Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Амҽыша, октиабр 5

Иҳақәиҭу имаҵуҩы аимак-аиҿак иҽацәихьчалароуп, зегьы рзы дҟәымшәышәзароуп (2 Тим. 2:24).

Аҟәымшәышәра — ауаҩы дшыӷәӷәоу аанарԥшуеит, уи ԥсыҽраӡам. Имариам аҭагылазаашьаҿы аҭынчра ааҳарԥшларц азы ҩныҵҟала ҳаӷәӷәазароуп. Аҟәымшәышәра — «иԥшьоу адоуҳа» еизнарҳауа аҟазшьақәа ируакуп (Гал. 5:22, 23). «Иҟәымшәышәу» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа зны-зынла рхы иадырхәоит и́рыбжьаз аҽы аӡбахә анырҳәо. Шәхаҿы иаажәг нкылашьа змамыз аҽы анырыбжьа ашьҭахь изеиԥшрахаз. Уи уажәшьҭа уаҩ ииҳәо аҳауеит, аха уаанӡа еиԥш амч ӷәӷәагьы алоуп. Убас ауп ауаагьы. Аҟәымшәышәра анҳалаҳааӡо ҳара еиҳагьы ҳаӷәӷәахоит. Аха уи ихадоу аҟазшьа еизҳарҳарц азы ҳааҟәымҵӡакәа аџьабаа абара мацара азхаӡом. Ҳара Анцәа иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц, насгьы аҟәымшәышәра аизырҳара дҳацхраарц ҳиҳәалароуп. Уи зылшаз рацәаҩуп. Ҳазҭахым ауаа ажәа анҳамаркуа Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы ататара аадырԥшуеит. Уи и́наԥшуа игәарымҭар ауӡом (2 Тим. 2:24, 25). w23.09 14, абз. 3

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ашәахьа, октиабр 6

Абри аҷкәын изоуп Анцәа сызиҳәоз, Иеговагьы сзызиҳәоз сиҭеит (1 Сам. 1:27).

Апостол Иоанн ибеит ажәҩан аҿы 24-ҩык аиҳабацәа Иегова дышдырҽхәоз. Дара ирҳәон иара «хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри [д]рыԥсоуп» ҳәа (Аат. 4:10, 11). Гәыкала Анцәа изыҟоу амаалықьцәагьы Иегова ирҽхәаразы амзызқәа рацәаны ирымоуп. Дара Иегова ажәҩан аҿы ицынхоит, убри аҟынтә ибзианы дырдыруеит. Урҭ Иегова иҟаиҵо рбоит. Уи ирҽхәара ргәазҭанаҵоит (Иов 38:4—7). Иара убас ҳаҳәарақәа рҿы Иегова дҳарҽхәалар хадоуп. Иаҳҳәап, изакәазы бзиа даҳбо, насгьы иара иҿы иаҳгәаԥхо иаҳҳәалар ауеит. Абиблиа шәанаԥхьо, насгьы уи анҭышәҵаауа, зегь раасҭа ишәгәаԥхо Иегова иҟазшьақәа алышәкаала (Иов 37:23; Рим. 11:33). Уи ашьҭахь шәцәаныррақәа Иегова изеиҭашәҳәала. Иара убас ҳара Иегова дҳарҽхәалар ҳалшоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи дахьҳацхраауа азы (1 Сам. 2:1, 2). w23.05 3—4, абз. 6, 7

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, октиабр 7

Иегова имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгал[а] (Кол. 1:10).

1919 шықәсазы Анцәа ижәлар Вавилон ду аҟынтә ахақәиҭра роуит. Уи ашықәс азы «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» дцәырҵит — уи ианаамҭаз дцәырҵит, избанзар «Иԥшьоу амҩа» ианылаз гәыкала иҟаз ауаа ацхыраара рыҭатәын (Матф. 24:45—47; Ис. 35:8). Уи амаҵуҩи, уи дцәырҵаанӡа «Иԥшьоу амҩа» архиаразы аџьабаа збози рыбзоурала, уи амҩа ианылоз ауаа Иегова игәҭакы еиҳа еиӷьны еилыркаауан (Ажәам. 4:18). Иара убас дара Анцәа игәы иақәшәаларц азы рҽырыԥсахлар рылшон. Иҭахызма Иегова имаҵзуҩцәа иаразнак рҽырыԥсахырц? Мап, иара хәыҷы-хәыҷла ижәлар ирыцқьон. Шаҟа насыԥ ҳауазеи зегь рыла Анцәа игәы ҳанақәшәало! Амҩақәа ԥхасҭамхаларц азы урҭ ирхылаԥшлатәуп. Убас еиԥш 1919 шықәса раахыс «Иԥшьоу амҩа» аҿы излагаз аусурақәа аанымгылаӡацт. Избан? Ауаа Вавилон ду алҵра алшара роурц азы. w23.05 17, абз. 15; 19, абз. 16

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра