Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ахәаша, ииуль 18

[Иара] аҳцәас ҳҟа[иҵеит], Иаби Инцәеи изы ԥшьаҩцәас ҳҟа[иҵеит] (Аат. 1:6).

144 000-ҩык иԥшьоу адоуҳала иалху Христос иҵаҩцәа ажәҩан аҿы иара ԥшьаҩцәас амаҵ ицрулоит (Аат. 14:1). Урҭ адгьыл аҿы инхонаҵы Анцәа иԥшьоу адоуҳала иалихуеит, насгьы ԥацәас иҟаиҵоит. Иԥшьоу аҭыԥ иаанарԥшуеит Анцәеи дареи ирыбжьоу иҷыдоу аизыҟазаашьақәа (Рим. 8:15—17). Иԥшьаӡоу аҭыԥ иаанарԥшуеит Иегова дахьыҟоу ажәҩан. Иԥшьоу аҭыԥи Иԥшьаӡоу аҭыԥи ирыбжьоу «аԥарда» иаанарԥшуеит Иисус адгьыл аҿы даныҟаз имаз ацәеижь. Иара адгьыл аҿы дынхонаҵы ажәҩан ахь дызцаӡомызт. Аха ауаа ҿихырц азы ицәеижь кәырбанс ианнеига ашьҭахь, Иисус ажәҩан ахь дхалеит, насгьы иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы жәҩантәи аԥсҭазаарахь амҩа рзааиртит. Жәҩантәи рҳамҭа роурц азы даргьы ауаҩытәыҩсатә цәеижь аанрыжьроуп (Аур. 10:19, 20; 1 Кор. 15:50). w23.10 28, абз. 13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, ииуль 19

Аамҭа сызхаӡом Гедеон... [и]ӡбахә аҳәаразы (Аур. 11:32).

Ефремаа Гедеон ирџьара ианалага, иара хаала аҭак риҭеит (Аӡб. 8:1—3). Иара урҭ игәы рызԥымжәаӡеит. Иара аԥагьара аамырԥшӡакәа дырзыӡырҩит, насгьы ргәы ирҭынчит. Аҟәыӷара злоу аизара ахылаԥшыҩцәагьы Гедеон иҿыԥшуеит. Аӡәы ак анигәамԥхо дара изыӡырҩуеит, насгьы хаала аҭак ҟарҵоит (Иак. 3:13). Убас дара аизараҿы аҭынчра рыхьчоит. Гедеон мадианаа дахьыриааиз азы ирҽхәара ианалага, иара ахьӡ-аԥша ихахьы имгакәа, Иегова ирҽхәара далагеит (Аӡб. 8:22, 23). Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Гедеон иҿыԥшлар? Дара уск бзианы ирзалҵуазар, ахьӡ-аԥша Иегова ирҭалароуп (1 Кор. 4:6, 7). Иаҳҳәап, аӡәы аизара ахылаԥшҩы илоу арҵаратә ҟазаразы дирҽхәозар ауеит. Убасҟан аизара ахылаԥшҩы уи игәалаиршәар илшоит ҳара зегьы аҵара ҳзырҵо Анцәа Иажәеи иорганизациеи шракәу. Аизара ахылаԥшҩы «схы ӡырсымгаӡои?» ҳәа зны-зынла ихы дазҵаалар бзиоуп. w23.06 4, абз. 7, 8

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Амҽыша, ииуль 20

Сара схәыцрақәа шәхәыцрақәа иреиԥшӡам (Ис. 55:8).

Анцәа ҳзызиҳәаз аҭак ҟаимҵозар, ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Анцәа ҳзызиҳәо иаҭахыҵәҟьоу аума?» Лассы-лассы ҳгәы иаанагоит ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу ҳдыруеит ҳәа. Аха Иегова еиҳа идыруеит. Уадаҩрак ҳамазар, Иегова уи шыӡбатәу еиҳа еиӷьны идыруазар ҟалап, ҳара ҳгәы ишаанаго еиԥш акәымкәа. Ҳаҳәарақәак Анцәа игәаԥхара иаҿагылозаргьы алшоит (1 Иоанн 5:14). Шәааи ҳалацәажәап рхәыҷы аҵабырг аанимыжьырц азы Иегова иҳәо аҭаацәа рҿырԥшы. Уи а́ҳәара цәгьарас ҳәа акгьы аҵамшәа угәы иаанагар алшоит. Аха Иегова имаҵ аура мчыла аӡәгьы идицалаӡом, иара иҭахуп ҳаззегьы, ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, имаҵ заҳуа ус ҳхаҭа иахьаҳаӡбаз азы акәзарц (Ҩынтә. 10:12, 13; 30:19, 20). Убри аҟынтә аҭаацәа рхәыҷы аҵабырг игәаҵанӡа анагара Иегова дрыцхраарц азы иҳәалар еиҳа еиӷьуп. Усҟан дара рԥа ма рыԥҳа Иегова бзиа ибареи иҩызахареи ирыцхраауеит (Ажәам. 22:6; Еф. 6:4). w23.11 21, абз. 5; 23, абз. 12

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра