Аԥшьаша, сентиабр 4
Уа идуу амҩа ҟалоит, ааи, Иԥшьоу ҳәа ззырҳәо амҩа (Ис. 35:8).
Вавилонынтәи ихынҳәыз израильаа Рынцәа изы «иԥшьоу жәларны» иҟалар акәын (Ҩынтә. 7:6). Ҳәара аҭахума, уи иаанагаӡомызт рыԥсҭазаараҿы акгьы рыԥсахыр рыхәҭаӡамызт ҳәа. Вавилон ииз ауриацәа реиҳараҩык вавилонаа ирымаз ҵасқәак рҿырҵаазар ҟалап. Ауриацәа раԥхьаӡа акәны Израильҟа ианыхынҳә ашьҭахь ажәашықәсақәа анҵы анапхгаҩы Неемиа ианеиликаа Израиль ииз ахәыҷқәа шьоукы ауриа бызшәала ишымцәажәоз, уи игәы ԥнажәеит (Ҩынтә. 6:6, 7; Неем. 13:23, 24). Ирылшозма урҭ аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи Иегова бзиа дбаны имаҵ рулар, Анцәа Иажәа злаҩыз абызшәа рзеилымкаауазҭгьы? (Езд. 10:3, 44). Ус анакәха, урҭ ауриацәа аԥсахра дуқәа ҟарҵар акәын. Аха ииашоу амҵахырхәара хәыҷы-хәыҷла аиҭашьақәыргылара иахьаҿыз Израиль уи аҟаҵара еиҳа имариан (Неем. 8:8, 9). w23.05 15, абз. 6, 7
Ахәаша, сентиабр 5
Иегова икаҳауа зегь дрыцхраауеит, насгьы ихәаз зегь шьҭихуеит (Аԥсал. 145:14).
Ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара анҳамоугьы, уи анҳамам ҳхы аус адаҳулозаргьы, зны-зынла ҳманшәаламхар ауеит. Иаҳҳәап, ҳҭагылазаашьақәа рҽахьырыԥсахыз иахҟьаны ҳхықәкы анагӡаразы аамҭа ҳмоур ауеит (Еккл. 9:11, албаага). Иара убас ҳгәы казыжьуа, насгьы ҳамч ҳалызхуа ауадаҩра ҳақәшәар алшоит (Ажәам. 24:10). Уи адагьы, ҳанамӡара иахҟьаны ҳхықәкы анагӡара иаҳԥырхагахар алшо агхақәа ҟаҳҵар ауеит (Рим. 7:23). Мамзаргьы ҳааԥсазар алшоит (Матф. 26:43). Иҟаҳҵар ҳалшозеи, ҳхықәкы анагӡараҿы ҳманшәаламхазар? Ишәхашәмыршҭлан, шәманшәаламхазар, уи иаанагаӡом акгьы шәзалҵӡом ҳәа. Абиблиаҿы иануп ҳхықәкқәа рынагӡараҿы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәало. Аха иара убас уа иануп урҭ ауадаҩрақәа рыхгара шҳалшо. Шәаныманшәаламхогьы ԥхьаҟа шәцозар, Иегова иргәырӷьара шышәҭаху аашәырԥшуеит. Шаҟа деигәырӷьозеи Иегова шәхықәкы анагӡара шәшашьҭоу анибо! w23.05 30, абз. 14, 15
Асабша, сентиабр 6
Анцәа иԥсаса аҿырԥш бзиа дшәырбала (1 Пиотр 5:3).
Иқәыԥшу аиашьа апионертә маҵзура еиуеиԥшым ауаа рацәажәашьа инарҵоит. Иара убас уи аԥара ииашаны аныхшьа инарҵоит (Флп. 4:11—13). Ицхырааҩу пионерс амаҵ уулар, уи апионертә маҵзура алагара иуцхраауеит. Аӡәырҩы убриала ауп излалагаз. Нас дара апионертә маҵзурахьы ииасит. Уи иҿыцу алшарақәа рзаанартит, иаҳҳәап, аргыларатә программа аҽалархәра ма Вефиль аҿы амаҵ аура. Аишьцәа зегьы аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара агәаҳәара рымазароуп. Уи азы дара Абиблиа иану аҭахрақәа ирықәшәалароуп. Абиблиа ус еиԥш иҟоу ахықәкы ықәзыргыло ахацәа ибзианы ирыхцәажәоит (1 Тим. 3:1). Раԥхьа аиашьа аамҭак аҩныҵҟа аизара ацхырааҩыс амаҵ иуроуп. Аизара ацхырааҩцәа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбараҿы ирацәаны аџьабаа рбоит. Аизара ахылаԥшыҩцәагьы, аизара ацхырааҩцәагьы аԥагьара аамырԥшӡакәа Иегова иуасақәа иреиҷаҳауеит, насгьы ажәабжьҳәаратә ус гәацԥыҳәарала рҽаладырхәуеит. w23.12 27—28, абз. 14—16