Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәа: Betsileo
  • Иахьа

Амҽыша, октиабр 26

Анцәа иԥагьоу драӷоуп, аха ахынраалара злоу рахь изыԥсам ақьиара ааирԥшуеит (Иак. 4:6).

Абиблиаҿы Иегова бзиа дызбоз, насгьы имаҵ зуаз ирацәаҩны аҳәса хазынақәа рыӡбахә ануп. Ҳара урҭ ирҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп. Дара рышьцыларақәа ирыцклаԥшуан, насгьы зегь рыла Анцәа гәыкала ишизыҟоу аадырԥшуан (1 Тим. 3:11). Уи адагьы, иқәыԥшу аиҳәшьцәа реизараҿы иҟоу доуҳала иӷәӷәоу аиҳәшьцәа ирҿыԥшлар рылшоит. Иқәыԥшу аиҳәшьцәа, шәызҿыԥшлар шәылшо доуҳала иӷәӷәоу аиҳәшьцәа жәдыруама? Игәашәҭ урҭ иаадырԥшуа аҟазшьа бзиақәа, насгьы шәара урҭ аашәырԥшлар шшәылшо шәазхәыц. Доуҳала ишәу ауаҩы илоу ахынраалара ала дудыруеит. Ахынраалара злоу аиаҳәшьа Иеговеи лареи, насгьы егьырҭ ауааи лареи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьоуп. Иаҳҳәап, Иегова бзиа дызбо аԥҳәыс ахынраалара аарԥшны, жәҩантәи Лаб ишьақәиргылаз ахадара апринцип дықәныҟәоит (1 Кор. 11:3). Ари апринцип аизараҿгьы аҭаацәараҿгьы аус ауеит. w23.12 18—19, абз. 3—5

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ашәахьа, октиабр 27

Ахацәа... рхы бзиа ишырбо еиԥш рыҳәса бзиа ирбалароуп (Еф. 5:28).

Иегова иҭахуп ахаҵа иԥҳәыс бзиа дибаларц, насгьы лҭахрақәа дреиҷаҳаларц. Уи адагьы, иԥҳәыс ҩыза гәакьаны дылзыҟалароуп, насгьы Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара длыцхраалароуп. Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа аҵареи, аҳәса пату рықәҵареи, узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны аҟалареи даараӡа ихадоуп. Уара аԥҳәыс данааугалак ашьҭахь, уԥшәмеи уареи ахәыҷқәа шәоур ауеит. Аб бзиа уакәны уҟаларц азы Иегова уиҿыԥшла (Еф. 6:4). Иегова Иԥа, Иисус, бзиа дшибо, насгьы игәы дшақәшәо иаҳәара дацәыԥхашьаӡомызт (Матф. 3:17). Уара ахшара уоур, ухәыҷқәа бзиа ишубо есымша ираҳәала. Урҭ иҟарҵо аус бзиақәа рзы ирҽхәала, уи имаҷу акакәзаргьы. Иегова иҿыԥшуа абацәа рхәыҷқәа доуҳала иӷәӷәоу уааны аҟалара ирыцхраауеит. Уи ароль уажәнатә уҽазыҟауҵар улшоит. Уҭаацәара иатәу, насгьы уеизара иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уреиҷаҳала. Урҭ бзиа ишубо, насгьы рыхә ҳаракны ишушьо раҳәашьа ҵала (Иоанн 15:9). w23.12 28—29, абз. 17, 18

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, октиабр 28

[Иегова] шәзықәгәыӷыртә иҟоу иоуп (Ис. 33:6).

Ҳара гәыкала Иегова имаҵ ҳуеит, аха ауаа зегь реиԥш ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит, насгьы ҳачмазаҩхоит. Уи адагьы, Анцәа ижәлар зцәымӷу ауаа ҳҿагылалар, ма иҳашьҭашәарыцалар ауеит. Иегова ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ҳшырцәимыхьчогьы, дышҳацхраало агәра ҳиргоит (Ис. 41:10). Уи ицхыраарала ҳара иҳалшоит агәырӷьара амырӡра, ииашоу аӡбарақәа рыдкылара, насгьы аҭагылазаашьа даара ианыцәгьоугьы, анаҩсгьы гәыкала имаҵ аура. Иегова Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу «Анцәа иҭынчра» шҳаиҭо агәра ҳиргоит (Флп. 4:6, 7). Уи аҭынчрахь иаҵанакуеит Иеговеи ҳареи иҳабжьоу зыхә ҳараку аизыҟазаашьақәа рыбзоурала иҳамоу аҭынчра. Уи аҭынчра «ауаҩы изеилымкаауа» ауп, даҽакала иаҳҳәозар, уи ҳхаҿы иааҳгар алшо аасҭа акырӡа еиӷьуп. Шәӷьаҵәы-ӷәаҵәуа Иегова шәаниҳәа ашьҭахь зныкыр зеиԥшыҟам агәҭынчра шәоухьоума? Убри ауп «Анцәа иҭынчра». w24.01 20, абз. 2; 21, абз. 4

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра