Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ахаша, сентиабр 3

Иосиф... Иегова имаалықь ишиеиҳәаз еиԥш, иԥҳәыс иҩныҟа дигеит (Матф. 1:24).

Иосиф гәыкала Иегова инапхгара дықәныҟәон, убри аҟынтә ибзиоу аҭаацәара ахада иакәхеит. Абиблиаҿы иануп иара аҭаацәара ахада иаҳасабала Анцәа иҟынтә анапхгара аниоуаз атәы ахьаҳәо х-хҭыск. Урҭ рыхҭагылазаашьак рҿы иара иаразнак Анцәа ииҳәоз ҟаиҵон, уи иԥсҭазаараҿы аԥсахра дуқәа ишрыдҳәалазгьы (Матф. 1:20; 2:13—15, 19—21). Анцәа имҩақәҵарақәа дахьырзыӡырҩуаз абзоурала Иосиф Мариа дихьчон, длыцхраауан, насгьы дылхылаԥшуан. Уи азы Мариа еиҳагьы бзиа дылбозҭгьы, насгьы пату иқәылҵозҭгьы ҟаларын. Ҳаҭыр зқәу аҭаацәара ахадацәа, ишԥашәылшо Иосиф шәиҿыԥшлар? Шәҭаацәара ишахылаԥшлатәу иазку Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа шәыԥшаала. Шәыԥсҭазаараҿы аԥсахра дуқәа ҟаҵатәхаргьы, урҭ алабжьарақәа шәхы иашәырхәала. Убас ала шәхатә ҩыза лахь абзиабара аашәырԥшуеит, шәҭаацәалазаарагьы шәырӷәӷәоит. 20 шықәса инареиҳаны аҭаацәара иалоу Вануа́ту иатәу иаҳәшьак илҳәоит: «Сыԥшәма Иегова инапхгара ԥшааны, уи ақәныҟәара иҽшазишәо анызбо, еиҳагьы пату иқәысҵоит. Усҟан сара акгьы сацәшәаӡом, насгьы идикылаз аӡбарақәа шиашоу агәра ганы сыҟоуп». w23.05 21, абз. 5

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Аԥшьаша, сентиабр 4

Уа идуу амҩа ҟалоит, ааи, Иԥшьоу ҳәа ззырҳәо амҩа (Ис. 35:8).

Вавилонынтәи ихынҳәыз израильаа Рынцәа изы «иԥшьоу жәларны» иҟалар акәын (Ҩынтә. 7:6). Ҳәара аҭахума, уи иаанагаӡомызт рыԥсҭазаараҿы акгьы рыԥсахыр рыхәҭаӡамызт ҳәа. Вавилон ииз ауриацәа реиҳараҩык вавилонаа ирымаз ҵасқәак рҿырҵаазар ҟалап. Ауриацәа раԥхьаӡа акәны Израильҟа ианыхынҳә ашьҭахь ажәашықәсақәа анҵы анапхгаҩы Неемиа ианеиликаа Израиль ииз ахәыҷқәа шьоукы ауриа бызшәала ишымцәажәоз, уи игәы ԥнажәеит (Ҩынтә. 6:6, 7; Неем. 13:23, 24). Ирылшозма урҭ аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи Иегова бзиа дбаны имаҵ рулар, Анцәа Иажәа злаҩыз абызшәа рзеилымкаауазҭгьы? (Езд. 10:3, 44). Ус анакәха, урҭ ауриацәа аԥсахра дуқәа ҟарҵар акәын. Аха ииашоу амҵахырхәара хәыҷы-хәыҷла аиҭашьақәыргылара иахьаҿыз Израиль уи аҟаҵара еиҳа имариан (Неем. 8:8, 9). w23.05 15, абз. 6, 7

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахәаша, сентиабр 5

Иегова икаҳауа зегь дрыцхраауеит, насгьы ихәаз зегь шьҭихуеит (Аԥсал. 145:14).

Ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара анҳамоугьы, уи анҳамам ҳхы аус адаҳулозаргьы, зны-зынла ҳманшәаламхар ауеит. Иаҳҳәап, ҳҭагылазаашьақәа рҽахьырыԥсахыз иахҟьаны ҳхықәкы анагӡаразы аамҭа ҳмоур ауеит (Еккл. 9:11, албаага). Иара убас ҳгәы казыжьуа, насгьы ҳамч ҳалызхуа ауадаҩра ҳақәшәар алшоит (Ажәам. 24:10). Уи адагьы, ҳанамӡара иахҟьаны ҳхықәкы анагӡара иаҳԥырхагахар алшо агхақәа ҟаҳҵар ауеит (Рим. 7:23). Мамзаргьы ҳааԥсазар алшоит (Матф. 26:43). Иҟаҳҵар ҳалшозеи, ҳхықәкы анагӡараҿы ҳманшәаламхазар? Ишәхашәмыршҭлан, шәманшәаламхазар, уи иаанагаӡом акгьы шәзалҵӡом ҳәа. Абиблиаҿы иануп ҳхықәкқәа рынагӡараҿы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәало. Аха иара убас уа иануп урҭ ауадаҩрақәа рыхгара шҳалшо. Шәаныманшәаламхогьы ԥхьаҟа шәцозар, Иегова иргәырӷьара шышәҭаху аашәырԥшуеит. Шаҟа деигәырӷьозеи Иегова шәхықәкы анагӡара шәшашьҭоу анибо! w23.05 30, абз. 14, 15

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра