Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • fg аур. 9 азҵ. 1—5
  • Ишԥалшо аҭаацәара анасыԥ аиурц?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥалшо аҭаацәара анасыԥ аиурц?
  • Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
  • Иеиԥшу аматериал
  • Аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы анасыԥ аиура
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Еиҿышәкаала иӷәӷәоу, насыԥ змоу аҭаацәара
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Иҟаҵатәузеи аҭаацәалазаара насыԥзарц азы?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Иҟарҵалар рыхәҭоузеи хаҵеи-ԥҳәыси, насыԥ рымазарц азы?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә
fg аур. 9 азҵ. 1—5

АУРОК 9

Ишԥалшо аҭаацәара анасыԥ аиурц?

1. Избан акыр заҵанакуа аҭаацәалазаара ашәҟәы аҭаҩра?

Еибаго арԥыси аԥҳәызбеи рҭаацәалазаара закәанла ишьақәдырӷәӷәоит

Ажәабжь бзиа насыԥ змоу Анцәа Иегова иҟынтә ауп ишаауа, иара иҭахуп адгьылаҿ иқәынхо аҭаацәарақәа зегь анасыԥ рымазарц (1 Тимофеи 1:11). Иара иоуп аҭаацәалазаара аԥызҵаз. Аҭаацәара насыԥзарц, даара акраҵанакуеит аизыҟазаашьақәа ашәҟәы рҭаҩра. Уи аҭаацәа зегь ахьчоит, насгьы иалнаршоит ахәыҷқәа ҭынч, хаала рааӡара. Ақьырсианцәа аҭаацәалазаара ашәҟәы аҭаҩра иазкны аҭыԥантә закәанқәа ирықәныҟәалароуп. (Шәаԥхьа Лука 2:1, 4, 5.)

Дышԥазыҟоу Анцәа аҭаацәалазаара? Иара иҭахуп хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаара ӷәӷәазарц наӡаӡа. Иегова иҭахуп хаҵеи-ԥҳәыси еибамԥсахларц, еизиашазарц (Ауриацәа 13:4). Анцәа ицәымӷуп аилыҵра (Малахиа 2:16). Аха иара ақьырсиан азин ииҭоит аилыҵра, насгьы ҿыц аҭаацәара алалара, ахаҵа иԥҳәыс диԥсахзар, ма аԥҳәыс лхаҵа длыԥсахзар. (Шәаԥхьа Матфеи 19:3—6, 9.)

2. Ишԥарыхәҭоу хаҵеи-ԥҳәыси еизыҟазарц?

Насыԥ змоу хаҵеи ԥҳәыси

Иегова ахаҵеи аԥҳәыси ишеит дара-дара хеибарҭәааларц (Аҟазаара 2:18). Ахаҵа — аҭаацәара хадас дамоуп. Иара иуалуп иԥҳәыси ихәыҷқәеи рныҟәгара, насгьы аҭаацәаратә мҵахырхәара рыцмҩаԥгара. Ахаҵа иԥҳәыс лзы ахамеигӡара дазхиазароуп. Хаҵеи-ԥҳәыси бзиа еибабалароуп, насгьы пату еиқәырҵалароуп. Ауаа зегь наӡам аҟынтә, даара ихадоуп иузааигәоу рыгхақәа ранажьшьа аҵара. Анажьра — ари аҭаацәаратә насыԥ цаԥхас иамоуп. (Шәрыԥхьа Ефесаа 4:31, 32; 5:22—25, 33; 1 Пиотр 3:7.)

3. Иҟаҵатәузеи аҭаацәалазаара анасыԥ аанамгозар?

Аҭаацәалазаараҿ ауадаҩрақәа цәырҵуазар, ахаҵеи аԥҳәыси ирҵалароуп абзиабара аарԥшышьа (1 Коринфаа 13:4, 5). Анцәа Иажәа ҳгәазҭанаҵом аҭаацәаратә проблемақәа рыӡбараз хазы анхара. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 7:10—13.)

4. Ахәыҷқәа, ииҭахузеи Анцәа шәара шәзы?

Аҭаацәа рхәыҷқәа ирыцхраауеит

Иегова иҭахуп шәара шәыԥсҭазаараҿ шәгәырӷьаларц. Иара шәизыӡырҩлар, ауадаҩрақәа шәхы рцәышәыхьчоит, насгьы шәнасыԥхоит. Убасгьы иара иҭахуп шәара шәҭаацәа шәырзыӡырҩларц, избанзар дара шәара шәеиҳа иҟәыӷоуп, насгьы рыԥсҭазааратә ԥышәа еиҳауп (Кәаласаа 3:20). Еиҭа Иегова иҭахуп иара изы, насгьы иара Иԥа изы акы ҟашәҵалар. (Шәрыԥхьа Екклезиаст 11:9—12:1; Матфеи 19:13—15; 21:15, 16.)

5. Аҭаацәа, иҟашәҵар шәылшозеи шәара шәхәыҷқәа рзы?

Аб иԥа диацәажәоит

Шәара шәеиҷаҳалароуп шәхәыҷқәа ирфо, иршәырҵо, иахьынхо рымазарц (1 Тимофеи 5:8). Аха ахәыҷқәа насыԥ рыманы ирызҳаларц, шәара идшәырҵалароуп Анцәа бзиа дышбалатәу, насгьы ишизыӡырҩлатәу (Ефесаа 6:4). Араҟа даара акраҵанакуеит шәхатә ҿырԥшы. Шәара шәхаҭа Анцәа бзиа дшыжәбо шәхәыҷқәа ирбалар, уи дара рзы гәазҭаҵага бзиахоит. Анцәа Иажәа шәара ишәыцхраауеит ииашаны шәхәыҷы иҟазшьеи ихәыцшьеи рышьақәыргылара. (Шәрыԥхьа Ҩынтәзакәан 6:4—7; Ажәамаанақәа 22:6.)

Даара ихадоуп ахәыҷқәа рырҽхәара, насгьы бзиа ишыжәбо агәра дыргара. Аха дара риашалатәуп, насгьы иахьырхәлатәуп. Уи дара рхәыҷра, нас рыԥсҭазаара зегь зырлашьцо аусқәа рҟынтә иахьчоит (Ажәамаанақәа 22:15). Аха ахьырхәра ахаангьы иџьбараны, ма игәымбылџьбараны иҟамзароуп. (Шәаԥхьа Кәаласаа 3:21.)

Иегова Ишаҳаҭцәа иҭрыжьит аҭаацәеи ахәыҷқәеи рыцхырааразы шәҟәқәак. Урҭ ашәҟәқәа шьаҭас ирымоуп Абиблиа. (Шәаԥхьа Ԥсалом 19:7, 11.)

Еиҳаны аинформациа шәыԥшаарц шәылшоит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», 14-тәи ахаҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра