Ахаша, октиабр 29
Дырҽхәала Иегова, сгәы-сыԥсы! Исылоу зегь иԥшьоу ихьӡ арҽхәалааит (Аԥсал. 103:1).
Иегова бзиа дызбо гәыкала ихьӡ дырҽхәалар рҭахуп. Аҳ Давид еиликаауан Иегова ихьӡ арҽхәара Анцәа ихаҭа ирҽхәара шаанагоз. Ари ахьӡи Иегова Анцәа иаҳасабала имоу ахьӡ-аԥшеи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Убри аҟынтә ҳара ари ахьӡ анҳаҳауа, Ҳанцәа илоу зеиԥшыҟам аҟазшьақәеи иус џьашьахәқәеи иаразнак иаҳгәалашәоит. Давид Иаб ихьӡ пату ақәиҵон, насгьы гәык-ԥсыкала уи ирҽхәалар иҭахын. Алевитцәагьы уи аганахьала аҿырԥш бзиа ҳарҭеит. Аԥагьара зламыз урҭ ахацәа еилыркаауан Анцәа иԥшьоу ихьӡ ишақәнагоу еиԥш арҽхәаразы ажәақәагьы шырзымхоз (Неем. 9:5) Ҳәара аҭахума, абас ахынраалара аарԥшны гәыкала Иегова данҳарҽхәо, уи игәы ҟанаҵоит. w24.02 9, абз. 6
Аԥшьаша, октиабр 30
Шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап (Флп. 3:16).
Шәара шәымч зқәымхоз ахықәкы анагӡара шәылымшазар, Иегова акгьы шәаԥсаӡам ҳәа иԥхьаӡалаӡом (2 Кор. 8:12). Шәеихьӡарақәа шәхашәмыршҭлан. Абиблиаҿы иануп: «Анцәа диашоуп, убри аҟынтә... ижәбо [аџьабаа]... ихашҭӡом» (Аур. 6:10). Ус анакәха шәаргьы ақьырсиантә мҩа шәанылеижьҭеи иҟашәҵахьоу аихьӡарақәа шәхашәмыршҭлароуп. Иаҳҳәап, шәара Иегова шәиҩызахеит, иӡбахә егьырҭ ауаа рзеиҭаҳәара шәалагеит, мамзаргьы аӡы шәыҽӡаашәхит. Арҭ ахықәкқәа ықәыргыланы ишынашәыгӡаз еиԥш, анаҩсгьы убас ҟашәҵала. Иегова ицхыраарала шәдоуҳатә хықәкқәа рынагӡара шәылшоит. Иқәшәыргылаз адоуҳатә хықәкы анагӡаразы аџьабаа жәбонаҵы Иегова дышшәыцхраауа, насгьы дшышәзылԥхо гәашәҭала. Уи агәырӷьара шәзаанагалоит (2 Кор. 4:7). Шәгәы кашәмыжьыр, Иегова меигӡарахда дышәзылԥхоит (Гал. 6:9). w23.05 31, абз. 16—18
Ахәаша, октиабр 31
Саб бзиа шәзибо сара бзиа сахьыжәбо, насгьы Анцәа сшааишьҭыз агәра ахьыжәго азоуп (Иоанн 16:27).
Иегова игәаԥхоит имаҵзуҩцәа дшырзыразу, бзиа ишибо раҳәара. Абиблиаҿы ҩынтә иануп Иегова Иԥа абас шизиҳәаз: «Ари бзиа избо, сыззыразу Сԥа иоуп» (Матф. 3:17; 17:5). Ишәҭахума шәаргьы Иегова дшышәзыразу шәеиҳәар? Иахьа Иегова ажәҩан аҟынтә дҳацәажәаӡом, иара дызлаҳацәажәо Абиблиа ала ауп. Иегова дшаҳзыразу шиҳәо «ҳаҳар» ҳалшоит Аевангелиеқәа рҿы Иисус иажәақәа ҳанрыԥхьо. Иара еснагь Иаб ихы шимҩаԥигарыз еиԥш ауп ихы шымҩаԥигоз. Иисус иҵаҩцәа наӡаӡамызт, аха гәыкала Иегова имаҵ руан. Уи азы Иисус урҭ ирҽхәон, дшырзыразыз реиҳәон. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәоз ҳанаԥхьо, Иегова уи хаҭала ҳара иҳаиҳәозшәа ҳхаҿы иааҳгалар ҳалшоит (Иоанн 15:9, 15). Аԥышәарақәа ҳрықәшәазар, уи иаанагаӡом Иегова даҳзыразӡам ҳәа. Аԥышәарақәа алшара ҳарҭоит Иегова шаҟа бзиа даҳбо, шаҟа игәра ҳго аарԥшра (Иак. 1:12). Иара убас аԥышәарақәа раан Иегова еиҳа еиӷьны деилаҳкаар ҳалшоит. w24.03 28, абз. 10, 11