Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwyp астатиа 83
  • Ишԥасылшо ахыхра аҿагылара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥасылшо ахыхра аҿагылара?
  • Аҿар рызҵаарақәа
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иудырыр ахәҭоу
  • Иҟауҵар улшо
  • Акгьы шәыхнамхырц азы шәгәышәҽаныз!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Аҿар рызҵаарақәа
ijwyp астатиа 83
Арԥыс изы ԥышәароуп ҩыџьа бзиа еибабо дахьрыхәаԥшуа, ҩыџьа аҷкәынцәа аҭел аҿы акы иахьахәаԥшуа, насгьы ииасны ицо аӡӷаб данлыхәаԥшуа

АҾАР РЫЗҴААРАҚӘА

Ишԥасылшо ахыхра аҿагылара?

Апостол Павел иҩуан: «Абзиара ҟасҵарц ианақәыскуа аамҭазы, сывараҿ ацәгьара гылоуп» (Римаа рахь 7:21). Иузцәырҵхьоума уара ас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа? Ааи акәзар, ари астатиа уцхраауеит ахыхра аҿагылара, насгьы ииашам агәазыҳәарақәа рыҽрымҭара.

  • Иудырыр ахәҭоу

  • Иҟауҵар улшо

  • Уқәлацәа ирҳәо

Иудырыр ахәҭоу

Лассы-лассы ахыхра ҳҽаҳҭарц ҳгәазҭарҵоит егьырҭ. Абиблиаҿы баша иаҳәаӡом: «Ауаа маџьанақәа, ауаа мхәыцқәа уаҩ дзыхӡыӡаауа, ицқьашәқьоу рыҟьашьра, рыԥхасҭатәра рылшоит» (1 Коринфаа рахь 15:33). Ҳара ҳзацәажәо, ҳазхәаԥшуа, ҳаззыӡырҩуа, насгьы ҳзыԥхьо зегьы ҳаԥсахыр алшоит. Ауаа анырра ҳарҭар алшоит иҽеим ахымҩаԥгашьа ҳгәаҭазҵо агәазыҳәарақәа ҳазцәырҵырц азы. Аӡәы иҽеимкәа ихы амҩаԥгара далагар алшоит зегьы ус ахьыҟарҵо азы (Ақәҵымҭа 23:2).

«Ҳара ахьӡ-аԥшеи ҳашьҭалар егьырҭ ҳаргәаԥхарц азы иҟарҵо ҟаҳҵо ҳалагоит» (Џьереми).

Уазхәыц: избан егьырҭ ргәаанагара мыцхәы иазхәыцуа ауаҩы ахыхра аҿагылара зицәыцәгьахо? (Ажәамаанақәа 29:25).

Алкаа. Уқәлацәа узықәныҟәо апринципқәа реилагара удырцалартә алумыршан.

Иҟауҵар улшо

Зыгәра уго ибзианы иудыруаз. Зыгәра уго ибзианы иузымдыруазар, егьырҭ рхы уадырхәар алшоит атеатркьанџьа еиԥш. Иҟәыӷарахон абиблиатә лабжьара ақәныҟәара: «Зегь ԥышәшәала — иеиӷьу алышәхла» (1 Фессалоникаа рахь 5:21). Зыгәра уго ибзианы еилукаауазар аԥышәарақәа рҿагылара еиҳа иузымариахоит.

Уазхәыц: избан агәра ганы узыҟоу Анцәа инормақәа рықәныҟәара ахәарҭа шузаанаго?

«Сара иазгәасҭеит еснагь апринципқәа урықәныҟәаны аԥышәара анухуго еиҳагьы пату шуқәырҵо» (Кимберли).

Абиблиатә ҿырԥштәы: Даниил. Даниил даныхбыџыз «игәаҿы иӡбеит» Анцәа дизыӡырҩларц (Даниил 1:8).

Арԥыс инапқәеи ишьапқәеи арахәыц адҿаҳәалоуп; егьырҭ атеатркьанџьа еиԥш днарга-ааргоит

Зыгәра уго ибзианы иузымдыруазар, егьырҭ рхы уадырхәар алшоит атеатркьанџьа еиԥш.

Уԥсыҽрақәа удыруаз. Абиблиаҿы иаҳәоит «аҿара иацу ахымҩаԥгашьақәа, агәаҳәарақәа» рыӡбахә (2 Тимофеи иахь 2:22). Урҭ амч ду рымоуп. Уахь иаҵанакуа ацәеижьтә еизааигәахара агәазыҳәара мацара акәӡам. Аҿар ирымоуп агәазыҳәара, дара азхиамзаргьы, рхала рыԥсҭазаараҿы рҭаацәа ирхьыԥшымкәа рхатәы ӡбарақәа адкылара.

Уазхәыц: Абиблиа ҳгәаҳҽаннаҵоит «дарбанзаалакь иара ихатә гәаҳәарақәа, иҭахрақәа дԥыршәоит» ҳәа (Иаков 1:14). Аха иарбан гәазыҳәарақәоу уара еиҳа уԥызшәар алшо?

«Ухазы иазгәаҭ, иарбан хыхрақәоу еиҳарак зҿагылара уцәыцәгьоу. Анаҩс иҭҵаа урҭ ишырҿагылатәу. Еиҭах уи аԥышәара уанақәшәо, уара иудыруазаауеит аҿагылара шулшо» (Сильвиа).

Абиблиатә ҿырԥштәы: Давид. Зны-зынла Давид егьырҭ ирҭоз анырреи, ихатә гәазыҳәарақәеи иҽриҭон. Аха иара ахынраалара илан, насгьы иҽазишәон уаҳа агхақәа рыҟамҵара. Давид Иегова диҳәон: «Ицқьоу агәы сызҭаҵа..., насгьы исыҭ иҿыцу, иӷәӷәоу адоуҳа» (Аԥсалом 51:10).

Аҭагылазаашьа уаԥшәымаз. Абиблиа ҳаанаԥхьоит: «Ацәгьара аиааира злашәыргаша шәашьҭамлан» (Римаа рахь 12:21). Даҽакала иуҳәозар, ахыхра уҽауҭо ма уҽаумҭо уара уоуп изыӡбаша.

Уазхәыц: иҟауҵар улшозеи аԥышәара уанақәшәо ииашаны ухы мҩаԥугарц азы?

«Сара сазхәыцуеит ахыхра сҽасҭар иҟало. Еиҳа исзымариахома? Исзымариахар ҟалап, аха уи аамҭалахоит. Анаҩс иҟалозеи? Еиҳагьы сеицәахоит. Иаԥсоума нас уи? Мап!» (Софиа).

Абиблиатә ҿырԥштәы: Павел. Апостол Павел зны-зынла агәазыҳәарақәа изцәырҵуан, аха иара урҭ иҽриҭаӡомызт. Иара абас иҩуан: «Есааира сцәеижь аныҟәцара, араарԥсара, аргәаҟра саҿуп» (1 Коринфаа рахь 9:27).

Алкаа. Аԥсҭазаара амҩа иеиԥшуп, уара аԥсҟы укуп. Уара уоуп изыӡбо ахыхра «уавсру», мамзаргьы мап.

Иухоумыршҭын аԥышәареи ахыхреи шаамҭалатәиу. «Аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара анысҵоз исгәаԥхақәоз уажәшьҭа зынӡаск аинтерес сымаӡам,— лҳәоит 20 шықәса зхыҵуа Мелисса.— Уажәы сзықәшәо аԥышәарақәагьы убас сырзыҟоуп. Сара агәра ганы сыҟоуп, урҭ сыҽрысымҭар сыԥсҭазаара еиҳа ишеиӷьхо».

Уқәлацәа ирҳәо

Оливиа

«Сара схы шымҩаԥызгаша заа исыӡбар усҟан аԥышәара аиааира еиҳа исзымариахоит, насгьы ииашаны ахымҩаԥгара исыцхраауеит. Иаҳҳәап, сара ӷәӷәала исыӡбазар ак аҟаҵара, уи насыгӡоит. Сара сыӡбара сыԥсахӡом, насгьы егьырҭ уи иаԥырхагахартә алсыршаӡом» (Оливиа).

Џьаред

«Ахбыџқәа аԥышәарақәа ирықәшәоит ахәылԥазтәи аиԥыларақәа раан, насгьы уа иҟарҵо даргьы аҟаҵара иалагоит, иаҳҳәап, арыжәтә аҽаршьра, анаркотикқәа рыдкылара, иара убас ацәеижьтә еизааигәахара. Гәаартыла сҭаацәа санрацәажәо уи ахыхрақәа анырра сырымҭарц исыцхраауеит. Иара убас сара есымша сҽазысшәоит хәарҭа сзаазго уск аҟаҵара, уи аԥышәарақәа рҽырцәыхьчара исыцхраауеит» (Џьаред).

Меиен

«Зны-зынла егьырҭ цәгьарак зҵам ҳәа ирыԥхьаӡо, хаҭала сара исԥырхагахар алшоит. Иаҳҳәап, агәырҿыхагақәа ралхраҿы. Арҭ азҵаарақәа рҿы ҟәыӷарала ахымҩаԥгаразы, ухазы еиҳа ихадоу еилукаароуп. Уи азы аамҭа аҭаххоит» (Меиен).

Џьулиан

«Ихадоуп ласымцқьарала ахымҩаԥгара. Иаԥсоуп азхәыцра, иарбан саитқәоу иҽеим асахьақәа цәырызгар алшо, насгьы урҭ ануԥыло иҟауҵаша заа иӡбатәуп. Ари зегь заа уазымхәыцыр арыцҳарақәа узрыцәцом» (Џьулиан).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра