Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ашәахьа, октиабр 6

Абри аҷкәын изоуп Анцәа сызиҳәоз, Иеговагьы сзызиҳәоз сиҭеит (1 Сам. 1:27).

Апостол Иоанн ибеит ажәҩан аҿы 24-ҩык аиҳабацәа Иегова дышдырҽхәоз. Дара ирҳәон иара «хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри [д]рыԥсоуп» ҳәа (Аат. 4:10, 11). Гәыкала Анцәа изыҟоу амаалықьцәагьы Иегова ирҽхәаразы амзызқәа рацәаны ирымоуп. Дара Иегова ажәҩан аҿы ицынхоит, убри аҟынтә ибзианы дырдыруеит. Урҭ Иегова иҟаиҵо рбоит. Уи ирҽхәара ргәазҭанаҵоит (Иов 38:4—7). Иара убас ҳаҳәарақәа рҿы Иегова дҳарҽхәалар хадоуп. Иаҳҳәап, изакәазы бзиа даҳбо, насгьы иара иҿы иаҳгәаԥхо иаҳҳәалар ауеит. Абиблиа шәанаԥхьо, насгьы уи анҭышәҵаауа, зегь раасҭа ишәгәаԥхо Иегова иҟазшьақәа алышәкаала (Иов 37:23; Рим. 11:33). Уи ашьҭахь шәцәаныррақәа Иегова изеиҭашәҳәала. Иара убас ҳара Иегова дҳарҽхәалар ҳалшоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи дахьҳацхраауа азы (1 Сам. 2:1, 2). w23.05 3—4, абз. 6, 7

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аҩаша, октиабр 7

Иегова имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгал[а] (Кол. 1:10).

1919 шықәсазы Анцәа ижәлар Вавилон ду аҟынтә ахақәиҭра роуит. Уи ашықәс азы «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» дцәырҵит — уи ианаамҭаз дцәырҵит, избанзар «Иԥшьоу амҩа» ианылаз гәыкала иҟаз ауаа ацхыраара рыҭатәын (Матф. 24:45—47; Ис. 35:8). Уи амаҵуҩи, уи дцәырҵаанӡа «Иԥшьоу амҩа» архиаразы аџьабаа збози рыбзоурала, уи амҩа ианылоз ауаа Иегова игәҭакы еиҳа еиӷьны еилыркаауан (Ажәам. 4:18). Иара убас дара Анцәа игәы иақәшәаларц азы рҽырыԥсахлар рылшон. Иҭахызма Иегова имаҵзуҩцәа иаразнак рҽырыԥсахырц? Мап, иара хәыҷы-хәыҷла ижәлар ирыцқьон. Шаҟа насыԥ ҳауазеи зегь рыла Анцәа игәы ҳанақәшәало! Амҩақәа ԥхасҭамхаларц азы урҭ ирхылаԥшлатәуп. Убас еиԥш 1919 шықәса раахыс «Иԥшьоу амҩа» аҿы излагаз аусурақәа аанымгылаӡацт. Избан? Ауаа Вавилон ду алҵра алшара роурц азы. w23.05 17, абз. 15; 19, абз. 16

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, октиабр 8

Ахаангьы уаансыжьӡом (Аур. 13:5).

Анапхгаратә хеилак хаҭала аҵара ддырҵоит Анапхгаратә хеилак еиуеиԥшым акомитетқәа рҿы цхырааҩцәас амаҵ зуа аишьцәа. Урҭ ацхырааҩцәа уажәнатә аҭакԥхықәра ду рыдуп, насгьы аорганизациаҿы еиуеиԥшым аусқәа нарыгӡоит. Дара доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь ианцалак, Христос иуасақәа ирхылаԥшларц азы ибзианы иазыҟаҵоуп. Арыцҳара ду анҵәамҭазы аҵыхәтәантәи доуҳала иалху ақьырсиан ажәҩан ахь данцалак, адгьыл аҿы ицқьоу амҵахырхәара акгьы ахьӡом. Иисус Христос инапхгара абзоурала ҳара анаҩсгьы Иегова имаҵ ҳаулоит. Ҳәарада, усҟан амилаҭқәа ркоалициа — Магог аҟынтә Гог — Анцәа ижәлар ирықәлоит, аха уи ақәылара кьаҿзаауеит, насгьы ақәҿиара аиуӡом (Иез. 38:18—20). Ҳара Иегова имаҵ аураҿы ҳтемп иагҳархаӡом. Иегова ҳәарада ҳаиқәирхоит! Апостол Иоанн ибеит «ԥхьаӡашьак змамыз» Христос егьырҭ иуасақәа, иара иаҳаит урҭ «арыцҳара ду иацәынхаз роуп» ҳәа (Аат. 7:9, 14). Ааи, Иегова хымԥада ҳаиқәирхоит! w24.02 5—6, абз. 13, 14

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра