Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb20 ианвар ад. 8
  • Абуклет ацхыраарала аицәажәара ишалагатәу

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абуклет ацхыраарала аицәажәара ишалагатәу
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2020
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абуклет ҿыцқәа шырхиоу
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
  • Ҳхы ишԥаҳархәо аицәажәарақәа рыхкқәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2020
  • Аицәажәарақәа рыхкқәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Адгаларақәа рыхкқәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2016
Шәахәаԥш еиҳаны
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2020
mwb20 ианвар ад. 8

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Абуклет ацхыраарала аицәажәара ишалагатәу

2018 шықәса, ианвар мза инаркны аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» раԥхьатәи адаҟьаҿы аицәажәарақәа рыхкқәа анырҵо иалагеит. Хықәкыс иамоузеи уи? Ҳара уи ҳгәазҭанаҵоит ауаа рацәажәара, ус баша апубликациақәа рыдгалара акәымкәа. Ажәабжьҳәаҩцәа уи аҩыза азнеишьа рҵарц азы, аорганизациа авидеонҵамҭақәа ҭнажьуеит, урҭ Абиблиа мацарала аицәажәара ишалагатәу удырбоит. Иаанагома уи ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анаҳҳәо апубликациақәа ҳхы иаҳмырхәалароуп ҳәа? Ҳәарада, мап! Иаҳҳәап, аицәажәара алагаразы абуклетқәа руак ҳхы иаҳархәар ҳалшоит. Иарбан буклету иалухуазаалакгьы абарҭ ашьаҿақәа урықәныҟәала:

  1. Абуклет раԥхьатәи адаҟьаҿы иану азҵаара ықәыргыл, насгьы урыԥхьа аҭак авариантқәа.

  2. Идырба Абиблиа иҟанаҵо аҭак 2-тәи адаҟьа алагамҭаҿы иану ажәеинраала уаԥхьаны. Аамҭа иунаҭозар, 2-тәи, 3-тәи адаҟьақәа рҿы иану аинформациа аҟынтә хәҭақәак урыԥхьа, насгьы уахцәажәа.

  3. Абуклет ауаҩы иҭ, насгьы иара ианизыманшәалоу абуклет иану зегь даԥхьарц игәазҭаҵа.

  4. Шәанеиԥырҵуа дазхьарԥш аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы, ахеиҵа «Шәазхәыц» аҟны иаагоу азҵаара, насгьы иҳәа уи азҵаара анаҩстәи шәеиқәшәараан Абиблиа ацхыраарала аҭак шыҟауҵо.

Аҩбатәи шәеицәажәараан Абиблиа иҟанаҵо аҭак уахцәажәа, насгьы иҳәа анаҩстәи шәеиқәшәараан шәызлацәажәо азҵаара. Азҵаара бзиақәа ҳаԥшаар ҳалшоит ҳсаит аҿы, ма абуклет аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы зыӡбахә ҳәоу апубликациаҿы. Ианаало аамҭазы ауаҩы идгал аброшиура «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», мамзаргьы амыругақәа рҟынтә аҵаразы даҽа публикациак.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра