Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәақәа: Betsimisaraka (Northern), Betsimisaraka (Southern), Konkomba, Matses, Mi'kmaq
  • Иахьа

Ашәахьа, октиабр 20

Избаз аԥхыӡ сзеиҭашәымҳәар, иаанагогьы сзеиҭашәымҳәар, маха-маха шәеимырхуеит (Дан. 2:5).

Вавилонаа Иерусалим анхдырбгала ашьҭахь ҩышықәса раҟара анҵы, аҳ Навуходоносор аԥхыӡ бааԥс ибеит, уа иара абаҟа дуӡӡа ибеит. Иара адырра ду змаз имаҵуцәа зегьы, Даниилгьы урҭ днарылаҵаны, иреиҳәеит иԥхыӡ еиҭарымҳәар, насгьы уи иаанаго рымҳәар, аԥсра шырзыԥшу (Дан. 2:3—5). Даниил аамҭа мгаӡакәа ак ҟаиҵар акәын, избанзар ирацәаҩны ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан. Убри аҟынтә Даниил аҳ иахь дцаны аԥхыӡ аҵакы аҳәаразы аамҭа ииҭарц диҳәеит (Дан. 2:16). Уи азы иара агәымшәареи ахаҵаре́и иҭахын, избанзар џьаргьы ианӡам Даниил уаанӡагьы аԥхыӡқәа рҵакы иҳәон ҳәа. Иара иҩызцәа дрыҳәеит ажәҩан Анцәа иҳәаларц, урҭ рыцҳашьаны уи амаӡа ааиртырц азы (Дан. 2:18). Иегова урҭ рыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит. Анцәа ицхыраарала Даниил Навуходоносор иԥхыӡ еиҭеиҳәеит. Убас Даниил хҩык иҩызцәеи иареи аԥсра иацәцеит. w23.08 2, абз. 4

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, октиабр 21

Аҵыхәтәанынӡа изычҳаз деиқәхоит (Матф. 24:13).

Ачҳара хәарҭас иаанаго шәазхәыцла. Ачҳара злоу ауаҩы анасыԥи агәҭынчреи имоуп. Ус анакәха, ачҳара анааҳарԥшуа ҳемоциатә, насгьы ҳцәеижьтә гәабзиара ҳахылаԥшуеит. Ҳара егьырҭ рахь ачҳара ааҳарԥшуазар, аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазаауеит. Аизараҿы акзаара ҳамазаауеит. Аӡәы ҳгәы ԥижәарц данашьҭоу ҳаԥсахы еибамкуазар, аҭагылазаашьа еицәаҳтәӡом (Аԥсал. 37:8, албаага; Ажәам. 14:29). Аха зегь раасҭа ихадоу — жәҩантәи Ҳаб еиҳагьы ҳиеиԥшхоит, ҳагьизааигәахоит. Ачҳара — зеиԥшыҟам ҟазшьоуп, уи иамырԥшӡо уаҩ дыҟаӡам. Ачҳара аарԥшра шымариамгьы, Иегова ицхыраарала уи еиҳа-еиҳа еиӷьны аарԥшра ҳалшоит. Ачҳара аарԥшны адунеи ҿыц ҳазыԥшнаҵы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит «Иегова ицәшәо, насгьы гәыкала иааирԥшуа абзиабара иақәгәыӷуа илаԥш» шырху (Аԥсал. 33:18). Шәааи ачҳара ҳшәаҳҵап, насгьы уи ахаан иаҳшәаҳамхлап! w23.08 22, абз. 7; 25, абз. 16, 17

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, октиабр 22

Усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵара... ԥсуп (Иак. 2:17).

Иаков иҳәоит ауаҩы ахаҵара сымоуп ҳәа иҳәалар шалшогьы, иусқәа иудырбо даҽакуп (Иак. 2:1—5, 9). Иаков иара убас иҳәоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы «ишәиҵаша иифаша» шимам збо, аха уи имыцхраауа ауаҩы иӡбахә. Иара ахаҵара сымоуп ҳәа шиҳәогьы, уи аусқәа рыла ишьақәирӷәӷәаӡом. Убри аҟынтә ихаҵара акгьы иаԥсаӡам (Иак. 2:14—16). Ахаҵара аусқәа рыла ишышьақәырӷәӷәалатәу ҳирбарц азы Иаков Раав ҿырԥштәыс дааигеит (Иак. 2:25, 26). Лара Иегова иӡбахә лаҳаит, насгьы уи израильаа дышрыцхраауа еилылкааит (Иис. Н. 2:9—11). Лара ахаҵара аус аҿы иаалырԥшит: зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылаз ҩыџьа израильтәи аԥшыхәцәа дрыцхрааит. Уи абзоурала Израиль иатәымыз инаӡамыз уи аԥҳәыс, Авраам иеиԥш дуаҩ иашаны дыԥхьаӡан. Раав иҟалҵаз иаҳнарҵоит ахаҵара аусқәа ацзар шахәҭоу. w23.12 5, абз. 12, 13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра