Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәа: Betsileo
  • Иахьа

Ашәахьа, октиабр 27

Ахацәа... рхы бзиа ишырбо еиԥш рыҳәса бзиа ирбалароуп (Еф. 5:28).

Иегова иҭахуп ахаҵа иԥҳәыс бзиа дибаларц, насгьы лҭахрақәа дреиҷаҳаларц. Уи адагьы, иԥҳәыс ҩыза гәакьаны дылзыҟалароуп, насгьы Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара длыцхраалароуп. Иегова дышхәыцуа еиԥш ахәыцшьа аҵареи, аҳәса пату рықәҵареи, узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны аҟалареи даараӡа ихадоуп. Уара аԥҳәыс данааугалак ашьҭахь, уԥшәмеи уареи ахәыҷқәа шәоур ауеит. Аб бзиа уакәны уҟаларц азы Иегова уиҿыԥшла (Еф. 6:4). Иегова Иԥа, Иисус, бзиа дшибо, насгьы игәы дшақәшәо иаҳәара дацәыԥхашьаӡомызт (Матф. 3:17). Уара ахшара уоур, ухәыҷқәа бзиа ишубо есымша ираҳәала. Урҭ иҟарҵо аус бзиақәа рзы ирҽхәала, уи имаҷу акакәзаргьы. Иегова иҿыԥшуа абацәа рхәыҷқәа доуҳала иӷәӷәоу уааны аҟалара ирыцхраауеит. Уи ароль уажәнатә уҽазыҟауҵар улшоит. Уҭаацәара иатәу, насгьы уеизара иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи уреиҷаҳала. Урҭ бзиа ишубо, насгьы рыхә ҳаракны ишушьо раҳәашьа ҵала (Иоанн 15:9). w23.12 28—29, абз. 17, 18

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, октиабр 28

[Иегова] шәзықәгәыӷыртә иҟоу иоуп (Ис. 33:6).

Ҳара гәыкала Иегова имаҵ ҳуеит, аха ауаа зегь реиԥш ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит, насгьы ҳачмазаҩхоит. Уи адагьы, Анцәа ижәлар зцәымӷу ауаа ҳҿагылалар, ма иҳашьҭашәарыцалар ауеит. Иегова ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ҳшырцәимыхьчогьы, дышҳацхраало агәра ҳиргоит (Ис. 41:10). Уи ицхыраарала ҳара иҳалшоит агәырӷьара амырӡра, ииашоу аӡбарақәа рыдкылара, насгьы аҭагылазаашьа даара ианыцәгьоугьы, анаҩсгьы гәыкала имаҵ аура. Иегова Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу «Анцәа иҭынчра» шҳаиҭо агәра ҳиргоит (Флп. 4:6, 7). Уи аҭынчрахь иаҵанакуеит Иеговеи ҳареи иҳабжьоу зыхә ҳараку аизыҟазаашьақәа рыбзоурала иҳамоу аҭынчра. Уи аҭынчра «ауаҩы изеилымкаауа» ауп, даҽакала иаҳҳәозар, уи ҳхаҿы иааҳгар алшо аасҭа акырӡа еиӷьуп. Шәӷьаҵәы-ӷәаҵәуа Иегова шәаниҳәа ашьҭахь зныкыр зеиԥшыҟам агәҭынчра шәоухьоума? Убри ауп «Анцәа иҭынчра». w24.01 20, абз. 2; 21, абз. 4

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, октиабр 29

Дырҽхәала Иегова, сгәы-сыԥсы! Исылоу зегь иԥшьоу ихьӡ арҽхәалааит (Аԥсал. 103:1).

Иегова бзиа дызбо гәыкала ихьӡ дырҽхәалар рҭахуп. Аҳ Давид еиликаауан Иегова ихьӡ арҽхәара Анцәа ихаҭа ирҽхәара шаанагоз. Ари ахьӡи Иегова Анцәа иаҳасабала имоу ахьӡ-аԥшеи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Убри аҟынтә ҳара ари ахьӡ анҳаҳауа, Ҳанцәа илоу зеиԥшыҟам аҟазшьақәеи иус џьашьахәқәеи иаразнак иаҳгәалашәоит. Давид Иаб ихьӡ пату ақәиҵон, насгьы гәык-ԥсыкала уи ирҽхәалар иҭахын. Алевитцәагьы уи аганахьала аҿырԥш бзиа ҳарҭеит. Аԥагьара зламыз урҭ ахацәа еилыркаауан Анцәа иԥшьоу ихьӡ ишақәнагоу еиԥш арҽхәаразы ажәақәагьы шырзымхоз (Неем. 9:5) Ҳәара аҭахума, абас ахынраалара аарԥшны гәыкала Иегова данҳарҽхәо, уи игәы ҟанаҵоит. w24.02 9, абз. 6

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра