Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Аҩаша, октиабр 7

Иегова имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгал[а] (Кол. 1:10).

1919 шықәсазы Анцәа ижәлар Вавилон ду аҟынтә ахақәиҭра роуит. Уи ашықәс азы «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» дцәырҵит — уи ианаамҭаз дцәырҵит, избанзар «Иԥшьоу амҩа» ианылаз гәыкала иҟаз ауаа ацхыраара рыҭатәын (Матф. 24:45—47; Ис. 35:8). Уи амаҵуҩи, уи дцәырҵаанӡа «Иԥшьоу амҩа» архиаразы аџьабаа збози рыбзоурала, уи амҩа ианылоз ауаа Иегова игәҭакы еиҳа еиӷьны еилыркаауан (Ажәам. 4:18). Иара убас дара Анцәа игәы иақәшәаларц азы рҽырыԥсахлар рылшон. Иҭахызма Иегова имаҵзуҩцәа иаразнак рҽырыԥсахырц? Мап, иара хәыҷы-хәыҷла ижәлар ирыцқьон. Шаҟа насыԥ ҳауазеи зегь рыла Анцәа игәы ҳанақәшәало! Амҩақәа ԥхасҭамхаларц азы урҭ ирхылаԥшлатәуп. Убас еиԥш 1919 шықәса раахыс «Иԥшьоу амҩа» аҿы излагаз аусурақәа аанымгылаӡацт. Избан? Ауаа Вавилон ду алҵра алшара роурц азы. w23.05 17, абз. 15; 19, абз. 16

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахаша, октиабр 8

Ахаангьы уаансыжьӡом (Аур. 13:5).

Анапхгаратә хеилак хаҭала аҵара ддырҵоит Анапхгаратә хеилак еиуеиԥшым акомитетқәа рҿы цхырааҩцәас амаҵ зуа аишьцәа. Урҭ ацхырааҩцәа уажәнатә аҭакԥхықәра ду рыдуп, насгьы аорганизациаҿы еиуеиԥшым аусқәа нарыгӡоит. Дара доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь ианцалак, Христос иуасақәа ирхылаԥшларц азы ибзианы иазыҟаҵоуп. Арыцҳара ду анҵәамҭазы аҵыхәтәантәи доуҳала иалху ақьырсиан ажәҩан ахь данцалак, адгьыл аҿы ицқьоу амҵахырхәара акгьы ахьӡом. Иисус Христос инапхгара абзоурала ҳара анаҩсгьы Иегова имаҵ ҳаулоит. Ҳәарада, усҟан амилаҭқәа ркоалициа — Магог аҟынтә Гог — Анцәа ижәлар ирықәлоит, аха уи ақәылара кьаҿзаауеит, насгьы ақәҿиара аиуӡом (Иез. 38:18—20). Ҳара Иегова имаҵ аураҿы ҳтемп иагҳархаӡом. Иегова ҳәарада ҳаиқәирхоит! Апостол Иоанн ибеит «ԥхьаӡашьак змамыз» Христос егьырҭ иуасақәа, иара иаҳаит урҭ «арыцҳара ду иацәынхаз роуп» ҳәа (Аат. 7:9, 14). Ааи, Иегова хымԥада ҳаиқәирхоит! w24.02 5—6, абз. 13, 14

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аԥшьаша, октиабр 9

Амца иаҩызоу Анцәа идоуҳа шәмырцәан (1 Фес. 5:19).

Иҟаҳҵалар ҳалшозеи иԥшьоу адоуҳа ҳауларц азы? Ҳара иҳалшоит уи азы Анцәа ҳиҳәалар, Анцәа идоуҳала иҩыз Абиблиа ҭаҳҵаалар, насгьы Анцәа идоуҳа напхгара знаҭо иорганизациеи ҳареи аџьабаа еицаҳбалар. Уи иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа раарԥшра иҳацхраауеит (Гал. 5:22, 23). Анцәа уи зиҭо зхәыцшьеи зхымҩаԥгашьеи цқьоу ауаа мацара роуп. Иара идоуҳа ҳаиҭалаӡом ицқьам акы ҳазхәыцлар, насгьы иҽеим ахәыцрақәа ҳаҽраҳҭалар (1 Фес. 4:7, 8). Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы ҳара иара убас 1 Фессалоникаа 5:20 иану ажәақәа ҳрықәныҟәалароуп: «Аԥааимбаражәақәа тәамбашақә шәырзымнеилан». Ара «аԥааимбаражәақәа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу — уи Анцәа иԥшьоу идоуҳала иҳаиҳәо зегь ауп. Уахь иаҵанакуеит Иегова имши, иҷыдоу иахьатәи ҳаамҭеи ирызку ажәабжьқәагьы. Ҳара уи амш наскьаҳгаӡом, Армагеддон ааиаанӡа ҳҟалаӡом ҳәа ҳхәыцуа. Ҳара уи шааигәоу ҳхаҳаршҭӡом. Излоубарҭахозеи уи? Уи убарҭахоит ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгозар, насгьы адоуҳатә усқәа ҳамчқәа зегь рзаҳкуазар (2 Пиотр 3:11, 12). w23.06 12, абз. 13, 14

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра