АҴАРАЗЫ АСТАТИА 21
АШӘА 21 Раԥхьа шәашьҭаз Аҳра
«Еснагь иҟоу ақалақь» шәазыԥшыз
«Ҳгәы хыҭхыҭуа иааираны иҟоу ақалақь ҳазыԥшуп» (АУР. 13:14).
ЕИЛАҲКААУА
Ауриацәа 13-тәи ахы аҿы иану азхәыцрақәа уажәгьы аԥхьаҟагьы иҳахәар шалшо.
1. Иахьраны иҟази Иерусалим Иисус излеиҳәаз ала?
ИИСУС иԥсра мышқәак шагыз, аҵак ду змаз аԥааимбаражәа иҳәеит. Иара иҵаҩцәа иреиҳәеит ҽнак зны Иерусалим «ар шакәшо», усҟан дара Иудеиа иалҵны ицар шакәхо (Лука 21:20—22).
2. Дышԥарыцхрааи апостол Павел Иудеиеи Иерусалими инхоз ақьырсианцәа ирзыԥшыз ахҭысқәа рҽырзыҟаҵара?
2 Римтәи аруаа Иерусалим иакәшаанӡа шықәсқәак шагыз апостол Павел Иудеиеи Иерусалими инхоз ақьырсианцәа асаламшәҟәы рзиҩит. Иахьа уи Ауриацәа рахь асаламшәҟәы ҳәа еицырдыруеит. Уа Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзыԥшыз ахҭысқәа ирзыҟазҵаз амҩақәҵарақәа риҭеит. Иарбан хҭысқәоу ирзыԥшыз? Иерусалим хдырбгалараны иҟан. Уа инхоз ақьырсианцәа ҭамхарц азы ақалақь ааныжьны ицар акәын. Уи мариаӡамызт, избанзар дара рыҩнқәеи рбизнеси аанрыжьыр акәын. Павел Иерусалим азы абас иҳәеит: «Ҳара еснагь иҟоу ақалақь ҳамаӡам». Анаҩс иациҵеит: «Аха ҳгәы хыҭхыҭуа иааираны иҟоу ақалақь ҳазыԥшуп» (Аур. 13:14).
3. Изакәузеи «ашьаҭа ӷәӷәа змоу ақалақь», насгьы избан уи ҳзазыԥшу?
3 Иерусалими Иудеиеи иалҵны ицоз ақьырсианцәа аҽԥныҳәа рырҭозҭгьы, ирхыччозҭгьы ҟаларын, аха ус ахьыҟарҵаз абзоурала рыԥсы еиқәхеит. Иахьа ҳаргьы уи аҩыза ҳақәшәоит. Ҳара аԥара ҳақәгәыӷӡом, насгьы ауаа адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбоит ҳәа ҳгәыӷӡом. Убри аҟынтә ауаа уамашәа ҳарбоит, иагьҳхыччоит. Издаҳҳәалозеи нас ҳгәыӷрақәа? Ҳара иаҳдыруеит ицәгьоу ари адунеи иаарласны ишықәгахо. Убри аҟынтә «иааираны иҟоу», «ашьаҭа ӷәӷәа змоу ақалақь», — Анцәа Иаҳра ҳазыԥшупa (Аур. 11:10; Матф. 6:33). Ари астатиаҿы иаагоу анаҩстәи ахеиҵақәа рҿы еилҳаргоит Павел исаламшәҟәы актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа «иааираны иҟоу ақалақь» азыԥшра ишрыцхрааз. Дышԥарыцхрааи Павел урҭ ирзыԥшыз ахҭысқәа рҽырзыҟаҵара? Ишԥаҳацхраауеи илабжьарақәа иахьа ҳара?
ИЕГОВА ШӘИҚӘГӘЫӶЛА, ИАРА АХААН ШӘААНИЖЬӠОМ
4. Избан ақьырсианцәа рзы Иерусалим акрызҵазкуаз қалақьны изыҟаз?
4 Иерусалим ақьырсианцәа рзы акрызҵазкуаз қалақьын. Уа 33 шықәса ҳ. ҳ. азы ақьырсиантә еизара еиҿкаан. Иара убас уа анапхгаратә хеилак ыҟан. Уи адагьы, ақьырсианцәа аӡәырҩы рыҩнқәеи рмали Иерусалим иҟан. Аха Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит Иерусалим мацара акәымкәа Иудеиагьы иалҵны ицар шакәхо (Матф. 24:16).
5. Ишԥазыҟаиҵеи Павел ақьырсианцәа иҟалараны иҟаз ахҭысқәа?
5 Павел иҭахын ақьырсианцәа Иерусалим ааныжьра иазхиазарц. Убри аҟынтә Иегова уи ақалақь дшазыҟаз аилкаара дрыцхрааит. Апостол иргәалаиршәеит Анцәа аԥшьаҩцәа рмаҵзуреи аныҳәарҭаҿы инаргоз акәырбанқәеи уаҳа дшырзыразымыз (Аур. 8:13). Ақалақь аҿы инхоз еиҳараҩык Мессиа мап ицәыркит. Иерусалим иҟаз аныҳәарҭа уаҳа ицқьоу амҵахырхәара шьагәыҭс иамаӡамызт, насгьы уи ықәырхраны иҟан (Лука 13:34, 35).
6. Избан Ауриацәа 13:5, 6 рҿы иану Павел иажәақәа ианаамҭаз иҩит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
6 Павел ауриацәа асаламшәҟәы анырзиҩуаз, Иерусалим анхаразы иманшәалаз қалақьын. Усҟан инхоз римтәи ҭоурыхҭҵааҩык Иерусалим «Иудеиа адагьы Мрагылара зегь аҿы ақалақьқәа зегьы иреиӷьуп» ҳәа азиҳәеит. Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхоз ауриацәа есышықәса имҩаԥысуаз аныҳәақәа азгәарҭаларц азы Иерусалим еизон. Уи аԥара рацәаны иаанагон. Ақьырсианцәа уи аԥара арҳаразы алшара бзиа рнаҭозҭгьы ҟаларын. Убри азы акәзар ҟалап Павел абас зиҳәаз: «Аԥара бзиа ишәымбалан, ишәымоу маҷшәымшьалан». Уи ашьҭахь иара Иегова имаҵзуҩцәа зегьы иреиҳәахьаз ажәақәа еиҭеиҳәеит: «Ахаангьы уаансыжьӡом, ахаангьы укасыжьӡом» (шәаԥхьа Ауриацәа 13:5, 6; Ҩынтә. 31:6; Аԥсал. 118:6). Иерусалими Иудеиеи инхоз ақьырсианцәа уи ахьыргәаладыршәаз бзиан. Избан? Избанзар иаарласны дара рыҩнқәеи, русуреи, рмали аанрыжьыр акәхеит. Дара ирзымдыруаз аҭыԥ аҿы ҿыц анхара иалагар акәын.
7. Избан уажәнатә Иегова иқәгәыӷшьа ҳҵалар зҳахәҭоу?
7 Уи ҳара иаҳнарҵо. Иҟалараны иҟоузеи аԥхьаҟа? «Арыцҳара дуи» ари адунеи аҵыхәтәеи (Матф. 24:21). Убри аҟынтә ҳара ҳгәыҳҽанызароуп, насгьы аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахҭысқәа ҳарзыҟаҵазароуп (Лука 21:34—36). Арыцҳара ду аан иҳамоу-иҳахӡу зегьы ааныжьтәхар ауеит. Усҟан Иегова ахаан ҳшаанимыжьуа ала иҳаиҭаз ажәа еиҳагьы агәра ҳгалароуп. Аха уажәнатәгьы Иегова ҳиқәгәыӷлароуп. Шәхы шәазҵаа: «Иудырбозеи исыдыскыло аӡбарақәеи, иқәсыргыло ахықәкқәеи? Иубарҭоума аԥара акәымкәа, Иегова сышиқәгәыӷуа?» (1 Тим. 6:17). Иуадаҩу аамҭақәа раан Анцәа ҳизиашаны ҳшаанхалаша актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа ирҿаҳҵаалар ҳалшоит. Аха иҟалараны иҟоу арыцҳара ду аҩыза ахаан иҟамлаӡац. Иабантәиҳдыруазаауеи, нас, усҟан ҳхы шымҩаԥаҳгаша?
«НАПХГАРА ҞАЗҴО ШӘЫРЗЫӠЫРҨЛА»
8. Иарбан напхгароу Иисус иҵаҩцәа ириҭаз?
8 Ақьырсианцәа Павел исаламшәҟәы анроу ашьҭахь шықәсқәак анҵы ирбеит римтәи аруаа Иерусалим ишакәшаз. Уи аишьцәеи аиҳәшьцәеи иреилнаркааит иқәҵны ицар шрыхәҭаз, избанзар иаарласны ақалақь шықәгахо рдыруан (Матф. 24:3; Лука 21:20, 24). Аха ицар абарыхәҭаз? Иисус иҳәеит: «Иудеиа иҟоу — ашьхарахь иҩны ицааит» (Лука 21:21). Иудеиа иаакәыршаны ашьхақәа рацәаны иҟан. Иарбан шьхаз ицар ахьрыхәҭаз?
9. Избан ақьырсианцәа иарбан шьхоу ҳахьцаша ҳәа ихәыцлар залшоз? (Шәахәаԥш иара убас ахсаала.)
9 Абар ақьырсианцәа ҳцар ауеит ҳәа ргәы иаанагар ахьалшоз ҭыԥқәак: Самариа ашьхақәа, Галилеиатәи ашьхақәа, ашьха Ермон, Ливантәи ашьхақәа, иара убас Иордан анхыҵ иҟаз ашьхақәа. (Шәахәаԥш ахсаала.) Урҭ ашьхақәа рҿы иҟаз қалақьқәак рҿы ашәарҭара ҳәа акгьы ыҟаӡам ҳәа иԥхьаӡан. Иаҳҳәап, Га́мла иҳаракыз ашьха ацаҟьараҿы ишьҭан, уахь анеира даара ицәгьан. Аӡәы игәы иаанагар алшон уи аҽыҵәахразы зегьы иреиӷьу ҭыԥуп ҳәа. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Гамла ауриацәеи римааи рыбжьара ишьаарҵәыраз аиҿагылара ҟалеит, уа инхоз рҟынтәгьы иҭахаз рацәаҩхеитb.
Ақьырсианцәа ықәҵны ицар ахьрылшоз ашьхақәа рацәан, аха урҭ аҭыԥқәа зегьы анхаразы ишәарҭамызт ҳәа узҳәомызт. (Шәахәаԥш абзац 9.)
10, 11. а) Ириҭазар шԥалшоз Иегова ақьырсианцәа анапхгара? (Ауриацәа 13:7, 17). б) Избан ақьырсианцәа аҭакԥхықәра здыз аишьцәа ирзыӡырҩлар зрыхәҭаз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
10 Иегова аҭакԥхықәра здыз ахацәа рыла акәзар ҟалап ақьырсианцәа иаҭахыз анапхгара злариҭаз. Аҭоурыхҭҵааҩ Евсе́ви Памфи́л ԥыҭрак ашьҭахь иҩит: «...аибашьра алагаанӡа Анцәа Иерусалимтәи Ауахәама иатәыз пату зқәыз ахацәа иреиҳәеит уи Ауахәама иатәыз ауаа Иерусалим ааныжьны Переиа иҟаз ақалақь Пеллаҟа нхара ииасырц. Дара убас иагьыҟарҵеит»c. Пелла иманшәалаз ҭыԥын. Уи Иерусалим азааигәара иҟан, уанӡа ацарагьы уиаҟара ицәгьаӡамызт. Ақалақь аҿы инхоз еиҳараӡак иауриамыз ауаа ракәын аҟынтә, римаа ирҿагыланы ахақәиҭразы еибашьӡомызт. (Шәахәаԥш ахсаала.)
11 «Напхгара ҟазҵо шәырзыӡырҩла» ҳәа Павел ииҳәаз ажәақәа ирзыӡырҩыз ақьырсианцәа ашьхахь ицеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:7, 17.) Уи абзоурала рыԥсы еиқәхеит. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи «ашьаҭа ӷәӷәа змоу ақалақь» — Анцәа Иаҳра — иазыԥшын, Иеговагьы урҭ аанимыжьӡеит (Аур. 11:10).
Пеллаҟа ицаз ақьырсианцәа рыԥсы еиқәдырхеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)
12, 13. Ишԥариҭо Иегова ижәлар анапхгара иуадаҩу аамҭақәа раан? Иаажәга аҿырԥштәқәа.
12 Уи ҳара иаҳнарҵо. Иегова аҭакԥхықәра зду аишьцәа рыла ижәлар еилыкка иҟоу амҩақәҵарақәа риҭоит. Абиблиаҿы иаагоуп Иегова иуадаҩыз аамҭақәа раан изиашаз ахацәа рыла ижәлар шымҩақәиҵоз узырбо аҿырԥштәқәа рацәаны (Ҩынтә. 31:23; Аԥсал. 77:20). Иахьагьы ус шыҟаиҵо узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа рацәаны иҳамоуп.
13 Иаҳҳәап, апандемиа COVID-19 аналага, «напхгара ҟазҵо» аишьцәа иаҭахыз амҩақәҵарақәа ҳарҭеит. Аизара ахылаԥшыҩцәа иҿыцыз аҭагылазаашьаҿы аизарақәа шымҩаԥгалатәу, насгьы ажәабжь шҳәалатәу иазкыз анапхгара роуит. Апандемиа аналага ашьҭахь мызқәак заҵәык анҵы, ҳара 500 бызшәа инареиҳаны рыла аконгресс мҩаԥаҳгеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи аинтернети ателевизори рыла иахәаԥшуан, насгьы арадио ала иазыӡырҩуан. Уи аҩыза аконгресс ҳара ахаан иаҳмоуӡацызт! Адоуҳатә фатә ишҳауц иҳауан. Убри аҟынтә ҳара акзаара ҳаман. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы, Иегова аҭакԥхықәра зду аишьцәа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара дышрыцхраало. Убри аҟынтә арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа ҳхаҳгарц азы ҳара Иегова игәра ҳгалароуп, насгьы ҳаизыӡырҩлароуп. Иарбан ҟазшьақәоу иҵегьы еизҳарҳалар акәу арыцҳара ду ҳҽазыҟаҳҵарц азы?
ЕИШЬЦӘАҴАС БЗИА ШӘЕИБАБАЛА, АСАСДКЫЛАРАГЬЫ ААШӘЫРԤШЛА
14. Ауриацәа 13:1—3 иану инақәыршәаны, иарбан ҟазшьақәоу Иерусалим хдырбгалаанӡа инхоз ақьырсианцәа иаадырԥшлар рыхәҭаз?
14 Арыцҳара ду аналагалак, ҳара-ҳара ҳабжьара еиҳангьы абзиабара ааҳарԥшлароуп. Уи аҿы ҳарҿыԥшыр ҳалшоит Иерусалими Иудеиеи инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Дара есқьынгьы бзиа еибабон (Аур. 10:32—34). Аха Иерусалим хдырбгалаанӡа шықәсқәак шагыз абзиабареи асасдкылареи еиҳангьы иаадырԥшлар рыхәҭан. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:1—3.)d Ҳаргьы убасҵәҟьа ҟаҳҵалароуп, избанзар ари адунеи аҵыхәтәагьы зынӡа иааигәоуп.
15. Избан Иерусалим иалҵны ицаз ақьырсианцәа еишьцәаҵас бзиа еибабалар, насгьы еицхыраалар зрыхәҭаз?
15 Иерусалим иакәшаны игылаз римтәи аруаа иаалырҟьаны ианца, ақьырсианцәа ықәҵырц азы алшара роуит. Дара аамҭа мгакәа ақалақь иалҵыр акәын аҟынтә, иргар рылшоз рацәамызт (Матф. 24:17, 18). Убри аҟынтә Пеллаҟа амҩа ианықәызгьы, уахь ианнеигьы, имеицхыраар ада ԥсыхәа рымаӡамызт. «Ацхыраара ирласны изҭах[ыз]» рацәаҩызҭгьы ҟаларын (Тит 3:14). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи афатәи, ашәҵатәи, анхарҭа ҭыԥи рҭахын. Дара аӡәи-аӡәи анеицхыраауаз, рхаҵара рыцеиҩызшоз шаҟа бзиа ирбо аадырԥшуан.
16. Ишԥаҳалшо ацхыраара зҭаху ҳашьа ма ҳаҳәшьа рахь абзиабара ааҳарԥшыр? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Уи ҳара иаҳнарҵо. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбоит. Убри аҟынтә ацхыраара анырҭаху, ҳрыцхраауеит. Иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аибашьрақәеи аԥсабаратә рыцҳарақәеи ирыхҟьаны Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы рыҩнқәа аанрыжьыр акәхеит. Ҳара урҭ ирыгу-ирыбзоу гәаҭаны аамҭа мгаӡакәа ацхыраара раҳҭоит, иара убас анаҩсгьы Иегова имаҵ руларц азы ргәы шьҭаҳхуеит. Абар Украина инхоз аибашьра иахҟьаны зыҩны аанзыжьыз иаҳәшьак илҳәаз: «Ҳара иаҳбон Иегова аишьцәа рыла дышҳацхраауаз, анапхгарагьы шҳаиҭоз. Ҳахьцалакгьы, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳԥылон, насгьы Украина ҳаныҟаз аума, Венгриа ҳаныҟаз аума, Германиаҟа ҳанаа аума акгьы ҳагдырхаӡомызт!» Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь асасдкылара анааҳарԥшуа, ҳанрыцхраауа, Иегова ҳивагыланы аџьабаа ҳбоит (Ажәам. 19:17; 2 Кор. 1:3, 4).
Зыҩны ааныжьра зықәшәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳацхыраара рҭахуп. (Шәахәаԥш абзац 16.)
17. Избан уажәнатә еишьцәаҵас бзиа аибабашьеи асасдкылара аарԥшышьеи ҳҵалар зҳахәҭоу?
17 Арыцҳара ду аан аӡәи-аӡәи иахьа аасҭа еиҳагьы ҳаицхыраалароуп (Авв. 3:16—18). Убри аҟынтә Иегова еишьцәаҵас бзиа аибабашьеи асасдкылара аарԥшышьеи ҳирҵоит. Арҭ аҟазшьақәа иуадаҩу уи аамҭазы еиҳагьы иаҳҭаххоит.
АԤХЬАҞА ИАҲЗЫԤШУ
18. Ҳарҿыԥшлар шԥаҳалшо актәи ашәышықәсазы Иерусалими Иудеиеи инхоз ақьырсианцәа?
18 Иерусалим иалҵны ашьхарахь ицаз ақьырсианцәа еиқәхеит. Дара ирымаз зегьы аанрыжьыр акәхеит, аха Иегова урҭ аанимыжьӡеит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа шымҩаԥысло ҳаздырӡом. Аха Иисус ҳгәаҳҽаниҵеит: «Шәҽырхианы шәыҟаз» (Лука 12:40). Ҳара Ауриацәа рахь асаламшәҟәы ианугьы ҳазхәыцлар ҳалшоит. Павел актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа ириҭаз алабжьарақәа иахьа ҳара ҳзгьы ихәарҭоуп. Уи адагьы, Иегова ахаан ҳшаанимыжьуа агәра ҳиргоит (Аур. 13:5, 6). Шәааи анаҩсгьы «еснагь иҟоу ақалақь» — Анцәа Иаҳра — ҳазыԥшлап. Убасҟан наӡаӡатәи азылԥхарақәа ҳауеит (Матф. 25:34).
АШӘА 157 Ҭынчроуп аҳра зуло
a Абиблиатә аамҭақәа раан аҳцәа зхагылаз ақалақьқәа рацәан. Ус еиԥш иҟаз ақалақьқәа аҳратәра ҳәа рзуҳәартә иҟан (Алаг. 14:2).
b Ари ҟалеит 67 шықәса ҳ. ҳ. азы, ақьырсианцәа Иудеиеи Иерусалими иқәҵны ианца ашьҭахь дук мырҵыкәа.
c Евсевий Памфил. Церковная история. Книга 3. Глава 5. Параграф 3. СПб., 2005. С. 96.
d Павел ақьырсианцәа «еишьцәаҵас бзиа шәеибабала анаҩсгьы» ҳәа анырзиҩуаз, аигәакьацәа бзиа ишеибабо еиԥш бзиа еибабаларц ргәазҭеиҵеит.