Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 ииуль ад. 2—7
  • Цадок иеиԥш агәымшәара шәылаз

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Цадок иеиԥш агәымшәара шәылаз
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИАҲРА ШӘАДГЫЛАЗ
  • АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ШӘРЫЦХРААЛА
  • ИЕГОВА ШӘИЗИАШАЗ
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа аҵыхәтәантәи ражәақәа иаҳдырҵо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 ииуль ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 27

АШӘА 73 Иҳаҭ агәымшәара

Цадок иеиԥш агәымшәара шәылаз

«Урҭ дреиуан Цадок, иӷәӷәаз, агәымшәара злаз арԥыс» (1 АШ. 12:28).

ЕИЛАҲКААУА

Цадок иҿырԥшы агәымшәара аизырҳара ишҳацхраауа.

1, 2. Дызусҭадаз Цадок? (1 Ашықәсынҵа 12:22, 26—28).

ШӘХАҾЫ иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: 340000-ҩык инареиҳаны ахацәа иахьцаҟьараз Хеврон азааигәара еизеит. Дара уа изеизаз Давид Израиль зегь аҳас дахадыргыларц азы ауп. Хымш рыҩныҵҟа уа аџьџьаҳәа еилаз ауаа ргәырӷьабжь гон (1 Аш. 12:39). Зехьынџьара ацәажәабжьи, аччабжьи, Иегова дҳаразкуаз ашәаҳәабжьи гон. Урҭ ахацәа Цадок зыхьӡыз иқәыԥшыз хаҵак дрылан. Иара зегьы дрылукаауа дыҟамзаргьы ҟаларын. Аха Иегова уи дгәеиҭеит, ҳаргьы иӡбахә еилаҳкаартә иҟаиҵеит. (Шәаԥхьа 1 Ашықәсынҵа 12:22, 26—28.) Дызусҭадаз Цадок?

2 Цадок аԥшьаҩ хада Авиафар амаҵ ицызуаз аԥшьаҩ иакәын. Иара убас иара Абиблиаҿы аԥааимбар ҳәа изҳәоуп. Уи иаанагоит Анцәа иара агәеилых бзиеи игәҭакы аилкааразы алшареи шииҭаз (2 Сам. 15:27). Убри аҟынтә ауаа алабжьара анырҭахыз, Цадок иазҵаауан. Уи адагьы, иара агәымшәара ӷәӷәа илан. Убри агәымшәара ауп ари астатиаҿы ҳазлацәажәогьы.

3. а) Избан Иегова имаҵзуҩцәа агәымшәара зырҭаху? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа рзы Аҩсҭаа еиҳагьы иԥсахы еибакны Анцәа имаҵзуҩцәа дырҿагылоит (1 Пиотр 5:8). Ҳара даараӡа ҳазыԥшуп Иегова Аҩсҭаагьы ицәгьоу ари адунеигьы рҵыхәтәа анԥиҵәо (Аԥсал. 31:24). Аха уи аамҭа ааиаанӡа ҳара Анцәа Иаҳра ҳадгылазароуп, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхраалароуп, насгьы Иегова ҳизиашаны ҳаанхалароуп. Уи азы ҳара агәымшәара ҳҭахуп. Шәааи ҳалацәажәап уи аҿы Цадок иҿырԥшы шҳацхраауа.

АНЦӘА ИАҲРА ШӘАДГЫЛАЗ

4. Избан Анцәа Иаҳра ҳадгылаларц азы агәымшәара заҳҭаху? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Ҳара, Иегова имаҵзуҩцәа, Анцәа Иаҳра аган аанаҳкылеит, насгьы гәыкала уи ҳадгылоит (Матф. 6:33). Аха уи анымариамгьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, Аҩсҭаа ицәгьоу ари идунеи аҿы Иегова инормақәа рыла анхареи Аҳра иазку агәырӷьажәабжь аҳәареи рзы агәымшәара ду ҳҭахуп (1 Фес. 2:2). Иара убас ҳара анеитралитет ҳахьчоит, насгьы еиҳа-еиҳа ирацәахо аполитика иадҳәалоу ажәеимакрақәа ҳаҽрылаҳархәӡом (Иоанн 18:36). Уи азгьы агәымшәара ҳҭахуп, избанзар Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы арра иахьымцо ма аполитика рҽахьаладмырхәуа азы аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирықәшәоит, ирыпҟоит ма абахҭа иҭаркуеит.

Аиашьа аусураҿы иԥсы инишьо каҳуак ижәуеит. Аус ицызуа идтәалоу ҩыџьа ахацәа ажәа еимаркуеит. Руаӡәк ателевизор ахь инапы рханы икуп, уа абжьыҭираан ҩыџьа акандидатцәа шаҟа-шаҟа бжьы роуз ануп.

Шәхы шԥамҩаԥыжәго ауаҩы аӡә иган аанкыланы аполитика далацәажәозар? (Шәахәаԥш абзац 4.)


5. Избан Цадок Давид идгыларазы агәымшәара зиҭахыз?

5 Цадок Хеврон дызнеиз Давид аҳас дахьыҟалаз азгәеиҭарц мацаразы акәӡам. Иара бџьарла деибыҭан, аибашьрагьы дазхиан (1 Аш. 12:38). Иара Давид дидгыланы аибашьреи Израиль аӷацәа рҟынтә ахьчареи дазхиан. Цадок ԥшьаҩыс амаҵ иуан. Убри аҟынтә иҟалап уиаҟара аибашьышьа изымдыруазҭгьы. Аха иара агәымшәара ду илан.

6. Избан агәымшәара злаз Давид Цадок ҿырԥш бзианы дзизыҟалаз? (Аԥсалом 138:3).

6 Ицхраазеи аԥшьаҩы Цадок агәымшәара аизырҳара? Иара иӷәӷәаз агәымшәара злаз ахацәа ҩызцәас иман. Ҳәара аҭахума, урҭ анырра бзиа ирҭон. Иаҳҳәап, Давид. Иара Израильаа аибашьра ианцоз ирхагылаз агәымшәара злаз уаҩын, убри аҟынтә израильаа аҳас дырзыҟаларц рҭаххеит (1 Аш. 11:1, 2). Иаӷацәа данрабашьуаз Давид еснагь Иегова диқәгәыӷуан (Аԥсал. 28:7; шәаԥхьа Аԥсалом 138:3). Цадок агәымшәара злаз егьырҭ ахацәагьы ҩызцәас иман, иаҳҳәап: Иодаи иԥа Бенаиеи иареи, ажәлар ирхагылаз 22 егьырҭ ахацәеи (1 Аш. 11:22—25; 12:26—28). Дара гәыкала Давид идгыланы, аҳак иаҳасабала ихьчара иазхиан.

7. а) Иҳазҭода иахьа агәымшәара аҿырԥшы? б) Ишәнарҵазеи аиашьа Нси́лу иҿырԥшы, иара изку авидеонҵамҭа шәанахәаԥш ашьҭахь?

7 Ишԥаҳалшо амчи агәымшәареи еизҳарҳар? Ҳара иҳалшоит Иегова инапхгара иадгылоз агәымшәара злаз ауаа рҿырԥштәқәа ҳрызхәыцлар. Раԥхьаӡа иргыланы, уи Ҳаҳ, Христос Иисус, иоуп. Иара Аҩсҭаа идунеи аполитикатә усқәа рыҽрылархәра мап ацәикит (Матф. 4:8—11; Иоанн 6:14, 15). Иара убас Иисус ихы дақәгәыӷӡомызт, аха еснагь Иегова ацхырааразы диҳәон. Уи адагьы, иахьатәи аамҭазы инхо ҳазҿыԥшлар ҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ыҟоуп. Иқәыԥшу ахацәа аӡәырҩы Иегова инормақәа иахьрықәныҟәо азы арра ицаӡом, насгьы аполитикатә усқәа рыҽрыладырхәӡом. Урҭ ирызку ахҭысқәа асаит jw.org аҿы ҳаԥхьар ҳалшоитa.

АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ШӘРЫЦХРААЛА

8. Ианбарҭаххар алшо аизара ахылаԥшыҩцәа агәымшәара?

8 Иегова имаҵзуҩцәа аицхыраара ргәаԥхоит (2 Кор. 8:4). Уи азы агәымшәара анаҭаху ыҟоуп — иаҳҳәап, аибашьрақәа ирыхҟьаны ашәарҭара аныҟоу. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирымамзар алшоит Абиблиеи, уи шьаҭас измоу алитературеи, афатәи-ашәҵатәи. Абзиабара злоу аизара ахылаԥшыҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара иазхиоуп, Иегова иуасақәа зда ԥсыхәа ыҟам зегь рымазарц азы (Иоанн 15:12, 13). Уи аҿы дара агәымшәара злаз Цадок иҿыԥшуеит.

9. Иарбан дҵоу Давид Цадок инапы ианиҵаз? (2 Самуил 15:27—29). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Зны Авессалом иаб Давид дышьны, иара иҭыԥан аҳас дҟаларц иӡбеит (2 Сам. 15:12, 13). Давид аамҭа мгаӡакәа Иерусалим ааныжьны дцар акәын. Иара имаҵуцәа абас реиҳәеит: «Шәҽеибышәҭа, ибналатәуп, мамзар Авессалом иҟынтә аӡәгьы ҳхы ҳзеиқәырхаӡом!» (2 Сам. 15:14). Давид иҩызцәеи иареи ақалақь иалҵны ианцоз, иара еиликааит Иерусалим узықәгәыӷыртә иҟаз ауаа аанижьыр шихәҭаз, урҭ Авессалом игәы иҭоу иарҳәаларц азы. Ари адҵа Давид Цадоки егьырҭ аԥшьаҩцәеи рнапы ианиҵеит. (Шәаԥхьа 2 Самуил 15:27—29.) Дара ргәырҽанызар акәын. Урҭ зҿу еилыркаазҭгьы, иршьыр ауан. Авессалом зхы бзиа избоз, зшьа зуаз, згәы цқьамыз уаҩын. Шәхаҿы иаажәг Цадоки егьырҭ аԥшьаҩцәеи иара ипланқәа наганы Давид ишиарҳәо еиликаазҭгьы, урҭ ирзиуаз!

Давид Цадок диацәажәоит, рышьҭахьҟа аҳ имаҵуцәа Иерусалим иалҵны ицоит.

Давид Цадок ишәарҭаз адҵа ииҭеит. (Шәахәаԥш абзац 9.)


10. Ишԥеиқәдырхеи Давид иԥсы Цадок иҩызцәеи иареи?

10 Давид аплан шьақәиргылеит, нас Цадоки Хушаи зыхьӡыз даҽа иҩыза бзиаки ицхраарц дрыҳәеит (2 Сам. 15:32—37). Уи аплан ацхыраарала Хушаи Авессалом игәрагара ирҳаит, насгьы идигалеит Давид аҿагылара аҽазыҟаҵара ицхраашаз астратегиа. Уи ашьҭахь Хушаи Авессалом ииҭаз алабжьара аӡбахә Цадоки Авиафари иреиҳәеит (2 Сам. 17:8—16). Нас урҭ Давид адырра ирҭеит (2 Сам. 17:17). Убас Иегова ибзоурала Цадоки егьырҭ аԥшьаҩцәеи Давид иԥсы еиқәдырхеит (2 Сам. 17:21, 22).

11. Ишԥашәылшо аишьцәа шәанрыцхраауа Цадок иеиԥш агәымшәара аашәырԥшлар?

11 Ишԥашәылшо Цадок иеиԥш агәымшәара аашәырԥшыр, ашәарҭара иҭагылоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрыцхраарц ишәыҳәар? 1) Амҩақәҵарақәа шәрықәныҟәала. Иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан даараӡа ихадоуп акзаара ахьчара. Аҭыԥантәи афилиал аҟынтә ишәоуа амҩақәҵарақәа шәырзыӡырҩла (Аур. 13:17). Аизара ахылаԥшыҩцәа урҭ амҩақәҵарақәа аамҭа-аамҭала ирыхцәажәалароуп, ак ааҟалар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҟарҵаша рдыруазарц азы (1 Кор. 14:33, 40). 2) Агәымшәара аашәырԥшла, аха убри аамҭазгьы шәгәышәҽаныз (Ажәам. 22:3). Ак ҟашәҵаанӡа ибзианы шәхәыц. Уи анаҭахым, шәхы ашәарҭара иҭашәмыргылалан. 3) Иегова шәиқәгәыӷла. Шәхаҵара шәыцеиҩызшо шәанрыцхраауа, ишәхашәмыршҭлан Иегова дара реиԥш шәаргьы хьаас шәышимоу. Иара иахьынӡалшо шәхы ашәарҭара иҭамыргылаӡакәа, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәышрыцхрааша шәирбоит.

12, 13. Ишәнарҵои Виктори Виталии еиҭарҳәаз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Виктори Витали зыхьӡу ҩыџьа аизара ахылаԥшыҩцәа Украина иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи афатәи аӡи рымазарц азы ирыцхраауан. Виктор иҳәоит: «Ҳара афатә ҳахьашьҭамыз ыҟамызт. Лассы-лассы зынӡа ҳааигәара ианхысуазгьы ыҟан. Зны иашьак аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы ирацәаны афатә ҳаиҭеит. Уи иааирԥшыз агәыҳалалра абзоурала ажәабжьҳәаҩцәа аамҭак аҩныҵҟа ирфашаз рыман. Ҳара урҭ афатәқәа амашьына ианақәаҳҵоз 20 метра раҟара шыбжьаз абомба каҳаит. Уи аҽны хәлаанӡа сӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова сиҳәон анаҩсгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи срыцхрааларц азы агәымшәара сиҭарц».

13 «Ҳара агәымшәара ду ҳҭахын, — иҳәоит Витали. — Раԥхьа ацхыраара аныҟасҵоз 12 сааҭ амҩа сықәын. Амҩа сахьықәыз сааҟәымҵӡакәа Иегова сиацәажәон». Витали агәымшәара ааирԥшуан, аха убри аамҭазгьы игәиҽанын. Иара иациҵоит: «Сара есымша Иегова аҟәыӷара сиҭарц, насгьы схы сақәымгәыӷцәаларц сиҳәон. Аҳәынҭқарцәа азин ахьҳарҭоз амҩақәа мацара рыла сныҟәон. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҳәоу еиқәыршәаны аус шеицыруаз анызба, схаҵара ӷәӷәахеит. Шьоукы ҳахьцаша-ҳахьааша ҳарҳәон, даҽа шьоукы агуманитартә цхыраара еизганы ҳмашьына иақәырҵон. Егьырҭ Виктори сареи акрыҳҿарҵон, насгьы ҳаԥсы ахьаҳшьашаз аҭыԥқәа ҳаздырхион».

Ҩыџьа аишьцәа автобус хәыҷ ала аибашьра ахьцо аҭыԥ иалсны ицоит. Рышьҭахьҟа ибгаз аҩнқәеи, алҩеи, амцеи убарҭоуп.

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәанрыцхраауа агәымшәара аашәырԥшла, аха агәҽанызаарагьы шәмырӡлан. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)


ИЕГОВА ШӘИЗИАШАЗ

14. Ҳхы ҳбалар шԥаҳалшо бзиа иаҳбо аӡәы Иегова даанижьзар?

14 Ҳҩыза ма ҳҭынха Иегова даанижьзар, уи аԥсра иаҳзаҩызахар алшоит (Аԥсал. 78:40; Ажәам. 24:10). Иареи ҳареи ҳаизааигәазҭгьы, уи еиҳагьы ҳгәы ҳнархьуеит. Шәара уи аҩыза шәақәшәазар, Цадок иааирԥшыз азиашара амч шәнаҭоит.

15. Избан Цадок Иегова дизиашан даанхарц азы агәымшәара зиҭахыз? (1 Аҳцәа 1:5—8).

15 Цадок иҩыза гәакьа Авиафар Иегова данаанижь, иара Иегова дизиашаны даанхеит. Уи ҟалеит Давид инапхгара анҵәамҭазы. Давид иқәрахь днеихьан иԥа Адониа аҳраҭыԥ ааникыларц данашьҭала, Иегова аҳас Соломон дшыҟаиҵо шиҳәахьазгьы (1 Аш. 22:9, 10). Авиафар Адониа дидгылеит. (Шәаԥхьа 1 Аҳцәа 1:5—8.) Убасала иара Давид идагьы, Анцәагьы диҭиит. Шәхаҿы иаажәг уи Цадок изы шаҟа ԥышәара ӷәӷәахаз! 40 шықәса инареиҳаны Авиафари иареи еидгыланы аџьабаа рбон: ԥшьаҩцәас амаҵ еицыруан, насгьы Анцәа иковчег иахылаԥшуан (2 Сам. 8:17; 15:29). Уи аамҭа аҩныҵҟа дара рҩыџьагьы Давид инапхгара иадгылан, ажәакала ирзеилаз рацәан (2 Сам. 19:11—14).

16. Ицхраауази Цадок Иегова дизиашаны аанхара?

16 Цадок Авиафар ихымҩаԥгашьа дамыхәаԥшӡакәа, Иегова дизиашаны даанхеит. Давид еснагь агәра ганы дыҟан Цадок гәыкала дшизыҟаз. Адониа игәҭакы анеилкааха, Давид Цадоки, Нафани, Бенаиеи Соломон аҳас дҟарҵарц рнапы ианиҵеит (1 Аҳ. 1:32—34). Цадок иааигәара ус еиԥш иҟаз ауаа ахьыҟаз игәы шьҭнахуан, насгьы Иегова дизиашаны аанхара ицхраауан (1 Аҳ. 1:38, 39). Соломон аҳас даныҟала, Авиафар иҭыԥан Цадок ԥшьаҩыс дҟаиҵеит (1 Аҳ. 2:35).

17. Ишԥашәылшо Цадок шәиҿыԥшлар, шәҩыза ма шәҭынха Иегова даанижьзар?

17 Ишԥашәылшо Цадок шәиҿыԥшлар? Шәҩыза ма шәҭынха аҵабырг амҩа даныҵзар, Иегова иган аҿы шәаанхарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала (Иис. Н. 24:15). Анцәа ииашаны шәхы мҩаԥыжәгаларц азы амчи агәымшәареи шәиҭоит. Иара шәиқәгәыӷла. Шәиҳәала, насгьы Анцәа гәыкала изыҟоу ауаа ҩызцәас ишәымаз. Иегова гәыкала шәахьизыҟоу ахә ҳаракны ишьоит, уи азы дагьышәзылԥхоит (2 Сам. 22:26).

18. Ишәнарҵои Маркои Сидсеи рҭоурых?

18 Абар Ма́ркои иԥшәма Си́дсеи рҭоурых. Рыԥҳацәа рҩыџьагьы ианрызҳа Иегова даанрыжьит. Марко иҳәоит: «Раԥхьаӡа ухәыҷы данаашьҭухуа, угәы бзиабарала иҭәуеит. Уара уи акгьы имыхьырц азы иааҟаумҵо акгьы ыҟам. Убри аҟынтә ҳаԥҳацәа Иегова даанрыжьырц анырыӡба, уи ахьаа ӷәӷәа ҳзаанагеит». Марко иациҵоит: «Аха Иегова еснагь ҳааигәа дыҟоуп. Иара сыԥшәмеи сареи ҳгәы шьҭибахларц азы дҳацхраауеит. Сара амч ансымам, Сидсе дыӷәӷәоуп. Лара лгәы каҳаны даныҟоу, уи лгәы шьҭысхырц азы сара амч сымоуп». Сидсе иацылҵоит: «Иегова ицхыраарада ҳара уи ҳзыхгарымызт. Исгәалашәоит зегь сара соуп изхароу ҳәа ҭаха сызымҭоз ахәыцрақәа ансызцәырҵуаз. Сара уи Иегова изеиҭасҳәеит. Мышқәак рышьҭахь Аҳратә зал аҿы акыршықәса исымбацыз иаҳәшьак даасыдгылеит. Лара сылгәыдлыҳәҳәалан днасҿаԥшын, абас лҳәеит: „Сидсе, сыхазына уи бара бакәӡам изхароу“. Иегова ахаан саанимыжьӡац, насгьы имаҵ аураҿы агәырӷьара амырӡра дсыцхраауеит».

19. Иарбан хықәкқәоу иқәшәыргылаз ари астатиа анҭышәҵаа?

19 Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәа зегьы Цадок иеиԥш агәымшәара рылазарц (2 Тим. 1:7). Аха уи иаанагаӡом ҳхы мацара ҳақәгәыӷлароуп ҳәа. Ҳанцәа иҭахуп иара ҳиқәгәыӷларц. Шәара агәымшәара шәзымхозар, Иегова уи шәиҭарц шәиҳәала. Убасҟан Цадок иеиԥш агәымшәара аизырҳара дшәыцхраауеит! (1 Пиотр 5:10).

ИШԤАШӘЫЛШО ЦАДОК ИЕИԤШ АГӘЫМШӘАРА ААШӘЫРԤШЛАР...

  • Анцәа Иаҳра шәанадгыло?

  • аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәанрыцхраауа?

  • ишәзааигәоу ауаҩы Иегова данаанижьуа?

АШӘА 126 Ӷьеҩла шәыҟаз, акрычҳара шәымаз

a Асаит jw.org аҿы шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Избан ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа агәымшәара зырҭаху? Анеитралитет ахьчаразы».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра