Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb18 ноиабр ад. 7
  • Иегова изы ҳҳамҭа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова изы ҳҳамҭа
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иааурԥшуа абзиабаразы Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
  • Иазҭода афинанстә цхыраара Иегова ишаҳаҭцәа инарыгӡо аус?
    Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәа
  • Ҩ-монета хәыҷык рыхә
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2020
  • Иуҵәахуама хатәгәаԥхарала иалоуҵарц иуҭаху аԥара?
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
mwb18 ноиабр ад. 7

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Иегова изы ҳҳамҭа

Ишԥаҳалшо иахьа Иегова аҳамҭа иҭара? (1 Аш. 29:5, 9, 14). Ари астатиаҿы иаагоуп адунеи зегь аҿы ма ҳахьынхо аҭыԥ аҿы Иегова ишаҳаҭцәа рус аҭарала ҳацраарц шҳалшо узырбо азнеишьақәа.

АИНТЕРНЕТ АЛА ИҞАҲҴО, МА АИАШЬЫКЬ АХЬ ИҬАҲЦО АҬАРА АХЬЦО

  • АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АУС АХЬ

    афилиалқәеи аиҭагаратә офисқәеи рыргылареи рымаҵ ауреи рзы;

    атеократиатә школқәа рымҩаԥгаразы;

    заамҭа зегьы иҷыдоу амаҵзура иазызкәуа рыцхрааразы;

    аԥсабаратә рыцҳарақәа ирықәшәо рыцхрааразы;

    икьыԥхьу ма електронла иҟоу апубликациақәеи, авидеонҵамҭақәеи рҭыжьразы.

  • АИЗАРА АҬАХРАҚӘА РЗЫ

    аизара иҟанаҵо ахарџь, иаҳҳәап акоммуналтә шәахтәқәа, ма Аҳратә зал арҽеира;

    афилиал ахь аԥара ашьҭразы аизара иаднакыло арезолиуциақәа:

    • адунеи зегь аҿы аҳратә залқәеи, аконгресстә залқәеи рыргыларазы;

    • адунеизегьтәи ацхырааратә программазы;

    • адунеи зегь аҿы имҩаԥысуа ҳмаҵзура иадҳәалоу егьырҭ аусқәа рзы.

АКОНГРЕССҚӘА РҾЫ АҬАРА

Арегионалтә конгресс аҿы иаанагаз аԥара адунеизегьтәи аус ахь ирышьҭуеит. Арегионалтә, иҷыдоу насгьы жәларбжьаратәи аконгрессқәа адунеизегьтәи аус азы иҟаҵоу аҭарала ауп ишымҩаԥысуа.

Араионтә конгрессқәа рҿы иҟаҵоу аҭара, араион иҟанаҵаз ахарџьи, насгьы аконгресс ахьымҩаԥысуа аҭыԥ ахә ахшәаареи, амаҵ азуреи иацхраауеит. Аԥара аанхазар, усҟан араион иатәу аԥара рышьҭуеит Иегова ишаҳаҭцәа адунеизегьтәи рус ахь.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА ОНЛАИН

Аҭара шыҟаҵатәу аинформациа шәыԥшаар шәылшоит анаҩстәи ашьаҿақәа рыла:

  • асаит donate.jw.org уҭал;

  • асаит jw.org аҟәша «Хатәгәаԥхарала аҭара» аҿы иалх агәылаҵа «Ҳара иҳазкны»;

  • апрограмма JW Library ихадоу адаҟьа ҵаҟатәи ахәҭаҿы иалх азхьарԥш «Хатәгәаԥхарала аҭара».

Тәылақәак рҿы иҟоуп «Лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәа» захьӡу адокумент, уа еиҳаны аинформациа аагоуп.

Аҭара аҟаҵаразы иҟоу азнеишьақәа ртәы еилышәкаар шәылшоит авидеонҵамҭа «Как сделать пожертвование через наш сайт» шәахәаԥшыр.

ЗАА ИЗЫЗХӘЫЦТӘУ АҬАРАҚӘА

Адунеизегьтәи аусқәа рахь иҟаҳҵо аҭарақәа зны-зынла заа ирызхәыцлатәуп, ма аиурист ицхыраара аҭахуп. Урҭ рахь иаҵанакуеит:

  • ауаҩы дыԥсаанӡа инижьуа ауасиаҭқәеи амазара ахархәаразы аиқәшаҳаҭреи;

  • амазареи, акциақәеи, ахә змоу ақьаадқәеи, аԥгаԥсатә шәахтәқәеи;

  • зырхынҳәра улшо аҭара.

Арҭ ашьаҿақәа руак шәхы иархәаны аҭара ҟашәҵар шәҭахызар, шәтәыла иахылаԥшуа афилиал шәадҵаал. Уи азы шәхы иашәырхәа асаит donate.jw.org аҿы иҟоу аинформациа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра