Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 сентиабр ад. 20—25
  • «Аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар» зҭаху шәрыцхраала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар» зҭаху шәрыцхраала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АУАҨЫ АҴАБЫРГ АХЬ АИНТЕРЕС АНААИРԤШУА
  • АУАҨЫ АБИБЛИА АҴАРА ДАНАЛАГО
  • АУАҨЫ АИЗАРАҚӘА РАХЬ ДАННЕИУА
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иегова имаҵ аура еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагаларц азы иҟаҵалатәу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Шаҟа ибзиоузеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳахьеиҩызцәоу!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 сентиабр ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 39

АШӘА 54 «Абар, амҩа»

«Аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар» зҭаху шәрыцхраала

«Наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар зҭахыз зегьы Иҳақәиҭу дхарҵеит» (АУС. 13:48).

ЕИЛАҲКААУА

Ауаа Абиблиа аҵара анрыдгалатәу, насгьы аизарақәа рахь иаанаԥхьалатәу.

1. Ишԥарыдыркыло ауаа ажәабжь бзиа анраҳауа? (Аусқәа 13:47, 48; 16:14, 15).

АКТӘИ ашәышықәсазы аӡәырҩы Аҳра иазку ажәабжь иаразнак ирыдыркылон. (Шәаԥхьа Аусқәа 13:47, 48; 16:14, 15.) Иахьагьы иҳақәшәоит ус иҟоу ауаа. Аха ауаҩы иаразнак Абиблиахь аинтерес ааимырԥшуазар? Уи иаанагаӡом уаҳа игәаанагара иԥсахӡом, насгьы Анцәа иеилкаара иҭаххаӡом ҳәа. Шәааи еилаҳкаап наӡаӡатәи «аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар» зҭаху ауаҩы данҳақәшәо иҟаҳҵалаша.

2. Излеиԥшузеи аҵаҩцәа разыҟаҵара абаҳча ааӡара?

2 Аҵаҩцәа разыҟаҵара абаҳча ааӡара иаҿурԥшыр ҟалоит. Шәырҵлақәак заа ашәыр рҿалоит, абаҳча ааӡаҩгьы иаразнак урҭ ҿихуеит. Аха убри аамҭазгьы ԥыҭрак ашьҭахь ашәыр зҿалараны иҟоу аҵлақәагьы дырхылаԥшуеит. Убас еиԥшҵәҟьа ҳара Абиблиа иану ажәабжь ақәҿызҭуа аӡә данаҳаԥшаалак, ирласны Христос иҵаҩ иакәны аҟалара ҳицхраарц ҳҭахуп. Аха Абиблиа иану адыррақәа шхадоу аилкааразы аамҭа рацәаны изҭахугьы аанҳажьӡом (Иоанн 4:35, 36). Ауаҩы ҳизхәыцуазар, инаало аметод алхра ҳалшоит. Ари астатиаҿы ҳара еилаҳкаауеит ауаҩы раԥхьатәи ҳаицәажәара аан Абиблиа ахь аинтерес ааирԥшызар иҟаҳҵаша. Иара убас ҳалацәажәоит анаҩс доуҳала деизҳаларц азы ҳашицхрааша.

АУАҨЫ АҴАБЫРГ АХЬ АИНТЕРЕС АНААИРԤШУА

3. Иҟаҵатәузеи, раԥхьатәи ҳаицәажәараан ауаҩы ажәабжь бзиа идикылозар? (1 Коринфаа 9:26).

3 Ауаҩы иаҳҳәо ажәабжь бзиа идикылозар, аԥсҭазаарахь дызго амҩа ирласны анылара ҳицхраар ҳҭахуп. Убри аҟынтә раԥхьатәи шәеицәажәара аан Абиблиа аҵара идгалареи аизарақәа рахь ааԥхьара иҭареи шәацәыԥхамшьан. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 9:26.)

4. Иаҳзеиҭашәҳәа раԥхьатәи аицәажәараан ауаҩы Абиблиа аҵара дшақәшаҳаҭхаз иазку ахҭыс.

4 Абиблиа аҵара рыдыжәгал. Џьоукы иаразнак Абиблиа аҵара иақәшаҳаҭхоит. Абар Канада иҟалаз ахҭыс. Ҽнак зны ҳлитература зқәыз астенд ӡӷабк даадгылан, «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» захьӡу аброшиура лгеит. Аиаҳәшьа астенд иадгылаз аӡӷаб илалҳәеит хәыда-ԥсада абиблиатә курс дахысыр шлылшо, хаҭалагьы аӡәы илирҵалар шилшо. Аӡӷаб илаҳаз лгәаԥхеит, нас аиаҳәшьеи лареи рҭел аномерқәа еимырдеит. Ари аԥшьаша акәын. Уи аҽныҵәҟьа аӡӷаб аиаҳәшьа акурс ахысра ҳанбалагои ҳәа лзылҩит. Аиаҳәшьа илзанылҵеит аԥсшьарамшқәа раан лара лахь днеир шлылшо. Аха егьи ус лҳәеит: «Уаҵәы ҳалагар? Аамҭа сымоуп». Убри аҟынтә ахәашаҽны Абиблиа аҵара иалагеит, аԥсшьарамшқәа раан аӡӷаб раԥхьаӡакәны аизара даҭааит. Анаҩс лара доуҳала ирласны деизҳауан.

5. Иҟаҳҵар ҳалшозеи, ауаҩы иаразнак Абиблиа аҵара алагара дақәшаҳаҭымхозар? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

5 Ҳәарада, уи аӡӷаб леиԥш зегьы Абиблиа аҵара иақәшаҳаҭхоит ҳәа ҳхәыцӡом. Зны-зынла аџьабаа рацәаны иаҳбар акәхоит. Раԥхьа ауаҩԥсы аинтерес изцәырызго атема алаҳхроуп. Раԥхьатәи ҳаицәажәараан Абиблиа аҵара ҳзаламгаргьы, ҳгәы каҳмыжьроуп. Ауаҩ иахь аинтерес ааҳарԥшуазар, наҟ-наҟ иара Абиблиа аҵара алагара иҭаххар ҟалоит. Шәааи аԥышәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә еилаҳкаап ауаа Абиблиа аҵара анрыдаҳгало иҳәатәуи иҳәатәыми.

Асахьақәа реизга: 1) ҩыџьа аишьцәа зықәрахь инеихьоу ахаҵа иацәажәоит, уи иҩнаԥхьа абарҵаҿы дтәоуп; 2) ҩыџьа аиҳәшьцәа ахәыҷқәа змоу иқәыԥшу аԥҳәыс лыҩны ашә аԥхьа илацәажәоит, дара аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» лыдыргалоит; уи аԥҳәыс қәыԥш ҩыџьа аҷкәынцәа лымоуп — аӡәы дышьҭыхны дылкуп, егьи лааигәара дгылоуп.

Шәышԥалагарыз рацәажәара, урҭ Абиблиа аҵара рҭаххарц азы? (Шәахәаԥш абзац 5.)a


6. Иаҳҳәар ҳалшои, ауаҩы даҽазнык ҳацәажәара иҭаххарц азы?

6 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы игәарҭеит тәылақәак рҿы «аҵара», насгьы «аурокқәа» реиԥш иҟоу ажәақәа ауаа шацәшәо. Аха убри аамҭазгьы Абиблиа «алацәажәареи» «ахцәажәареи» ма «еиӷьны аилкаареи» мап ацәыркӡом. Ауаҩы анаҩстәи ҳаицәажәара дазыԥшызарц азы абас ҳҳәар ҳалшоит: «Ижәдыруазма шәара Абиблиаҿы даара ихадоу азҵаарақәа рҭакқәа шану?» Мамзаргьы: «Абиблиа ус баша ажәытә шәҟәӡам. Уа иануп зыхә ҳараку алабжьарақәа рацәаны». Иара убас иацаҳҵар ҳалшоит: «10—15 минуҭ ирылагӡаны шәара хәарҭа шәзаазго ак еилышәкаар шәылшоит». Уи адагьы, «есымчыбжьа» «иааиԥмырҟьаӡакәа» ҳаиқәшәалоит ҳәа анҳәатәымгьы ыҟоуп, ауаҩы ҭакԥхықәрак идаҳҵошәа игәы иаанамгарц азы.

7. Ишԥеилыркааи шьоукы аҵабырг шырыԥшааз? (1 Коринфаа 14:23—25).

7 Аизарахь ааԥхьара рышәҭ. Излаҳбаз ала, апостол Павел ихаан шьоукы раԥхьаӡакәны аизарахь ианнеи, аҵабырг шырыԥшааз еилыркааит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 14:23—25.) Уи аҩыза ахҭысқәа иахьагьы имаҷӡам. Ауаҩы аизарахь аныҟәара даналагалак, еиҳагьы ирласны доуҳала деизҳауеит. Аха ианбаиҭатәу ауаҩы Иегова ишаҳаҭцәа рзал ахь ааԥхьара? Ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» 10-тәи аурок аҿы аизарақәа рыӡбахә аҳәоит. Аха уаанӡа аԥшра аҭахӡам. Раԥхьатәи ҳаицәажәара аан иааиуа аԥсшьарамшқәа раан имҩаԥысраны иҟоу аизарахь ааԥхьара иаҳҭар ҳалшоит. Убасҟан иаҳҳәар ҟалоит иаарту ажәахә ахьӡ, ма «Ахьчаратә бааш» аҟны ҳазхысуа астатиа аӡбахә.

8. Изеиҭаҳҳәар ҳалшои, раԥхьаӡакәны Иегова ишаҳаҭцәа рзал ахь ааԥхьара заҳҭо ауаҩы? (Исаиа 54:13).

8 Ауаҩы изеиҭаҳҳәар ҳалшоит ҳаизарақәа дзышьцылахьоу адинхаҵаратә маҵзурақәа ишреиԥшым. Ԥҳәыск раԥхьаӡакәны «Ахьчаратә бааш» аҵарахьы даннеи, ааԥхьара лызҭаз аиаҳәшьа длазҵааит: «Ари асцена иқәгылоу ахаҵа зегь шәыхьӡқәа идыруама?» Аиаҳәшьа илалҳәеит: ҳаизара ҭаацәак еиԥш иҟоуп, убри азы ҳара зегьы ибзианы ҳаибадыруеит. Аԥҳәыс илҳәеит лара дахьныҟәо ауахәамаҿы ус ишыҟам. Аӡәырҩы ҳаизара иамоу даҽа ҷыдаракгьы гәарҭоит. (Шәаԥхьа Исаиа 54:13.) Ҳара ҳаизоит Иегова ҳимҵахырхәаларц, иара иҿы аҵара ҳҵаларц, насгьы ҳагәқәа шьҭибахларц (Аур. 2:12; 10:24, 25). Убри аҟынтә ҳара аритуалқәа ҳәа акгьы ҟаҳҵаӡом, аизарақәа рахь ҳазныҟәо ҳхы иаҳархәаша адыррақәа ҳаурц азоуп (1 Кор. 14:40). Ҳара ҳзалқәа рҿы илашоуп, избанзар ҳара уахь аҵара ҳҵаларц азы ҳнеиуеит. Уа аполитикатә агитациақәа мҩаԥаҳгаӡом, аиҿыхарақәагьы ыҟаӡам. Ауаҩы дахьнеиуа иҟоу заа идыруазарц азы авидеонҵамҭа «Иҟарҵози Аҳратә Зал аҿы?» иҳарбар ҳалшоит.

9, 10. Иа́ҳҳәар ҳалшои аизарахь анеира ззымгәаӷьуа ауаҩы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Аизарахь аныҟәара иалагаз ауаҩы Иегова ишаҳаҭ иакәны дҟалароуп ҳәа игәы иаанагозар алшоит. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы иашәҳәар шәылшоит Иегова ишаҳаҭцәа рзал ахь инеиуа асасцәа зегьы ҳашреигәырӷьо, аха иара ихы аламырхәӡакәа баша дӡырыҩлар шилшо. Аизарақәа рахь зегьы рхәыҷқәа рыманы ҭаацәаныла инеилар рылшоит. Ҳара ахәыҷқәеи адуцәеи рзы ҳәа хаз-хазы аклассқәа ҳамаӡам: зегьы џьара итәаны апрограмма иазыӡырҩуеит. Убри азы аҭаацәа ргәы ҭынчуп: дара ирдыруеит рхәыҷқәа зыдтәалоу, насгьы иддырҵо (Ҩынтә. 31:12). Иара убас ҳара аԥара еизаҳгаӡом, избанзар Иисус иҳәеит: «Амала ишшәоуз еиԥш, амала ирышәҭала» (Матф. 10:8). Ауаҩы Иегова ишаҳаҭцәа рзал иақәнаго амаҭәа сымаӡам ҳәа игәы иаанагозар ауеит. Агәра ишәырга уахь анеиразы зыхә цәгьоу амаҭәа шаҭахым. Анцәа изы ихадоу иаҳшәу акәӡам, ҳгәы зеиԥшроу ауп (1 Сам. 16:7).

10 Ауаҩы аизарахь даннеилак, шәышиеигәырӷьаз ишәырба. Аизара ахылаԥшыҩцәеи егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәеи драбашәырдыр. Зегьы гәыкала, ихааӡа дышрыдыркылаз анибалак, еиҭах уахь анеира иҭаххар ҟалоит. Аизара анцо абиблиатә жәеинраалақәеи шәызхысуа аматериали дашәырхәаԥшлар шәылшоит. Убас иара апрограмма азыӡырҩра еиҳа изымариахоит.

Хыхь иаагоу асахьаҿы иану аԥҳәыс қәыԥш Иегова ишаҳаҭцәа рзал ахь дааит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәырӷьаҵәа илԥылеит. Лыҷкәын еиҵбы дышьҭыхны дылкуп, аиҳабы даҽа ҷкәынак диацәажәоит.

Ауаҩы ирласны ҳаизарақәа рҭаара далагар, доуҳалагьы ирласны изҳалоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10.)


АУАҨЫ АБИБЛИА АҴАРА ДАНАЛАГО

11. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Абиблиа зҵо иаамҭа пату шақәаҳҵо?

11 Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, аӡәы Абиблиа аниҳарҵо? Ауаҩы иаамҭа пату ақәышәҵала, насгьы иҵегьы ихадоу аусқәа шимоу жәдыруаз. Шәҭыԥаҿы ауаа агхара шьцыларан ирымазаргьы, шәара Абиблиа аҵара шәҽагышәмырхалан. Уи адагьы, раԥхьатәи Абиблиа аҵара мыцхәы шәҽадшәмырхалан. Аԥышәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи иазгәарҭеит Абиблиа аҵара ианаамҭоу ишхыркәшалатәу, изурҵо азҵаарақәа изцәырҵуазаргьы. Уи адагьы, мыцхәы шәымцәажәалан, Абиблиа зшәырҵо еиҳа ацәажәара игәазҭашәҵала (Ажәам. 10:19).

12. Иарбан хықәку иқәҳаргыло ауаҩы Абиблиа ирҵара ҳаналаго?

12 Ҳара ауаҩы Абиблиа ирҵара ҳаналаго хықәкыс иҳамоу Иеговеи Иисуси реилкаареи бзиа рбареи ицхраара ауп. Уи азы ҳара ауаҩы Абиблиа иану иҳарбалароуп, ҳхаҭа ҳгәы иаанаго изеиҭаҳәара аҭыԥан (Аус. 10:25, 26). Апостол Павел аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара ауаа аҵабырг андирҵоз, лассы-лассы Иисус иӡбахә иҳәон. Иисус ауаа Иегова иеилкаареи бзиа ибареи дрыцхраарц азы адгьыл ахь дааит (1 Кор. 2:1, 2). Уи адагьы, Павел иҿыцу аҵаҩцәа ақьырсиантә ҟазшьақәа реизырҳара ирыцхраалатәуп ҳәа иԥхьаӡон. Урҭ аҟазшьақәа ахьи, араӡни, егьырҭ зыхә ҳараку ахаҳәқәеи ирыҿурԥшыр ауеит (1 Кор. 3:11—15). Арҭ аҟазшьақәа рахь иаҵанакуеит ахаҵара, аҟәыӷара, аилкаара, насгьы апатуқәҵара зныԥшуа Иегова иҿаԥхьа ашәара (Аԥсал. 19:9, 10; Ажәам. 3:13—15; 1 Пиотр 1:7). Павел имаз арҵаратә метод шәхы иашәырхәала: Абиблиа зшәырҵо рхаҵара арӷәӷәареи бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб изааигәахареи шәрыцхраала (2 Кор. 1:24).

13. Ишԥааҳарԥшуеи Абиблиа зҳарҵо иахь ачҳареи аилкаареи? (2 Коринфаа 10:4, 5). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Иисус шәиҿыԥшны Абиблиа зшәырҵо рахь ачҳареи аилкаареи аашәырԥшла. Ауаҩы дзырԥхашьар алшо азҵаарақәа ишәымҭалан. Абиблиа зшәырҵо ауаҩы темак аилкаара ицәыцәгьазар, уи аамҭа ақәышәмырӡын. Еиӷьуп уи атема ааншәыжьыр, нас ԥыҭрак ашьҭахь шәеиҭахынҳәыр. Ауаҩы аԥсахрақәа рыҟаҵара идшәымцалан. Аҵабырг игәаҵанӡа инеирц азы аамҭа аҭахуп (Иоанн 16:12; Кол. 2:6, 7). Ишиашам шьақәҳарӷәӷәарц иаҳҭаху амцҵарақәа Абиблиаҿы абааш иаҿырԥшуп. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 10:4, 5; шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы 2 Коринфаа 10:4 ахь иаагоу акомментари, англ.) Ауаҩы дзышьцылахьоу аҵарақәа рааныжьра ицәыцәгьазар ҟалоит. Убри аҟынтә раԥхьа абааш ҿыц аргылара ҳицхраароуп — даҽакала иуҳәозар, Иегова игәрагара. Убасҟан Анцәа иара изы «хыҵакырҭахоит» (Аԥсал. 91:9).

Хыхь иаагоу асахьаҿы иану зықәрахь инеихьоу ахаҵа ҩыџьа аишьцәа Абиблиа идырҵоит, уи ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» икуп. Иааигәара аполкаҿы аибашьразы иоуз амедалқәа зҭоу арамка ықәгылоуп.

Абиблиа зҵо ауаҩы аҵабырг игәаҵанӡа инеирц азы аамҭа аҭахуп. (Шәахәаԥш абзац 13.)


АУАҨЫ АИЗАРАҚӘА РАХЬ ДАННЕИУА

14. Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу ҳаизарақәа рахь аныҟәара иалагаз ауаа?

14 Иегова иҭахуп ауаа зегьы, рмилаҭи ирымои-ирыхӡуи ҳахәамԥшыкәа, ибзианы ҳарзыҟазарц (Иак. 2:1—4, 9). Иҟаҳҵар ҳалшозеи, Иегова ишаҳаҭцәа рзал ахь иааиуа бзиа ишаҳбо рбарц азы?

15, 16. Иҟаҳҵар ҳалшозеи, асасцәа ҳаизараҿы аҟазаара ргәаԥхарц азы?

15 Аӡәы ҳаизарақәа рахь ус баша иҟоу збап ҳәа дааиуеит, даҽаӡәы даҽа ҭыԥк аҿы инхо Иегова ишаҳаҭ дааиԥхьазар алшоит. Убри аҟынтә аизарахь иҿыцу аӡә дшааиз жәбазар, шәиабадыр. Иара иахь азҿлымҳара аашәырԥшы, аха шәыҽидшәымцалан. Ауаҩы иҭахызар, дшәыдтәаларц иашәҳәа, насгьы апрограмма аан шәбиблиа аҟынтә ажәеинраалақәа ишәырбала, мамзаргьы Абиблиа ихатә екземплиар ишәҭ. Иара убас шәызхысуа аматериалгьы ишәҭар ауеит. Иара убас шәазхәыц ауаҩы аизараҿы ҭынч апрограмма дазыӡырҩырц азы иҟашәҵар шәылшо. Абар хҭыск. Ҽнак зны ҳашьак ибеит изымдыруаз хаҵак Иегова ишаҳаҭцәа рзал ахь дшааиз, аԥсшәа иеиҳәарцгьы днаидгылеит. Уи ахаҵа егьырҭ реиԥш иԥшӡаны дахьеилаҳәамыз азы маҷк игәы шҭынчымыз иҳәеит. Аиашьа уи ахаҵа игәы ирҭынчит, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа иаабац ауаа шракәу иеиҳәеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи ахаҵа аӡы иҽӡааихит, аха иахьа уажәраанӡагьы игәалашәоит уи аиашьа шаҟа ихааны диԥылаз. Ҳәарада, ҳара ауаҩы ҳаизааигәазароуп, аха асасцәа ҳанрацәажәо ҳус злам азҵаарақәа раҳамҭалароуп (1 Пиотр 4:15).

16 Иҟаҳҵар ҳалшозеи иҵегьы, асасцәа ҳаизараҿы аҟазаара ргәаԥхарц азы? Аизараҿы адҵа шәыманы шәанықәгыло, апрограмма шәҽаналашәырхәуа, ма шәара-шәара шәанеицәажәо Иегова ишаҳаҭым ауаа, насгьы урҭ ргәаанагара пату ақәҵаны шәцәажәала. Асас дзырԥхашьар ма длазырҟәыр алшо акгьы шәымҳәалан (Тит 2:8; 3:2). Иаҳҳәап, ҳхаҵара ҳацеиҩызымшо ргәаанагара ҳахымыччалароуп (2 Кор. 6:3). Уи еиҳараӡак иаарту ажәахәқәа зманы иқәгыло аишьцәа ирхадмыршҭлароуп. Дара Иегова имаҵ зымуа рахь апатуқәҵара аадырԥшырц азы урҭ ирзеилымкаар алшо ажәақәа ирыҵаркуа рҳәоит.

17. Иҟаҳҵар ҳалшозеи, «аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар» зҭаху рзы?

17 Аҵаҩцәа разыҟаҵара аус еиҳа-еиҳа ихадахоит. Убри аҟынтә ҳара «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар» зҭаху ауаа ҳрышьҭоуп (Аус. 13:48). Урҭ реиԥш иҟоу ауаа анышәыԥшаалак, иаразнак Абиблиа аҵара рыдгалареи аизарақәа рахь ааԥхьара рыҭареи шәацәыԥхамшьан. Убасала аԥсҭазаарахь уназго амҩа аныларазы раԥхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵара шәрыцхраауеит (Матф. 7:14).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иҟаҵатәузеи, ауаҩы раԥхьаӡакәны Анцәа Иаҳра аӡбахә анизеиҭаҳҳәо, аинтерес изцәырҵзар?

  • Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи, аӡәы Абиблиа ирҵара ҳаналаго?

  • Иҟаҵалатәузеи, ҿыц аизарахь иаауа ауаа аизараҿы аҟазаара ргәаԥхаларц азы?

АШӘА 64 Ҳгәырӷьаҵәа ҭагалара аус ҳалахәуп

a АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ҩыџьа аишьцәа анкьа арратә маҵзураҿы знапы алакыз ахаҵа иацәажәоит, иара абарҵаҿы дтәаны иԥсы ишьоит; ҩыџьа аиҳәшьцәа иқәыԥшу ахәыҷқәа змоу аԥҳәыс илацәажәоит, аха деилахазар шалшогьы иазхәыцуеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра