Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
Алаҳәарақәа
Иҟоуп иҿыцу абызшәа: Romany (Meçkar)
  • Иахьа

Ахәаша, сентиабр 5

Иегова икаҳауа зегь дрыцхраауеит, насгьы ихәаз зегь шьҭихуеит (Аԥсал. 145:14).

Ҳхықәкы анагӡаразы агәаҳәара анҳамоугьы, уи анҳамам ҳхы аус адаҳулозаргьы, зны-зынла ҳманшәаламхар ауеит. Иаҳҳәап, ҳҭагылазаашьақәа рҽахьырыԥсахыз иахҟьаны ҳхықәкы анагӡаразы аамҭа ҳмоур ауеит (Еккл. 9:11, албаага). Иара убас ҳгәы казыжьуа, насгьы ҳамч ҳалызхуа ауадаҩра ҳақәшәар алшоит (Ажәам. 24:10). Уи адагьы, ҳанамӡара иахҟьаны ҳхықәкы анагӡара иаҳԥырхагахар алшо агхақәа ҟаҳҵар ауеит (Рим. 7:23). Мамзаргьы ҳааԥсазар алшоит (Матф. 26:43). Иҟаҳҵар ҳалшозеи, ҳхықәкы анагӡараҿы ҳманшәаламхазар? Ишәхашәмыршҭлан, шәманшәаламхазар, уи иаанагаӡом акгьы шәзалҵӡом ҳәа. Абиблиаҿы иануп ҳхықәкқәа рынагӡараҿы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәало. Аха иара убас уа иануп урҭ ауадаҩрақәа рыхгара шҳалшо. Шәаныманшәаламхогьы ԥхьаҟа шәцозар, Иегова иргәырӷьара шышәҭаху аашәырԥшуеит. Шаҟа деигәырӷьозеи Иегова шәхықәкы анагӡара шәшашьҭоу анибо! w23.05 30, абз. 14, 15

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, сентиабр 6

Анцәа иԥсаса аҿырԥш бзиа дшәырбала (1 Пиотр 5:3).

Иқәыԥшу аиашьа апионертә маҵзура еиуеиԥшым ауаа рацәажәашьа инарҵоит. Иара убас уи аԥара ииашаны аныхшьа инарҵоит (Флп. 4:11—13). Ицхырааҩу пионерс амаҵ уулар, уи апионертә маҵзура алагара иуцхраауеит. Аӡәырҩы убриала ауп излалагаз. Нас дара апионертә маҵзурахьы ииасит. Уи иҿыцу алшарақәа рзаанартит, иаҳҳәап, аргыларатә программа аҽалархәра ма Вефиль аҿы амаҵ аура. Аишьцәа зегьы аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара агәаҳәара рымазароуп. Уи азы дара Абиблиа иану аҭахрақәа ирықәшәалароуп. Абиблиа ус еиԥш иҟоу ахықәкы ықәзыргыло ахацәа ибзианы ирыхцәажәоит (1 Тим. 3:1). Раԥхьа аиашьа аамҭак аҩныҵҟа аизара ацхырааҩыс амаҵ иуроуп. Аизара ацхырааҩцәа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбараҿы ирацәаны аџьабаа рбоит. Аизара ахылаԥшыҩцәагьы, аизара ацхырааҩцәагьы аԥагьара аамырԥшӡакәа Иегова иуасақәа иреиҷаҳауеит, насгьы ажәабжьҳәаратә ус гәацԥыҳәарала рҽаладырхәуеит. w23.12 27—28, абз. 14—16

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Амҽыша, сентиабр 7

Дышқәыԥшызгьы, иабацәа раб Давид Инцәа имаҵ аура далагеит (2 Аш. 34:3).

Иосиа 16 шықәса анихыҵуаз Иегова еиӷьны деиликаарц, игәы иахәогьы ҟаиҵаларц иҭаххеит. Аха иқәыԥшыз аҳ иԥсҭазаара хьаада-баада имҩасӡомызт. Ажәлар реиҳараҩык амцнцәахәқәа ирымҵахырхәон. Аидолқәа рымҵахырхәара аҟәихырц азы, иара аамҭа мгаӡакәа ак ҟаиҵар акәын. Иосиа зеиԥшыҟамыз агәымшәара ааирԥшит. Иара 20 шықәса ихымҵӡацызт атәыла аидолқәа рҟынтә арыцқьара даналага (2 Аш. 34:1, 2). Иқәыԥшу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, шәара Иосиа шәиҿыԥшны Иегова еиӷьны деилышәкаалар шәылшоит. Убасҟан шәыԥсҭазаара Анцәа изышәкырц шәҭаххоит. Ишԥаԥсахуеи уи шәыԥсҭазаара? Лу́ка зыхьӡу аиашьа 14 шықәса анихыҵуаз аӡы иҽӡааихит. Иара иҳәеит: «Иахьарнахыс Иегова имаҵ аура сара сзы зегь раасҭа ихадазаауеит. Сара исҭахуп есымша Иегова дсыргәырӷьалар» (Марк 12:30). Шәаргьы убас еиԥш иҟоу ахықәкы ықәшәыргылар, ԥхьаҟатәи шәыԥсҭазааразы шәгәы ҭынчзар алшоит! w23.09 11, абз. 12, 13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра