Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 ииуль ад. 8—13
  • Аиашеи амци реиҩдыраашьа шәҵала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аиашеи амци реиҩдыраашьа шәҵала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АИАШЕИ АМЦИ РЕИҨДЫРААРА ИҲАЦХРААУА
  • АҴАБЫРГ ҲҼАЛАРԤСНЫ АКРА ИҲАЦХРААУА
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа аҵыхәтәантәи ражәақәа иаҳдырҵо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова иорганизациахь шәыгәрагара шәырӷәӷәала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 ииуль ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 28

АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит

Аиашеи амци реиҩдыраашьа шәҵала

«Шәаӷа шәиҿагыларц азы аҵабырг амаҟа шәымӷашәҵа» (ЕФ. 6:14).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова иаҳирҵо аҵабырги Аҩсҭааи егьырҭ ҳаӷацәеи иҳаладырҵәо амци реиҩдыраара иҳацхраауа.

1. Ахә ҳаракны изышәшьои аҵабырг?

ИЕГОВА имаҵзуҩцәа Абиблиа иану аҵабырг бзиа ирбоит. Ҳхаҵара уи аҵабырг шьаҭас иамоуп (Рим. 10:17). Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ақьырсиантә еизара зеиҿикааз уи аҵабырг ахьчаларц, шьаҟас иаиурц азы шакәу (1 Тим. 3:15). Иара убас ҳара «напхгара ҟазҵо» аишьцәа гәыкала ҳарзыӡырҩуеит. Урҭ аишьцәа Абиблиа аилкаареи Анцәа игәҭакы анагӡареи иҳацхраауеит (Аур. 13:17).

2. Иарбан шәарҭароу иҟоу, аҵабырг ҳдыруазаргьы? (Иаков 5:19).

2 Ҳара аҵабырги Анцәа иорганизациеи бзиа иаҳбоит. Аха уи иаанагаӡом аҵабырг амҩа акы ҳақәнарҟьар алшаӡом ҳәа. (Шәаԥхьа Иаков 5:19.) Аҩсҭаагьы уи ауп дыззыԥшу. Ҳара Абиблиеи Анцәа иорганизациа иаҳнаҭо амҩақәҵарақәеи рыгәра агара ҳаҟәыҵыр, Аҩсҭаа игәы иршьышьрын (Еф. 4:14).

3. Избан аҵабырг ҳҽаларԥсны иаҳкызар зҳахәҭоу? (Ефесаа 6:13, 14).

3 Шәаԥхьа Ефесаа 6:13, 14. Иаарласны Аџьныш апропаганда ду еиҿикаауеит, ажәларқәа жьаны Иегова иҿаиргыларц азы (Аат. 16:13, 14). Иара убас иҟалап иара Анцәа имаҵзуҩцәа ржьара еиҳагьы иҽазикыр (Аат. 12:9). Убри аҟынтә ҳара амци аиашеи реиҩдыраашьа ҳҵар хадоуп, насгьы аҵабырг ҳазыӡырҩлароуп (Рим. 6:17; 1 Пиотр 1:22). Уи арыцҳара ду ахгара иҳацхраауеит.

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Ари астатиа аҟны ҳара еилҳаргоит амци аиашеи реиҩдыраареи Иегова иорганизациа агәра агареи иҳацхраауа ҩ-ҟазшьак. Иара убас ҳара ҳрылацәажәоит аҵабырг ҳҽаларԥсны акра иҳацхраауа х-лабжьарак.

АИАШЕИ АМЦИ РЕИҨДЫРААРА ИҲАЦХРААУА

5. Ишԥаҳацхраауеи Иегова иҿаԥхьа иҳамоу ашәара амци аиашеи реиҩдыраара?

5 Иегова иҿаԥхьа иҳамоу ашәара. Иегова иҿаԥхьа иҳамоу ашәареи иара иахь иҳамоу абзиабареи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Ҳара Анцәа гәыкала бзиа даҳбоит, убри аҟынтә игәы изырхьыр алшо ак ҟаҳҵар ҳәа ҳшәоит. Ҳара ҳзын зегь раасҭа ихадоу иара игәы ақәшәара ауп. Убри аҟынтә ҳара иаҳҭахуп ацәгьеи абзиеи, амци аиашеи реиҩдыраашьа ҳҵар (Ажәам. 2:3—6; Аур. 5:14). Ауаа рҿаԥхьа иҳамоу ашәара Иегова иахь иҳамоу абзиабара аасҭа иӷәӷәахар ҳамуроуп, избанзар абжьааԥны ауаа иргәаԥхо Иегова игәамԥхо ауп.

6. Ишԥарԥырхагахеи ашәара 10-ҩык аԥшыхәцәа аиаша аҳәара?

6 Ҳара Анцәа иаасҭа ауаа ҳрыцәшәалар, аҵабырг иаҿагыло аинформациа агәра агара ҳалагоит. Иаҳгәалаҳаршәап Моисеи 12-ҩык аԥшыхәцәа Изқәыргәыӷыз адгьыл иқәыԥшырц ианишьҭ, иҟалаз. Урҭ рҟынтә 10-ҩык аԥшыхәцәа ханаанаа ирыцәшәеит. Уи ашәара Иегова иахь ирымаз абзиабара аасҭа иӷәӷәахеит. Ихынҳәны ианааи, ажәлар абас рарҳәеит: «Ҳара урҭ ауаа ҳазрабашьӡом, избанзар дара ҳара ҳаасҭа иӷәӷәоуп» (Ахыԥхь. 13:27—31). Урҭ ирҳәаз аҟынтә ииашазгьы ыҟан. Ауаҩы ихәаԥшышьала ханаанаа израильаа раасҭа иӷәӷәан. Аха израильаа раӷацәа изыриааиӡом ҳәа аҳәара иашазма? Ус зҳәар зылшоз Иегова зынӡа дызхашҭыз ауаҩ иакәын! 10-ҩык урҭ аԥшыхәцәа Иегова игәҭакы рхы азырышьҭыр рыхәҭан. Иара иҭахын уи адгьыл израильаа иртәхарц. Иара убас дара ирхадмыршҭлар акәын Иегова ааигәа ижәлар шеиқәирхаз. Убасҟан дара еилыркаауан Анцәеи ханаанааи еиҿурԥшуазар, урҭ асаба ишаҩызаз. 10-ҩык урҭ аԥшыхәцәа ахаҵара рзымхаӡеит. Аха Иисус Навини Халеви рзы ус ҳазҳәаӡом. Дара Иегова игәы ҟарҵалар рҭахын, убри акәын дара рзы зегь раасҭа ихадаз. Урҭ ажәлар абас рарҳәеит: «Иегова игәы ҳақәшәалар... уи адгьыл ахь ҳнеигоит, насгьы уи ҳара иҳаиҭоит» (Ахыԥхь. 14:6—9).

7. Иҳацхраауеи Иегова иҿаԥхьа ашәара аизырҳара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Иҳацхраауазеи Иегова иҿаԥхьа ашәара аизырҳара? Аӡбара шәыдышәкылацыԥхьаӡа Анцәа ицәаныррақәа шәрызхәыцла (Аԥсал. 16:8). Абиблиатә цыԥҵәахак шәанаԥхьо, шәхы шәазҵаала: «Схы шԥамҩаԥызгарыз, сара уа сыҟазҭгьы?» Иаҳҳәап, шәхаҿы иаажәг израильаа рыбжьара шәыҟоушәа, насгьы 10-ҩык аԥшыхәцәа ирҳәо шәаҳауашәа. Урҭ рыгәра жәгарызма? Шәшәарызма? Мамзаргьы Иегова иахь ишәымоу абзиабара ауаа рҿаԥхьа ашәара иаиааирызу? Иисус Навини Халеви аиаша рҳәон, аха аӡәгьы урҭ рыгәра имгаӡеит. Уи иахҟьаны уи абиԥара аҟынтә Иисус Навини Халеви рыда Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь аӡәгьы дзымнеиӡеит (Ахыԥхь. 14:10, 22, 23).

Иисус Навини Халеви ахаҳә иадыргарц зҭаху зыԥсахы еибакны иҟоу израильаа иӷьаҵәы-ӷьаҵәуа ирыҳәоит. Рышьҭахьҟа аԥҭа шьаҟа убарҭоуп.

Зыгәра жәгарыдаз шәара? (Шәахәаԥш абзац 7.)


8. Иарбан ҟазшьоу аџьабаа здаҳбалалар ҳахәҭоу, насгьы избан?

8 Ахынраалара. Иегова аҵабырг ззааиртуа ахынраалара злоу ауаа мацара роуп (Матф. 11:25). Ҳара Абиблиа аҵара анҳадыргала, ахынраалара аарԥшны ацхыраара шаҳҭаху еилаҳкааит (Аус. 8:30, 31). Аха ҳара ҳԥагьамхарц азы ҳгәаҳҽанызароуп. Мамзар абиблиатә принципқәеи Иегова иорганизациа иаҳнаҭо амҩақәҵарақәеи реиԥш, ҳхатә гәаанагарагьы хадоуп ҳәа ахәыцра ҳалагар ҳалшоит.

9. Иҳацхраауеи ахынраалара злоу уааны аҟазаара?

9 Ахынраалара злоу уааны ҳаанхаларц азы, иаҳхаҳмыршҭлароуп, Иегова ҳиҿурԥшуазар, шаҟа ҳхәыҷу (Аԥсал. 8:3, 4). Ҳара иҳалшоит еиҳаны ахынраалареи иара иҿы аҵара аҵареи агәаҳәара ҳаиҭаларц ҳиҳәалар. Иегова аҳалалра аарԥшны ихәыцрақәа ҳзеиҭеиҳәоит. Иара уи ҟаиҵоит Иажәеи иорганизациа иаҳнаҭо адоуҳатә фатәи рыла. Иара ихәыцрақәа ҳхатә хәыцрақәа раасҭа еиҳа рыхә ашьара дҳацхраауеит. Абиблиа шәанаԥхьо Иегова ахынраалара бзиа ишибо, аԥагьареи ахышьҭыхреи шицәымӷу шәеилзыркаауа ашьақәырӷәӷәарақәа шәыԥшаала. Ахынраалара аизырҳара еиҳараӡак ихадоуп, ахьӡ змоу аҭакԥхықәрақәа анҳауа.

АҴАБЫРГ ҲҼАЛАРԤСНЫ АКРА ИҲАЦХРААУА

10. Ихы иаирхәодаз Иегова ажәытәан, ижәлар анапхгара риҭаларц азы? Ихы иаирхәода уи азы иахьа?

10 Иегова иорганизациа еснагь агәра жәгала. Раԥхьа Иегова ижәлар анапхгара риҭон Моисеи ила, анаҩс Иисус Навин ила (Иис. Н. 1:16, 17). Израильаа урҭ ахацәа Анцәа ихаҭарнакцәа шракәу еилыркаалар рыхәҭан, патугьы рықәырҵалар акәын. Ус аныҟарҵоз, аманшәалара рыман. Ашәышықәсақәа рышьҭахь ақьырсиантә еизара еиҿкаан. Раԥхьа уи аизараҿы иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи анапхгара 12-ҩык апостолцәа рҟынтә ироуан (Аус. 8:14, 15). Анаҩс Иерусалим иҟаз аизара ахылаԥшыҩцәа апостолцәа ирыцхраауа иалагеит. Ақьырсианцәа узықәгәыӷыртә иҟаз урҭ ахацәа рҟынтә ироуаз амҩақәҵарақәа ианырзыӡырҩуаз, «аизарақәа рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара́ ӷәӷәахон, рхыԥхьаӡарагьы есыҽны иацлон» (Аус. 16:4, 5). Убас еиԥш ҳаргьы Анцәа иорганизациа ҳазыӡырҩлар, ақәҿиара ҳамазаауеит. Игәы иаанагарызи Иегова, ҳхылаԥшра знапы ианиҵаз ахацәа пату рықәҳамҵозҭгьы? Ари азҵаара аҭак ҳауеит, израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь амҩа иананыз изықәшәаз ҳалацәажәар.

11. Ирыхьзеи Моисеи пату иқәзымҵоз израильаа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь амҩа ианықәыз, пату зқәыз ахацәа шьоукы Моисеи ажәлар напхгара рыҭаразы имаз азин имаркуа иалагеит. Дара ирҳәеит: «Ари ажәлар зегь [Моисеи заҵәык иакәӡам] ԥшьоуп, урҭгьы Иегова дрыцуп» (Ахыԥхь. 16:1—3). Ааи, Анцәа ажәлар зегьы ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡон, аха израильаа анапхгара рыҭара знапы ианиҵаз Моисеи иакәын (Ахыԥхь. 16:28). Моисеи иҿагыланы акритика изызуаз, акритика ззыруаз Иегова иакәын. Дара Иегова ииҭахыз акәымкәа, рхаҭақәа ирҭахыз ауп изызхәыцуаз. Дара ирҭахын еиҳау аҭыԥи ахьӡ-аԥшеи роурц. Анцәа аҿагылара шьҭызхыз, насгьы урҭ ирыдгылаз зықьҩыла ауаа нирҵәеит (Ахыԥхь. 16:30—35, 41, 49). Иахьагьы ус ауп ишыҟоу: аӡәы Иегова иорганизациа иаҳнаҭо амҩақәҵарақәа пату рықәимҵозар, Иегова уи игәаԥхаӡом.

Моисеии Аарони ацаҟьа иқәгылоуп, иаарыкәыршаны игылоу зыԥсахы еибакны иҟоу израильаа аҳәҳәара иаҿуп, рҭаҷкәымқәагьы раҵәаны иқәмақаруеит.

Зган аанышәкыларыдаз шәара? (Шәахәаԥш абзац 11.)


12. Избан Иегова иорганизациа агәра ҳгалар зҳалшо?

12 Ҳара Иегова иорганизациа агәра ҳамгаларц азы амзызқәа ҳамаӡам. Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа Абиблиа иану ҵабыргк шеилаҳкаауа, ма Аҳра аус шеиҿкаау аганахь ала ак шыԥсахтәу анырбо, уи аамҭа мгаӡакәа ҟарҵоит (Ажәам. 4:18). Дара рзы зегь раасҭа ихадоу Иегова игәҭакы анагӡара ауп. Иара убас урҭ еиуеиԥшым аӡбарақәа анрыдыркыло, Абиблиа шьаҭас иҟарҵоит, уи ашәҟәы ҳара ҳзы иҿырԥшыгоуп.

13. Изакәызеи «ахшыҩ зҵоу ажәақәа рҿырԥшы», насгьы избан урҭ ҳрықәныҟәалар зхадоу?

13 «Ахшыҩ зҵоу ажәақәа рҿырԥшы» шәықәныҟәала (2 Тим. 1:13). «Ахшыҩ зҵоу ажәақәа рҿырԥшы» — уи Абиблиаҿы иану ақьырсиантә ҵарақәа роуп (Иоанн 17:17). Ҳара зыгәра ҳго зегьы шьаҭас иамоу убарҭ аҵарақәа роуп. Иегова иорганизациа иҿырԥшыгоу урҭ ажәақәа ҳрықәныҟәаларц ҳанаҳәоит. Ус ҟаҳҵозар, уи ҳахьчалоит.

14. Ишԥаҟәыҵи актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа шьоукы «ахшыҩ зҵоу ажәақәа рҿырԥшы» ақәныҟәара?

14 Иҟалар алшозеи, «ахшыҩ зҵоу ажәақәа рҿырԥшы» ақәныҟәара ҳаҟәыҵыр? Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Актәи ашәышықәсазы ақьырсиантә еизараҿы Иегова имш ааихьоушәа уҳәан-сҳәан рылаҵәеит. Уи зыхҟьар алшоз апостол Павел иҟынтә акәушәа ироуз асаламшәҟәы акәзар ауан. Фессалоника инхоз ақьырсианцәа шьоукы аинформациа гәамҭаӡакәа агәра ргеит, уи егьырҭ рзеиҭаҳәарагьы иалагеит. Дара Павел идирҵоз ибзианы еилыркаауазҭгьы, ржьара ус имариахаӡомызт (2 Фес. 2:1—5). Убри аҟынтә Павел урҭ иаараҳауа зегьы агәра рымгаларц реиҳәеит. Имцу аинформациеи ииашоу аинформациеи реиҩдыраара аԥхьаҟа дрыцхраарц азы фессалоникаа ирзиҩыз аҩбатәи исаламшәҟәы абарҭ ажәақәа рыла ихиркәшеит: «Асалам шәысҭоит сара, Павел. Абар уи снапала ианысҵоит. Сара ус сысаламшәҟәқәа зегьы рҿы иҟасҵоит, сара ишызҩыз жәдыруазарц азы» (2 Фес. 3:17).

15. Ҳхы ҳахьчар шԥаҳалшо иҵабыргушәа иҳадыргало амц аҟынтә? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Иаҳдырҵозеи апостол Павел фессалоникаа ирзиҩыз ажәақәа? Ҳаргьы узыршанхо жәабжьк ма абиблиатә ҵабырг иаҿагыло акы ҳаҳар алшоит. Усҟан агәеилых ааҳарԥшыроуп. Асовет Мчра аан аишьцәа саламшәҟәык роуит, уи ихадоу аусбарҭа аҟынтә иаазшәа иҩын. Уа ианын хазы ихьыԥшым аорганизациа еиҿыркаарц. Асаламшәҟәы аишьцәа ирҩызшәа иҟан, арахь уи зҩыз ҳаӷацәа ракәын. Аха Иегова изиашаз аишьцәа амц иржьар рмуӡеит. Дара еилыркааит асаламшәҟәаҿы ианыз аорганизациа акыршықәса иднарҵоз ишаҿагылоз. Иахьа ҳаӷацәа ҳдырҩашьарц ма ҳаиҿадыргыларц азы атехнологиақәа рхы иадырхәалар рылшоит. Убри аҟынтә ҳара аҟәышра ҳамазароуп, ҳаццакынгьы алкаа ҟаҳамҵалароуп. Ҳхы ҳахьчарц азы ҳара ибзианы ҳазхәыцроуп ҳзыԥхьо ма иҳаҳауа иаҳдыруа аҵабырг иақәшәоу-иақәымшәоу (2 Фес. 2:2; 1 Иоанн 4:1).

Асахьақәа реизга: 1) Асовет Мчра аан иҟаз ахҭысқәа: аиашьа Ахьчаратә бааш аилазаара официалла ирымоу абланк аҿы икьыԥхьу асаламшәҟәы дирбоит; 2) ҳаамҭазы: аҩызцәа реиқәшәараҿы аиашьа Иегова ишаҳаҭцәа ирызку аинтернет аҿы ииԥшааз авидеонҵамҭа аишьцәеи аиҳәшьцәеи идирбоит.

Ииашоушәа иубар алшо амц шәажьар жәымун. (Шәахәаԥш абзац 15.)a


16. Римаа 16:17, 18 аҿы иану инақәыршәаны, иҟаҳҵар акәзеи, аизара аҟынтә аӡәы аҵабырг иаҿагыло акы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирылаирҵәозар?

16 Гәыкала Иегова изыҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәареи акзаара шәыбжьаз. Анцәа иҭахуп имаҵзуҩцәа зегьы еидгыланы аӡәк иеиԥш имаҵ руларц. Ҳара аҵабырг ҳақәныҟәозар, аӡәкра ҳамазаауеит. Аӡәы аҵабырг иаҿагыло акы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирылаирҵәозар, уи аизара еиҩнашоит. Убри аҟынтә Анцәа «ус еиԥш иҟоу ауаа шәааигәа инашәмышьҭлан» ҳәа ҳаиҳәоит. Ус ҟаҳамҵалар, амц агәра ҳгоит, насгьы Иегова иахь ҳазиашара ҳзыхьчаӡом. (Шәаԥхьа Римаа 16:17, 18.)

17. Избан аҵабырг ахьыҟоу аилкаареи уи ҳҽаларԥсны акреи зхадоу?

17 Ҳара аҵабырг ахьыҟоу еилаҳкаауазар, насгьы уи ҳақәныҟәозар, ҳдоуҳатә гәабзиара бзиазаауеит, ҳхаҵарагьы ӷәӷәазаауеит (Еф. 4:15, 16). Уи Аҩсҭаа имцу иҵарақәеи ипропагандеи рҟынтә ҳахьчоит. Уи адагьы, ҳара арыцҳара ду аан Иегова ицхыраара ҳақәгәыӷлар ҳалшоит. Аҵабырг шәықәныҟәала — усҟан «аҭынчра шәызҭо Анцәа дшәыцзаауеит»! (Флп. 4:8, 9).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан ацәгьеи абзиеи реиҩдыраара зхадоу?

  • Ишԥаҳацхраауеи Иегова иҿаԥхьа ашәареи ахынраалареи аҵабырг аилкаареи уи инақәыршәаны анхареи?

  • Иҳацхраауазеи аҵабырг ҳҽаларԥсны акра?

АШӘА 122 Шәыӷәӷәаз, гәыҩбара шәмоун!

a АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Асовет Мчра аан иҟаз ахҭысқәа ринсценировка. Аишьцәа ихадоу аусбарҭа аҟынтә акәушәа асаламшәҟәы роуит. Аха уи ҳаӷацәа роуп изҩыз. Иахьа аҵабырг аӷацәа Иегова иорганизациа иазку амц аинтернет ала ауаа ирыладырҵәалар ауеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра