АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уара ажәабжьҳәареи арҵареи улшоит!
Моисеи Иегова ииҭаз адҵа анагӡара илымшар ҳәа дшәон (Ақәҵ. 4:10, 13). Иузцәырҵхьоума уара урҭ рҩызцәа ацәаныррақәа? Иҟалап уара Иегова ишаҳаҭцәа абиблиатә ҵара узымҩаԥыргозар, насгьы уара ухәыцуазар ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара улшаӡом ҳәа. Ма ашкол аҿы аҵара уҵозар, насгьы угәрахаҵара иазкны егьырҭ рзеиҭаҳәара уацәыԥхашьозар. Мамзаргьы ушәозар астендқәа рыла, насгьы ҭелла ажәабжьҳәара. Иегова уиҳәала амчи агәымшәареи уиҭарц (1 Пиотр 4:11). Агәраганы уҟаз: иара иаҭаху зегь уиҭоит, насгьы иарбанзаалак адҵа анагӡара улшоит (Ақәҵ. 4:11, 12).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АГӘЫМШӘАРА ААШӘЫРԤШЛА! АЖӘАБЖЬҲӘАҨЦӘА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Дзыцәшәози аиаҳәшьа Аоиама?
Илызҭазеи амчи агәымшәареи ажәабжьҳәаразы? (Иер. 20:7—9).
Ишԥалныри иҿыцу ажәабжьҳәаратә хкы лхы ахьалалырхәыз?
Иарбан уадаҩрақәоу ажәабжьҳәараҿы иҟоу Иегова дуцхраар ахьалшо?