Амҽыша, ноиабр 9
Умшәан (Дан. 10:19).
Иҟаҵалатәузеи агәымшәара ҳаурц азы? Ҳҭаацәа агәымшәара ааҳарԥшларц ҳгәазҭарҵалар ауеит, аха уи аҟазшьа дара рҟынтә ҳара ҳахь шьҭрала ииасӡом. Ҳара иҿыцу ак шаҳҵо еиԥш агәымшәара аарԥшышьа ҳҵалароуп. Иҿыцу ак уҵарц азы арҵаҩы иҟаиҵо бзианы уахәаԥшлароуп, насгьы иҟаиҵо ҟауҵалароуп. Агәымшәара аарԥшышьа ҳҵарц азы егьырҭ уи аҟазшьа шаадырԥшуа гәаҳҭалароуп, насгьы ҳарҿыԥшлароуп. Даниил иеиԥш, ҳаргьы Анцәа Иажәа бзианы иаҳдыруазароуп. Иара убас ҳара Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалароуп, уи азы лассы-лассы ҳиҳәалароуп, ҳгәы иҵхогьы аартны изеиҭаҳҳәалароуп. Уи адагьы, ҳара Иегова игәра ҳгалароуп, насгьы еснагь дышҳацхраауа ала агәыҩбара ҳамамзароуп. Убасҟан ҳхаҵара ԥызшәо акы ҳақәшәар, агәымшәара аарԥшра ҳалшоит. Агәымшәара змоу ауаа лассы-лассы пату рықәырҵоит. Иара убас ҳара агәымшәара ахьааҳарԥшуа абзоурала гәыкала иҟоу ауаа Иегова иабадырра ҳрыцхраар ҳалшоит. Убри аҟынтә ҳара ари аҟазшьа бзиа аизырҳаразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп. w23.08 2, абз. 2; 4, абз. 8, 9
Ашәахьа, ноиабр 10
Зегь гәашәҭала, ииашоу-ииашаму еилышәкаала (1 Фес. 5:21).
«Игәашәҭала» ҳәа ара еиҭагоу абырзен ажәа зыхә ҳараку аметаллқәа реиҩдыраара аӡбахә ианалацәажәоз рхы иадырхәон. Ус анакәха, ҳара иҳаҳауеи ҳзыԥхьои ииашоу-ииашаму гәаҳҭалароуп. Иаарласны ҳара ҳзы уи еиҳагьы ихадахоит, избанзар арыцҳара ду ааигәахара иаҿуп. Ауаа ирҳәо иаразнак агәра агара аҭыԥан, ҳара аҟәышра ааҳарԥшлароуп. Ҳара ҳзыԥхьои, иҳаҳауеи, Абиблиа иаҳәои, Иегова иорганизациа иҳанаҳәои еиҿҳарԥшлароуп. Убасҟан адемонцәа рыпропаганда ҳажьаӡом (Ажәам. 14:15; 1 Тим. 4:1). Анцәа ижәлар арыцҳара ду рхыргоит. Хаҭала ҳара ҳтәы ҳҳәозар, уаҵәы иаҳзыԥшу ҳаздырӡом (Иак. 4:14). Аха Армагеддон ааиаанӡа ҳаԥсыргьы, агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу ҳаанхар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ишҳауа. Шәааи зеиԥшыҟам ҳгәыӷра ҳазхәыцлап, насгьы Иегова имш ҳҽазыҟаҳҵап! w23.06 13, абз. 15, 16
Аҩаша, ноиабр 11
Игәҭакы имаҵзуҩцәа, иԥааимбарцәа, ирзааи[ртуеит] (Ам. 3:7).
Ҳара иҳаздырӡом абиблиатә ԥааимбаражәақәак шынаӡо (Дан. 12:8, 9). Аха ҳара ԥааимбаражәак аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилымкаауазар, уи наӡаӡом ҳәа аанагаӡом. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп иаҳдыруазар ҳахәҭоу Иегова ианаамҭоу ишаҳзааиртуа, избанзар иара еснагь убас ауп ишыҟаиҵоз. Иааиуеит аамҭа «Абар аҭынчра! Ашәарҭара ыҟаӡам!» ҳәа ауаа ианрыларҳәо (1 Фес. 5:3). Нас адунеизегьтәи аполитикатә напхгаҩцәа амцдинхаҵара иақәланы иқәыргоит (Аат. 17:16, 17). Уи ашьҭахь дара Анцәа имаҵзуҩцәа ирықәлоит (Иез. 38:18, 19). Нас аибашьра Армагеддон алагоит (Аат. 16:14, 16). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит арҭ ахҭысқәа иаарласны ишыҟало. Уи аамҭа ааиаанӡа, шәааи абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭаҳҵаалап, насгьы егьырҭ урҭ рҵакы аилкаара ҳрыцхраалап. Убри ала бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб иахь аџьшьара ааҳарԥшуеит. w23.08 13, абз. 19, 20