Асабша, сентиабр 6
Анцәа иԥсаса аҿырԥш бзиа дшәырбала (1 Пиотр 5:3).
Иқәыԥшу аиашьа апионертә маҵзура еиуеиԥшым ауаа рацәажәашьа инарҵоит. Иара убас уи аԥара ииашаны аныхшьа инарҵоит (Флп. 4:11—13). Ицхырааҩу пионерс амаҵ уулар, уи апионертә маҵзура алагара иуцхраауеит. Аӡәырҩы убриала ауп излалагаз. Нас дара апионертә маҵзурахьы ииасит. Уи иҿыцу алшарақәа рзаанартит, иаҳҳәап, аргыларатә программа аҽалархәра ма Вефиль аҿы амаҵ аура. Аишьцәа зегьы аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара агәаҳәара рымазароуп. Уи азы дара Абиблиа иану аҭахрақәа ирықәшәалароуп. Абиблиа ус еиԥш иҟоу ахықәкы ықәзыргыло ахацәа ибзианы ирыхцәажәоит (1 Тим. 3:1). Раԥхьа аиашьа аамҭак аҩныҵҟа аизара ацхырааҩыс амаҵ иуроуп. Аизара ацхырааҩцәа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбараҿы ирацәаны аџьабаа рбоит. Аизара ахылаԥшыҩцәагьы, аизара ацхырааҩцәагьы аԥагьара аамырԥшӡакәа Иегова иуасақәа иреиҷаҳауеит, насгьы ажәабжьҳәаратә ус гәацԥыҳәарала рҽаладырхәуеит. w23.12 27—28, абз. 14—16
Амҽыша, сентиабр 7
Дышқәыԥшызгьы, иабацәа раб Давид Инцәа имаҵ аура далагеит (2 Аш. 34:3).
Иосиа 16 шықәса анихыҵуаз Иегова еиӷьны деиликаарц, игәы иахәогьы ҟаиҵаларц иҭаххеит. Аха иқәыԥшыз аҳ иԥсҭазаара хьаада-баада имҩасӡомызт. Ажәлар реиҳараҩык амцнцәахәқәа ирымҵахырхәон. Аидолқәа рымҵахырхәара аҟәихырц азы, иара аамҭа мгаӡакәа ак ҟаиҵар акәын. Иосиа зеиԥшыҟамыз агәымшәара ааирԥшит. Иара 20 шықәса ихымҵӡацызт атәыла аидолқәа рҟынтә арыцқьара даналага (2 Аш. 34:1, 2). Иқәыԥшу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, шәара Иосиа шәиҿыԥшны Иегова еиӷьны деилышәкаалар шәылшоит. Убасҟан шәыԥсҭазаара Анцәа изышәкырц шәҭаххоит. Ишԥаԥсахуеи уи шәыԥсҭазаара? Лу́ка зыхьӡу аиашьа 14 шықәса анихыҵуаз аӡы иҽӡааихит. Иара иҳәеит: «Иахьарнахыс Иегова имаҵ аура сара сзы зегь раасҭа ихадазаауеит. Сара исҭахуп есымша Иегова дсыргәырӷьалар» (Марк 12:30). Шәаргьы убас еиԥш иҟоу ахықәкы ықәшәыргылар, ԥхьаҟатәи шәыԥсҭазааразы шәгәы ҭынчзар алшоит! w23.09 11, абз. 12, 13
Ашәахьа, сентиабр 8
Шәыбжьара аџьабаа збо, Иҳақәиҭу имаҵ аураҿы напхгара шәзызуа... пату рықәышәҵала (1 Фес. 5:12).
Апостол Павел фессалоникаа асаламшәҟәы анырзиҩуаз уа иҟаз аизара шықәсыкгьы ахыҵӡомызт. Иҟалап уатәи аизара ахылаԥшыҩцәа аԥышәа рымамызҭгьы, агхақәагьы рыхьуазҭгьы. Аха уеизгьы дара пату рықәҵалатәын. Арыцҳара ду ааигәахоит, убри аҟынтә аԥхьаҟа еиҳагьы ихадахар ауеит аизара ахылаԥшыҩцәа иҳарҭо алабжьарақәа рзыӡырҩра. Иҟалап анапхгаратә хеилаки ҳареи ма афилиали ҳареи аимадара ҳмоур. Убри аҟынтә даараӡа ихадоуп уажәнатә аизара ахылаԥшыҩцәа бзиа рбашьеи пату рықәҵашьеи ҳҵалар! Шәааи иҟалалакгьы аҟәышра ааҳарԥшлап, насгьы аизара ахылаԥшыҩцәа ирыгу акәымкәа, Иегова Христос ила гәыкала иҟоу урҭ ахацәа шымҩақәиҵо ҳхы азаҳашьҭлап. Ахыхьчага аруаҩ ихы шахьчоз еиԥш, агәыӷра ҳхәыцшьа ахьчоит. Ҳара еилаҳкаауеит ари адунеи иаҳнаҭар алшо аҟынтә иаԥсоу ҳәа акгьы шыҟам (Флп. 3:8). Агәыӷра ҳацхраауеит иҟалалакгьы агәҭынчра ахьчара. w23.06 11—12, абз. 11, 12