Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәа: Betsileo
  • Иахьа

Ахәаша, октиабр 31

Саб бзиа шәзибо сара бзиа сахьыжәбо, насгьы Анцәа сшааишьҭыз агәра ахьыжәго азоуп (Иоанн 16:27).

Иегова игәаԥхоит имаҵзуҩцәа дшырзыразу, бзиа ишибо раҳәара. Абиблиаҿы ҩынтә иануп Иегова Иԥа абас шизиҳәаз: «Ари бзиа избо, сыззыразу Сԥа иоуп» (Матф. 3:17; 17:5). Ишәҭахума шәаргьы Иегова дшышәзыразу шәеиҳәар? Иахьа Иегова ажәҩан аҟынтә дҳацәажәаӡом, иара дызлаҳацәажәо Абиблиа ала ауп. Иегова дшаҳзыразу шиҳәо «ҳаҳар» ҳалшоит Аевангелиеқәа рҿы Иисус иажәақәа ҳанрыԥхьо. Иара еснагь Иаб ихы шимҩаԥигарыз еиԥш ауп ихы шымҩаԥигоз. Иисус иҵаҩцәа наӡаӡамызт, аха гәыкала Иегова имаҵ руан. Уи азы Иисус урҭ ирҽхәон, дшырзыразыз реиҳәон. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәоз ҳанаԥхьо, Иегова уи хаҭала ҳара иҳаиҳәозшәа ҳхаҿы иааҳгалар ҳалшоит (Иоанн 15:9, 15). Аԥышәарақәа ҳрықәшәазар, уи иаанагаӡом Иегова даҳзыразӡам ҳәа. Аԥышәарақәа алшара ҳарҭоит Иегова шаҟа бзиа даҳбо, шаҟа игәра ҳго аарԥшра (Иак. 1:12). Иара убас аԥышәарақәа раан Иегова еиҳа еиӷьны деилаҳкаар ҳалшоит. w24.03 28, абз. 10, 11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, ноиабр 1

Ахәыҷқәеи асабицәеи ухьӡ ҳараркуеит (Матф. 21:16).

Шәара ахәыҷқәа шәымазар, рықәра ишаҵанакуа еиԥш аҭакқәа рҽырзыҟарҵарц шәрыцхраа. Зны-зынла аизараҿы имариам атемақәа ирылацәажәоит. Иаҳҳәап, аҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа, мамзаргьы ахымҩаԥгашьа цқьа иадҳәалоу азҵаарақәа. Аха ус еиԥш иҟоу астатиақәа рҿгьы ахәыҷқәа зҭак ҟарҵар рылшо акы-ҩба зҵаара ыҟоуп. Уи адагьы, шәхәыҷқәа иреилшәыркаа рнапы шьҭырхцыԥхьаӡа ишырзымҵаало. Убас шәхәыҷқәа азыҟашәҵар, дара ракәымкәа даҽаӡәы иазҵаар, ргәы каҳаӡом (1 Тим. 6:18). Ҳара зегьы иҳалшоит Иегова дҳаразкуа, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара зырӷәӷәо, угәы шьҭызхуа аҭакқәа рырхиара (Ажәам. 25:11). Зны-зынла ҳхатә ԥышәа аҟынтә ак еиҭаҳҳәар ҳалшоит, аха мыцхәы ҳхы ҳахымцәажәалар бзиоуп (Ажәам. 27:2; 2 Кор. 10:18). Еиҳа еиӷьуп Иеговеи, иара Иажәеи, ижәлари ҳхы рзыҳашьҭлар (Аат. 4:11). w23.04 24—25, абз. 17, 18

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Амҽыша, ноиабр 2

Шәааи, егьырҭ реиԥш ҳмыцәалап, уи аҭыԥан ҳҷаԥшьалап, ҳахшыҩгьы аус аҳарулап (1 Фес. 5:6).

Ҳлахҿыхзарц, насгьы аҟәышра ааҳарԥшларц азы абзиабара ҳалазароуп (Матф. 22:37—39). Анцәа иахь иҳамоу абзиабара ҳацхраауеит ҳзықәшәо еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ҳармыхәаԥшӡакәа ачҳара аарԥшны анаҩсгьы ажәабжь аҳәара (2 Тим. 1:7, 8). Ҳхаҵара ҳацеиҩызымшо ауаа бзиа иаҳбоит аҟынтә ажәабжьҳәара ҳаҟәыҵӡом. Уи ажәабжь ҭеллагьы, асаламшәҟәқәа рылагьы иаҳҳәоит. Ҳара ҳгәыӷуеит мышкызны иаҳзааигәоу ауаа Анцәа имаҵ аура иалагап ҳәа (Иез. 18:27, 28). Аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы иаҳзааигәоу роуп. Ҳара урҭ рахь абзиабара ааҳарԥшуеит Павел илабжьара ҳанықәныҟәо. Иара иҳәеит: «Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла, шәеибарӷәӷәала» (1 Фес. 5:11). Аибашьцәа еивагыланы еибашьуан, насгьы аӡәы ацхыраара иҭаххар, ицхраара иазхиан. Ҳаргьы ҳгәы шьҭибахуеит, ҳаибарӷәӷәоит. Ҳара ахаан идырны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы дҳархьӡом, мамзаргьы аӡәы цәгьарак ҳзиузар, ҳшьа ҳауӡом (1 Фес. 5:13, 15). Иара убас ҳара абзиабара ааҳарԥшуеит напхгара ҳзызуа аишьцәа пату рықәаҳҵозар (1 Фес. 5:12). w23.06 9, абз. 6; 11, абз. 10, 11

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра