа абас дрыхцәажәеит: «Вавилонтәи аӡиасқәа рҿы ҳтәаны ҳҵәыуон, Сион анҳгәалашәоз» (Аԥсал. 137:1). Ааи, ауриацәа агәышьҭыхра рҭахын. Аха ироур абарылшоз уи?
2, 3. а) Ргәы шԥаирҭынчуаз Иегова итҟәаны иргаз ауриацәа? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Иегова — «агәырҭынчра Анцәа» иоуп (2 Кор. 1:3). Иара имаҵзуҩцәа бзиа ибоит, насгьы ацхыраара анырҭаху рааигәара дыҟазарц иҭахуп. Иегова идыруан Вавилонҟа итҟәаны ирго ауриацәа рҟынтә шьоукы рыгәнаҳақәа ишрыхьхәуа, насгьы ҿыц имҵахырхәара ишалаго (Ис. 59:20). Убри аҟынтә итҟәаны иргаанӡа 100 шықәса инареиҳаны ишагыз Иегова Исаиа аԥааимбаражәақәа зну ашәҟәы иҩырц игәазҭеиҵеит. Изакәазы? Уа абарҭ ажәақәа ануп: «Сыжәлар ргәы шәырҭынчла, ишәырҭынчла ргәы, — иҳәоит Шәынцәа» (Ис. 40:1). Исаиа ашәҟәаҿы итҟәаны иргаз ауриацәа зызгәаҟуаз ргәы зырҭынчуаз ажәақәа рацәаны ианын.
3 Аамҭа-аамҭала ҳаргьы агәырҭынчра ҳҭахуп. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова ауриацәа ргәы ширҭынчуаз: 1) иара зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ишранаижьуа ала ажәа риҭеит; 2) имаҵзуҩцәа агәыӷра риҭеит, насгьы 3) раԥхьаҟа ирзыԥшу ацәымшәара дрыцхрааит. Иара убас ҳалацәажәоит Иегова иахьа ҳаргьы ҳгәы ширҭынчуа.
ИЕГОВА ҲАГӘНАҲАҚӘА ҲАНАИЖЬУЕИТ
4. Ишԥааирԥши Иегова арыцҳашьара итҟәаны иргаз ауриацәа рахь? (Исаиа 55:7).
4 Иегова Исаиа ила ауриацәа рыгәнаҳақәа шранаижьуа ажәа риҭеит. (Шәаԥхьа Исаиа 55:7.) Иара ижәлар иреиҳәеит: «Урыцҳасшьалоит, наӡаӡа уара уахь азиашара зныԥшуа абзиабара аасырԥшлоит» (Ис. 54:8). Ишԥааирԥши Иегова арыцҳашьара? Ауриацәа итҟәаны изыргаз рыгәнаҳақәа ирыхҟьаны шакәызгьы, Иегова урҭ Вавилон ишаанимыжьуа реиҳәеит (Ис. 40:2). Арҭ ажәақәа зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз, Анцәа иргәырӷьарагьы зҭахыз ауриацәа ргәы дырҭынчзар ҟалап.
5. Избан Иегова имаҵзуҩцәа гәык-ԥсыкала ранажьра дшазхиоу агәра ганы ҳзыҟоу?
5 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иегова гәык-ԥсыкала имаҵзуҩцәа ранажьра дазхиоуп. Итҟәаны иргаз ауриацәа раасҭагьы ҳара иахьа уи еиҳагьы еилыкка иаҳбоит, избанзар ҳара иаҳдыруеит Иегова агәнаҳа ҳхихырц азы иҟаиҵаз. Исаиа ииҳәаз аԥааимбаражәақәа рышьҭахь ашәышықәсақәа анҵы, Иегова зегь раасҭа бзиа иибо Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа агәнаҳаҟаҵаҩцәа ҿихырц азы. Христос иԥсхҭынҵара Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц азы, даҽакала иуҳәозар, урҭ иҟаӡамызшәа ианихырц азы алшара инаҭоит (Ис. 1:18; Аус. 3:19; Еф. 1:7). Шаҟа арыцҳашьара илоузеи Иегова!
6. Дышԥарзыҟоу Иегова ҳагхақәа? Избан уи ҳгәы зарҭынчуа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Исаиа 55:7 иану ажәақәа зхы ахара адызҵо ргәы дырҭынчыр алшоит. Шьоукы рыгәнаҳақәа ианрыхьхәлак ашьҭахьгьы иҟарҵаз гәныргоит, еиҳараӡак иҟарҵаз агха иахҟьаны уажәгьы ауадаҩрақәа ирықәшәозар. Аха ҳара агәнаҳа шыҟаҳҵаз иаартны иаҳҳәазар, насгьы уи уаҳа иҟаҳамҵаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова ишҳанаижьыз агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Ҳара ҳагхақәа Иегова дышрыхәаԥшуа еиԥш ҳрыхәаԥшлароуп. Анцәа ҳагәнаҳақәа анҳанаижьуа, урҭ ахаан игәалаиршәаӡом. (Иаҿшәырԥш Иеремиа 31:34.) Иегова дызхәаԥшуа уажәы иҟаҳҵо ауп, анкьа иҟаз акәӡам (Иез. 33:14—16). Иаарласны арыцҳашьара злоу Ҳанцәа ҳагхақәа иаҳзаарго алҵшәа бааԥсқәа ҳԥыригоит.
Иегова дызхәаԥшуа анкьа иҟаҳҵоз акәӡам, уажәы иҟаҳҵо ауп. (Шәахәаԥш абзац 6.)
7. Иҳацхраауазеи, агәнаҳа ҟаҳҵазар, аизара ахылаԥшыҩцәа рацәажәара?
7 Аха иҟаҵатәузеи, ҳхы ахара задаҳҵо ҳагәнаҳа ахьаҳҵәахуа азы акәзар? Абиблиа аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәарц ҳгәазҭанаҵоит (Иак. 5:14, 15). Уи агәаӷьра ҳцәыцәгьазар алшоит. Аха гәыкала ҳахьхәыр, уи ҳацхраауеит. Иара убас Иегова арыцҳашьара злоу Анцәа шиакәу ҳхаҳмыршҭлароуп. Убри аҟынтә ацхыраара ҳаиҭарц азы ихы иаирхәо аишьцәагьы ҳара ҳахь абзиабареи арыцҳашьареи аадырԥшуеит. Абар аизара ахылаԥшыҩцәа А́ртурa зыхьӡу аиашьа ишицхрааз. Иара иҳәоит: «Шықәсык аҟара сара апорнографиа сахәаԥшуан. Аха аламыс иазкыз ажәахә ансаҳа, сыԥшәмеи аизара ахылаԥшыҩцәеи зегь рзеиҭасҳәеит. Уи ашьҭахь еиҳа сгәы ҭынчхеит. Сҟәаҟәа иқәыз аидара ықәырхызшәа збеит. Аха уи ашьҭахьгьы сыламыс саргәаҟуан. Аизара ахылаԥшыҩцәа исгәаладыршәеит Иегова сшаанимыжьыз, насгьы уаанӡа еиԥш ҳаиҩызцәазарц шиҭаху. Иара бзиа сахьибо азоуп сзахьирхәуа. Ақьиара зныԥшуаз урҭ ражәақәа сгәаҵанӡа инеит. Сара еилыскааит Иегова ишсанаижьҵәҟьаз». Уажәы Артур пионерс амаҵ иуеит, аизара ацхырааҩысгьы дыҟоуп. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи ҳагәнаҳа ҳанахьхәуа Иегова ишҳанаижьуа ахьаҳдыруа!
ИЕГОВА АГӘЫӶРА ҲАИҬОИТ
8. а) Иарбан гәыӷроу Иегова итҟәаны иргаз ауриацәа ириҭаз? б) Исаиа 40:29—31 иану инақәыршәаны, ирыцхраар шԥалшоз агәыӷра зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз ауриацәа?
8 Ауриацәа рыԥсадгьыл ахь ахаан изыхынҳәӡом ҳәа ргәы иаанагозар алшон. Вавилонаа итҟәаны иргоз шамахамзар иоурышьҭуамызт (Ис. 14:17). Аха Иегова иҿаԥхьа Вавилон асаба иаҩызан (Ис. 40:15). Даҭәҳәар, ахаан иҟаӡамызшәа иқәӡаауан! Иегова ижәлар рхы ишақәиҭитәуа ажәа риҭеит, уи аӡәгьы дзаԥырхагахомызт (Ис. 44:26; 55:12). Уи агәыӷра ауриацәа ргәы арҭынчит. Уи адагьы, Исаиа иҩит: «Иегова иқәгәыӷуа дырҩегь амч роуеит». (Шәаԥхьа Исаиа 40:29—31.) Ааи, агәыӷра «ауарбажә амҵәыжәҩақәа рымоушәа» иԥырларц азы амч рнаҭар алшон.
9. Агәра дзыргози ауриацәа Иегова рхы ишақәиҭитәуа?
9 Итҟәаны иргаз ауриацәа Иегова иқәыргәыӷрақәа шынаӡо агәра дзыргоз ҳәа акыр рымазма? Ааи, инаӡахьаз аԥааимбаражәақәа. Ауриацәа ирдыруан ассириаа жәа-еимшьҭрак рыла ишьақәгылаз аҩадатәи аҳра Израиль шрымпыҵадырхалаз, уа инхоз ауаагьы даҽаџьара иахганы ишыргаз (Ис. 8:4). Дара ирбон вавилонаа Иерусалим шхдырбгалаз, ажәларгьы тҟәаны ишыргаз (Ис. 39:5—7). Иара убас дара ирбон аҳ Седекиа илақәа шҭырхыз, Вавилонҟагьы дытҟәаны дшыргаз (Иер. 39:7; Иез. 12:12, 13). Иегова ииҳәаз зегь наӡеит (Ис. 42:9; 46:10). Уи рхы ишақәиҭитәуа ала ириҭаз ажәагьы шынаигӡо агәра днаргеит.
10. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳгәыӷра ҿымцәаарц азы?
10 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ауадаҩрақәа анҳамоу, агәыӷра агәҭынчреи амчи ҳнаҭар ауеит. Ҳара аамҭа цәгьақәа раан ҳанхоит, амч ду змоу аӷацәагьы ҳамоуп, аха ҳгәы каҳмыжьлароуп. Иегова акгьы ҳахьацәымшәало, аҭынчра ахьыҟало џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа ҳшынхало агәыӷра ҳаиҭеит. Ҳара иаҳҭахуп ҳгәыӷра еснагь аԥсы ҭазарц. Уи иҿыцәаауа иалагар, иҟьашьу аԥенџьыр аҟынтә аԥсабара ԥшӡа иахәаԥшуа ауаҩы ҳаиҩызахоит. Иҟаҵатәузеи уи «аԥенџьыр» еснагь ицқьазарц азы? Адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара шаҟа ибзиахо лассы-лассы шәхаҿы иаажәгала. Уи иазку астатиақәа шәрыԥхьала, авидеонҵамҭақәа шәрыхәаԥшла, насгьы ашәақәа шәырзыӡырҩла. Иара убас еиҳарак зыхә шәшьо ақәыргәыӷрақәа рыӡбахә Иегова изеиҭашәҳәала.
11. Илыцхраауазеи иаҳәшьак ауадаҩрақәа рыхгара?
11 Ӷәӷәала ичмазаҩу Џьои зыхьӡу аиаҳәшьа агәыӷра лгәы арҭынчуеит, иагьлыцхраауеит. Лара илҳәоит: «Сыуадаҩрақәа ирыхҟьаны сгәы анкаҳауа ыҟоуп. Усҟан Иегова зегь изеиҭасҳәоит, избанзар иара ибзианы сшеиликаауа здыруеит. Иегова еснагь „ауаҩы имч аасҭа еиҳау амч“ сиҭоит» (2 Кор. 4:7). Уи адагьы, Џьои адунеи ҿыц аҿы лыԥсҭазаара зеиԥшрахо дазхәыцуеит, уаҟа «аӡәымзар-аӡәгьы иҳәаӡом: „Сара сычмазаҩуп“» (Ис. 33:24). Ҳаргьы ҳцәаныррақәа аартны Иегова изеиҭаҳҳәозар, насгьы иҳамоу агәыӷра ҳазхәыцуазар, иҳамоу ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ рыхгаразы амч ҳауеит.
12. Избан Иегова иқәыргәыӷрақәа шынаӡо агәра ҳгалар зҳалшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
12 Ажәытәан инхоз ауриацәа реиԥш ҳаргьы Иегова иқәыргәыӷрақәа шынаӡо агәра ҳзырго ашьақәырӷәӷәарақәа ҳамоуп. Шәазхәыц ҳала ишабо шаҟа ԥааимбаражәа наӡо! Иаҳҳәап, Даниил иҳәахьан «џьара-џьара иӷәӷәазаау[а], џьара-џьара иԥсыҽзаау[а]» аҳра шыҟало (Дан. 2:42, 43). Ҳара адунеизегьтәи уи амчра анапхгара анауа аамҭазы ҳанхоит. Уи адагьы, ҳара иҳаҳауеит еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы адгьылҵысрақәа шыҟоу. Иара убас ҳара ажәабжь бзиа «ажәларқәа зегьы» ирзеиҭаҳҳәоит (Матф. 24:7, 14). Арҭ, насгьы егьырҭ аԥааимбаражәақәа угәы зырҭынчуа Иегова иқәыргәыӷрақәа ишынаӡо агәра ҳдыргоит.
Ҳала ишабо анаӡара иаҿу аԥааимбаражәақәа агәра ҳдыргоит Иегова ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаӡо. (Шәахәаԥш абзац 12.)
ИЕГОВА ԤХЬАҞАТӘИ АԤЕИԤШ ҲАЦӘЫМШӘАЛАРЦ ДҲАЦХРААУЕИТ
13. а) Иарбан уадаҩрақәоу ауриацәа ирзыԥшыз, рхы иақәиҭхараны ианыҟаз? б) Ргәы шԥашьҭихи Иегова итҟәаны иҟаз ауриацәа? (Исаиа 41:10—13).
13 Иегова итҟәаны иҟаз ауриацәа агәыӷра бзиа риҭеит. Аха иара идыруан рхы ианақәиҭхоз аламҭалазы ауадаҩрақәа ишрықәшәоз. Анцәа иҳәеит ауриацәа рхы иақәиҭхаанӡа амчра ду змоу напхгаҩык Вавилон азааигәара иҟоу ажәларқәа шимпыҵаирхало, нас ир ду иманы Вавилон дшақәло (Ис. 41:2—5). Ауриацәа зыцәшәашаз ҳәа акрыҟазма? Иегова ауриацәа ргәы зырҭынчуа ажәақәа заа иреиҳәахьан: «Умшәан, избанзар сара суцуп. Угәы каумыжьын, избанзар сара соуп Унцәа». (Шәаԥхьа Исаиа 41:10—13.) Ииҳәарц ииҭахызи Иегова «сара соуп Унцәа» ҳәа аниҳәа? Арҭ ажәақәа зреиҳәаз ауриацәа иара заҵәык имҵахырхәалар шрыхәҭоу ргәалаиршәарц азы акәӡам, дара уи рдыруан. Арҭ ажәақәа рыла Иегова имаҵзуҩцәа агәра диргеит еснагь дышрыцзаауа, насгьы иқәгәыӷлар шрылшо (Аԥсал. 118:6).
14. Иҟаиҵазеи иҵегьы Иегова итҟәаны иҟаз ауриацәа ашәара аиааира дрыцхраарц азы?
14 Иҟаиҵазеи иҵегьы Иегова итҟәаны иҟаз ауриацәа ашәара аиааира дрыцхраарц азы? Иара иргәалаиршәеит имч ҳәаа шамам, изымдыруа ҳәагьы акгьы шыҟам. Анцәа ауриацәа иреиҳәеит еҵәала ихҟьоу ажәҩан иаҵаԥшырц. Иара иҳәеит иишаз аеҵәақәа зегь рыхьӡ шидыруа (Ис. 40:25—28). Нас, имаҵзуҩцәа рыхьӡқәа роума изымдыруа? Ҳәарада, зегь рыхьӡқәа идыруеит! Иегова аеҵәақәа ишарц азы амч имазар, ижәлар дрыцхраарц азгьы амч имоуп. Убри аҟынтә ауриацәа изыцәшәашаз ҳәа акгьы рымаӡамызт.
15. Ишԥазыҟаиҵеи Анцәа итҟәаны иҟаз ауриацәа раԥхьаҟа ирзыԥшыз ахҭысқәа?
15 Уи адагьы, Иегова имаҵзуҩцәа ахақәиҭра анроуа аамҭа анааилак, рхы шымҩаԥыргаша реиҳәеит. Исаиа 26:20 аҿы Анцәа иажәақәа ануп: «Сыжәлар, аҩныҵҟатәи шәуадақәа шәрыҩналаны ашә ашәыркы. Шәҽышәҵәах аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа, сгәыԥжәара ииасаанӡа». Аҳ Кир Вавилон данақәла, ауриацәа Анцәа ириҭаз амҩақәҵара иқәныҟәазар ҟалап. Ажәытәан инхоз абырзен ҭоурыхҭҵааҩ Ксенофо́нт иажәақәа рыла, Кир ақалақь даналала, ируаа «амҩан ирбо зегьы ршьларц дҵас ириҭеит». Шәхаҿы иаажәг Вавилон инхоз ауаа шаҟа ишәаз! Аха ауриацәа акгьы иацәшәаӡомызт, избанзар дара Иегова ириҭаз амҩақәҵарақәа ирықәныҟәон.
16. Избан аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахҭысқәа ҳарцәымшәалар зҳалшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иаарласны арыцҳара ду ҟалоит. Уи ауаҩытәыҩсатә ҭоурых аҿы ахаан иҟамлац аамҭа цәгьа акәхоит. Ауаа шәаҟьаны иҟалоит, иҟарҵо рзымдыруа иқәхоит. Аха Иегова имаҵзуҩцәа рзы ус узҳәаӡом. Ҳара иаҳдыруеит Иегова ҳара Ҳанцәа шиакәу. Ҳара агәымшәара ҳамазаауеит, избанзар Анцәа ҳанеиқәирхо амш шааигәахаз ҳдыруазаауеит (Лука 21:28). Ажәларқәа рҽеидкыланы ианҳақәлогьы, Иегова игәра агара ҳаҟәыҵӡом. Анцәа амаалықьцәа рыла ҳаиқәирхоит. Иара убас ҳара иаҭаху анапхгара ҳауеит. Ишԥаҳауеи уи? Уи макьана иҳаздырӡом. Аха иҟалап аизарақәа рыла акәзар. Ҳзыхьчо «аҩныҵҟатәи ауадақәа» аизарақәа ракәхар алшоит. Иҟаҵатәузеи, аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахҭысқәа ҳҽырзыҟаҳҵарц азы? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалароуп, ҳорганизациа аҟынтә иҳауа амҩақәҵарақәа ҳрықәныҟәалароуп, насгьы ҳорганизациа анапхгара азҭо Иегова шиакәу агәра ганы ҳаҟазароуп (Аур. 10:24, 25; 13:17).
Арыцҳара ду аан ҳара ҳшәаҟьаны ҳҟалаӡом, иҟаҳҵо ҳзымдыруагьы ҳақәхаӡом, избанзар Иегова ҳаиқәирхарц азы амч шимоу ҳдыруеит. (Шәахәаԥш абзац 16.)b
17. Иҟаҵалатәузеи Иегова ҳгәы ирҭынчырц азы?
17 Вавилонҟа итҟәаны иргаз ауриацәа рыԥсҭазаара шымариамызгьы, Иегова урҭ ргәы ирҭынчит. Ҳаргьы дышҳацхраауа ҳақәгәыӷлар ҳалшоит. Убри аҟынтә шәзықәшәозаалакгьы, Иегова иҿы агәырҭынчра шәашьҭаз. Агәра ганы шәыҟаз иара бзиа шәшибо, шәагьшрыцҳаишьо. Шәгәыӷра ҿыцәаар шәымун. Иегова Шәынцәа иоуп, убри аҟынтә акгьы шәацәымшәалар шәылшоит.
АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара
a Хьыӡқәак ԥсахуп.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыԥ хәыҷны еизеит. Дара ажәҩан иаҵаԥшуеит. Аеҵәақәа ианрыхәаԥшуа иргәалашәоит Иегова имаҵзуҩцәа ахьынхозаалакгьы ихьчар шилшо.