АҴАРАЗЫ АСТАТИА 30
АШӘА 97 Ҳазшаз Иажәала ҳанхоит
Иҳацхраар шԥалшо иахьа акыршықәса раԥхьа еилаҳкааз абиблиатә ҵабыргқәа?
«Шәара ари зегь шыжәдыруагьы, еилышәкааз аҵабырг агәра ганы шәшыҟоугьы, сара уи еснагь [ишәгәаласыршәалоит]» (2 ПИОТР 1:12).
ЕИЛАҲКААУА
Акыршықәса раԥхьа еилаҳкааз абиблиатә ҵабыргқәа иахьа ахәарҭа рылаҳгалар шҳалшо.
1. Ишԥарыԥсахи ҳаԥсҭазаара ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа?
ИХАДОУ абиблиатә ҵабыргқәа ҳаԥсҭазаара рыԥсахит. Иаҳҳәап, Анцәа Иегова шихьӡу анеилаҳкаа, ҳаиҩызцәахарц азы раԥхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵеит (Ис. 42:8). Иара убас иԥсхьоу иаҳзааигәаз ауаа шымгәаҟуа анеилаҳкаа, ҳгәы ҭынчхеит (Еккл. 9:10). Адгьыл шџьанаҭхо анаҳдыр, аԥхьаҟа иаҳзыԥшу хьаас аҟаҵара ҳаҟәыҵит. Ҳара 70 ма 80 шықәса ракәымкәа, наӡаӡа ҳшынхало ала агәыӷра ҳауит (Аԥсал. 37:29; 90:10).
2. Избан, 2 Пиотр 1:12, 13 иану инақәыршәаны, доуҳала ишәу ақьырсианцәагьы ихадоу абиблиатә ҵарақәа ирызхәыцлар зрыхәҭоу?
2 Ҳара раԥхьаӡакәны аҵабырг анҳаҳа еилаҳкааз абиблиатә ҵарақәа рыхә ашьара ҳаҟәымҵроуп. Апостол Пиотр аҩбатәи исаламшәҟәы ззиҩыз ақьырсианцәа аҵабырг агәра ганы иҟаз ракәын. (Шәаԥхьа 2 Пиотр 1:12, 13.) Аха Пиотр еиликаауан аԥхьаҟа урҭ ауадаҩрақәа ишрықәшәоз: аизараҿы иҟаз амцрҵаҩцәеи ауаа цәгьақәеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара дырԥсыҽырц рҽазыршәалон (2 Пиотр 2:1—3). Пиотр иҭахын аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара ирӷәӷәарц, урҭ иҽеим анырра аҿагылара рылшарц азы. Убри аҟынтә ирдыруаз абиблиатә ҵабыргқәа ргәалаиршәеит. Урҭ ирызхәыцлозҭгьы, аҵыхәтәанынӡа Иегова изиашаны аанхара рылшон.
3. Избан ақьырсианцәа зегьы ихадоу абиблиатә ҵарақәа ирызхәыцлар зрыхәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы.
3 Ихадоу абиблиатә ҵарақәа ҳдыруеижьҭеи акыршықәса ҵуазаргьы, урҭ ахәарҭа ҳзааргоит. Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Иҟалои акыршықәса афатә ҟазҵо ауаҩи афатә ҟаҵашьа ҿыц изҵо ауаҩи еиԥшу амарҭхәқәа руҭар? Афатә ҟаҵараҿы аԥышәа змоу афатә хаахарц азы амарҭхәқәа ихы ишаирхәаша идыруеит. Ақьырсианцәа рзгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Акыршықәса Иегова имаҵ зуеи ааигәа Абиблиа аҵара иалагази ихадоу абиблиатә ҵарақәа ишрыхәаԥшуа еиԥшӡам. Иҟалап шәара аӡы шәыҽӡаашәхижьҭеи шәҭагылазаашьа аҽаԥсахзар, мамзаргьы Иегова иорганизациаҿы ишәыду аҭакԥхықәрақәа рҽырыԥсахзар. Уажәтәи шәҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны акыршықәса ижәдыруаз абиблиатә ҵарақәа шәрызхәыцлар, Иегова имаҵ аураҿы шәхы иашәырхәар шәылшо иҿыцу ак еилышәкаар ауеит. Шәааи ихадоу абиблиатә ҵарақәа хԥа ҳрылацәажәап, насгьы урҭ доуҳала ишәу ақьырсианцәа хәарҭас ирзаанаго ҳахәаԥшып.
ИЕГОВА ЗЕГЬЗШАЗ ИОУП
4. Ишԥаԥсахи ҳаԥсҭазаара, Иегова Зегьзшаз шиакәу ахьеилаҳкааз?
4 «Зегь зыргылаз Анцәа иоуп» (Аур. 3:4). Ҳара иаҳдыруеит адгьыл, насгьы уа иқәу зегьы зшаз иҟәыӷоу, амч ду змоу Ҳазшаз шиакәу. Иара ҳаишеит, ибзиангьы ҳаидыруеит. Уи инеиҳангьы, бзиа ҳаибоит, ҳаԥсҭазаара агәырӷьара ҳзаанагаларц азы иаҳҭахугьы идыруеит. Иегова зегьы зшаз шиакәу ахьаҳдыруа абзоурала ҳаԥсҭазаара аҽаԥсахит, аҵакгьы аиуит.
5. Иҳацхраауазеи ахынраалара аарԥшра? (Исаиа 45:9—12).
5 Иегова Зегьзшаз шиакәу ҳхаҳмыршҭуазар, ахынраалара ҳамазаауеит. Иаҳҳәап, Иов ихы мацара дазхәыцуа даналага, насгьы Анцәа иаасҭа сиашоуп ҳәа аниҳәа, Иегова уи азҵаарақәа ииҭеит (Иов 38:1—4). Уи Иов игәаланаршәеит Иегова амч ду змоу Зегьзшаз Анцәа шиакәу, насгьы иҟаиҵо зегьы еснагь ишиашоу. Аӡәгьы Анцәа иаасҭа сҟәыӷоуп ҳәа дымхәыцлароуп. Абар уи аԥааимбар Исаиа иажәақәа ишышьақәдырӷәӷәо. Иара иҳәеит: «Анышәаԥшь аԥҳалҟаҵаҩ абас ианаҳәару: „Иҟауҵо закәи?“» (Шәаԥхьа Исаиа 45:9—12.)
6. Ианбаҳахәҭоу еиҳараӡак Ҳазшаз иҟәыӷареи имчреи ҳазхәыцлар? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
6 Акыршықәса рыҩныҵҟа Иегова имаҵ зуа ақьырсиан аԥышәа ду ахьимоу азы игәаанагара мыцхәы дақәгәыӷуа далагар ауеит, Иеговеи Иажәеи рыгәра агара аҭыԥан (Иов 37:23, 24). Аха иҟалозеи, Иегова иҟәыӷареи имчреи дрызхәыцыр? (Ис. 40:22; 55:8, 9). Иегова зегь шишаз дазхәыцыр, ахынраалара ицәыӡӡом. Ҳазшаз ҳара ҳаасҭа акырӡа дышҟәыӷоу еилаҳкаар, ахынраалара аарԥшра ҳзымариахоит.
Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, ҳгәаанагара зегь раасҭа ииашоуп ҳәа ҳамхәыцларц азы? (Шәахәаԥш абзац 6.)d
7. Илыцхраазеи Рахела ҳорганизациа аҟынтә иҳауз иҿыцу амҩақәҵарақәа рыдкылара?
7 Абар Словениа инхо Рахе́ла лыхҭыс. Лара Иегова Ҳазшаз шиакәу дахьазхәыцуа, ҳорганизациаҿы иҟало аԥсахрақәа ииашаны рыхәаԥшра илыцхраауеит. Лара илҳәоит: «Зны-зынла аишьцәа ирыдыркыло аӡбарақәа ииашаны рыхәаԥшра сзымариаӡам. Иаҳҳәап, 2023 шықәсазы иҭыҵыз Анапхгаратә хеилак аҟынтә аацҳара № 8. Сара уи сахәаԥшит, аха уеизгьы аиашьа иԥаҵа аушьҭны асценаҿы данызба, уамашәа избеит. Убри аҟынтә сара Иегова сиҳәон арҭ аԥсахрақәа рышьцылара дсыцхраарц». Рахела еилылкааит дгьыли жәҩани Зшаз, Иегова, иорганизациа хырхарҭас иеиҭаша зегьы иреиӷьны ишидыруа. Шәаргьы иҿыцу аилкаара, мамзаргьы иҿыцу амҩақәҵарақәа рыдкылара шәцәыцәгьазар, ахынраалара аарԥшны Ҳазшаз иҟәыӷареи имчи шәазхәыцырц азы аамҭа алшәх (Рим. 11:33—36).
АНЦӘА АГӘАҞРАҚӘА ЗААНИМКЫЛО
8. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло ахьаҳдыруа?
8 Избан Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло? Шьоукы ари азҵаара аҭак анырзымԥшаалак, Анцәа ргәы изыԥжәоит, мамзаргьы Анцәа дыҟаӡам ҳәа ахәыцра иалагоит (Ажәам. 19:3). Аха ҳара иаҳдыруеит ауаа згәаҟуа ирҭынхаз агәнаҳаи анамӡареи ирыхҟьаны шакәу, Анцәа урҭ аказы иахьахьирхәуа азы шакәым. Иара убас ҳара иаҳдыруеит Анцәа ицәгьоу ари адунеи уажәраанӡа изықәимгац ачҳара ахьааирԥшуа азы шакәу. Уи абзоурала миллионҩыла ауаа Анцәа иҩызцәахар ауеит, насгьы агәаҟрақәа зегь рҵыхәтәа шԥиҵәо рыблақәа рыла ирбар рылшоит (2 Пиотр 3:9, 15). Ари зегьы ҳгәы арҭынчуеит, Анцәагьы еиҳагьы ҳаизааигәанатәуеит.
9. Ианбаҳахәҭоу еиҳараӡак Иегова агәаҟрақәа заанимкыло ҳгәалаҳаршәалар?
9 Ҳара еилаҳкаауеит Иегова ауадаҩрақәа зегь анықәиго аамҭа ачҳара аарԥшны ишазыԥштәу. Аха иаҳзааигәоу рҟынтә аӡә даныԥсуа, мамзаргьы ҳара ма ҳҭынхацәа ииашамкәа ианрызныҟәо, Иегова акгьы зыҟаимҵои ҳәа ҳхәыцуа ҳалагар ауеит (Авв. 1:2, 3). Убас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа анҳазцәырҵуа, Иегова имаҵзуҩцәа ауадаҩрақәа ирықәшәалар зиуа ҳгәалаҳаршәалароуп (Аԥсал. 34:19)a. Иара убас Анцәа иҳазирхиаз аԥеиԥш ҳхаҿы иааҳгалароуп. Иара ажәа ҳаиҭоит ауадаҩрақәа уаҳа ахаан ианыҟамло аамҭа шааиуа.
10. Лгәы зырҭынчуазеи зан дыԥсыз Енн?
10 Иегова агәаҟрақәа заанимкыло ахьаҳдыруа даараӡа ицәгьоу агәаҟрақәагьы рыхгара иҳацхраауеит. Индиатәи аокеан аҿы иҟоу адгьылбжьаха Маио́тта инхо Енн, илҳәоит: «Шықәсқәак раԥхьа сан дыԥсит. Усҟан сара даараӡа сгәы каҳаны сыҟан. Аха сара есымша исгәаласыршәоит Иегова акгьы шихарам. Уи адагьы, иара аӡәгьы дымгәаҟларц иҭахуп. Иара иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо ҳақәиргәыӷуеит. Уи саназхәыцуа сгәы ҭынчхоит».
11. Ишԥаҳацхраауеи Иегова агәаҟрақәа заанимкыло ахьаҳдыруа ажәабжь аҳәара?
11 Иегова агәаҟрақәа заанимкыло ахьаҳдыруа ажәабжь аҳәара ҳгәазҭанаҵоит. Апостол Пиотр исаламшәҟәаҿы иҳәеит Иегова ачҳара зааирԥшуа ауаа рыгәнаҳақәа ирыхьхәны еиқәхарц ахьиҭаху азы шакәу. Анаҩс Пиотр ақьырсианцәа иҟарҵалар рыхәҭоу иҩит: «Шәазхәыц шәхымҩаԥгашьеи шәусқәеи зеиԥшразар ахәҭоу. Шәхымҩаԥгашьа цқьазароуп, шәусқәагьы Анцәа гәыкала шәышизиашоу рныԥшуазароуп» (2 Пиотр 3:11). Ажәабжь бзиа аҳәара урҭ аусқәа ируакуп. Ҳаб иеиԥш ҳаргьы ауаа бзиа иаҳбоит. Ҳара иаҳҭахуп урҭ адунеи ҿыц аҿы инхаларц. Иегова шәҭыԥ аҿы инхо ауаа рахь ачҳара ааирԥшуеит, насгьы имаҵ аура иалагарц алшара риҭоит. Шәхаҿы иаажәг: шәара Иегова аус ицыжәуеит, иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа Анцәа деилыркаарц азы! (1 Кор. 3:9).
ҲАРА «АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА» РЗЫ ҲАНХОИТ
12. Зыгәра ҳнаргозеи «аҵыхәтәантәи амшқәа» ирызку аԥааимбаражәақәа ахьынаӡо?
12 Абиблиаҿы заа ианын «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ауаа зеиԥшрахо (2 Тим. 3:1—5). Иахьа ауаа уанрыхәаԥшуа ари аԥааимбаражәа шынаӡо убоит. Ауаа рхымҩаԥгашьа еиҳа-еиҳа еицәахоит. Уи еиҳагьы агәра ҳнаргоит Анцәа Иажәа агәра угартә ишыҟоу (2 Тим. 3:13—15).
13. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар бзиоу? (Лука 12:15—21).
13 Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо ҳхаҳмыршҭуазар, аԥсҭазаараҿы ихадаҵәҟьоу раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара ҳзымариахоит. Иисус уи ус шакәу ҳаилиркаарц азы Лука 12:15—21 (шәаԥхьа) иану ажәамаана еиҭеиҳәеит. Избан ибеиоу ауаҩы «агаӡа» ҳәа зизҳәоу? Иара амал ду ахьимаз азы акәӡам, иаамҭа ииашамкәа ихы иахьаирхәоз азоуп. Иара ихазы амал еизигон, аха Анцәа иҿаԥхьа дӷарын. Иаамҭа ииашамкәа ихы иахьаирхәоз хшыҩдаран, избанзар изаанхаз маҷын. Анцәа уи ус иеиҳәеит: «Уара, уахаҵәҟьа уԥсраны уҟоуп». Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс? Ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа маҷк ауп иаанхаз. Убри аҟынтә ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Иарбан хықәкқәоу сара исымоу? Ихадоу аума схы ззысышьҭуа? Ргәы зызҭасҵозеи схәыҷқәа? Срыцхраауама ииашоу ахықәкқәа рықәыргылара? Изықәсырӡуазеи саамҭеи, сымчи, сылшареи: схазы амал аизгара акәу, ажәҩан аҿы амал аизгара акәу?»
14. Избан аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо ҳазхәыцлар зхәарҭоу?
14 Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо ахьаҳдыруа, ҳаԥсҭазаара ианыԥшуеит. Ми́ки зыхьӡу ҳаҳәшьа лыԥсҭазаараҿгьы убас иҟалеит. Лара илҳәоит: «Сара аԥстәқәа бзиа избоит, убри аҟынтә ашкол саналга, азоологиатә факультет сҭалар сҭахын. Аха уи адагьы, пионерс аҟалареи ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ аҿы амаҵ ауреи хықәкыс исыман. Сеизара аҟынтә доуҳала ишәыз сҩызцәа акариера сашьҭалар, сдоуҳатә хықәкқәа сзынагӡо-исзынамыгӡо сазхәыцырц сгәазҭарҵеит. Дара исгәаладыршәеит иаарласны ари адунеи аҵыхәтәа шааиуа, аха аԥхьаҟа иҟало џьанаҭ дгьыл аҿы ҳара наӡаӡа ҳшынхало, усҟан шаҟа сҭаху аԥстәқәа ҭысҵаалар шсылшо. Убри аҟынтә иреиҳау аҵараиурҭа сҭамлаӡакәа икьаҿу акурсқәа сырхысырц сыӡбеит. Уи ашьҭахь пионерс амаҵ аура исԥырхагамхоз аусура сыԥшааит. Ԥыҭрак ашьҭахь Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз Еквадорҟа сиасит». Уажәы Мики лхаҵеи лареи уи атәылаҿы араионтә маҵзура рҽаладырхәуеит.
15. Избан аӡәы ажәабжь бзиа иаразнак идимкылозар, ҳгәы каҳажьлар зҳахәҭам? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
15 Ауаа иаразнак ажәабжь бзиа анрыдрымкыло, ҳгәы каҳмыжьлароуп. Дара рҽырыԥсахыр ауеит. Ҳизхәыцып Иисус иашьа Иаков. Иисуси иареи еицеизҳауан. Иара ибон Иисус аџьашьахәқәа шыҟаиҵоз, насгьы Мессиа изкыз аԥааимбаражәақәа иара иҿы ишынаӡоз. Уи адагьы, Иаков игәеимҭар залшомызт Иисус ицназгоз арҵаҩы дшыҟамыз. Аха иара иаразнак Иисус дхеимҵаӡеит — Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь ауп ишьҭанеира даналага. Аха закәытә гәацԥыҳәароузеи Иаков иоуз данқьырсианха!b (Иоанн 7:5; Гал. 2:9). Убри аҟынтә шәыуацәа Аҳра иазку ажәабжь иазымӡырҩуазар, уи ахаан ирыдыркылаӡом ҳәа шәгәы иаанамган. Иара убас уаанӡа ишәзымӡырҩуаз рахьгьы шәнеила. Ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳанхоит. Убри аҟынтә уажәы ажәабжьҳәара еиҳараӡак ихадоуп. Иахьа ауаа ираҳҳәо аԥхьаҟа рыԥсҭазаара еиқәнархар ауеит. Ҳажәақәа арыцҳара ду аан иргәалашәар алшоит, иаҭаху ашьаҿақәа ҟарҵаргьы ҟалоитc.
Иҳацхраауазеи ҳгәы акамыжьра, ҳауацәа макьана ажәабжь бзиа рыдрымкылозар? (Шәахәаԥш абзац 15.)e
ИЕГОВА ИХАДОУ АБИБЛИАТӘ ҴАБЫРГҚӘА АХЬАҲГӘАЛАИРШӘО АХӘ ШӘШЬАЛА
16. Избан ҳара зегьы ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа ҳгәалаҳаршәалар зыбзиоу? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Арҵаразы амыруга бзиақәа».)
16 Иегова иорганизациа ала ирацәаны адоуҳатә фатә ҳаиҭоит. Уи афатә аҟынтә Иегова имаҵ зымуа ирызку ыҟоуп. Иаҳҳәап, есымчыбжьа иҳаҳауа иаарту ажәахә, асаит jw.org аҿы иҟоу статиақәаки видеонҵамҭақәаки, насгьы ашаразы ажурналқәа. Урҭ аматериалқәа рҿы иаагоу аҵабыргқәа ибзианы ишаҳдыруагьы, урҭ ҳгәалаҳаршәалар бзиоуп. Урҭ еиҳагьы Иегова бзиа ибареи, еиҳагьы Иажәа агәра агареи, ҟазарала абиблиатә ҵарақәа егьырҭ рзеиҭаҳәареи иҳацхраауеит (Аԥсал. 19:7).
17. Ианбаҳахәҭоу ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа ҳрызхәыцлар?
17 Ҳара, Иегова ишаҳаҭцәа, Абиблиа иану аганахь ала еиҭарҿыцу аилкаарақәа анҳауа, ҳгәырӷьоит. Аха уи адагьы, Иегова игәыбылра ҳзыркыз раԥхьа еилаҳкааз абиблиатә ҵабыргқәагьы рыхә ашьара ҳаҟәыҵӡом. Ҳорганизациа аҟынтә амҩақәҵарақәа анҳауа, ҳгәаанагара еиҳа еиӷьуп ҳәа ҳгәы иаанагозар, ахынраалара аарԥшны иаҳгәалаҳаршәароуп ҳорганизациа анапхгара азҭо амч ду змоу, иҟәыӷоу Ҳазшаз Иегова шиакәу. Иаҳзааигәоу рҟынтә аӡәы, мамзаргьы ҳара ҳхаҭа аԥышәара анаҳхаҳго, ачҳара аарԥшлатәуп, насгьы Иегова агәаҟрақәа заанимкыло иазхәыцлатәуп. Ҳаамҭеи, ҳамчи, ҳԥареи ҳхы ишаҳархәалаша анаҳаӡбо, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо, насгьы ихадаҵәҟьоу ҟаҳҵалар шҳахәҭоу ҳхаҳмыршҭлар ҟәыӷарахоит. Шәааи анаҩсгьы Иегова ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа ахьаҳгәалаиршәо ахә ҳшьалап, избанзар урҭ амчи аҟәыӷареи ҳарҭоит, насгьы гәыкала Ҳанцәа имаҵ аура иҳацхраауеит.
АШӘА 95 Алашара есааира икаҷҷоит
a Шәахәаԥш 007 шықәса, маи 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Почему страданий скоро не будет», адаҟьақәа 21—25 (аурыс).
b Шәахәаԥш аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала», аурок 8.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аизара ахылаԥшыҩцәа реиқәшәараҿы иашьак игәаанагара иҳәоит, аха егьырҭ аишьцәа иқәшаҳаҭӡам. Ԥыҭрак ашьҭахь уи аиашьа еҵәала ихҟьоу ажәҩан даҵаԥшны Ҳазшаз иҟәыӷареи имчи дрызхәыцуеит. Убасҟан аиашьа еиликаауеит иара ииҭаху аасҭа Иегова ииҭаху еиҳа ишхадоу.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа лхатә ҭҵаара анымҩаԥылго аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа ҭылҵаауеит. Лара агәаҳәара лоуит Иегова ишаҳаҭым лаҳәшьа гәакьа дылзасны еилылкааз лзеиҭалҳәарц.