Иаанагозеи доуҳала ишәу уаҩны аҟазаара?
«Хәыцырҭас ишәымоу, ишәыгәхьаау — Христос Иисус ихәыцшьа, иныруа аныршьа ирышьашәалазароуп» (ФИЛИППАА РАХЬ 2:5).
1, 2. а) Ирҳәозеи аӡәырҩы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи адоуҳатә хәыцшьа иазкны? б) Иарбан зҵаара хадақәоу ари астатиаҿы ҳазлацәажәо?
КАНАДА инхо аиаҳәшьа илҳәоит адоуҳатә хәыцшьа анасыԥ шылзаанагаз, насгьы ауадаҩрақәа риааира ишлыцхрааз. Бразилиа инхо 23 шықәса аҭаацәара иалоу аиашьа иҳәоит адоуҳатә хәыцшьа абзоурала иԥҳәыси иареи анасыԥ шрымоу. Афилиппинқәа рҿы инхо аиашьа излаиҳәо ала, адоуҳатә хәыцшьа аҩныҵҟатәи агәҭынчра изаанагеит, иара убас еиуеиԥшымыз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҩызахара ицхрааит.
2 Излаҳбо ала адоуҳатә хәыцшьа ирацәаны азылԥхарақәа ҳзаанагоит. Иҟаҳҵар ҳалшозеи еиҳагьы доуҳала ҳашәларц, насгьы уи ахәарҭа ҳзаанагаларц азы? Раԥхьаӡа иргыланы ҳара Абиблиа доуҳала ишәу ауаа ирызкны иану ҳдыруазар ауп, даҽакала иуҳәозар, Анцәа идоуҳа напхгара знаҭо, насгьы Иегова ихәыцшьа змоу ауаа ирызкны. Ари астатиаҿы ҳара ихадоу х-зҵаарак ҳрылацәажәоит: 1) Иаанагозеи доуҳала ишәу уаҩны аҟазаара? 2) Иарбан ҿырԥштәқәоу доуҳала аизҳара иҳацхраауа? 3) Ишԥаҳацхраауеи «Иисус ихәыцшьа» аиуразы иҟаҳҵо аҽазышәарақәа доуҳала ишәу уаҩны аҟалара?
ДЗЕИԤШРОУЗЕИ ДОУҲАЛА ИШӘУ АУАҨЫ?
3. Излеиԥшымзеи Абиблиа инақәыршәаны «адоуҳа злам» ауааи «доуҳала иҟоу» ауааи?
3 Апостол Павел «доуҳала иҟоу» ауаҩы «адоуҳа злам» дызлаиеиԥшым аилкаара дҳацхрааит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 2:14—16.) Павел излаиҳәаз ала «адоуҳа злам ауаҩы Анцәа Идоуҳа ианаҳәо адкылара илшом, уи хшыҩдараны иԥхьаӡоит, ҵакыс иамоу атәгьы изеилкаараны дыҟаӡам». Аха «доуҳала иҟоу ауаҩԥсы зегь еиликаауеит, зегьы дырзыӡбыр, дрылацәажәар илшоит». Павел доуҳала ишәу уааны ҳаҟазарц ҳгәазҭеиҵоит. Излареиԥшымзеи еиҭа «адоуҳа злам» ауаа «доуҳала иҟоу»?
4, 5. Дзеиԥшроузеи доуҳала ишәым ауаҩы?
4 Дышԥахәыцуеи «адоуҳа злам» ауаҩы? Доуҳала ишәым ауаҩы ари адунеи анырра иҽаҭаны ихатә гәаҳәарақәа дрышьҭалоит. Павел уи анырра ма агәазыҟашьа ҿагылара зуа ауаа иаадырԥшуа адоуҳа ҳәа азиҳәеит (Ефесаа рахь 2:2). Ари агәазыҟашьа аӡәырҩы ауаа ирныруеит, насгьы егьырҭ рҿыԥшра ргәазҭанаҵоит. Дара Анцәа инормақәа ирзымхәыцкәа рхаҭа ииашоуп ҳәа ирыԥхьаӡо ауп иҟарҵо. «Адоуҳа змам» ауаҩы еиҳарак дзызхәыцуа иааникыло аҭыԥи, аԥара арҳареи, изинқәа рыхьчареи роуп.
5 Абиблиа ишаҳәо ала «адоуҳа змам» ауаҩы «ацәеижь зҵоу агәнаҳарақәа» иҽриҭоит (Галаҭаа рахь 5:19—21). Павел Коринфаа ирзиҩыз актәи асаламшәҟәаҿы «адоуҳа змам» ауаа иаадырԥшуа егьырҭ аҟазшьақәагьы дрылацәажәеит. Урҭ акзаара рымам, ауаа еидырсуеит, еиҿадыргылоит, амчра пату ақәырҵом, насгьы рыԥсҭазаараҿы афатәи ажәтәи зегь раасҭа ихадоуп. Ус еиԥш иҟоу ауаа ихызхуа акы ианақәшәо, уи иаҿамгылакәа рҽарҭоит (Ажәамаанақәа 7:21, 22). Иуда иҩуан ауаа ацәеижь зҵоу агәнаҳарақәа рыҽрырҭоит аҟынтә, Иегова идоуҳа рцәыӡуеит ҳәа (Иуда 18, 19).
6. Дзеиԥшроузеи доуҳала ишәу ауаҩы?
6 «Доуҳала иҟоу» ауаҩы Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа рыхә даара иҳаракны ишьоит, уи ала иара «адоуҳа злам» диеиԥшӡам. Иара Анцәа идоуҳа инаҭо анапхгара дықәныҟәоит, насгьы Иегова иҿыԥшра иҽазишәоит (Ефесаа рахь 5:1). Уи Иегова ихәыцшьа еиликааларц, насгьы ихәаԥшышьа иҿиҵаарц азы аџьабаа ибоит. Иара Анцәа дшыҟаҵәҟьоу агәра игоит. Уи адагьы доуҳала ишәу ауаҩы еснагь Иегова инормақәа дрықәныҟәоит (Аԥсалом 118:33, [119:33, АдҾ] 142:10 [143:10, АдҾ]). Иара «ацәеижь зҵоу агәнаҳарақәа» иҽриҭом, уи аҭыԥан иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа реизырҳара иҽазишәоит (Галаҭаа рахь 5:22, 23). Доуҳала ишәу уаҩны аҟазаара иаанаго еилаҳкаарц азы ҿырԥштәык ҳазхәыцыр ҳалшоит: абизнес аҿы ақәҿиара змоу ауаҩы абизнесмен ҳәа ишьҭоуп, адоуҳатә усқәа рыхә зшьо ауаҩы доуҳала ишәу ҳәа изырҳәоит.
7. Иаҳәозеи Абиблиа доуҳала ишәу ауаа ирызкны?
7 Иисус иҳәеит доуҳала ишәу ауаа насыԥ рымоуп ҳәа. Уи ануп Матфеи 5:3 аҟны: «Бзазара рымоуп доуҳала зҽыздыруа — урҭ Ажәҩан Аԥсҳара ртәуп». Римаа рахь 8:6 иануп иҳамоу ахәыцшьа ҳаԥсҭазаара шахьыԥшу: «Ацәеижь иатәу агәаҳәарақәа — аԥсра рзыԥҵәоуп, доуҳала иҟоу ауаҩԥсы иҭахрақәа — ари ԥсҭазаароуп, хирла, бзазарала аҟазаара ауп». Убри аҟынтә доуҳала ҳшәызар, Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәахоит, иара убас аҩныҵҟатәи аҭынчреи наунагӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷреи ҳамаазауеит.
8. Избан доуҳала ишәу уаҩны аҟалареи ус еиԥш иҟоу уаҩны аанхареи зымариам?
8 Илахьеиқәҵагоуп, аха иахьатәи адунеи ирацәаны ашәарҭарақәа ацуп. Иааҳакәыршаны инхо ауаа Анцәа ицәыхароуп, убри аҟынтә доуҳала ҳаӷәӷәаны ҳаанхарц азы аџьабаа ҳбалар ауп. Ҳахшыҩ Иегова игәы иахәо ала иаҳмырҭәлар, усҟан уи ари адунеи иалаҵәоу ацәеижьтә хәыцшьақәа рыла иҭәуеит. Ишԥаҳалшо уи аҽацәыхьчара? Насгьы ишԥаҳалшо доуҳала аизҳара?
АҾЫРԤШ БЗИА ҲЗААНЗЫЖЬЫЗ ҲАРҾЫԤШУЕИТ
9. а) Иҳацхраауазеи доуҳала аизҳара? б) Иарбан ҿырԥштә бзиақәоу уажәы еилҳарго?
9 Ахәыҷы иҭаацәа зегь рҿиҵаалар, насгьы рҿырԥш бзиа даҿыԥшлар шихәҭоу еиԥш, ҳаргьы Анцәа имаҵ зуаз ҳарҿыԥшлар ауп. Уи доуҳала ишәу уааны аҟалара иҳацхраауеит. Даҽаганкахьала «адоуҳа змамыз» ауаа рҿырԥштәқәа ҳхы зцәаҳахьчалар ҳахәҭоу ҳдырбоит (1 Коринфаа рахь 3:1—4). Абиблиаҿы иҳаԥшаар ҳалшоит ибзиоу аҿырԥштәқәа реиԥш иҽеим аҿырԥштәқәагьы. Шәааи еилҳаргап Иакови, Мариеи, Иисуси иаҳзынрыжьыз аҿырԥштә бзиақәа.
Иарбан ҿырԥшу Иаков иҳаиҭаз? (Шәахәаԥш абзац 10.)
10. Ишԥааирԥшуаз Иаков доуҳала дышшәыз?
10 Аӡәырҩы ҳаиԥш, Иаков иԥсҭазаара ус имариамызт. Иашьа гәакьа Исав иара ишьра дашьҭан. Иабхәа иакәзар, ижьара иҽазишәон. Аха Иаков Иегова Авраам ииҭаз ажәа шынаигӡо иӷәӷәаны агәра игон. Иара идыруан уи ақәыргәыӷра анагӡараҿы иҭаацәарагьы ароль шырзалхыз, убри аҟынтә иара урҭ даара дреиҷаҳауан (Аҟазаара 28:10—15). Иаков иааикәыршаны инхоз ауаа ргәазыҟашьа Иегова иқәыргәыӷрақәа ихадыршҭыртә алимыршеит. Иаҳҳәап, Иаков иашьа дишьыр ҳәа даншәоз Иегова деиқәирхарц азы диҳәон, насгьы иҳәон: «Уара ухаҭа исауҳәеит: „Сара уара уахь агәшаҭара аасырԥшуеит, ухылҵшьҭрагьы амшын аҟәараҿы аԥслымӡ еиԥш ҵҩа рымамкәа иҟасҵоит“» (Аҟазаара 32:6—12). Иаков Иегова иқәыргәыӷрақәа шынаигӡо агәра игон, уи иԥсҭазаашьа ианыԥшуан.
Иарбан ҿырԥшу Мариа иҳалҭаз? (Шәахәаԥш абзац 11.)
11. Иаҳзырбозеи Мариа доуҳала дышшәыз?
11 Ҳазхәыцып Мариа лҿырԥштәы. Иегова лара Иисус иан лакәхарц далихит, избанзар доуҳала ишәыз ԥҳәызбан. Шәаԥхьа Мариа лҭынхацәа Захариеи Елизаветеи рбара даннеи илҳәаз. (Шәаԥхьа Лука 1:46—55.) Ҳара иаҳбоит Мариа Анцәа Иажәа бзиа ишылбоз, насгьы Ауриатә Ҩырақәа ибзианы ишылдыруаз (Аҟазаара 30:13; 1 Самуил 2:1—10; Малахиа 3:12). Иосифи лареи анеибага ашьҭахьгьы, дара Иисус диаанӡа цәеижьла еизааигәахомызт. Анцәа ириҭаз адҵа дара рзы рхатә гәаҳәарақәа раасҭа акырӡа ихадан (Матфеи 1:25). Иара убас Мариа Иисус изҳауанаҵы зегьы зҿлымҳарала дацклаԥшуан, насгьы ауаа идирҵоз дазыӡырҩуан. Лара илаҳауаз «зегьы еизганы лгәы иҭалҵәахуан» (Лука 2:51). Иубарҭоуп лара Мессиа изку аԥааимбаражәа шынаӡо аилкаара даара ишылҭахыз. Иҳалшома ҳара Мариа лыгәрахаҵара аҿыԥшра, насгьы еснагь Иегова игәаԥхара анагӡара?
12. а) Дышԥеиҿыԥшуаз Иисус Иаб? б) Ишԥаҳалшо ҳара Иисус иҿыԥшра? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
12 Иисус зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳзынижьит, уи иаҳирбеит доуҳала ишәу уаҩны аҟазаара иаанаго. Адгьыл аҿы амаҵ аниуаз иара еснагь иааирԥшуан Иаб диеиԥшзар шиҭахыз. Иисус ихәыцшьеи, ицәаныррақәеи, иусқәеи рҿы Иегова диҿыԥшуан. Иара Анцәа игәаԥхара наигӡон, насгьы инормақәа дрықәныҟәон (Иоанн 8:29; 14:9; 15:10). Еиҿшәырԥш Исаиа Иегова игәрыцҳашьара иазкны ииҩуази Марк Иисус иааирԥшуаз ацәаныррақәа ирызкны ииҩуази. (Шәрыԥхьа Исаиа 63:9; Марк 6:34.) Ҳаиҿыԥшуама ҳара Иисус ацхыраара зҭаху рахь еснагь агәрыцҳашьара аарԥшуа? Ҳхы рзаҳашьҭуама Иисус иеиԥш ажәабжьҳәаратә уси аҵаҩцәа разыҟаҵара ауси? (Лука 4:43) Доуҳала ишәу ауаа агәрыцҳашьара рылоуп, насгьы егьырҭ рыцхраара рҽазыршәоит.
13, 14. а) Иаҳдырҵар алшозеи ҳаамҭазы инхо доуҳала ишәу ақьырсианцәа? б) Иаажәга аҿырԥштәы.
13 Иахьа Иисус иҿыԥшра зҽазызшәо доуҳала ишәу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рацәоуп. Иҟалап шәара ижәбозар урҭ гәацԥыҳәарала амаҵ шыруа, насгьы асасдкылареи агәрыцҳашьареи шаадырԥшуа. Урҭ шынаӡамгьы, аҟазшьа бзиақәа аадырԥшларц азы аџьабаа рбоит, насгьы Иегова игәаԥхара анагӡара рҽазыршәоит. Бразилиа инхо аиаҳәшьа Реичел илҳәоит: «Сара амода ацныҟәара бзиа избон. Убри аҟынтә сҽеилаҳәашьа ӡыргацәан. Аха аҵабырг сыцхрааит иаҭахыз аԥсахрақәа рыҟаҵара. Уи мариамызт, аха уи абзоурала еиҳа снасыԥхеит, насгьы сыԥсҭазаара аҵакы аиуит».
14 Афилиппинқәа рҿы инхо аиаҳәшьа Реилин даҽа уадаҩрак лыман. Лара Анцәа имаҵ луан, аха аҵара ду аиуреи аусурҭа бзиеи лара лзы еиҳа ихадан. Ԥыҭрак ашьҭахь лдоуҳатә хықәкқәа рызхәыцра даҟәыҵит. Лара илҳәоит: «Сыԥсҭазаараҿы ак шсыгыз еилыскаауа салагеит, аусура аасҭа еиҳа ихадоу акы». Реилин лхәыцшьа лыԥсахит, насгьы Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы илыргылеит. Уажәы лара Матфеи 6:33, 34 иану Иегова иқәыргәыӷра агәра лгоит. Лара илҳәоит: «Сара Иегова дышсеиҷаҳало агәра ганы сыҟоуп!» Иҟалап шәара ижәбозар шәеизараҿгьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ус шыҟарҵо. Урҭ Христос ишиҿыԥшуа анаҳбо, ҳаргьы рҿыԥшра ҳҭаххоит (1 Коринфаа рахь 11:1; 2 Фессалоникаа рахь 3:7).
ХРИСТОС ИХӘЫЦШЬА ШӘЫМАЗ
15, 16. а) Иҟаҳҵар акәзеи Христос ҳиеиԥшхарц азы? б) Ишԥаҳалшо «Иисус ихәыцшьа» еиӷьны аилкаара?
15 Ишԥаҳалшо ҳара Христос иҿыԥшра? 1 Коринфаа рахь 2:16 иҳаилнаркаауеит ҳара Христос ихәыцшьа ҳамазарц шҳахәҭоу. Филиппаа рахь 2:5 иану ажәақәа Иисус ихәыцшьа аиура ҳгәазҭарҵоит. Христос ихәыцшьа ҳамазарц азы ҳара уи ихәыцшьеи, ицәаныррақәеи, иусқәеи еилаҳкаалароуп. Иисус изы Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа зегь раҵкыс ихадан. Убри аҟынтә Иисус ҳаниҿыԥшуа, Иегова ҳаиҿыԥшуеит. Убри азоуп Иисус ихәыцшьа аҿыԥшра даара изхадоу.
16 Ишԥаҟаҵатәу уи? Иисус иҵаҩцәа ирбон иара аџьашьахәқәа шыҟаиҵоз, ираҳауан ауаа рацәа аҵара шыдирҵоз, иара убас ирбон еиуеиԥшым ауаа дышрызныҟәоз, насгьы Иегова инапхгара дшықәныҟәоз. Дара ирҳәеит: «Ҳара шаҳаҭс ҳрымоуп... уи ирҿиоз, иҟаиҵоз» (Аусқәа 10:39). Иахьа Иисус даҳбаӡом. Аха ҳара иҳамоуп Аевангелиеқәа, урҭ иара ибзианы иеилкаара иҳацхраауеит. Матфеи, Марк, Лука, насгьы Иоанн ирҩыз ашәҟәқәа ҳанрыԥхьо, Иисус ихәыцшьа еиӷьны еилаҳкаауеит. Уи «Иара имҩала» ацара, даҽакала иуҳәозар, иааирԥшуаз агәазыҟашьа аарԥшра иҳацхраауеит (1 Пиотр 2:21; 4:1).
17. Хәарҭас иҳауазеи Христос ихәыцшьа ҳаҿыԥшлар?
17 Хәарҭас иҳауазеи Христос ихәыцшьа ҳаҿыԥшлар? Афатә анаҳфо ҳамч шҭало еиԥш, Христос ихәыцшьа ҳанаҿыԥшуа доуҳала ҳаӷәӷәахоит. Хәыҷы-хәыҷла ҳара Иисус еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы иҟаиҵарыз еилаҳкаауа ҳалагоит. Усҟан ҳара Анцәа игәаԥхо иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалоит, насгьы ҳаламыс цқьазаауеит. Убри аҟынтә, ҳәарада, ҳара иаҳҭаххоит Иисус Христос ҳҽигәылаҳаҳәҳәар (Римаа рахь 13:14).
18. Еилаҳкаазеи ҳара ари астатиа аҟынтә?
18 Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит доуҳала ишәу уаҩны аҟазаара иаанаго. Еилҳаргеит Анцәа идоуҳа анапхгара иқәныҟәоз ауаа рҿырԥштәқәа. Иара убас еилаҳкааит «Иисус ихәыцшьа» шҳацхраауа Иегова ихәыцшьа аҿыԥшра, насгьы изааигәахара. Аха еиҭа еилаҳкааша ыҟоуп. Иаҳҳәап: ишԥаҳалшо ҳдоуҳатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкаара? Иҟаҳҵар ҳалшозеи доуҳала ҳаӷәӷәахарц азы? Насгьы ишԥаныруеи адоуҳатә хәыцшьа ҳаԥсҭазаара? Арҭ азҵаарақәа анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит.