Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Асабша, ноиабр 8

[Абзиабара] — ижжаӡа иаку мцоуп, Иах имцабз ауп. Аӡ дуқәа абзиабара дырцәаӡом, аӡиасқәагьы хыҵны уи рызгаӡом (Ашәа 8:6, 7).

Шаҟа иԥшӡаны аӡбахә ҳәоузеи абзиабараҵәҟьа! Арҭ ажәақәа аҭаацәара иалоу хаҵеи-ԥҳәыси агәра днаргоит: шәара ишәыбжьоу абзиабара наӡаӡа иҟазар алшоит. Бзиа еибабалома хаҵеи-ԥҳәыси рыԥсы ахьынӡаҭоу? Уи дара роуп изыӡбо. Иааҳгап ҿырԥштәык. Амца ахаан имыцәар ауеит, аха уи азы есымша амҿы ақәҵалатәуп. Уи аӡәгьы иҟаимҵалар, хәыҷы-хәыҷла амца ыцәоит. Убас еиԥшҵәҟьа хаҵеи-ԥҳәыси рыбзиабара наӡаӡа иӷәӷәазар ауеит, аха уи азы дара реизыҟазаашьақәа дырӷәӷәалароуп. Зны-зынла хаҵеи-ԥҳәыси шеицәыхьшәашәо гәарҭозар ауеит. Уи аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа, агәамбзиара, мамзаргьы ахәыҷқәа рааӡара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирыхҟьозар алшоит. Убри аҟынтә, «Иах имцабз» жжаӡа иакызарц азы, ахаҵагьы аԥҳәысгьы ирылшо зегь ҟарҵалароуп, Иеговеи дареи ирыбжьоу аиҩызара дырӷәӷәаларц азы. w23.05 20, абз. 1—3

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Амҽыша, ноиабр 9

Умшәан (Дан. 10:19).

Иҟаҵалатәузеи агәымшәара ҳаурц азы? Ҳҭаацәа агәымшәара ааҳарԥшларц ҳгәазҭарҵалар ауеит, аха уи аҟазшьа дара рҟынтә ҳара ҳахь шьҭрала ииасӡом. Ҳара иҿыцу ак шаҳҵо еиԥш агәымшәара аарԥшышьа ҳҵалароуп. Иҿыцу ак уҵарц азы арҵаҩы иҟаиҵо бзианы уахәаԥшлароуп, насгьы иҟаиҵо ҟауҵалароуп. Агәымшәара аарԥшышьа ҳҵарц азы егьырҭ уи аҟазшьа шаадырԥшуа гәаҳҭалароуп, насгьы ҳарҿыԥшлароуп. Даниил иеиԥш, ҳаргьы Анцәа Иажәа бзианы иаҳдыруазароуп. Иара убас ҳара Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалароуп, уи азы лассы-лассы ҳиҳәалароуп, ҳгәы иҵхогьы аартны изеиҭаҳҳәалароуп. Уи адагьы, ҳара Иегова игәра ҳгалароуп, насгьы еснагь дышҳацхраауа ала агәыҩбара ҳамамзароуп. Убасҟан ҳхаҵара ԥызшәо акы ҳақәшәар, агәымшәара аарԥшра ҳалшоит. Агәымшәара змоу ауаа лассы-лассы пату рықәырҵоит. Иара убас ҳара агәымшәара ахьааҳарԥшуа абзоурала гәыкала иҟоу ауаа Иегова иабадырра ҳрыцхраар ҳалшоит. Убри аҟынтә ҳара ари аҟазшьа бзиа аизырҳаразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп. w23.08 2, абз. 2; 4, абз. 8, 9

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ашәахьа, ноиабр 10

Зегь гәашәҭала, ииашоу-ииашаму еилышәкаала (1 Фес. 5:21).

«Игәашәҭала» ҳәа ара еиҭагоу абырзен ажәа зыхә ҳараку аметаллқәа реиҩдыраара аӡбахә ианалацәажәоз рхы иадырхәон. Ус анакәха, ҳара иҳаҳауеи ҳзыԥхьои ииашоу-ииашаму гәаҳҭалароуп. Иаарласны ҳара ҳзы уи еиҳагьы ихадахоит, избанзар арыцҳара ду ааигәахара иаҿуп. Ауаа ирҳәо иаразнак агәра агара аҭыԥан, ҳара аҟәышра ааҳарԥшлароуп. Ҳара ҳзыԥхьои, иҳаҳауеи, Абиблиа иаҳәои, Иегова иорганизациа иҳанаҳәои еиҿҳарԥшлароуп. Убасҟан адемонцәа рыпропаганда ҳажьаӡом (Ажәам. 14:15; 1 Тим. 4:1). Анцәа ижәлар арыцҳара ду рхыргоит. Хаҭала ҳара ҳтәы ҳҳәозар, уаҵәы иаҳзыԥшу ҳаздырӡом (Иак. 4:14). Аха Армагеддон ааиаанӡа ҳаԥсыргьы, агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу ҳаанхар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас ишҳауа. Шәааи зеиԥшыҟам ҳгәыӷра ҳазхәыцлап, насгьы Иегова имш ҳҽазыҟаҳҵап! w23.06 13, абз. 15, 16

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра