Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwyp астатиа 124
  • Ишԥасылшо ауаа рацәажәашьа аҵара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥасылшо ауаа рацәажәашьа аҵара?
  • Аҿар рызҵаарақәа
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Лабҿаба аицәажәара заҭаху
  • Аицәажәара ишалагатәу
  • Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Иформалтәым аҭагылазаашьаҿы шаҳаҭра ҳурц ацәажәара ишалагалатәу
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
  • Ауаа рахь аинтерес аашәырԥшла
    Ауаа бзиа ижәбала. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
  • Абжьааԥнеиԥш шәцәажәала
    Ауаа бзиа ижәбала. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
  • Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ажәабжьҳәара алшара ҳазҭо аицәажәара ишалагатәу
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
Шәахәаԥш еиҳаны
Аҿар рызҵаарақәа
ijwyp астатиа 124
Аҷкәын аҵара ицызҵо драцәажәоит аԥсшьара аамҭазы акранеицырфо.

АҾАР РЫЗҴААРАҚӘА

Ишԥасылшо ауаа рацәажәашьа аҵара?

Ари астатиаҿы

  • Лабҿаба аицәажәара заҭаху

  • Аицәажәара ишалагатәу

  • Уқәлацәа ирҳәо

Лабҿаба аицәажәара заҭаху

Шьоукы ирҳәоит лабҿаба ауаа рацәажәара шырцәыцәгьоу, насгьы уи астресс шрызцәырнаго — еиҳа имариоуп СМС-аацҳарақәа рыҩра.

«СМС-аацҳарақәа рыла ауаҩы уаниацәажәо, иуҩыз ушьҭаанӡа ак ацуҵар ма иагурхар улшоит, мамзаргьы зынӡа ианухыр, лабҿаба уаниацәажәо уи аҩыза узыҟаҵаӡом. Убри аҟынтә лабҿаба аиҿцәажәара цәгьоуп» (Анна).

«СМС-аацҳарақәа рыла ауаҩы уаниацәажәо, уи заанаҵ иҭаҩу ашоу иеиԥшуп. Лабҿаба уаниацәажәо, уи ишиашо ицо аефир иеиԥшуп. Убри аҟынтә аӡәы саниацәажәо, иакәым ак сымҳәандаз ҳәа ауп сзызхәыцуа» (Џьин).

Знымзар-зны ауаа лабҿаба ишрацәажәалатәу уеизгьы иуҵароуп. Иаҳҳәап, уи ада ԥсыхәа умаӡам аӡәы уиҩызахарц уҭахызар, аусура уԥшаарц, насгьы иуцәымӡырц уҭахызар, ма аӡәи уареи еиҳа еиӷьны шәеибадырырц азы шәеиқәшәаларц уҭахызар (ҳәарада, уи уазхиазар).

Ауаа лабҿаба рацәажәара ацәшәара аҭахӡам. Уара даараӡа иԥхашьо уаҩызаргьы, ауаа рацәажәашьа уҵар улшоит.

Алампочка.

Алабжьара. Агхақәа урцәымшәалан. Ауаа рацәажәашьа аҵара — амаланыҟәа ақәтәашьа аҵара иеиԥшуп. Раԥхьа укаҳалоит, аха шаҟа уақәтәо аҟара, убриаҟара ибзианы иуҵоит — абар уи уажәшьҭа гәахәарыла иҟауҵоит!

«Ҳара зегьы зны-зынла иаҳҭахым ак ҳамхаҳәоит, нас иаҳҳәо-иаҳуа ҳақәымшәо ҳақәхоит, нас ҳаԥхашьоит. Уи зынӡаск акгьы амаӡам. Ак згым аӡәгьы дыҟаӡам, зегь алаф ахь ииагалатәуп» (Нил).

Аицәажәара ишалагатәу

  • Азҵаарақәа рыҭала. Уазхәыц ауаҩы зынтерес имоу, нас убри алацәажәара уалага. Иаҳҳәап, иҟалоит уҵаар:

    «Ҵыԥх аԥхынра џьаракыр уҟазма?»

    «Ааигәа приложениак ҭазгалеит, уамак ауп иара. Иубахьоума?»

    «Иуаҳама...»

    Иара убас уазхәыцыр улшоит узацәажәо ауаҩи уареи шәеидызкыло. Школк шәеицҭазар, ма шәусура еиԥшызар? Еицышәзеиԥшу узыԥшаар, усҟан акы иазҵаарагьы узымариахоит.

    Ҩыџьа аҷкәынцәа шьыбжьон акранырфо аамҭазы еицәажәоит. Реицәажәара аазырԥшуа агьежь аҿы ампыл ануп.

    «Уазхәыц ауаҩы изкны еилукаарц иуҭаху, насгьы иарбан зҵаарақәоу зҭак уаҳар уҭаху» (Марица).

    Алампочка.

    Алабжьара. Хыхь иаагоу азҵаарақәа аицәажәара алагаразы даараӡа ибзиоуп. Излауала узҵаарақәа убас иқәыргыл, зҭак «ааи», «мап» ҳәа иузыҟамҵо. Иаҳҳәап азҵаара: «Ари афильм угәаԥхама?» аҭыԥан, уиазҵаар улшоит: «Ари афильм аҿы иугәаԥхеи?»

    Агәҽанҵара. Ауаҩы азҵаарақәа рацәаны иқәумԥсан, иҿахәы иҿухуашәа. Иара убас дзырԥхашьар алшо азҵаарақәа иумҭалан, иаҳҳәап: «Узыцәшәозеи уара зегь реиҳа?» ма «Есымша аиқәаҵәа зушәуи?» Арҭ азҵаарақәа ауаҩы ихы ахьигара изымдыруа дҟарҵар рылшоит. Аҩбатәи азҵааразы иаҳҳәозар, уи зынӡа акритика изууашәа инарбар алшоит.

    Даҽа лабжьарак. Ауаҩы иҿахәы иҿухуашәа иалымҵырц азы, аказы уиазҵаанӡа, (ма уи ашьҭахь) уаргьы угәаанагара изеиҭаҳәа. Шәеицәажәара аинтервиу акәымкәа, адиалог иеиԥшыз.

    Аполициа аформа зшәу аҷкәын илақәа ырцәгьаны егьи аҷкәын дихәаԥшуеит, насгьы иқьаад акы аниҵоит. Алашара зҿаҷҷо егьи аҷкәын дшәаны дгылоуп.

    Аӡәы уаниацәажәо, иҿахәы иҿухуашәа ибома?

    Абиблиатә принцип: «Ауаҩы игәҭахәыцрақәа иҵаулоу аҵеџь иҭоу аӡы иеиԥшуп, аха аилкаара змоу ауаҩы урҭ ҭигоит» (Ажәамаанақәа 20:5).

  • Узацәажәо уизыӡырҩла. Аицәажәара анагӡара улшоу-иулымшоу зыбзоуроу ацәажәашьа шаҟа ибзианы иудыруа акәӡам, уи зыбзоуроу шаҟа ибзианы аӡырҩышьа удыруа ауп.

    «Сара ахықәкы ықәсыргылеит сзацәажәо ауаҩы изкны иҿыцу акы еилыскааларц. Сара сҽазысшәоит ауаҩы исеиҳәо агәынкылара, даҽазны исҭар сылшо азҵаара сазхәыцырц азы» (Тамара).

    Алампочка.

    Алабжьара. Шәеицәажәара ишахәҭоу иалымҵызар, угәы каумыжьын. Ухшыҩ азышьҭ уааигәа-сигәа иҟоу. Уабаҟоу? Ашкол аҿы? Аусураҿы? Мероприатиак аҿы? Ари зегь уцхраауеит шәеицәажәара излацуҵаша аԥшаара. Иаҳҳәап, аусураҿы аус уцызуа уиазҵаар улшоит: «Аусура аҟынӡа амҩа акыр уқәхома?»

    Агәҽанҵара. Анаҩс иуҳәо умоур ҳәа умшәалан. Ауаҩы улымҳа кыдҵаны уизыӡырҩуазар, иоуҳәашагьы уԥшаауеит.

    Абиблиатә принцип: «Ауаҩы еснагь аӡырҩра дазхиазароуп, ак аҳәара дахымыццаклароуп» (Иаков 1:19).

  • Узацәажәо иахь азҿлымҳара аарԥшла. Ацәажәара узымариахоит, узацәажәо ауаҩы хьаас думазар.

    Ҩыџьа ихбыџу аӡӷабцәа адәахьы асқам аҿы итәоуп. Руаӡәк егьи ллымҳақәа кыдҵаны дылзыӡырҩуеит.

    «Узацәажәо ауаҩы ииҳәо аинтерес шумоу ибозар, усҟан иуҳәо узымдыруа уаанхаргьы, шәеицәажәара агәахәара ду унаҭалоит» (Мари).

    Алампочка.

    Алабжьара. Ауаҩы дырҽхәа, нас азҵаара иҭ. Иаҳҳәап, абас бҳәар былшоит: «Быҵкы шаҟа иԥшӡои! Иабаабхәеи?»

    Агәҽанҵара. Зҵаарақәак ауаҩы игәамԥхар ҟалоит. Иаҳҳәап, абас бҳәар: «Быҵкы шаҟа иԥшӡои! Шаҟа ҳәа иаабхәеи?» — ари аҩыза азҵаара ауаҩы дарԥхашьар алшоит.

    Абиблиатә принцип: «Шәхы мацара акәымкәа, егьырҭгьы шәрызхәыцла» (Филиппаа 2:4).

Иҳәатәузеи аицәажәара ахыркәшамҭаз? «Ибзиоуп аицәажәара угәы ҟазҵо акала ихуркәшар, — иҳәоит Џьордан зыхьӡу ҷкәынак. — Иаҳҳәап: „Ҳаицәажәара сгәы иахәеит“, усҟан еиҳа имариахоит даҽазны уи ауаҩы иацәажәара».

Уқәлацәа ирҳәо

  • Бетел.

    «Ауаа рацәажәашьа аҵара иҿыцу бызшәак аҵара иеиԥшуп. Раԥхьа ицәгьоуп, аха шаҟа уҽазушәо аҟара, убриаҟара ибзианы иуҵоит» (Бетел).

  • Аизек.

    «Аӡәы уаниацәажәо, улымҳа кыдҵаны уизыӡырҩла, ила ухыԥшылала, ухы рҵысла, уԥышәарччала. Ауаа иргәаԥхоит ирҳәо уара узы акыр шаҵанакуа анырбо» (Аизек).

  • Кеит.

    «Уаанӡа аӡәы саниацәажәоз, сгәы хыҭхыҭуан, уажәгьы зны-зынла ихыҭхыҭуеит. Аха сҽазысшәоит уи мыцхәы сазымхәыцкәа, сзацәажәо ауаҩы схы изышьҭра. Уи даараӡа исыцхраауеит» (Кеит).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра