Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Асабша, октиабр 4

Зегь зыҟасҵо ажәабжь бзиа аҳаҭыр азоуп, уи ауаа ирзеиҭасҳәаларц азы (1 Кор. 9:23).

Ҳара егьырҭ ҳрыцхраалароуп. Иҟаҳҵалар ҳалшо аҟынтә зегьы иреиӷьу — уи Аҳра иазку агәырӷьажәабжь ауаа рылаҳәара ауп. Ҳара Аҳра иазку ажәабжь ззеиҭаҳҳәо ауаа рацәажәашьа ҳҽақәҳаршәалароуп. Ажәабжьҳәараҿы иаҳԥыло ауаа ргәаанагарақәеи, рхылҵшьҭреи, аԥсҭазаара ишахәаԥшуеи еиԥшӡам. Апостол Павел еиуеиԥшымыз ауаа рацәажәашьа дақәшәон, ҳара уи ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит. Иисус Павел «егьырҭ ажәларқәа рзы апостолс» далихит (Рим. 11:13). Павел уи адҵа бзианы инаигӡон. Иара ауриацәа рыдагьы абырзенцәеи, аҵара змаз ауааи, анхаҩцәеи, ачынуааи, аҳцәеи ажәабжь рзеиҭеиҳәон. Павел аҵабырг доусу игәаҵанӡа инеигарц азы зегьы рҟынӡа ихы неигон, зегьы иҽраҟареитәуан (1 Кор. 9:19—22). Иара ауаа ркультуреи, рааӡашьеи, рхаҵареи дрызхәыцны рацәажәашьа дақәшәон. Ҳаргьы ажәабжьҳәараҿы еиуеиԥшым ауаа ҳақәшәоит. Доусу иацәажәашьа ҳҵар, ҳмаҵзура алҵшәа бзиа аиуеит. w23.07 23, абз. 11, 12

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Амҽыша, октиабр 5

Иҳақәиҭу имаҵуҩы аимак-аиҿак иҽацәихьчалароуп, зегьы рзы дҟәымшәышәзароуп (2 Тим. 2:24).

Аҟәымшәышәра — ауаҩы дшыӷәӷәоу аанарԥшуеит, уи ԥсыҽраӡам. Имариам аҭагылазаашьаҿы аҭынчра ааҳарԥшларц азы ҩныҵҟала ҳаӷәӷәазароуп. Аҟәымшәышәра — «иԥшьоу адоуҳа» еизнарҳауа аҟазшьақәа ируакуп (Гал. 5:22, 23). «Иҟәымшәышәу» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа зны-зынла рхы иадырхәоит и́рыбжьаз аҽы аӡбахә анырҳәо. Шәхаҿы иаажәг нкылашьа змамыз аҽы анырыбжьа ашьҭахь изеиԥшрахаз. Уи уажәшьҭа уаҩ ииҳәо аҳауеит, аха уаанӡа еиԥш амч ӷәӷәагьы алоуп. Убас ауп ауаагьы. Аҟәымшәышәра анҳалаҳааӡо ҳара еиҳагьы ҳаӷәӷәахоит. Аха уи ихадоу аҟазшьа еизҳарҳарц азы ҳааҟәымҵӡакәа аџьабаа абара мацара азхаӡом. Ҳара Анцәа иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц, насгьы аҟәымшәышәра аизырҳара дҳацхраарц ҳиҳәалароуп. Уи зылшаз рацәаҩуп. Ҳазҭахым ауаа ажәа анҳамаркуа Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы ататара аадырԥшуеит. Уи и́наԥшуа игәарымҭар ауӡом (2 Тим. 2:24, 25). w23.09 14, абз. 3

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ашәахьа, октиабр 6

Абри аҷкәын изоуп Анцәа сызиҳәоз, Иеговагьы сзызиҳәоз сиҭеит (1 Сам. 1:27).

Апостол Иоанн ибеит ажәҩан аҿы 24-ҩык аиҳабацәа Иегова дышдырҽхәоз. Дара ирҳәон иара «хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри [д]рыԥсоуп» ҳәа (Аат. 4:10, 11). Гәыкала Анцәа изыҟоу амаалықьцәагьы Иегова ирҽхәаразы амзызқәа рацәаны ирымоуп. Дара Иегова ажәҩан аҿы ицынхоит, убри аҟынтә ибзианы дырдыруеит. Урҭ Иегова иҟаиҵо рбоит. Уи ирҽхәара ргәазҭанаҵоит (Иов 38:4—7). Иара убас ҳаҳәарақәа рҿы Иегова дҳарҽхәалар хадоуп. Иаҳҳәап, изакәазы бзиа даҳбо, насгьы иара иҿы иаҳгәаԥхо иаҳҳәалар ауеит. Абиблиа шәанаԥхьо, насгьы уи анҭышәҵаауа, зегь раасҭа ишәгәаԥхо Иегова иҟазшьақәа алышәкаала (Иов 37:23; Рим. 11:33). Уи ашьҭахь шәцәаныррақәа Иегова изеиҭашәҳәала. Иара убас ҳара Иегова дҳарҽхәалар ҳалшоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи дахьҳацхраауа азы (1 Сам. 2:1, 2). w23.05 3—4, абз. 6, 7

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра