Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәақәа: Betsimisaraka (Northern), Betsimisaraka (Southern), Konkomba, Matses, Mi'kmaq
  • Иахьа

Асабша, октиабр 25

Шафан... уи аҳ дизаԥхьо далагеит (2 Аш. 34:18).

Аҳ Иосиа 26 шықәса анихыҵуаз аныҳәарҭа аиҭарҿыцра далагеит. Аусурақәа раан Иегова Моисеи ила ижәлар ириҭаз азакәан зныз ашәҟәы рыԥшааит. Аҳ азакәан ианыз ажәақәа аниаҳа, урҭ иаразнак рықәныҟәара далагеит (2 Аш. 34:14, 19—21). Ишәҭахума шәара Абиблиа есыҽны шәаԥхьалар? Абиблиа есыҽны аԥхьара шәалагахьазар, ишԥацо шәусқәа? Уи аԥхьара шәгәаԥхома? Ишәымоума хаҭала шәара ишәыцхраауа ажәеинраалақәа џьара ианҵаны? Иосиа 39 шықәса раҟара анихыҵуаз дҭазырхаз агха ҟаиҵеит. Иара Иегова игәаанагара еилымкааӡакәа ихаҭа ииӡбаз ҟаиҵеит (2 Аш. 35:20—25). Ари ҳара иаҳнарҵо рацәоуп. Шаҟа шықәса ҳхыҵуазаалакгьы, насгьы Абиблиа аҵара ҳаҿуижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы, есымша Иегова игәаанагара аилкаара ҳашьҭазароуп. Уи азы Анцәа анапхгара ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп, Иажәа ҭаҳҵаалароуп, насгьы аԥышәа змоу ақьырсианцәа рҿы алабжьара ҳашьҭазароуп. Убасҟан ҳара агха ӷәӷәақәа ҳҽырцәаҳахьчоит, насыԥгьы ҳамазаауеит (Иак. 1:25). w23.09 12, абз. 15, 16

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Амҽыша, октиабр 26

Анцәа иԥагьоу драӷоуп, аха ахынраалара злоу рахь изыԥсам ақьиара ааирԥшуеит (Иак. 4:6).

Абиблиаҿы Иегова бзиа дызбоз, насгьы имаҵ зуаз ирацәаҩны аҳәса хазынақәа рыӡбахә ануп. Ҳара урҭ ирҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп. Дара рышьцыларақәа ирыцклаԥшуан, насгьы зегь рыла Анцәа гәыкала ишизыҟоу аадырԥшуан (1 Тим. 3:11). Уи адагьы, иқәыԥшу аиҳәшьцәа реизараҿы иҟоу доуҳала иӷәӷәоу аиҳәшьцәа ирҿыԥшлар рылшоит. Иқәыԥшу аиҳәшьцәа, шәызҿыԥшлар шәылшо доуҳала иӷәӷәоу аиҳәшьцәа жәдыруама? Игәашәҭ урҭ иаадырԥшуа аҟазшьа бзиақәа, насгьы шәара урҭ аашәырԥшлар шшәылшо шәазхәыц. Доуҳала ишәу ауаҩы илоу ахынраалара ала дудыруеит. Ахынраалара злоу аиаҳәшьа Иеговеи лареи, насгьы егьырҭ ауааи лареи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьоуп. Иаҳҳәап, Иегова бзиа дызбо аԥҳәыс ахынраалара аарԥшны, жәҩантәи Лаб ишьақәиргылаз ахадара апринцип дықәныҟәоит (1 Кор. 11:3). Ари апринцип аизараҿгьы аҭаацәараҿгьы аус ауеит. w23.12 18—19, абз. 3—5

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ашәахьа, октиабр 27

Ахацәа... рхы бзиа ишырбо еиԥш рыҳәса бзиа ирбалароуп (Еф. 5:28).

Иегова иҭахуп ахаҵа иԥҳәыс бзиа дибаларц, насгьы лҭахрақәа дреиҷаҳаларц. Уи адагьы, иԥҳәыс ҩыза гәакьаны дылзыҟалароуп, насгьы Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара длыцхраалароуп. Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа аҵареи, аҳәса пату рықәҵареи, узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны аҟалареи даараӡа ихадоуп. Уара аԥҳәыс данааугалак ашьҭахь, уԥшәмеи уареи ахәыҷқәа шәоур ауеит. Аб бзиа уакәны уҟаларц азы Иегова уиҿыԥшла (Еф. 6:4). Иегова Иԥа, Иисус, бзиа дшибо, насгьы игәы дшақәшәо иаҳәара дацәыԥхашьаӡомызт (Матф. 3:17). Уара ахшара уоур, ухәыҷқәа бзиа ишубо есымша ираҳәала. Урҭ иҟарҵо аус бзиақәа рзы ирҽхәала, уи имаҷу акакәзаргьы. Иегова иҿыԥшуа абацәа рхәыҷқәа доуҳала иӷәӷәоу уааны аҟалара ирыцхраауеит. Уи ароль уажәнатә уҽазыҟауҵар улшоит. Уҭаацәара иатәу, насгьы уеизара иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уреиҷаҳала. Урҭ бзиа ишубо, насгьы рыхә ҳаракны ишушьо раҳәашьа ҵала (Иоанн 15:9). w23.12 28—29, абз. 17, 18

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра