Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ахаша, октиабр 8

Ахаангьы уаансыжьӡом (Аур. 13:5).

Анапхгаратә хеилак хаҭала аҵара ддырҵоит Анапхгаратә хеилак еиуеиԥшым акомитетқәа рҿы цхырааҩцәас амаҵ зуа аишьцәа. Урҭ ацхырааҩцәа уажәнатә аҭакԥхықәра ду рыдуп, насгьы аорганизациаҿы еиуеиԥшым аусқәа нарыгӡоит. Дара доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь ианцалак, Христос иуасақәа ирхылаԥшларц азы ибзианы иазыҟаҵоуп. Арыцҳара ду анҵәамҭазы аҵыхәтәантәи доуҳала иалху ақьырсиан ажәҩан ахь данцалак, адгьыл аҿы ицқьоу амҵахырхәара акгьы ахьӡом. Иисус Христос инапхгара абзоурала ҳара анаҩсгьы Иегова имаҵ ҳаулоит. Ҳәарада, усҟан амилаҭқәа ркоалициа — Магог аҟынтә Гог — Анцәа ижәлар ирықәлоит, аха уи ақәылара кьаҿзаауеит, насгьы ақәҿиара аиуӡом (Иез. 38:18—20). Ҳара Иегова имаҵ аураҿы ҳтемп иагҳархаӡом. Иегова ҳәарада ҳаиқәирхоит! Апостол Иоанн ибеит «ԥхьаӡашьак змамыз» Христос егьырҭ иуасақәа, иара иаҳаит урҭ «арыцҳара ду иацәынхаз роуп» ҳәа (Аат. 7:9, 14). Ааи, Иегова хымԥада ҳаиқәирхоит! w24.02 5—6, абз. 13, 14

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аԥшьаша, октиабр 9

Амца иаҩызоу Анцәа идоуҳа шәмырцәан (1 Фес. 5:19).

Иҟаҳҵалар ҳалшозеи иԥшьоу адоуҳа ҳауларц азы? Ҳара иҳалшоит уи азы Анцәа ҳиҳәалар, Анцәа идоуҳала иҩыз Абиблиа ҭаҳҵаалар, насгьы Анцәа идоуҳа напхгара знаҭо иорганизациеи ҳареи аџьабаа еицаҳбалар. Уи иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа раарԥшра иҳацхраауеит (Гал. 5:22, 23). Анцәа уи зиҭо зхәыцшьеи зхымҩаԥгашьеи цқьоу ауаа мацара роуп. Иара идоуҳа ҳаиҭалаӡом ицқьам акы ҳазхәыцлар, насгьы иҽеим ахәыцрақәа ҳаҽраҳҭалар (1 Фес. 4:7, 8). Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы ҳара иара убас 1 Фессалоникаа 5:20 иану ажәақәа ҳрықәныҟәалароуп: «Аԥааимбаражәақәа тәамбашақә шәырзымнеилан». Ара «аԥааимбаражәақәа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу — уи Анцәа иԥшьоу идоуҳала иҳаиҳәо зегь ауп. Уахь иаҵанакуеит Иегова имши, иҷыдоу иахьатәи ҳаамҭеи ирызку ажәабжьқәагьы. Ҳара уи амш наскьаҳгаӡом, Армагеддон ааиаанӡа ҳҟалаӡом ҳәа ҳхәыцуа. Ҳара уи шааигәоу ҳхаҳаршҭӡом. Излоубарҭахозеи уи? Уи убарҭахоит ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгозар, насгьы адоуҳатә усқәа ҳамчқәа зегь рзаҳкуазар (2 Пиотр 3:11, 12). w23.06 12, абз. 13, 14

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахәаша, октиабр 10

Иегова иахь иааурԥшуа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара ала ауп аҟәыӷара злалаго (Ажәам. 9:10).

Ақьырсианцәа раҳасабала иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара ҳелектронтә хархәагаҿы апорнографиатә сахьа цәырҵзар? Ҳара иаразнак уи асахьа ҳалаԥш аҟәаҳгароуп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳара ҳзы зегь раасҭа зыхә ҳараку Иеговеи ҳареи иҳабжьоу ҳаизыҟазаашьақәа шракәу. Сахьақәак порнографиоуп ҳәа иԥхьаӡамзаргьы, урҭ иҟьашьу агәаҳәарақәа узцәырыргозар ауеит. Избан ақьырсианцәа урҭ ирмыхәаԥшлар зрыхәҭоу? Избанзар ҳара иаҳҭахӡам агәнаҳахь ҳназго шьаҿа хәыҷыкгьы ҟаҳҵар, насгьы ҳгәаҿы ҳхатә ҩыза дҳаԥсахыр (Матф. 5:28, 29). Девид зыхьӡу Таиланд инхо аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Сара есымша абас схы сазҵаауеит: „Ари порнографиамзаргьы, игәаԥхома Иегова сара уи сахьахәаԥшуа?“ Уи ҟәыӷарала ахымҩаԥгара исыцхраауеит». Ҳара ҟәыӷарала ҳхы мҩаԥаҳгалар ҳалшоит Иегова игәы иҳархьыр ҳәа ҳшәалар. Ус еиԥш иҟоу апатуқәҵара зныԥшуа ашәаралоуп «аҟәыӷара злалаго», даҽакала иуҳәозар, аҟәыӷара аиуразы уи раԥхьатәи шьаҿоуп. w23.06 23, абз. 12, 13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра