Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • km 5/14 ад. 3
  • Ажәабжьҳәаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ажәабжьҳәаҩцәа рызҵаарақәа
  • Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аҭаацәеи ахәыҷқәеи, насыԥ рымазарц азы?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова бзиа ибара шәрыцхраала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ҳхы иаҳархәоит ҳсаит ахәыҷқәа рырҵараҿы
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
  • Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Иегова иахь абзиабара рылашәааӡала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Шәахәаԥш еиҳаны
Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
km 5/14 ад. 3

Ажәабжьҳәаҩцәа рызҵаарақәа

◼ Иарбан дыррақәоу ироулар акәу ахәыҷқәа, доуҳала ишәхьоу, ишьақәгылахьоу ракәны иҟаларц?

Иқьырсиану аҭаацәа иҟарҵо рацәоуп рыхшара рааӡарц азы, урҭ ирабжьоит Иегова «игәаҳәара деилыркаауа» (Ефес. 6:4). Аҭаацәа игәарҭеит ахәарҭа шамоу, иаҳҳәап, есышьыжь есыҽнытәи абиблиатә жәеинраала рхәыҷқәа ианрыцеилдырго. Аҭаацәаратә мҵахырхәараан, мамзаргьы даҽа аамҭак азы дара ирылшоит ҭаацәашәала афильм иахәаԥшыр, насгьы иахцәажәар, арубрика «Аҿар рызҵаарақәа» аҟынтәи астатиақәа еилдыргар, Абиблиа аҟынтәи ацыԥҵәахақәа, мамзаргьы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ықәдыргылар. Аха ахәыҷқәа доуҳала ишәхьоу ракәны иҟаларц азы, абиблиатә ҵабыргқәа инарҵауланы идырҵатәуп (Аур. 6:1).

Шәазхәыц ажәабжьҳәараҿы иҳақәшәо ауаа идҳарҵо. Раԥхьа ма аҩынтәраан ҳаннеиуа, ҳара ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ала Абиблиа аҵара алагара ҳҽазаҳшәоит. Анаҩс ҳара ҳаиасуеит ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» захьӡу ахь. Избан? Ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?» аҭҵаара иалагаз ауаҩы ихадоу абиблиатә ҵарақәа иеилнаркаауеит. Ашәҟәы «Анцәа ибзиабара» абиблиатә принципқәа иԥсҭазаараҿы рықәныҟәашьа инарҵоит. Арҭ аҩ-публикациак рыҭҵаара ҿыц иааиуа рдац-рԥашә Христос ила идырӷәӷәарц, насгьы рхаҵара амч аманы иҟазарц ирыцхраауеит (Кәал. 2:6, 7). Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳхәыҷқәа ирызкны? Даргьы ирдырырц рыхәҭоуп аҿыхреи, Аҳреи, иԥсхьоу рҭагылазаашьеи, Анцәа ацәгьарақәа зиаҩижьуеи ирызку аиаша, насгьы аҵыхәтәантәи амшқәа раан ҳшынхо узырбо адыргақәа ртәы. Дара агәра ганы иҟазар ауп аиаша Иегова ишаҳаҭцәа рҿы ишыҟоу. Иара убри адагьы, аҿар абиблиатә принципқәа еилыркаауазар ауп, насгьы «ацәгьеи-абзиеи реиҩдыраашьа» рҵалароуп (Аур. 5:14). Ҳәарада, аҭаацәа рхәыҷқәа рықәреи рылшареи ирызхәыцлар ауп. Аха уеизгьы ирацәоуп иҵаулоу абиблиатә ҵарақәа здызкылар зылшо ахәыҷқәа (Лука 2:42, 46, 47).

Аҭаацәа рыцхраазы асаит jw.org аҟны иаагоуп ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?» шьаҭас измоу арҵаратә материал. Аҭаацәа уи рыԥшаар рылшоит агәылаҵа АБИБЛИАТӘ ҴАРАҚӘА > АҚӘЫԤШЦӘА аҟны. Аԥхьаҟа иара убас ирхиахоит ашәҟәы «Анцәа ибзиабара» шьаҭас измоу арҵаратә материал. Ҳәарада, икьыԥхьны иҟоу арҭ ашәҟәқәагьы рхы иадырхәар ауеит. Аҭаацәа ирыӡбар рылшоит арҭ аматериалқәа рхы ианадырхәаша: аҭаацәаратә мҵахырхәараан акәу, хаз-хазы ахәыҷқәа Абиблиа аныддырҵо акәу, мамзаргьы ахәыҷы ихатәы ҭҵаара амҩаԥгашьа анидырҵо акәу.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра