Аԥшьаша, октиабр 30
Шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап (Флп. 3:16).
Шәара шәымч зқәымхоз ахықәкы анагӡара шәылымшазар, Иегова акгьы шәаԥсаӡам ҳәа иԥхьаӡалаӡом (2 Кор. 8:12). Шәеихьӡарақәа шәхашәмыршҭлан. Абиблиаҿы иануп: «Анцәа диашоуп, убри аҟынтә... ижәбо [аџьабаа]... ихашҭӡом» (Аур. 6:10). Ус анакәха шәаргьы ақьырсиантә мҩа шәанылеижьҭеи иҟашәҵахьоу аихьӡарақәа шәхашәмыршҭлароуп. Иаҳҳәап, шәара Иегова шәиҩызахеит, иӡбахә егьырҭ ауаа рзеиҭаҳәара шәалагеит, мамзаргьы аӡы шәыҽӡаашәхит. Арҭ ахықәкқәа ықәыргыланы ишынашәыгӡаз еиԥш, анаҩсгьы убас ҟашәҵала. Иегова ицхыраарала шәдоуҳатә хықәкқәа рынагӡара шәылшоит. Иқәшәыргылаз адоуҳатә хықәкы анагӡаразы аџьабаа жәбонаҵы Иегова дышшәыцхраауа, насгьы дшышәзылԥхо гәашәҭала. Уи агәырӷьара шәзаанагалоит (2 Кор. 4:7). Шәгәы кашәмыжьыр, Иегова меигӡарахда дышәзылԥхоит (Гал. 6:9). w23.05 31, абз. 16—18
Ахәаша, октиабр 31
Саб бзиа шәзибо сара бзиа сахьыжәбо, насгьы Анцәа сшааишьҭыз агәра ахьыжәго азоуп (Иоанн 16:27).
Иегова игәаԥхоит имаҵзуҩцәа дшырзыразу, бзиа ишибо раҳәара. Абиблиаҿы ҩынтә иануп Иегова Иԥа абас шизиҳәаз: «Ари бзиа избо, сыззыразу Сԥа иоуп» (Матф. 3:17; 17:5). Ишәҭахума шәаргьы Иегова дшышәзыразу шәеиҳәар? Иахьа Иегова ажәҩан аҟынтә дҳацәажәаӡом, иара дызлаҳацәажәо Абиблиа ала ауп. Иегова дшаҳзыразу шиҳәо «ҳаҳар» ҳалшоит Аевангелиеқәа рҿы Иисус иажәақәа ҳанрыԥхьо. Иара еснагь Иаб ихы шимҩаԥигарыз еиԥш ауп ихы шымҩаԥигоз. Иисус иҵаҩцәа наӡаӡамызт, аха гәыкала Иегова имаҵ руан. Уи азы Иисус урҭ ирҽхәон, дшырзыразыз реиҳәон. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәоз ҳанаԥхьо, Иегова уи хаҭала ҳара иҳаиҳәозшәа ҳхаҿы иааҳгалар ҳалшоит (Иоанн 15:9, 15). Аԥышәарақәа ҳрықәшәазар, уи иаанагаӡом Иегова даҳзыразӡам ҳәа. Аԥышәарақәа алшара ҳарҭоит Иегова шаҟа бзиа даҳбо, шаҟа игәра ҳго аарԥшра (Иак. 1:12). Иара убас аԥышәарақәа раан Иегова еиҳа еиӷьны деилаҳкаар ҳалшоит. w24.03 28, абз. 10, 11
Асабша, ноиабр 1
Ахәыҷқәеи асабицәеи ухьӡ ҳараркуеит (Матф. 21:16).
Шәара ахәыҷқәа шәымазар, рықәра ишаҵанакуа еиԥш аҭакқәа рҽырзыҟарҵарц шәрыцхраа. Зны-зынла аизараҿы имариам атемақәа ирылацәажәоит. Иаҳҳәап, аҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа, мамзаргьы ахымҩаԥгашьа цқьа иадҳәалоу азҵаарақәа. Аха ус еиԥш иҟоу астатиақәа рҿгьы ахәыҷқәа зҭак ҟарҵар рылшо акы-ҩба зҵаара ыҟоуп. Уи адагьы, шәхәыҷқәа иреилшәыркаа рнапы шьҭырхцыԥхьаӡа ишырзымҵаало. Убас шәхәыҷқәа азыҟашәҵар, дара ракәымкәа даҽаӡәы иазҵаар, ргәы каҳаӡом (1 Тим. 6:18). Ҳара зегьы иҳалшоит Иегова дҳаразкуа, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара зырӷәӷәо, угәы шьҭызхуа аҭакқәа рырхиара (Ажәам. 25:11). Зны-зынла ҳхатә ԥышәа аҟынтә ак еиҭаҳҳәар ҳалшоит, аха мыцхәы ҳхы ҳахымцәажәалар бзиоуп (Ажәам. 27:2; 2 Кор. 10:18). Еиҳа еиӷьуп Иеговеи, иара Иажәеи, ижәлари ҳхы рзыҳашьҭлар (Аат. 4:11). w23.04 24—25, абз. 17, 18