Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәақәа: Betsimisaraka (Northern), Betsimisaraka (Southern), Konkomba, Matses, Mi'kmaq
  • Иахьа

Аҩаша, октиабр 21

Аҵыхәтәанынӡа изычҳаз деиқәхоит (Матф. 24:13).

Ачҳара хәарҭас иаанаго шәазхәыцла. Ачҳара злоу ауаҩы анасыԥи агәҭынчреи имоуп. Ус анакәха, ачҳара анааҳарԥшуа ҳемоциатә, насгьы ҳцәеижьтә гәабзиара ҳахылаԥшуеит. Ҳара егьырҭ рахь ачҳара ааҳарԥшуазар, аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазаауеит. Аизараҿы акзаара ҳамазаауеит. Аӡәы ҳгәы ԥижәарц данашьҭоу ҳаԥсахы еибамкуазар, аҭагылазаашьа еицәаҳтәӡом (Аԥсал. 37:8, албаага; Ажәам. 14:29). Аха зегь раасҭа ихадоу — жәҩантәи Ҳаб еиҳагьы ҳиеиԥшхоит, ҳагьизааигәахоит. Ачҳара — зеиԥшыҟам ҟазшьоуп, уи иамырԥшӡо уаҩ дыҟаӡам. Ачҳара аарԥшра шымариамгьы, Иегова ицхыраарала уи еиҳа-еиҳа еиӷьны аарԥшра ҳалшоит. Ачҳара аарԥшны адунеи ҿыц ҳазыԥшнаҵы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит «Иегова ицәшәо, насгьы гәыкала иааирԥшуа абзиабара иақәгәыӷуа илаԥш» шырху (Аԥсал. 33:18). Шәааи ачҳара ҳшәаҳҵап, насгьы уи ахаан иаҳшәаҳамхлап! w23.08 22, абз. 7; 25, абз. 16, 17

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, октиабр 22

Усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵара... ԥсуп (Иак. 2:17).

Иаков иҳәоит ауаҩы ахаҵара сымоуп ҳәа иҳәалар шалшогьы, иусқәа иудырбо даҽакуп (Иак. 2:1—5, 9). Иаков иара убас иҳәоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы «ишәиҵаша иифаша» шимам збо, аха уи имыцхраауа ауаҩы иӡбахә. Иара ахаҵара сымоуп ҳәа шиҳәогьы, уи аусқәа рыла ишьақәирӷәӷәаӡом. Убри аҟынтә ихаҵара акгьы иаԥсаӡам (Иак. 2:14—16). Ахаҵара аусқәа рыла ишышьақәырӷәӷәалатәу ҳирбарц азы Иаков Раав ҿырԥштәыс дааигеит (Иак. 2:25, 26). Лара Иегова иӡбахә лаҳаит, насгьы уи израильаа дышрыцхраауа еилылкааит (Иис. Н. 2:9—11). Лара ахаҵара аус аҿы иаалырԥшит: зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылаз ҩыџьа израильтәи аԥшыхәцәа дрыцхрааит. Уи абзоурала Израиль иатәымыз инаӡамыз уи аԥҳәыс, Авраам иеиԥш дуаҩ иашаны дыԥхьаӡан. Раав иҟалҵаз иаҳнарҵоит ахаҵара аусқәа ацзар шахәҭоу. w23.12 5, абз. 12, 13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аԥшьаша, октиабр 23

Аҵла адацқәа шыӷәӷәоу еиԥш шәыӷәӷәаз, аҩны ашьаҭа ӷәӷәа ишықәгылоу еиԥш шәыӷәӷәаӡа шәгылаз (Еф. 3:17).

Ақьырсианцәа раҳасабала ҳара Абиблиа хыхь-хыхь аҭҵаара мацара ҳазҳархаӡом. Ҳара иаҳҭахуп «Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоугьы» еилаҳкааларц. Ҳара иаҳдыруеит иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала уи шҳалшо (1 Кор. 2:9, 10). Шәара ишәгәаԥхо темак, ма зҵаарак алхны уи инарҵауланы иҭышәҵаар шәылшоит. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаара Иеговеи шәареи шәеиҩызара арӷәӷәоит. Иаҳҳәап, Анцәа ажәытәан имаҵзуҩцәа рахь абзиабара шааирԥшуаз, насгьы уи шәаргьы бзиа шәшибо шышьақәнарӷәӷәо ҭышәҵаар ауеит. Мамзаргьы абиблиатә аамҭақәа раан израильаа Анцәа имаҵ шыруази иахьа ақьырсианцәа имаҵ шыруеи злеиԥшу еиҿшәырԥшыр шәылшоит. Иара убас Иисус адгьыл аҿы даныҟаз инаӡаз аԥааимбаражәақәа ҭышәҵаар ауеит. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаара агәахәара ду узаанагоит. Шәара ишәылшоит «Индекс публикаций Сторожевой башни», мамзаргьы «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» шәхы иашәырхәар. Абиблиа инарҵауланы аҭҵаара шәыцхраауеит «Анцәа изку адыррагьы» аиура, шәхаҵарагьы арӷәӷәара (Ажәам. 2:4, 5). w23.10 18—19, абз. 3—5

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра