Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 ииуль ад. 14—19
  • Акгьы шәыхнамхырц азы шәгәышәҽаныз!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Акгьы шәыхнамхырц азы шәгәышәҽаныз!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАНБАҲАХӘҬОУ ЕИҲАРАӠАК ҲГӘАҲҼАНЫЗАРЦ?
  • ҲХЫЗХЫР АЛШО ҲҼАЦӘАҲАХЬЧАРЦ АЗЫ ИҞАҴАТӘУ
  • АГӘҼАНЫЗААРА ШӘМЫРӠЛАН
  • ИАРБАН ҲАМҬОУ ИАҲЗЫԤШУ?
  • Аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахьгьы Иисус шәишьҭанеила
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Шәазхиоума шәыԥсҭазаара Анцәа изкра?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 ииуль ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 29

АШӘА 121 Ҳара аҽынкылара ҳҭахуп

Акгьы шәыхнамхырц азы шәгәышәҽаныз!

«Шәмыцәан, шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала, акгьы шәыхнамхырц азы» (МАТФ. 26:41).

ЕИЛАҲКААУА

Ари астатиа иаҳгәаланаршәоит агәнаҳа ҳзырҟаҵар алшо, насгьы уи ҳҽацәаҳахьчарц азы иҟаҵалатәу.

1, 2. а) Иарбан гәҽанҵароу Иисус иҵаҩцәа ириҭаз? б) Избан Иисус иҵаҩцәа дзынрыжьыз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

ИИСУС иҳәеит: «Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп» (Матф. 26:41б)a. Ииҳәарц ииҭахызи иара? Иисус еиликаауан ауаа шынаӡам, насгьы агхақәа рыхьлар шалшо. Иара убас арҭ ажәақәа рыла иҵаҩцәа рхы иақәымгәыӷларц ргәырҽаниҵар иҭахын. Сааҭқәак раԥхьа апостолцәа Ирықәиҭу ахаан дшаанырмыжьуа рҳәеит (Матф. 26:35). Дара уи гәыкала ирҳәон, убас иҟаларгьы рҭахын. Аха дара рхаҿгьы ирзаагомызт астресс узцәырызго аҭагылазаашьаҿы зынӡа даҽакала рхы шымҩаԥыргоз. Убри азоуп Иисус абас зреиҳәаз: «Шәмыцәан, шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала, акгьы шәыхнамхырц азы» (Матф. 26:41а).

2 Рыцҳарас иҟалаз Иисус иҵаҩцәа иреиҳәаз иазымӡырҩӡеит. Рхы шԥамҩаԥыргеи Рырҵаҩы дыкны данырга? Уаанӡа ишырҳәахьаз еиԥш даанмыжьӡакәа ицызма? Мап, дара рхаҭақәагьы зқәымгәыӷуаз ҟарҵеит: ишәан, ибналеит (Матф. 26:56).

Асахьақәа реизга «Иисус иапостолцәеи иареи уахынла Гефсиманиатәи абаҳчаҿы»: 1) Иисус иапостолцәа драцәажәоит; 2) апостолцәа ыцәоуп; 3) Иисус дыкны данырго апостолцәа бналоит.

Иисус иҵаҩцәа абас реиҳәеит: «Шәмыцәан... акгьы шәыхнамхырц азы». Аха иара дыкны данырга, урҭ шәан, ибналеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 1, 2.)


3. а) Избан ҳхы ҳақәгәыӷцәозар, Иегова ҳизиашаны аанхара ҳцәыцәгьахар залшо? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ҳара ҳхы ҳақәымгәыӷцәалароуп — уи иҽеим акахьы ҳнанагар алшоит. Ҳәарада, ҳара ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгалар, насгьы Иегова дҳаргәырӷьалар ҳҭахуп. Аха уеизгьы иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳшынаӡам, насгьы акы ҳахнахыр шалшо (Рим. 5:12; 7:21—23). Ҳхаҭа ҳшақәымгәыӷуа игәнаҳау акы аҟаҵаразы агәаҳәара ӷәӷәа ҳазцәырызго ҭагылазаашьак ҳақәшәар алшоит. Иеговеи Иисуси ҳрызиашаны ҳаанхарц азы Иисус игәҽанҵара ҳазыӡырҩлароуп. Ари астатиаҿы раԥхьа ҳрылацәажәоит еиҳараӡак агәҽанызаара ааҳарԥшлар аҳхьахәҭоу аганқәа. Анаҩс еилаҳкаауеит ахыхрақәа ҳҽырцәаҳахьчарц азы иҟаҵалатәу. Аҵыхәтәаны ҳалацәажәоит агәҽанызаара ҳмырӡырц азы иҟаҵалатәу.

ИАНБАҲАХӘҬОУ ЕИҲАРАӠАК ҲГӘАҲҼАНЫЗАРЦ?

4, 5. Избан уиаҟара иӷәӷәам агәнаҳақәагьы ашәарҭара зрыҵоу?

4 Гәнаҳақәак даҽа гәнаҳақәак реиԥш иӷәӷәаӡам. Аха урҭгьы ашәарҭара рыҵоуп, избанзар Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа дырԥсыҽыр алшоит. Иара убас урҭ еиҳа иӷәӷәоу агәнаҳақәа рахь ҳнаргар алшоит.

5 Доусы дхызхуа ак ыҟоуп. Ҳара зегьы ҳаиԥшӡам, насгьы ԥсыҽрак-ԥсыҽрак ҳамоуп. Шьоукы асексуалтә гәнаҳа ҟарымҵарц азы рцәеижь агәаҳәара иаҿагылоит. Егьырҭ амастурбациа аҟаҵарази апорнографиа ахәаԥшрази ирымоу агәаҳәара ӷәӷәа иаҿагылоит. Иҟоуп аԥсахеибакреи, ауаа рҿаԥхьа ашәареи, дара ртәала зегь аҟаҵареи реиԥш иҟоу аԥсыҽрақәа рҿагылара ззымариамгьы. Ҳәарада, иҟоуп егьырҭ аԥсыҽрақәагьы. Иаков ишиҳәаз еиԥш, «ауаҩы дԥызшәо, дагьхызхуа ихатә гәаҳәара ауп» (Иак. 1:14).

6. Избан ҳхы ҳамжьалар зҳахәҭоу?

6 Ижәдыруама шәара шәыԥсыҽрақәа? Ҳара ԥсыҽрак ҳамазар, уи ҳамаӡам ҳәа ҳхы ҳамжьалароуп. Мамзаргьы ҳара ҳаӷәӷәоуп, ахаан агәнаҳа ҟаҳҵаӡом ҳәа ҳамхәыцлароуп. Ус еиԥш иҟоу ахәыцшьа абзиахь унанагом (1 Иоанн 1:8). Шәазхәыц: Павел иҳәеит доуҳала ишәу ақьырсианцәагьы ргәырҽанымзар, акы ихнахыр шалшо (Гал. 6:1). Ҳара ҳхы ҳамжьалароуп, насгьы ҳхызхыр алшо ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа гәаҳҭалароуп (2 Кор. 13:5).

7. Аус здаҳулар акәзеи еиҳарак? Иаажәга аҿырԥштәы.

7 Убасала ҳара ҳаԥсыҽрақәа гәаҳҭеит. Иҟаҵатәузеи анаҩс? Урҭ аус рыдаҳулаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ауп! Иааҳгап ҿырԥштәык. Абиблиатә аамҭақәа раан ақалақь аҭӡамц аҿы зегь раасҭа иуашәшәыраз ахәҭа — агәашәқәа ракәын. Убри аҟынтә урҭ еиҳарак игәцаракны ирыхьчон. Убас еиԥшҵәҟьа, ҳара ҳаԥсыҽрақәа еиҳа игәцаракны аус рыдаҳулалар ауп, ахыхра ҳақәшәар, уи ҳаҿагыларц азы (1 Кор. 9:27).

ҲХЫЗХЫР АЛШО ҲҼАЦӘАҲАХЬЧАРЦ АЗЫ ИҞАҴАТӘУ

8, 9. Иҽацәихьчар шԥаилшоз Ажәамаанақәа 7-тәи ахаҿы зыӡбахә ану арԥыс агәнаҳа ӷәӷәа? (Ажәамаанақәа 7:8, 9, 13, 14, 21).

8 Иҟаҵатәузеи ҳхызхыр алшо аҟынтә ҳхы ҳахьчарц азы? Ҳахәаԥшып ашәҟәы Ажәамаанақәа 7-тәи ахаҿы зыӡбахә ану арԥыс ихҭыс иаҳнарҵо. Иламысдаз аԥҳәыс аҵх еицырхыргарц идылгалеит, иаргьы мап лзицәымкӡеит. 22-тәи ажәеинраалаҿы иануп: «Абар иара уажәшьҭа длышьҭаланы дцоит». Раԥхьа угәы иаанагар алшоит арԥыс ихаҭа дызқәымгәыӷуаз аҭагылазаашьа дақәшәеит ҳәа. Аха аконтекст ишаҳнарбо еиԥш, иара уи агәнаҳа ахь дназгаз акымкәа-ҩбамкәа ихшыҩдаз аӡбарақәа идикылеит.

9 Иарбан ӡбарақәоу? Зегь злалагаз, уи аԥҳәыс дахьынхоз амҩа дахьанылаз ала ауп. Анаҩс иара лыҩны аган ахь иҿынеихеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 7:8, 9.) Уи аԥҳәыс даниба, дааҳәны ацара аҭыԥан, уахь дылԥылеит. Иара длыгәӡырц иуит, насгьы дхылхырц азы илҳәоз дазыӡырҩуан. Лара иалҳәеит аҭынчразы акәырбанқәа шналгаз. Уи зылҳәаз, дуаҩы цәгьаӡам ҳәа агәра илыргарц азы акәзар ҟалап. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 7:13, 14, 21.) Арԥыс ихшыҩдараз арҭ ашьаҿақәа ҟаимҵазҭгьы, уи аҩыза ихьрымызт.

10. Ишԥаилшо иахьа аӡәы ашәҟәы Ажәамаанақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу арԥыс ихьыз агха аҩыза ҟаиҵар?

10 Ашәҟәы Ажәамаанақәа 7-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтә дарбанзаалак ихьыр алшоит. Агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы абас шԥасыхьи ҳәа иџьеишьозар алшоит, насгьы ус ихаҭа дшақәымгәыӷуаз иҟалеит ҳәа иҳәозар ауеит. Аха ибзиан дхәыцыр, агәнаҳа ахь дназгаз ашьаҿақәа ибар алшоит. Иҟалап иара Иегова бзиа дзымбо ауаа ҩызцәас ишьҭихзар. Мамзаргьы ақьырсианцәа ирықәнагам агәырҿыхагақәа ралхреи, иахәҭам аҭыԥқәа рахь аныҟәареи, иҽеим асаитқәа рахь аҭалареи далагазар. Уи адагьы, иҟалап иара Анцәа иҳәара, Абиблиа аԥхьара, аизарақәа рахь аныҟәара ма ажәабжь аҳәара даҟәыҵзар. Ус анакәха Ажәамаанақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу арԥыс иеиԥш агәнаҳа ахьыҟаиҵаз џьашьатәӡам.

11. Ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи агәнаҳа ҟаҳамҵарц азы?

11 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳара агәнаҳа ахаҭа адагьы, агәнаҳа ахь ҳназгар алшо зегьы ҳҽацәаҳахьчалароуп. Арԥыси иламысдоу аԥҳәыси ирызку ахҭыс аҿы убри агәҽанҵара ауп ианугьы. Соломон инаҵшьны иҳәоит: «Лымҩахь уқәымлан» (Ажәам. 7:25). Ажәамаанақәа 5-тәи ахаҿгьы убри аҩыза алабжьара ануп: «Умҩа [акаҳԥы] лҟынтәи ихараны икыз, насгьы лыҩны ашә уазааигәамхан» (Ажәам. 5:3, 8). Ааи ҳара агәнаҳахь ҳназгар алшо изакәызаалак амԥан ҳақәымлалар аупb. Уск ақьырсианцәа рзы цәгьарак аҵамзаргьы, хаҭала ҳара ҳзы уи шәарҭазар ауеит (Матф. 5:29, 30).

12. Ииӡбазеи Иов, насгьы дышԥахьчоз уи? (Иов 31:1).

12 Агәнаҳахь уназгар алшо аҭагылазаашьақәа рҟынтә ҳхы ҳахьчарц азы уи ӡбаны иҳамазар ауп. Иов уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳаиҭоит. Иара иҳәеит «сыблақәеи сареи ҳҿы аиқәшаҳаҭра бжьасҵеит» ҳәа, — даҽакала иуҳәозар, ишакәым аҳәса ахаан дшырмыхәаԥшло ӡбаны иман. (Шәаԥхьа Иов 31:1.) Иов ииӡбаз инақәыршәаны дынхон, уи абзоурала еснагь иԥшәмаԥҳәыс длызиашан. Ҳаргьы ҳхызхыр алшо акгьы шыҟаҳамҵало ӡбаны иҳамазар ауп.

13. Избан ҳхәыцрақәа ҳрыцклаԥшлар зхадоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Иара убас ҳара ҳхәыцрақәа ҳрыцклаԥшлар ауп (Ақәҵ. 20:17). Шьоукы ргәы иаанагоит иҽеим акы уазхәыцуазар, аха уи ҟаумҵозар цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам ҳәа. Аха уи хжьагоуп. Ауаҩы иҽеим ахәыцрақәа иҽриҭозар, урҭ еизирҳауеит. Ус анакәха иара ихаҭа ихы ауадаҩра иҭаиргылоит, нас иҽеим агәаҳәара аҿагылара ицәыцәгьахоит. Ҳәарада, зны-зынла иҽеим ахәыцрақәа ҳазцәырҵлар алшоит, аха урҭ иаразнак иаҳԥыраҳцалароуп, насгьы ибзиоу ахәыцрақәа рыла иҳаԥсахлароуп. Убасала ҳара агәнаҳа ӷәӷәа аҟынтә ҳхы ҳахьчоит, избанзар иҽеим ахәыцрақәа заанкылара цәгьахо агәаҳәара ӷәӷәа ҳазцәырыргар ҳауӡом (Флп. 4:8; Кол. 3:2; Иак. 1:13—15).

Асахьақәа реизга: 1) аиашьа уахынла ателевизор дахәаԥшуеит; 2) иара иаҩсны ицо аус ицызуа аԥҳәыс длышьҭаԥшуеит; 3) аус ицызуа уи аԥҳәыси иареи абар аҿы еидтәаланы арыжәтә ржәуеит.

Ҳхызхуа акахьы ҳназгар алшо ҳҽацәыҳахьчалароуп. (Шәахәаԥш абзац 13.)


14. Иҳацхраауазеи иҵегьы ҳхызхыр алшо аҽацәыхьчара?

14 Иҳацхраауазеи иҵегьы ҳхызхыр алшо аҽацәыхьчара? Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ауп Анцәа изакәанқәа рыла анхара еснагь ишаҳзеиӷьу. Ҳәарада, ҳхәыцрақәеи ҳгәаҳәарақәеи рзы Анцәа иҿаԥхьа ҳаԥхамшьаларц азы урҭ рыԥсахра мариамзар алшоит. Аха аџьабаа абара иаԥсоуп! Избанзар Анцәа убасҟан иҳаиҭо агәҭынчра аасҭа еиӷьу акгьы ыҟаӡам.

15. Ишԥаҳацхраауеи абзиара ахь иҳамоу абзиабара ҳхызхыр алшо аҿагылара?

15 Ҳара ицқьоу агәаҳәарақәа еизҳарҳалар ауп. Ацәгьара ацәымӷшьеи абзиара бзиа абашьеи ҳҵар, ииашаны ахымҩаԥгареи агәнаҳахь ҳназгар алшо изакәызаалак аҽацәыхьчареи ҳзымариахоит (Ам. 5:15). Иара убас ҳазқәымгәыӷуаз мамзаргьы зыцәцара ҳалымшоз ҭагылазаашьак ҳақәшәар, акы ҳахнахыртә алҳаршаӡом, ҳхы шымҩаԥаҳгаша ибзианы иаҳдыруазаауеит.

16. Ҳашԥарыхьчо адоуҳатә усқәа ииашам агәаҳәарақәа рҟынтә? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Ишԥаҳалшо ииашоу агәаҳәарақәа реизырҳара? Ҳара адоуҳатә усқәа иахьынӡалшо ирацәаны аамҭа рзаҳклар ауп. Ақьырсиантә еизарақәа рҿы ма ажәабжьҳәараҿы ҳаныҟоу хықәкыс иҳамоу Иегова иргәырӷьара ауп, цәгьак аҟаҵара ҳхахьгьы иааиӡом (Матф. 28:19, 20; Аур. 10:24, 25). Анцәа Иажәа ҳахшыҩ азышьҭны ианҭаҳҵаауа, абзиара бзиа абашьеи, ацәгьара ацәымӷшьеи ҳҵоит (Иис. Н. 1:8; Аԥсал. 1:2, 3; 119:97, 101). Ишәхашәмыршҭлан, Иисус иажәақәа: «Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала, акгьы шәыхнамхырц азы» (Матф. 26:41). Ҳара Анцәа ҳаниҳәо, жәҩантәи Ҳаб аамҭа ицаҳхаҳгоит. Убас дҳацхраарц азы, насгьы дҳаргәырӷьаларц азы иҳамоу агәаҳәара арӷәӷәаразы алшара иаҳҭоит (Иак. 4:8).

Адоуҳатә усқәа рынагӡара шьцыларас ианҳамоу, урҭ ҳхызхуа аҟынтә ҳхы ахьчара иҳацхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 16.)c


АГӘҼАНЫЗААРА ШӘМЫРӠЛАН

17. Иарбан шәароу Пиотр зныкымкәа изцәырҵхьаз?

17 Иҟалап ԥсыҽрақәак риааира ҳалшар. Аха ԥсыҽрақәак анаҩсгьы рхы ҳдырдырлоит. Ҳахәаԥшып Пиотр иҿырԥшы. Иара ауаа дрыцәшәаны хынтә Ирҵаҩы мап ицәикит (Матф. 26:69—75). Ԥыҭрак ашьҭахь, Асинедрион аҿаԥхьа дангылаз, агәымшәара аарԥшны Иисус иӡбахә иҳәон. Уажәшьҭа уаҳа шәарак илаӡам ҳәа угәы иаанагар алшон (Аус. 5:27—29). Аха шықәсқәак рышьҭахь иара иауриацәамыз ауаа акрырыцфара даҟәыҵит, уи ауриацәа иргәамԥхар ҳәа дшәаны (Гал. 2:11, 12). Ишаҳбо еиԥш, Пиотр ауаа рҿаԥхьа имаз ашәара дырҩегь ихынҳәит. Иҟалап уи уаҳа дзазымиааизаргьы.

18. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, шьцыларак ҳаиааихьазаргьы?

18 Ҳаргьы уи аҩыза ҳақәшәар ҳалшоит. Ишԥа? Ҳара ԥсыҽрак ҳаиааит ҳәа ҳгәы ианаанаго аамҭазы, уи аацәырҵыр алшоит. Абар иашьак ииҳәо: «Сара апорнографиа сахәамԥшижьҭеи жәашықәса ҵуан, убри аҟынтә уи аԥсыҽра саиааихьеит ҳәа сгәы иаанагон. Аха уи џьаргьы имцазаап — агыгшәыг еиԥш аҽыҵәахны ианаало аамҭа иазыԥшызаарын, дырҩегь ахы снардырырц азы». Аха ҳашьа уи ауадаҩра даҿагылеит. Иара еиликааит анаҩсгьы, иҟалап ари адунеи цәгьа аҵыхәтәа ааиаанӡа, есыҽны уи аԥсыҽра даҿагылалар шакәу. Иара ихатә ҩызеи аизара ахылаԥшыҩцәеи рыцхыраара даҳәеит, насгьы ажәытә ахь дыхнымҳәырц азы еиҳагьы агәҽанызаара ааирԥшуан.

19. Иҟаҵатәузеи макьана ҳаззымиааиц шьцыларак ҳамазар?

19 Иҟаҵатәузеи макьана ҳаззымиааиц шьцыларак ҳамазар? Ҳара есымша ҳгәаҳҽанызароуп, насгьы «шәмыцәан» ҳәа Иисус ииҳәаз ҳазыӡырҩлароуп. Ҳаӷәӷәоуп ҳәа ҳгәы ианаанагогьы иҽеим агәаҳәарақәа ҳазцәырызгар алшо аҭагылазаашьақәа ҳҽырцәаҳахьчалар ауп (1 Кор. 10:12). Уаанӡа ишәыцхраауаз ҟашәҵала. Ажәамаанақәа 28:14 аҿы иануп: «Насыԥ имоуп еснагь Анцәа ицәшәо ауаҩы» (2 Пиотр 3:14).

ИАРБАН ҲАМҬОУ ИАҲЗЫԤШУ?

20, 21. а) Иарбан ҳамҭоу иҳауа, ҳхызхыр алшо ҳҽацәаҳахьчаларц азы аџьабаа ҳбозар? б) Иҟаиҵозеи Иегова, ҳара ҳганахь ала иҳалшо зегь ҟаҳҵозар? (2 Коринфаа 4:7).

20 Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит хыхрак ҳаҿагыларц азы аџьабаа ҳбозар, уи шаҳԥыло. Агәнаҳа иҳаднагало «аамҭалатәи агәахәара» ауп (Аур. 11:25). Ҳара Иегова инормақәа рыла ҳанынхо еиҳа насыԥ ҳамоуп (Аԥсал. 19:8). Избан? Избанзар ҳара ус ҳшоуп (Аҟаз. 1:27). Убри аҟынтә ҳаԥсҭазаашьала Иегова данҳаргәырӷьо, акы иузадымкыло аҳамҭа ҳауеит — аламыс цқьеи наӡаӡатәи аԥсҭазааразы ашьаҭа ӷәӷәа змоу агәыӷреи (1 Тим. 6:12; 2 Тим. 1:3; Иуда 20, 21).

21 Ааи, ауаҩы «ицәеижь ԥсыҽуп». Аха уи иаанагаӡом агәнаҳа аҿаԥхьа акгьы ҳалшаӡом ҳәа. Иегова иаҭаху амч ҳаҭара дазхиоуп. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 4:7.) Аха иазгәашәҭ: Анцәа ауаҩы имч аасҭа еиҳау амч ҳаиҭоит. Ауаҩы имч — уи ахыхрақәа ҳарҿагылаларц азы есыҽны иаҳбо аџьабаа ауп. Уи азы аҭакԥхықәра зду ҳара ҳауп. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо, ҳамч зқәымхо аҿгьы дышҳацхраауа (1 Кор. 10:13). Ҳхызхуа закәызаалакгьы, иара ицхыраарала уи ҳаҿагылар ҳалшоит!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан ганқәоу еиҳараӡак ҳгәаҳҽанызар ахьҳахәҭоу?

  • Иҟаҵатәузеи ҳхызхыр алшо аҟынтә ҳхы ҳахьчарц азы?

  • Избан агәҽанызаара ҳмырӡлар зхадоу?

АШӘА 47 Есыҽны Иегова уиҳәала

a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Матфеи 26:41 аҿы зыӡбахә ҳәоу «агәы» — уи цәаныррак ҳазцәырызго ма ак ҳзырҟаҵо иҳалоу амч ауп. «Ацәеижь» ҳәа зыӡбахә ҳәоу — уи ҳанамӡареи иҳалоу агәнаҳаи роуп. Ҳара ииашаны ахымҩаԥгаразы агәаҳәара ӷәӷәа ҳамазар ауеит. Аха ҳгәаҳҽанымзар, акы ҳахнахыр алшоит, Анцәа изакәан еилаҳгаргьы ауеит.

b Агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы ицхраар алшо аинформациа иԥшаар ауеит ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» аҿы, аурок 57, апунктқәа 1—3 иара убас, 2020 шықәса, ноиабр мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Шьҭахьҟа акәымкәа, ԥхьаҟа шәыԥшла!» аҟны, адаҟьақәа 27—29, абзацқәа 12—17.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа шьыжьымҭан амш иазалху ажәеинраала даԥхьоит, шьыбжьон Абиблиа даԥхьоит, ахәылбыҽха аизарахь дцоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра